Ҭаниаа рыжәла ахьынтәаауа

© Sputnik / Асида КвицинияПейзаж в высокогорном селе Псху
Пейзаж в высокогорном селе Псху - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
80 шықәса зхыҵуа абырг хазына Ҭырбеи Ҭаниа иажәабжь ала, рыжәлантәқәа рынхара аҭоурых Sputnik азы иаҳзеиҭалҳәеит Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Ухаҿы дузаамгар ҟалап ауаҩы ижәла ада, избанзар дазусҭазаалак ари адунеи иқәу имоуп иара дызҵазкуа ажәла. Аҭоурых аҿы ауаа жәлала рҽеиҩшара ианалагаз уаҩы издыруам. Аха уи зыхҟьаз ҳәа аҵарауаа аӡәырҩы иадырҳәалоит ауаа рыҿиареи реиҿыҵреи.

Зосим Амԥар - Sputnik Аҧсны
"Агныҳәа": аижәлантәқәа Амԥараа рҭоурыхи, рҵаси, рныҳәарақәеи

Иахьа уажәраанӡагьы адунеи аҿы иҟоуп аҭҵаарадырра "антропонимика" захьӡу – уи ауаа рхатәы хьӡқәеи, ажәлақәеи, абхьӡқәеи, ахьӡ ҷыдақәеи ҭнаҵаауеит.

Аԥсуаа ҳҟынгьы змилаҭтә цәаҩа аазырԥшуа зхатә ҭоурых змоу ажәлақәа маҷым. Урҭ злашьақәгылаз, ишышьақәгылаз, рыжәла ҵакыс иамоу, иахьынҭаауа атәы зҳәо аҳәамҭақәа реиқәырхаразы ашлақәа аҿар ирымардон.

Убас Очамчыра араион Ԥақәашь ақыҭан ииз, иааӡаз, иахьа уажәраанӡагьы инхо 80 шықәса зхыҵуа Ҭаниа Ҭырбеи Антон-иԥа иаҳзеиҭаиҳәеит иеиҳабацәа рҟнытә иаҳахьаз Ҭаниаа рыжәла ашьақәгылара иазку аҳәамҭа.

"Зынӡа санмаҷӡаз, гагаҵас оуп ишызгәалашәо ҳаижәлантәқәа Ԥсҳә-ныҳәа ҳәа аныҳәара ҟарҵон. Уи зыҟарҵоз инрыжьыз адгьыл рцәымгәаарц, иамшәиирц азы акәын. Аха уажә уи аныҳәара ҳамаӡам. Иаҳзеиқәмырхеит.

Ҭаниаа рышьҭра аауеит ҳәа рыԥхьаӡоит Ԥсҳәынтәи, уоуп рыжәла ахы ахьыҵнах, аха иҟарҵаз ауаҩшьра иахҟьаны рынхарҭа ҭыԥ рыԥсахыр акәхеит. Убас ауаҩшьра иахҟьаны хҩык аишьцәа а-Ҭаниақәа лбааит Ԥсҳәынтәи. Ирышьҭаз ирзымԥшаарц азы урҭ мҩахәасҭала илбаауан. Мҩахәасҭала илбаазгоз арԥыс д-Тәанбан. Абас маҷ-маҷ ақыҭа Дәрыԥшь иааӡеит.

Аишьцәа реиҳабы иҭаххеит ара дынхарц. Усҟан аҳцәа ираамҭан. Аҭыԥантәи аҳ иҟны даннеи аҽны аныҳәара иман, ажәлар еизаны иҟан. Аҳ асоф аҿы дахьықәгылаз:

– Иҳахҭыгәлаз дазусҭада? – ҳәа дҵааит.

– Абас нхыҵынтәи дааит, абра анхара иҭахуп, – рҳәеит аҳ имаҵуҩцәа.

Аҳ акыраамҭа дымцәажәаӡакәа ус дықәгылан. Амаҵуҩцәа 400-500 кьыла иҟоу ацә аарган ашьра рҽыназыркуан еиԥш аҳ ус ҿааиҭит:

– Ана иубома ацәқәа ахьыршьуа! Хҩык ауаа усҭоит, шәмыҩкәа, ныҟәашәала, убарҭ шьны, еиҿыҟьҟьаны, ижәны аишәа иқәырҵаанӡа сыдгьыл хәҭак уакәшан узаар, уахьынӡакәшаз уара иусҭоит!

А-Ҭаниа дакәшан данааи, акәац иҭарҵаз азхара имжәыцызт. Убри дахьынӡакәшаз адгьыл иара ииҭеит, уа дықәынхеит – Ҭаниаа иртәхеит.

Агәыбжьанытәтәи а-Ҭаниа ҷкәына дынхеит Ԥақәашь. Ара дыҿиеит, хҩык аԥацәа ихылҵит. Ԥақәашь Ҭаниаа рацәаҩын, уажәыгь имаҷым. Урҭ Ԥақәашь иахьеидынхалаз "Ҭаниаа рҳабла" ҳәа ахьӡырҵеит.

Аишьцәа реиҵбы Самырзаҟан дынхеит, аха уи дыԥсит хылҵ димамкәа. Уажәыгь а-Ҭаниақәа ахьуԥыло Дәрыԥшьи Ԥақәашьи роуп, Самырзаҟан иҟаӡам.

Ани амҩа дзырбаз а-Тәанба даангылеит Гәдоуҭа шыҟоу. Убра ианеиԥырҵуаз а-Тәанбақәеи а-Ҭаниақәеи рдақәа ааԥыҟҟаны ршьа еиларҭәеит. Еишьцәас иҟаибаҵеит арҭ аҩ–жәлак. Ажәытәан Ҭаниаԥҳа Тәанба диццар азин ыҟамызт, а-Тәанԥҳа а-Ҭаниа дааигар ауамызт. Шьак еицҳалоуп! – рҳәон".

Ажәабжьқәа зегьы
0