Еиҵагылеит афбатәи абиԥара: Џьамалеҭҭин Кьылба иабдуцәа Ҭырқәтәылаҟа ишықәнагалаз иазкны

© Foto / предоставила Саида Жиба Џьамалеҭҭин Кьылба
Џьамалеҭҭин Кьылба - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.06.2021
Анапаҵаҩра
160 шықәса раԥхьа Аԥснынтәи Ҭырқәтәылаҟа иахнагаз Кьылаа рҭаацәара, абык, аиашьак еиԥш аиҳабыра рзиуан 16 шықәса зхыҵуаз Осман. Уи атәым дгьыл аҟны илахьынҵахаз амаҭа Џьамалеҭҭин Кьылба иажәабжь аҟны.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Анкьа зны Аԥсны еицырдыруаз нхаҩ наган Берзықә Кьылба. Уи инхара инҵыра уаҩ деилаҳаратәы иҟан. Инхамҩа аиҿкаареи, имхурсҭақәеи, ирахә рааӡареи уҳәа рҿы амаҵуцәа идкыланы иман. Амҳаџьырра аамҭа хьанҭақәа анааи, уажәшьҭа ибыргхахьаз Берзықәи иԥшәмаԥҳәыс Ачԥҳаи (лыхьӡ ргәалашәом) рыдунеи рыԥсахит. Убас иаалырҟьаны иԥсҭазаара далҵит рԥа Ҳанашә. Убри аамҭазы рыԥсадгьыл гәакьа ныжьны атәым дгьыл ахь идәықәлар акәхеит аҭаацәараҟны зыԥсы ҭаны инхаз. Урҭ аиҳабыра рзиуан 16 шықәса зхыҵуаз Берзықә иԥа Осман. Арԥыс ԥшьҩык иаҳәшьцәеи иашьа Ҳанашә иԥшәмаԥҳәыси ихәыҷи иманы Ҭырқәтәыла дыӡхыҵуеит. Акраамҭа рыуаажәлар аӡәырҩы реиԥш ауадаҩрақәа рхыго мацара, ана ара рынхарҭақәа ԥсахуа Беиқьои ақыҭанӡа инаӡоит.

"Сабду Осман диразҟхоит Ҳабибе Мамаҭԥҳа. Дара хҩык ахшара рхылҵуеит, ҩыџьа аԥацәеи аԥҳаи. Руаӡәы Азиз захьӡыз сара саб иоуп. Осман Аԥсны анхара бзиа дашьцылахьан аҟнытә аџьа дацәшәаӡомызт. Арасаҭрақәа иман, адәы дықәаарыхуан. Усҟантәи аамҭазы азин ыҟамызт, аха иара маӡала аҭаҭын аарыхны иҭиуан. Ажәакала ихшара ршьапы иқәиргылеит амлеи ахьҭеи иаимыркӡеит", -абас иабду дихцәажәоит амаҭа Џьамалеҭҭин Кьылба.

© Foto / предоставила Саида Жиба Азиз Кьылба
Еиҵагылеит афбатәи абиԥара: Џьамалеҭҭин Кьылба иабдуцәа Ҭырқәтәылаҟа ишықәнагалаз иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.06.2021
Азиз Кьылба

Осман иԥа Азиз бжьышықәса аррамаҵура шихигахьазгьы, ҩаԥхьа иуалԥшьақәа рынагӡарахь иԥхьоит. Аамҭақәак рнаҩс аҭаацәара ду раб хабарда дыбжьаӡуеит. Осман аҩбатәи иԥа Мураҭ иакәзар дышқәыԥшыз идунеи иԥсахуеит.

"Сара шықәсык схыҵуан саб аибашьра данца. Хабарда дыбжьаӡит ҳәа ажәабжь анҳарҳәа ашьҭахь, хара имгакәа ҳан Рабиа Қамҷԥҳа иаалырҟьаны лыԥсҭазаара далҵуеит. Ԥшьҩык аиаҭымцәа, ҳаб иаҳәшьа Наадиде батәыс ҳлауит", - иажәа иациҵоит Џьамалеҭҭин.

