Ацуныҳәа: иацы, иахьа

© Sputnik / Сария КварацхелияПразднование одного из старейших праздников абхазов Ацуныҳәа в селе Дурипш
Празднование одного из старейших праздников абхазов Ацуныҳәа в селе Дурипш - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа рыҟны ацуныҳәа мҩаԥыргоит ажәытәӡа аахыс. Ақыҭа ауааԥсыра еизаны Зегь зымчу имҵаныҳәоит, имҵахырхәоит. Иахьатәи ҳаамҭа аныҳәара иаланагалаз аҿыцрақәа ртәы Аинар Ҷыҭанаа ианҵамҭаҿ.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Зықәрахь инеихьоу ҭаҳмадак дсызҵааит, "иудыруама уара адунеи аҟны ахаан инымҵәо арбану" ҳәа. "Мап, исыздырӡом" сҳәеит сара. "Аԥсуаа ҳныҳәақәа" — аҭак ҟаиҵеит аҭаҳмада.

Арҭ ажәақәа лафк еиԥш акәын ишҳәаз, аха аурыс жәаԥҟа ишаҳәо еиԥш, иарбан лафзаалак аҵабырг ахәҭаа алоуп. Уи аҵабырг милаҭ ҭынхак еиԥш абиԥарақәа еимырдоит, иҭоурыхтә гәалашәароуп, ҳахьыҟазаалакгьы даҽаӡәы ҳиламҩашьо ҳмилаҭ хаҿра ӡырнагоит, ҳаиднакылоит.

Валерий Бигуаа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Бигәаа ацуныҳәара иазкны: ауаа еибанарбоит, аԥсуара ргәаланаршәоит

Шьыжьнаҵы ҳқыҭа аԥшьаҭыԥ аҿы еилаҭырроуп: гәыԥҩык ахшьапқәа дырхиоит, амҿы еидыргалоит, амца аиқәҵара иаҿуп. Даҽа џьоукы ацә атәыҩақәа ашаха рхаршәны аԥшьаҭыԥахь инарцоит. Ацәгьы иазыԥшу еилнакаауазшәа ахы рынаҭом, аҽарххоит… Ажәлар еиҳа-еиҳа аизара иаҿуп. Лымкаалагьы ирацәаҩуп ахәыҷқәа. Иахьа ари ақыҭа анхаҩцәа ацуныҳәара рымоуп. Дара рзы Анцәа имҵаныҳәара кыр зҵазкуа хҭысуп, гәырӷьароуп. Аныҳәатә гәалаҟара иныруеит ари ақьабзтә ҭынха зҽалазырхәуа дарбанызаалак.

Ацуныҳәара ажәа "ацуҭа" аҟнытә иаауеит, иаанагогьы аҳабла зегьы еицырзеиԥшу аныҳәара ауп. Ацуныҳәара мҩаԥыргоит ааԥынра, аарыхра аамҭа анааилак, амхқәа рылаҵара ианалаго аамҭазы.

Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба излазгәеиҭаз ала аҵыхәтәантәи аамҭазы зыӡбахә ҳамоу аныҳәара аҟазшьа маҷк иԥсаххеит. Иаҳҳәап анкьа акәаци, абысҭеи, аҳампали, аџьыкеи рыда акгьы адрымгалозгьы, иахьа афатә хкқәа рхыԥхьаӡара иазҳаит, уимоу арыжәтәгьы нарго иалагеит. Насгьы усҟан ныҳәаҩцәас иҟаз аӡәык-ҩыџьак ракәын, даҽа қыҭак аҿы дынхозаргьы дааганы ддырныҳәон.

Иахьа, шамахамзар қыҭацыԥхьаӡа дрымоуп агәи-агәаҵәеи ирыхныҳәо ауаҩы. Насгьы ажәытәан ацуныҳәара анымҩаԥыргалак ирцәынхаз акәац аҩныҟа иргаӡомызт, аҭыԥ аҟны инрыжьуан, мамзаргьы згәамбзиара иахҟьаны изымааз ауаа ирзырҭиуан. Иахьатәи аамҭазы урҭ аҵасқәа рыхәҭак маҷ-маҷ иҳампыҵышшааит, мамзаргьы даҽа ҟазшьак аархәеит. Ажәытә қьабзқәа еиқәырханы иахьагьы ахаҵгылара шраҳҭогьы, иҟоуп иҳанаумыжьша агхақәа. Аԥшьаҭыԥ акәша-мыкәша ирацәахеит иԥсабаратәым, ауаа икарыжьуа, зеиуахкы уҭаху агәам-сам.

Сгәанала уи зыхҟьо адоуҳатә хдырра ахьҳацәмаҷхаз ауп. Аҭоурыхтә ԥышәа иаҳнарҵахьо шмаҷымгьы, иаҳзышьҭымкааз макьаназы ирацәоуп. Ҳаламыс ҳаӷрамгылар ҳҭахызар ари аҭагылазаашьа арҽеира ҳаззегьы иҳахәҭоуп ҳәа сгәы иаанагоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0