Раԥхьатәи анапхыц, раԥхьатәи ахаԥыц: ахәыҷы шықәсык ихыҵаанӡа имҩаԥырго ақьабзқәа

CC0 / / Новорожденный ребенок с матерью
Новорожденный ребенок с матерью - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ан лыбзиабара ҽакы иаҧсахуа ишыҟам еиҧш, даҽа ҷыда цәаныррак аҵоуп рҳәоит андуи амоҭеи реизыҟазаашьа. Ааӡараҿы аҧышәа зырҳахьоу анду лыцхыраара, аиҳаракгьы ахәыҷы раҧхьатәи ишықәс азы иқәыҧшу ан лзы зегьы ирыцкуп. Анхәеи аҭацеи "рыбз анеивҵалагьы" ирыбзоурахо рацәахоит.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

"Анхәеи аҭацеи рыбз еивҵоуп" рҳәоит, ирҭаххаргьы рус еидгыланы иҟарҵоит, ианеиҿагылахгьы, рҩыџьагь иҿаҳәатәха иҟалоит. Ахәыҷы иааӡараҿы ан лроль шыҳаракыугьы, анду лҭыҧгьы еиҵаӡам. Раҧхьатәи сыхшара снапаҿы данааныскыла инаркны, анацәа қәыҧшцәа аӡәырҩы реиҧш, исызцәырҵуан азҵаарақәа жәпакы: раҧхьатәи икәабара, раҧхьатәи ихаҧыц аара, раҧхьатәи инаҧхыц, ихцәы амхра – "амышәхәы" уҳәа. Арҭ азҵаарақәа рҿы санхәа дыцхырааҩны дҟалеит, ишырҳәо еиҧш "ҳабызқәагь еивҵалт".

Адәныҟа ҳәа ахәыҷы иныҳәара - Sputnik Аҧсны
"Адәныҟа" ҳәа ахәыҷы иныҳәара аҵаки амҩаԥгашьеи

Акыр акәамаҵамақәа цәырызгаз акәны иҟалеит ахәыҷы раҧхьатәи ихаҧыц аара. Уи азхәыцра ҳалагахьан ахәыҷы диаанӡагьы, ацха уфар, ахәыҷы ижәӡы леилоит ҳәа санхәа иансалҳәа нахыс. Аиашаз, ацха ахьысымфоз азы акәу сыздырам, аха уи аҩыза ауадаҩра ҟамлеит. Иуадаҩхаз раҧхьатәи ахаҧыц ацәырҵра акәхеит. Усҟан имҩаҧаҳгеит абас еиҧш иҟаз ақьабз: ахәыҷы ауац ахьышьҭоу (ишыҧхоу) днаганы, хынтә днылартәан днылухуашәа ааҟарҵоит абарҭ ажәақәа ҳәо: "абри шыҟәымшәышәу иҟәымшәышәны иаат", мамзаргьы "абри хьаа шамам, хьаа амоуаат" ҳәа хынтә иуҳәоит.

Анацәа бзиа иаҳбоит ахәыҷы ихаҧыц анаауа лассы-лассы агәаҭара, напыла иыц аҵалара, аршьышьра, ма ақәыӷәӷәара. Ас еиҧш аҟаҵара ҟамлозаап. Уи саҟәыҵит саргьы ахәыҷы ихаҧыцқәа ихьырвырӡа, иҧшӡаӡамкәа, инааны ирызҳар ҟалоит ҳәа ансаҳа. Ирҳәоит иара убасгьы, ахәыҷы раҧхьатәи ихаҧыц аанӡа ихцәы ахҳәа алшьра ҟалаӡом ҳәа – ахҳәа ацқәа шыҟоу еиҧш ихаҧыцқәа ираӷаны ирызҳар ҟалоит.