Наадиде Кьылԥҳа усҟан дҭаацәаран, ҩыџьа аԥацәа лыман, аха руаӡәы дшысабиаз длыцәԥсхьан. Лашьа ихәыҷқәа рхала ианынха, лҭаацәа лыманы дара рахь даауеит. Ус ишыҟаз Наадиде илзаанхан иҟаз лԥагьы ачымазара дагоит. Лыԥшәма длылҵны дцоит. Абас аԥҳәыс рыцҳа лашьа иҭаацәа рхьаа шылхьааз лхатәгьы нацлеит.

© Foto / предоставила Саида Жиба Азиз Кьылба ихшара
Еиҵагылеит афбатәи абиԥара: Џьамалеҭҭин Кьылба иабдуцәа Ҭырқәтәылаҟа ишықәнагалаз иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.06.2021
Азиз Кьылба ихшара

"Ҳаб иаҳәшьа анысгьы абысгьы дҳаман. Лара лакәымзар иаҳлахьынҵахозгьы сыздыруам. Наадиде дызгәалашәо зегьы ирҳәоит, "закәытә мчыз ҳазшаз илаҭәеишьаз лхатә хьаа хәаҽны лашьа ихәыҷқәа рааӡаразы ҳәа", - еиҭеиҳәоит Џьамалеҭҭин.

Џьамалеҭҭин Кьылба  92 шықәса дырҭагылоуп. Абырг дахьынхо ақыҭа Беиқьои ахьӡуп, араҟа уажәшьҭа шәышықәса ҵуеит рышьаҭа адаркижьҭеи. Рыцҳарас иҟалаз, анкьа иаԥсыуа қыҭаз, иахьа Кьылаа рҭаацәа заҵәык роуп инханы иҟоу.

"Сабду Осман ҽыла, мызла хаџьра дцон, акырџьара анхарҭа ҭыԥқәа иԥсахуан, аха аҵыхәтәантәи шәышықәса Беиқьои ауп ҳахьыҟоу. Усҟан ҳара ҳадагьы араҟа инхон Аҩӡаа, Ашәаа, Ҵыблаа, Маршьанаа уҳәа. Еиуеиԥшым амзызқәа ирхырҟьаны аԥсуа ҭаацәарақәа арантәи иқәҵит", - иажәа иациҵоит абырг.

© Foto / предоставила Саида Жиба Џьамалеҭҭин Кьылба
Еиҵагылеит афбатәи абиԥара: Џьамалеҭҭин Кьылба иабдуцәа Ҭырқәтәылаҟа ишықәнагалаз иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.06.2021
Џьамалеҭҭин Кьылба

Џьамалеҭҭин Аԥсныҟа аара игәы азыҳәоижьҭеи акрааҵуан. Амчи алшареи анимаз иахәҭаз қьаадла иҽеиқәыршәаны амҩа дшазыԥшыз, аҭырқәа ҳәынҭқарра азин ҟанамҵеит. Иара ибзианы еиликаауеит уажәшьҭа иџьынџьдгьыл ахь дцартә ишыҟамло, аха иԥеи имаҭацәеи уахи-ҽни Аԥсны аӡбахә реиҳәоит, дрылабжьоит рабдуцәа рыдгьыл аҿы ршьапы адаркырц.

Абырг иԥшәмаԥҳәыс Ԥырланҭа Кәацааԥҳа лакәзар 96 дырҭагылоуп. Ларгьы лыхшыҩ ҵаруп, лыбаҩ ласуп.

160 шықәса раԥхьа Ҭырқәтәылаҟа иқәнагалаз Осман Кьылба, иахьа ихылҵшьҭра анцәа ишиҳәара иҟоуп, еиҵагылахьеит афбатәи абиԥара.

иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0