Инга Шамԥҳа: раԥхьаӡа акәны аԥҳәыс хҭырԥа ахьызба Мгәыӡырхәа ақыҭаноуп

© Sputnik / Томас ТхайцукСтарший научный сотрудник Отдела этнологии Абхазского государственного музея, этнолог Инга Шамба. Архивное фото.
Старший научный сотрудник Отдела этнологии Абхазского государственного музея, этнолог Инга Шамба. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Инга Шамԥҳа – аетнограф-аекспозициаҟаҵаҩы, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи Аетнологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы Sputnik иалҭаз аинтервиу аҟны далацәажәоит аетнологиа аҟәшаҿы иахьазы усурақәас ицо.

Инга Шамԥҳа – аетнограф-аекспозициаҟаҵаҩы, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи Аетнологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы Sputnik иалҭаз аинтервиу аҟны далацәажәоит аетнологиа аҟәшаҿы иахьазы усурақәас ицо. Аиҿцәажәара мҩаԥылгеит Алина Жьиԥҳа.

– Инга Владимир-иԥҳа, рацәак ҵуам ажәҩан аҵаҟатәи иаарту аетнографиатә музеи аԥҵаразы агәыԥ аҽеидкыланы аусура иалагеижьҭеи. Излаҳдыруа ала, шәаргьы ари апроект шәалоуп. Иабанӡанеихьоу аусурақәа?

– Аетнографиатә музеи Уаҭҳара ақыҭаҿы иҟалоит. Аԥсабара аганахьала аҭыԥ даараӡа ибзианы иалхуп. Ари апроект аздырхиеит аҷкәынцәа Иуа Сақаниа, Асҭамыр Логәуа, Нури Ванача. Сара етнографк иаҳасабала сыргеит. Уи апрект ду анагӡараҿы схы иасырхәоит аус ахьызуа Аетнологиа аҟәшаҿы ицәыраҳгаз аекспозициа "Аԥсуа иашҭа" амакет. Ажәҩан аҵаҟа аетнографиатә музеи аартра – аԥсуаа наџьнатә аахыс иахьанӡа иааргаз рматериалтә, рдоуҳатә культура, рынхашәа-чашәа, рыбзазашьа, рыҩнаргылашьа уҳәа зегь зныԥшуа ак акәны иҟалоит. Ари зегьы ҳара ҳҭоурых ауп, даара аҵакы амоуп. Иазгәасҭар сҭахуп иара убас архитектура аганахьалагьы иаҳцәыӡхьоу уаҟа иеиҭашьақәыргыланы ауаа ирбаратәы ишыҟаҳҵо.

Ночь в музее - Sputnik Аҧсны
"Аҵх амузеи аҟны" раԥхьаӡа акәны Аҟәа имҩаԥысит

Исымҳәамкәа сзавсуам даҽакгьы, амузеи аусура ианалагалак, 80 рҟынӡа усурҭа ҭыԥ аԥҵахоит. Аригьы иаанаго маҷӡам. Азыҟаҵаратә усқәа ҩы-шықәса раҟара аамҭа ргар ҟалап, аха аусгьы даара ирацәоуп, аханатә иргылатәуп аԥсуа иашҭа иҭагылоу зегьы, аҩныҵаҟагьы ирхиатәуп. Акыц, аҟаур, аисыр, еиҳаракгьы аҵыхәтәантәи ҳара ҳҿы аԥшаара уадаҩуп. Аха егьа ус акәзаргьы, аԥсуа иашҭа ишахәҭоу еиԥш ак агымкәа иҟалароуп.

– Адыррақәа шԥеизыжәго? Аинформаторцәа шәрыҿцәажәома, мамзаргьы иҩны иҟоу аетнографиатә материалқәа еиҳа шәхы иашәырхәо?