Ахәыҷы раҧхьатәи ихаҧыц анаалак ашьҭахьгьы, урҭ рыҧхьаӡара ҟалом – ирласны икаҧсоит. Ахаҧыцқәа рҽырыҧсахуа ианалагогьы имҩаҧыргоит даҽа қьабзк: иҵырхыз ахәыҷы ихаҧыц џьара акы инылаҳәаны аҩны ахыб (алыӷәра) иқәдыршәуеит абас ҳәо: "арҵу, арҵу, ажә усҭоит, аҿа сыҭ" (хынтә ирҳәоит) – ари бзыҧаа рҿы. Сара, абжьыуаа рхәыҷқәа ишырҳәоз ала исҳәон абас: "аҳәынаҧ, аҳәынаҧ, ажә усҭоит, аҿа сыҭ" (уигьы хынтә).

Асаби - Sputnik Аҧсны
Анра анасыԥ: ахшара дызмауа аԥҳәыс лыцхраара иадҳәалоу ақьабзқәа

Уажәы дырҩегьых ахаҧыц аара азҵаара ааины ианаасыдгыла, уаанӡа исмаҳацыз ак сзаалыртит санхәа: аџьықәреи ахьҭарҧсо (аца — аред.) ахәыҷы дыкны унеины хынтә дакәуршароуп (ашьаҟақәа урыкәшоит). Нас ихы иара аҭуан иныҵаурсуеит. Ас еиҧш ақьабз мҩаҧыргоит ахәыҷы ихаҧыц аара мариахарц, хьаа инамҭарц азы. "Аџьықәреи ахьҭарыҧсо" ахьӡ уҳәар ҟалаӡом, мамзар ахәыҷы ихәаӡом ҳәа иҧхьаӡоуп, убри аҟнытә ахьыӡ сызшәаҳәом саргьы. Амала ахәыҷы ихаҧыц краамҭа имаауазаргь, уи азхьаара аҭахӡам, иаҳагьы ибзиахоит, иӷәӷәахоит, лассы икаҧсаӡом рҳәоит аҧсуаа.

Аҧсуаа ианагь доуҳала иҳаракыз уаан азы рхәыҷқәа аҟазарахь ихьазырҧшыша ақьабзгьы мҩаҧыргон. Убас, ахәыҷы раҧхьатәи инаҧхыц анхырыссо, дыҷкәынзар, инаҧхыцқәа аҧхьарца иҭарыҧсон, дыҧхьарцарҳәаҩхап ҳәа, дыӡӷабзар – ачамгәыр, ма агитара. Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы ашәҟәы иагәыларҵо иалагеит – "дҵарамшхааит, дуаҩ ҟәышны дызҳааит" аанарго. Саргьы ачамгәыри аҧхьарцеи аҩны ишсымамыз ала, ари аҵыхәтәантәи ауп изгәыласҵаз. Иара усгьы ахәыҷы инаҧхыцқәа анамухуа адәахьы акаҧсара ҟалаӡом, уи ҵыск иагар, инаҧхыцқәа бжьысуеит, иҧшӡахаӡом рҳәоит. Ас еиҧш рҳәоит ахцәазгьы – уигьы адәахьы икаужьыр, ҵыск иган аҭра ахьыҟанаҵо иаланаҵар, ма ҧшак иагар, ахыхь узнарҵысыр ҟалоит.

Аԥсуа ҭаацәара. - Sputnik Аҧсны
Аиҳабацәа рыгха ахшара ирхаратәтәым

Акыр азҿлымҳара аманы иҟоуп ахцәы иадҳәалоу азгәаҭарақәа. Аӡәырҩы ажәларқәа рҟын иҧхьаӡоуп ауаҩы иҧсы иххәыц иалоуп ҳәа. Ари аҩыза азгәаҭара рнубаалоит аҧсуа жәлар рҿаҧыц мифологиатә ҳәамҭақәа. Иаҳҳәап, ӡызлан илиааиз ауаҩы лыхцәы амхны ианигалак, ларгьы дишьҭалан (лыхцәы дашьҭалан) иҩныҟа даауеит, лҟәых лгаанӡагьы иҩны амаҵ луа дыҩноуп. Ауаҩы иҧсы иххәыц ишалоу аарҧшуп аҧсуа лакәқәа рҟынгьы.

