"Дҧариуа, дыҧҳариуа": Ажьаҳара аныҳәара амҩаԥгара иазкны

© Sputnik , Есма ҬодуаԥҳаАжьаҳара аныҳәара ажәытә амҩаҧгашьеи иахьа ишыҟарҵои
Ажьаҳара аныҳәара ажәытә амҩаҧгашьеи иахьа ишыҟарҵои - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҧсуаа рдунеихәаҧшышьа иарҿиаз аизҳазыӷьара Анцәахәы – Ажьаҳара аныҳәара зымҩаԥырго атәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаҧҳа.

Sputnik, Есма Ҭодуаԥҳа

Ҭагалан ачарақәа ираамҭан иахьыҟоу уамашәа ибатәӡам. Ачара зҽазыҟазҵо ауаҩы изы ари иреиӷьу аамҭоуп: аҽаҩра ҭагалан ианалго, рҩы анҭарҭәо, шәырла ианеиқәшәоу, арахә ракәзар реиҳа иҧсылан ианыҟоу шьхалбаан азы – знапала иаарыхуа ауаҩы, хымҧада, арҭ акәамаҵамақәа дрызхәыцуеит. Аха ҳаамҭазы знапала иҭазгало раасҭа, иаахәан изфо шеиҳау ала, урҭгьы ари аамҭа еиҳа ирзыманшәалоуп ахәҧса аганахьала (иаҳҳәап, аӡын зыҧшаара иаҳа иуадаҩхо ахә еиҳа еиҳахоит).

Жәлар разгәаҭарақәа рыла аҭаацәара алаларазы иаҳа ибзиоу мзаны иҧхьаӡоуп ноиабр. Ари аамҭазы аҭаацәара аҧызҵо аилибакаара бзиеи аҭышәынтәалареи рыцзаауеит.

Адәныҟа ҳәа ахәыҷы иныҳәара - Sputnik Аҧсны
"Адәныҟа" ҳәа ахәыҷы иныҳәара аҵаки амҩаԥгашьеи

Иара убас зегь раасҭа иманшәалоу аамҭоуп рҳәоит амшаҧы ашьҭахь иааиуа раҧхьатәи амҽышаз аҭаацәара аҧызҵо рзы. Ааҧын шышәҭуеиҧш еиднагалаз рыбзиабара есааира ишәҭлоит, ааҧын иацу аҿиара еиҧш, аизҳазыӷьара рымазаауеит. Ари аҵыхәтәантәи аҧсуа изы (иара ауаҩытәыҩса изы) крызҵазкуа акәны иҟоуп.

Аҧсуа ҩнаҭа аҭаца раҧхьаӡа лшьапы аналалыргыла нахыс уи "дҧариуа, дыҧҳариуа" ҳәа лықәныҳәара иалагоит. Аизҳара ихадароу аҭыҧ ааннакылоит аҭаацәараҿы. Уи инамаданы аҧсуаа рдунеихәаҧшышьа иарҿиеит аизҳазыӷьара Анцәахәы – уи Ажьаҳара ахьӡуп. Ари анцәахәы иазкны аныҳәара мҩаҧыргоит аҭаца лыҩнра данамардо.

Аныҳәаҩ Таиса Ласариаҧҳа "Заҟаҩ сныҳәахьо рхыҧхьаӡарагь сыздыруам, — лҳәоит. – Маҷыҩ сныҳәахьома аа-шықәса раахыс, аа-шықәса ҵуеит салагеижьҭеи. Сыҧшәма данҭаха ашьҭахь, акыр шықәса ҵхьаны, бара быҧҳәыс цқьоуп, балаҳхыр ҳҭахуп, бгәыразуп, баргьы баҳзыразуп рҳәан, исыдырҵеит."

Ажьаҳара аныҳәара ажәытә амҩаҧгашьеи иахьа ишыҟарҵои аиҭакрақәа рныҧшуеит. Урҭ аҧсахрақәа зыдҳәалоу дара ажәлар рыбзазара, рынхамҩа аҽыҧсахроуп. Аха ажьаҳара аҵакы шамац иаанхоит, уи ихадоу афункциа аҿиара иазкны аҭаца лныҳәара ауп.

"Ажьаҳара аҿиара, азҳара иатәуп. Аҭаца данааугалакь, дызҳауа-дзыӷьо ҳәа убас дырныҳәоит. Ашәахьеи аҧшьашеи ауп ажьаҳара ҳәа аныҳәара аныҟарҵо. Ажьаҳара ҳәа сахьныҳәо акәты ажә сшьуеит, дахьио, дахьтәо, дахьгыло лаҧшхаала дыихылаҧшуа ҳәа убра ауадаҿы дныҳәаны, лхы хынтә инакәыхшаны исшьуеит. Ачашә ҟаҳҵоит, ачаҿаа (амзаҿа асахьа змоу). Абысҭа ууеит, аҩнатә кәтаӷьқәа хҧа агәылаҵаны. Зегь анҳармазеилак аҭаца луадаҿ ихагалан даҳныҳәоит. Ацәымза снапала иҟасҵоит, убригь хынтә лхы инакәыхшаны убра ауадаҿы икыдысҵоит. Ажьаҳара дуӡӡа алыҧха лыман, агәыҧха лыман, дахьааиз лыҩнра дахажәаауа, агәараҭа лыхьӡала иҧшӡахо, дахьио, дахьгыло дахыбаамкәа, лаҧш хаала дылхылаҧшуа ҳәа."