– Аинформаторцәа ахьынӡаҳамоу ҳхы иаҳархәалароуп, ҳәарада. Ҳқыҭақәа рҿы ажәытә уаа бзиақәа нхоит. Сара изныкымкәа Ҭырқәтәылагьы сцахьеит, уа иныҟәырго аҵас-қьабзқәа срызҿлымҳауп. Иахьа аетнографиа аҟәшаҿы ицәыргоу амырзакан 150 шықәса инареиҳаны иахыҵуеит, амҳаџьырра аамҭақәа раан Аԥснынтә уахь инанагаз ауп. Изгазгьы Зеррин Шамԥҳа ланду Алазԥҳа лакәын. Уи усҟан шәышықәса лхыҵуан. Аԥсуаа ирылаҵәан иҟан ашәаҳәара, акәашара. Амырзакан ҭыԥҳа ҳәа лзырҳәон уи амузыкатә инструмент ҟазарала иазырҳәоз. Ҳаамҭазы Ҭырқәтәыла еиҳа иеиқәханы иҟоуп амырзакан ачарақәа раан арҳәара, ацкәашара. Уажәы сгәы иҭоуп Ҭырқәтәылантәи алабеинҟьагақәагьы амузеи азы раагара. Адаул ҟалаанӡа алабеинҟьагақәа ракәын аԥсуаа рхы иадырхәоз. Адаул еиҳарак аибашьрақәа раан, ма аритуалтә кәашарақәа раан акәын ахархәара анамаз, иаҳҳәап ахацәа шәарыцара ианцоз.

Иазгәасҭарц сҭахуп, сынтәа акциа "Аҵх амузеи аҿы" анеиҿаҳкаауаз, раԥхьаӡа акәны абыкь абжьы шҳаргаз. Раԥхьаӡа акәны абыкь сара иахьызбаз Џьырхәатәи аныхаҿоуп, иара аура метрак аҟынӡа инаӡоит. Иахьа амузыкатә ҵараиурҭаҿы иҟарҵоит абыкь. Ашәҵла иалхны. Аритуалтә ҟазшьа змаз – абҩа иалырхуан, уи абжьы дуун, хараӡа ицон. Абҩатә быкь – ижәытәӡатәиу аҭоурых ахь иаҵанакуеит.

– Иахьа усқәас шәнапы злакуи, гәҭакқәас ишәымоузеи?

– Агәҭакқәа еснагь ирацәаны иҳамоуп. Уажәазы сгәы иҭоуп амузеи аҿы амҳаџьырцәа рзал аиҿкаара. Аха иарбанзаалак аекспозиациа аамҭа аҭахуп, еиҳаракгьы ас еиԥш иҟоу зымҽхак ҭбаау атема анакәха. Иарбанзаалак аекспозициа аиҿкаараан афонд зегь аҟнытә ауаа идырбатәу алхтәуп, иахьықәу авитрина зеиԥшрахо инаркны ирызхәыцлатәуп аекспозициақәа.

Чик. Работа Архипа Лабахуа - Sputnik Аҧсны
Архип Лабахәуа иџьашьахәу идунеи

Уи аганахьала ԥышәа хәыҷык сымоуп. 2012 шықәса инаркны схы аласырхәуеит "Абираҟ амш" аҽы имҩаԥысуа ацәыргақәҵақәа, иара убас апроект "Прогулки по набережной" аус адызулоит, 2006 шықәсазы Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата еиҿнакааз аекспозициатә форум "Аԥсуаа ркультуреи рыбзазашьеи" ҳәа хьӡыс измаз еиқәсыршәон, иара убас 2008 шықәсазы ацәыргақәҵа "Этно-Сочи2 схы аласырхәит. Ари аус аҿы аԥышәа даара акраҵанакуеит.

Иахьазы аетнологиа аҟәшаҿы XIX ашәышықәсахь иаҵанакуа амилаҭтә костиумқәа 11 ареконструкциа рызууп. Урҭ рҟынтә фба цәыраҳгахьеит. Акостиумқәа зегьы еиҭашьақәыргылоуп адәахьтәи аекспедициақәа раан еизаҳгаз аматериалқәеи, амузеи иамаз архивтә фотосахьақәеи рыла. Аорнаментқәа реиқәыршәара хаҭала сара снапы алакуп. Абџьар – ахыци ахәымпали, аибашьҩы имаҭәа уҳәа Баҭал Џьапуа инапы иануп, иара инапы иадыруеит, лассы иҳақәиршәап ҳәагьы агәыӷра сымоуп.

– Абри аус шәахьынӡаҿыз иҟазма шәара шәзы иҿыцыз аартрақәа, мамзаргьы уаанӡа ишәмаҳацыз акыр шәаҳама, ижәбама? 

