Жәытәла Ашықәс Ҿыц ишаԥыло

© Sputnik / Томас ТхайцукАжьырныхуа.
Ажьырныхуа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәытәаахыс аԥсуа ҭаацәарақәа иныҟәыргоит аныҳәарақәа. Ажьира аныҳәара, ажьрацәара аныҳәара. Урҭ ирымоуп рхатәы ԥҟарақәа, рхатәы ҵасқәа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik.

Иахьа-уажәраанӡа аԥсуаа имырӡкәа иааргоит рабацәеи урҭ рабдуцәеи рныҳәарақәа. Абиԥарала еимырдоит уи иаҵоу амаӡақәа. Гәыцқьала аҩнаҭа аиҳабы Анцәа диҳәоит.

"Са сшамкәа сызшаз Анцәа, иахьа абра ҳаузааит ҳуҳәарц. Абшьтәа ҳаԥхьа игылоуп, уажәшьҭан ианаҳшьлак агәи агәаҵәеи узааҳгоит. Иаҳхылҵыз ахьынӡанаӡааӡо иахьыҟазаалак улаԥш рхыз. Улԥха ҳаҭ ҳазшаз Анцәа ду!" — абас амш ныҳәо, адгьыл ныҳәо аҭаацәа реиҳабы Анцәа диашьапкуеит.

Иҿа маҿа ныҳәо, ишәшьмаҵәқәа иманы, инапы рҭәны фатәы-жәтәыла аҩны дааҩналоит. Ашәшьмаҵә акәтаӷь агәыларшәуп. Акәтаӷь амаҵә анакәыршо, аԥсуаа алаԥш цәгьа, аԥсҭазаара цәгьа аҽацәыхьчара ауп иаанаго. Ӡынгьы ԥхынгьы ииаҵәо аҵла, зыбӷьы мканӡо, икамԥсо, ԥсра зқәым аԥсҭазаара анымҵәара иазҳәоуп. Аҭаацәа реиҳабы ацха, ашьақар агьама ибон, иҿаҵа еиԥш ихаазарц ашықәс зегьы.

Народные обряды - Sputnik Аҧсны
Акәакәарқәа, ацәашьы: аԥсуаа имҩаԥырго аныҳәарақәа ирызку згәаҭақәак

"Хаара-бзаара ҳагмыз, ҳча ҳџьыка, ҳгәы цқьаны, илаҳҵо ажәла аҿа ахылҿиаауа, ашықәс иҳанаҭаз аҽаҩра гәырӷьа чысны иҳауа, гәыцқьарыла ҳанхо ҳанҵуа. Ҳазшаз Анцәа ду уаҳхылаԥш, унапы ҳануп" — иацырҵоит аныҳәара.

Аҭаацәа рнапы ахьыршьуеит ашәшьи акәтаӷьи, агьама рбоит ацха, арыӷьарахь игьежьны аҭаацәа зегьы еибаныҳәоит. Нас, ари амш инаркны, хымш улахьынҵа иӡбоит аԥшәма инаҩс, ашьыжь иааиз ауаҩы. Уи игәы ҭбаазар, дразызар, игәы бзиазар, инапгьы мшуп, ишьапгьы мшуп, имышьҭагьы бзиоуп. Аха, аԥсуаа рҿы ишырҳәало еиԥш, ицәгьазар, дмышьҭакуп. Хымш ухы шубо еиԥш, убас имҩасуеит рҳәоит ашықәс зегьы.

Ахәылбыҽха имҩаԥысуеит даҽа хҭыск. Рымч зықәхо, ргәы азыразны ҳазшаз идырбоит агәи агәаҵәеи. Аҩнаҭаҿы аишәа ԥсыуа чысла ирхианы иахатәаанӡа, аҭаацәа реиҳабы ҳазшаз диашьапкуеит. Ҳжьирақәа, ҳныхақәа зегьы рымч даҳәаны, иҭаацәа дрықәныҳәоит.

"Абра абыржәы иааҳгеит агәи, агәаҵәеи. Алԥха-агәыԥха шәымаз, машәыр ҳақәмыз. Иаа злыԥха ҳаура, Анцәа дуӡӡа, ухьышьаргәыҵа сакәыхшоуп. Иаҳзымдыруа ҳаҭаумҵан, иаҳдыруа ала умаҵ аауеит. Уара улԥхала, ҳаԥхьа ишьҭоу ашықәс улԥха аҭ, иахзымдыруа ҳаҭанаумҵан, иҳаҵаҳәа. Ажәлар ныҳәаз, рыбзиабара рацәахо, рыцәгьа маҷхо, Уара умчала арыӷьарахь ҳаргьежь", — иациҵоит аҭаацәа реиҳабы аныҳәара.

Аишәа иқәу ачыс агьама бзиа аиуеит, аҵәцақәа ирҭахәмаруа аҳаԥшьа ҩы акәзар, еилыԥхаауеит. Аныҳәаҩ, мрагылара аганахь аҩны акәакь даакҿыҵны хынтә арыӷьарахь дгьежьуеит. Агәаҵәақәа ргьама ибоит, дзыхныҳәаз агәи агәаҵәеи иҭаацәа агьама дирбоит. Зегьы еибаныҳәоит. Ашықәс Ҿыц иаԥылоит рымч шхо ала.

"Аԥсни аԥсуааи Анцәа еигаумырхан. Аԥсынра иану аԥсуа ишьҭа ҳазшаз ианумхын, аҿиара, аизҳара Анцәа иҟаҵа. Изаҳауа зегьы ҳазшаз илаԥш шәхызааит!" — нҵәара рықәым абас еиԥш Ашықәс Ҿыцазтәи аныҳәарақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0