Ари аныҳәараҿы символра зуа ракәны иҟоуп акәтаӷьқәеи акәти – "акәты акәу, акәтаӷь акәу?" рҳәалоит жәаҧҵәаны (раҧхьа иҿиаз атәы аҳәара цәгьоуп аха…). Ажәа "ажьаҳара" аӡәырҩы аетнографцәа ишазгәарҭахьоу ала "ажьы азҳара" аанагоит. Аныҳәараҿгьы иҿиои изырҿиои (акәти акәтаӷьи) ихадараны изалаҳкаауа убри азоуп. Аҭаца ихымҧадатәны акәты агәыи агәаҵәеи, иара убас акәтаӷьқәа рыхҧеи лфароуп данырныҳәалак ашьҭахь.

Отдел этнографии абхазского государственного музея - Sputnik Аҧсны
Амҳаразы ҩ-гәаанагарак

"Ажьаҳара иахылаҧшу ҳәа иҟоу дыҧҳәысуп рҳәоит. Агәараҭаҿы уҿыцны уаннанаго аҧсы лаҧш уҧырхагахар ҟалоит, абза лаҧш уҧырхагахар ҟалоит, абри азы ажьаҳара духылаҧшуазароуп, атәым ҩнаҿы уаннеиуа убри иуҧырхагамхаразы оуп, убри ажьаҳара ҳәа ззырҳәо убри аҟынтәи дахьчоит, — ҳәа ажьаҳара аҵакы даҳзалацәажәеит аныҳәаҩ Таиса Ласариаԥҳа.

Ажәытәан ари аныҳәара ахьымҩаҧыргоз ахәышҭаара аҧхьа акәын. Аҭаца ахнышьра хынтә дакәдыршон. Шьалуа Инал-иҧа ишазгәеиҭоз ала, аҭаца ҿыц ахәышҭаараҿы лнагара, ахәышҭаара лакәыршара, уа ажьаҳара ахьӡала аныҳәара иаанагазгьы, дызланагалаз ажәлантә рынцәахәқәа ӷас дымҧхьаӡакәа, рылҧха лаурц акәын изызкыз. Иахьа ахәышҭаара, ахнышьыр змоу маҷуп ақалақь аҟны инхо ракәым, иара ақыҭаҿгьы. Убри аҟынтә Таиса Ласариаԥҳа данныҳәо аҭаца аҩны агәаҿы (акрахьырфо, иахьтәо, иахьгыло ауадаҿы) дылныҳәоит. Хазы аҭаца луадаҟны аныҳәарагьы ажьаҳара иацәтәымны иҟаӡам, ажәытәангьы уи ахәышҭаараҿы адагьы егьырҭ ауадақәа рҟынгьы дырныҳәон, уимоу абоура, акәытҵара уҳәа рҟынгьы днаганы ажьаҳаразы иныҳәон.

Асаби - Sputnik Аҧсны
Анра анасыԥ: ахшара дызмауа аԥҳәыс лыцхраара иадҳәалоу ақьабзқәа

"Аныҳәаҩ данныҳәо амин зҳәо хҩык ауаагьы (аҳәса. — Е. Ҭ.) лыдгылазароуп. Нас ҳныҳәаны ҳаналгалакь, ачаӷьа иҟоу ааидкыланы аџьыкхыш лақәырҳәҳәаны, аҵәца азна аҩы лақәҭәаны, адәахьыҟа џьара инықәысҵоит Ачбеи Чачбеи абри иҟьҟьа-иҵәҵәа ирымҵасҵаанӡа шәиҧхьыӡ анцәа иаҳзааумган ҳәа", — лҳәоит аныҳәаҩ.

Иџьашьатәӡам аныҳәаҩ лажәа иахьалоу Ачбеи Чачбеи ртәы. Ажьаҳаразы иныҳәоз аҭаца лаб иҩнаҭаҿгьы лара лхәышҭаара даҿыҵны данцоз, иара убас хшара змоуаз аҧҳәыс ажьираҿы днаганы дырныҳәон.

Иазгәаҭатәуп, ари аныҳәараҿ иалахәу аҳәса заҵәык роуп, ахацәа уахь уыс рымаӡам, аҩны идәылҵны ицоит. Аҭаца хшара данлоулак ашьҭахьгьы лхәыҷи лареи еидкыланы ажьаҳара ахьӡала деиҭарныҳәоит, ари мҩаҧыргоит иара ахәыҷы иныҳәараан. Араҟагьы ихадароу ани ахәыҷи роуп ("акәти акәтаӷьи" шырҳәо еиҧш). Аб ари аныҳәара иадкылара иашам, — иахьа уи цәырҵуа џьара-џьара иаҳбоит. Агәыӷра ҳамоуп уи амдырра рҽеихап ҳәа жәлар рдоуҳа иазку адыррақәа раларҵәара иабзоураны.

Ажәабжьқәа зегьы
0