– Аҳәса рыхҭырԥа ҳәа шыҟаз саҳахьан, аха сыблала исымбацызт. Раԥхьаӡа акәны лабҿаба иахьызбаз Мгәыӡырхәа ақыҭаноуп, д-Матуаԥҳан изтәыз. Ахҭырԥа напыла исны иҟан, бырфынла иқәҵаны, адәахьала еиқәаҵәан (аласа), аҩнуҵҟала ицәҩеижьын (абырфын). Лара а-Матуаԥҳа лажәақәа рыла, аӡынразы аласа аганахьала аҩнуҵҟа ишьҭны илхалҵон, дарԥхаразы, аԥхынразы – абырфын злаҟоу ала иаалырҳәуан. Аҳәса ахҭырԥа рхарҵон, ма рыхәда иқәдыршәуан, еиҳарак, аҽы иақәтәаны џьара ацатәы анрымаз. Аҵарауаҩ Елена Малиапҳа лусумҭақәа рҟынгьы иҟоуп аҳәса рыхҭырԥа зеиԥшраз азы аинформациа.

Уажә ааигәа аҭоурыхҭҵааҩ Иури Анчабаӡе сыҳәарала, Қарҭтәи амузеи аҟны ишьҭоу аҳәса рыхҭырԥа асахьа ҭыхны исзааишьҭит. Ари ижәытәӡатәиу ԥсыуа хҭырԥоуп, аорнаментқәа иану уажәы иҭысҵаауеит. Абраҟа иазгәасҭарц исҭаху — аорнамент знырҵоз аҳәса рыхҭырԥақәа мацара ракәын, ахацәа ртәы ус акгьы ақәны иҟаӡамызт. Уи ахҭырԥа ажәытә ҩырақәагьы ануп, урҭ уажәы рыԥхьара ҳҽазаҳшәоит. Аҭҵаарақәа зегьы ҳанрылгалак, аԥсуа ԥҳәыс хҭырԥа раԥхьаӡатәи ареконструкциа ҳмузеи аҿы ицәыргахоит.

– Аҳәса рыхҭырԥа иалаҽырбозма, шәгәанала? Насгьы иахьа аҭыԥҳацәа рышәҵатәаҿы ахаҵа маҭәа аелементқәа ахьалрҵо шәышԥахәаԥшуеи, иаҳҳәап аҳазырҭрақәа аҵкы ианақәырҵо?

– Аҳәса ахҭырԥа анырхарҵоз аҽықәтәараан мацара акәын, усҟан дара амазонка ршәызар акәын. Амазонкеи ахҭырԥеи еснагь еицын. Ҳәарада, аҭыԥҳацәа аамҭақәа зегьы рзы аҽырԥшӡара иашьҭан. Зегьы рылшарақәа еиԥшымызт, аха амаҭәаҿы аиуеиԥшымзаара ахьыҟаз аҩычашьеи, излыху абеи рҿы акәын, аформа еснагь еиԥшын. Ахҭырԥагьы убас акәын ишыҟаз. Уи аӡахышьеи, иақәырҵоз асахьақәеи рыла аҭыԥҳацәа рхы еиҭарҳәон, рҟазара аадырԥшуан. Уи зегь аԥшӡара ацын, еиҿкаан.

Иахьа иҟоу атенденциа — аҳазыркәа аҳәса рыҵкы ақәҵара, сара шәсазҵаауазар, даара иԥшӡаӡам, иагьиашаӡам. Аҳазырқәа — еибашьыгатә елементуп, рхатә функциа рымоуп, урҭ хымԥада ирыцзароуп абџьар, ахаҵа маҟа, аҳәызба. Аҳәса рымаҭәахь иарбанзаалак ахацәа иртәу аиагара, арԥшӡагатә елементк аҳасабала рхархәара зынӡаск садгылаӡам. Аҭыԥҳацәа рыҵкқәа зладырԥшӡоз маҷхәузма, ачаԥразқәа мацара ҳгозаргьы, аиувелиртә напкымҭа иаваҟәыло, убла хыркуа иԥшӡаӡаны ирчаԥон. Амала аҭыԥҳацәа ргәышԥахьы акцент ахаан иҟарҵаӡомызт, уимоу, излауаз ала ирҵәахуан, ирхханы иҿарҳәон. Иахьа уи аганахьала зынӡа даҽакалоуп ҳашхәыцуа. Иҟалап, аԥшӡара астандарҭқәа рҽахьырыԥсахыз азы акәзар, ари еиԥш ацәырҵра заҳбогьы…

Ажәабжьқәа зегьы
0