Идыргәӡон, ма ирлаҳәон: ажәытәан ахархәара змаз аши ахәыӡи рҭоурых

© Sputnik , Cусанна Ҭаниаԥҳаалаҳәара
алаҳәара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа аџьықәреи рхы иадырхәо иалагаанӡа аларҵәара ӷәӷәа змаз аши ахәыӡи рҭоурых, рхархәашьа дагәылаԥшны иаҳзеиҭалҳәеит Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Адунеи аҿы иҟоу амилаҭқәа зегьы ирымоуп дара рхатәы хныҟәгашьа, рхатәы кҿаҩра. Убас, аԥсуаа хыԥхьаӡарала егьырҭ ажәларқәа раасҭа ҳмаҷзаргь, ҳакҿаҩра беиоуп чысла. Зегь раԥхьа иргыланы аԥсуа кҿаҩра, аԥсуа ԥсҭазаара ухаҿы иузаамгар ҟалап аԥсуа чысқәа раҳ – абысҭа ада. Аха аџьықәреи Аԥсны ахы аҵыхәа иалаҵәаанӡа акыр шәышықәсақәа раԥхьа ахархәара ҭбаа рыман аши ахәыӡи.

Абыста  - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа чеиџьыка агәҭылса: агәыхә ахь иаҵанакуа абысҭа иазкны

Ахәыӡ, урысшәала "чумиза", арыцқәа ссаны ихҩежьаа-кәымпылӡа иҟан. Уи аӡы аҵаҭәаны ԥыҭк ианужәлак, ақашь иаҩызахон, убри ақашь "абысҭа" ҳәа иашьҭан. Анаҩс, уи ажәа аҵакы аҽеиҭанакын аџьықәреи иалырхуаз ачыс абысҭа ҳәа ахьӡырҵеит.

Ашы, ма даҽакала ашырӡ, аџьықәреи аҟара иҳаракхомызт. Амахәқәа асаара ишьҭасуан. Ашырӡ ухы иаурхәарц азы иургәӡар акәын. Уи аус рнапы алакын аҳәса, избанзар урҭ акҿаҩра, аҩн ус иадҳәалан. Аха усҟан уажә еиԥш аӡлагарақәа абаҟахыз? Убри аҟнытә ашы аргәӡаразы ахархәара ҭбаа аманы иҟан зыгәҭа ҭагәаҩаз ахаҳә ҟьаҟьа. Уи ахаҳә иахьӡын "алаҳәара".

Аҵарауаҩ Шьалуа Иналиԥа ишәҟәы "Абхазы" аҟны абас иҩуеит: "Аԥсуаа рҟны иаадрыхуаз арыц дыргәӡарц, афатә алырхырц азыҳәан рхы иадырхәон метрак аҟара аҳаракыра злаз ахаҳә "алаҳәара". Иара иамаз аҭагәаҩара ашы, ма ахәыӡ ҭаԥсаны хаҳәла иаасуа ирҟәаҟәон, ма, даҽакала иуҳәозар, ирлаҳәон. Ирлаҳәаз ашы ашыла ҳәа азырҳәон. Ашы аҟнытә оуп ишышьақәгылаз ажәа "ашыла" ".

Аши ахәыӡи рыргәӡараҿы ахаҳә адагьы ахархәара аман акалакәыт. Акалакәыт амҿы иалхны иҟарҵон, ахы кәымпылны, амаа аҭаны. Амаа кны акәымпылрала алаҳәара иҭаԥсаз аши ахәыӡи уанрыслак, игәӡахон, анаҩс ирлаҳәаз ахәыӡ аӡы аҵаҭәан, ибзианы еиларшны, ашы ала ианҭархәалак, ҭаацәарак ргәы зырҭәыша абысҭа алҵуан.

Аԥсуаа рҟны аши ахәыӡи ахархәара ӷәӷәа шрымазгьы, иахьатәи ҳаамҭазы урҭ ирыдҳәалоу адыррақәа маҷӡоуп. Избан акәзар, азеижәтәи ашәышықәса алагамҭаз аԥсуаа аџьықәреи ажәла ркит. Уи Аԥсны адгьыл чашәрақәа ирнаалеит, ишнеи–шнеиуаз аши ахәыӡи рҭыԥ аџьықәреи иааннакылт, аџьықәреи иалҵыз ачысгьы абысҭа ҳәа ахьӡхалеит.

Приготовление абысты. - Sputnik Аҧсны
Ашә, абысҭа, нас арҵәы

Аши ахәыӡи реиԥш иҟаз арыц хкқәа Аԥсны рыҟазаара шьақәдырӷәӷәоит археологиатә ԥшаарақәа. Убас, хыхь зыӡбахә ҳҳәаз Иналиԥа ишәҟәаҿы иаирбоит Анаҟәаԥиатәи абаа азааигәара 1958 шықәсазы ишыԥшааз абжьаратәи ашәышықәса иаҵанакуа алаҳәара. Аҵарауаҩ ишазгәаиҭаз ала, алаҳәара ахьгылаз акәша-мыкәша ауаа рацәаҩны инхон. Лаҳәарак цуҭак ирызхон.

Аамҭа рацәаны ишымҩасхьоугьы алаҳәарақәа уԥылоит иахьагьы. Убас, иҳаҩсыз аамҭақәа ирхаану, афотосахьаҿ иаабо аши ахәыӡи зларлаҳәоз ахаҳә шьҭоуп Очамчыра араион Ԥақәашь ақыҭа Урҭа аҳаблан.

Аџьықәреи алагара атәы ҳҳәозар, уигьы акыр аҽыԥсахрақәа анырит. Раԥхьа ицәырҵит алаҳәара зыԥсахыз алу. Алаҳәареи алуи рыхьӡқәа маҷӡак аиԥшра шрымоугьы, арҭ аҩажәак еихылҿиааит ҳәа аҳәара гәаӷьыуацәоуп. Ус еиԥш иҟоу азҵаара макьана аԥсыуа ҵарауаҩык иқәиргыло смаҳац.

Праздник урожая в Лыхны - Sputnik Аҧсны
Аԥсуара: аҵас, ақьабз, алеишәа

Абас, алаҳәара зыԥсахыз ҭаацәарацыԥхьаӡа ирызхаша ашыла зларлагоз акәны иҟалеит анапыла алу. Уи аџьықәреи ҭаԥсаны идыргьежьуан. Алу зыргьежьуаз аҳәса ахьракәыз аҟнытә ахацәа рыҳәса рыхьӡ шьо, хәмаршақә "сылагаҩ" (моя мукомолка) ҳәа рарҳәо иалагеит.

Анаҩс ицәырҵит аӡы ӡлагарақәа, уи ахьӡ ишаҳәо еиԥш, аӡы иҭагылан, аӡы иамаз амч алуқәа дырҵәыиуан. Алуқәа аџьықәреи рлагон, анаҩс ироуан ашыла.

Иҳаҩсыз аамҭақәа ирҿырԥшны иаҳҳәозар, иахьазы атехника акырӡа ԥхьаҟа ицахьеит. Афымцалашара ацәырҵра инамаданы иӡбахеит афымца ӡлагарақәа, уи акырӡа иармариеит аџьықәреи злагарц зҭаху рыԥсҭазаара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0