Аҧсуаа ражәаҳәаҿы иаанханы иҟоуп ажәа "ахыцәкәыкәын" ("ухыцәкәыкәын уанкны…", "ахыцәкәыкәын иқәыргыланы"). Шалуа Инал-иҧа иҩуеит уи ажәа аауеит аҧсуаа адыгаа рзеиҧш ҵасны ирымаз рхагәҭазаҵәык ахцәы шьыҵәрак ааныжьны, егьирахь зегьы иаакәыршаны иамхны ианыҟарҵоз аамҭа аҟынтәи ҳәа. Аҧсуа хҭырҧақәа рыӡахышьа аформа уахәаҧшуазар, ирқәацәны, ахықәцә ргыланы ишыҟаҵоу убоит – ас еиҧш иҟоу "ахылҧа" аҟалара абри ахыцәкәыкәын ааныжьра иахылҿиааз акоуп ҳәа азгәаиҭоит аҵарауаҩ. Аҳәса ракәзар, хыцәкәыкәынкгьы аанмыжькәа иамырхуан – "бхы бсааит" ҳәа аҧҳәыс ианылзырҳәогьы абри атрадициа аҟынтәи иааз акоуп ҳәа азгәаиҭоит иара.

Ахәыҷы шықәсык ихыҵаанӡа амышә-хәы ауп иқәу ҳәа иршьоит, уи аҧсабаратә ҧшқара иадкыланы, ициз акы акәны иҧхьаӡаны. Раҧхьатәи ахәыҷы ихцәамхрагьы даара иацклаҧшны имҩаҧыргоит аҧсуаа. Уи ҟазҵашагь ауаҩы далырхуеит дзеиҧшроу гәаҭаны, избанзар уи ихцәы аҧшӡара, ажәпара, абзиахара уҳәа инапаҟынтәи "змышәхәы" амихуа ахәыҷ иахь ииасуеит ҳәа иҧхьаӡоуп. Ихадароуп амышәхәы анамырхуа аан — ахәыҷгьы иамызхуа ауаҩгьы мрагыларахь рхы рханы рыргылара. Амышәхәы амызхуа уи аҽны нахыс аҭаацәа дрыуахоит. Ахәыҷы џьара ҳамҭак изыҟаиҵоит, ачыс хаа изирхиоит. Џьоукы ишырҳәо ала, аҧара аҵакныгьы ихырҵәоит ахцәы – "шьҭа дҿыхуп", "иҧсы ҿыхуп" ҳәа.

Шықәсык ихыҵаанӡа ахәыҷы макьана дуаҩуп ҳәа дрыҧхьаӡомызт, еиуеиҧшым амч лашьцақәагьы дгәарымҭарц, ишьҭамларц азы шықәсыкнӡа иааҟарҵоз зегьы ихьчаратә қьабзқәан. Ахәыҷы имзақәагь рыҧхьаӡара ҵасым рҳәон мызкы, ҩымз ҳәа – шықәсык, ҩышықәса ҳәоуп ишырҳәо. Иамырхуа амышәхәы акы иахьамгаша џьаракы инылаҳәан ирҵәахуеит, мамзаргьы хаҳә дук иаҵарҵоит "иҧсынҵры духааит" ҳәа.

Гәыхыҭхыҭрала иҭәу раҧхьатәи ахәыҷ ишықәсааӡара, инымҵәаӡо абзиабареи аҭакҧхықәреи уынныруеит. Аҧсҭазаара ҿыц зуҭаз ҧсҭазаара ҟәырҷахак угәы ианаду еиҳау цәаныррак ыҟамзар ҟамлап. Ан лыбзиабара ҽакы иаҧсахуа ишыҟам еиҧш, даҽа ҷыда цәаныррак аҵоуп рҳәоит андуи лмоҭеи реизыҟазаашьа. Ааӡараҿы аҧышәа зырҳахьоу анду лыцхыраара, аиҳаракгьы ахәыҷы раҧхьатәи ишықәс азы иқәыҧшу ан лзы зегьы ирыцкуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0