Ацәашьы, амгьал, ашьтәа: "Адгьыл-ҳкәажә" илыдҳәалоу аҵасқәа

© Sputnik / Томас ТхайцукАцәа цқьа иалху ацәашьы
Ацәа цқьа иалху ацәашьы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажәытәан аԥсуаа ихарҵоз анцәахәқәа ируаӡәкыз "Адгьыл-ҳкәажә" илыдҳәалоу аҵасқәа дырзааҭгылоит Sputnik аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Аԥсуаа рмырҭаҭратә пантеон аҿы аҳәса рхаҿсахьала иаарԥшу анцәахәқәа рхыԥхьаӡарахь иаҵанакуа, жәлар ргәалашәараҿы иаанхаз иреиуоуп: Џаџа – аҽаҩра анцәахәы, Саунау – алу анцәахәы, Анана-Гәында ашьха рынцәахәы уҳәа. Аиашаз, издыруа маҷӡоуп аԥҳәыс лхаҿсахьала иаарԥшу даҽа нцәахәыкгьы дшыҟоу. Лара хыхь зыӡбахә ҳәоу анцәахәқәа акала дрыҵахо дыҟам, аха аамҭа аӡыблара иалаӡхьоу анцәахәқәа дыруаӡәкхеит. Зыӡбахә сымоу анцәахәы "Адгьыл-ҳкәажә" лыхьӡын, тәарҭас-гыларҭас илымаз адгьыл акәын.

аҿа-маҿа - Sputnik Аҧсны
"Џаџа – ҳуҭра рџаџа, ҳамхы рџаџа!": аҽаҩра барақьаҭхарц аныҳәара

Ас еиԥш иҟоу анцәахәы лыҟазаара атәы раԥхьа иазааҭгылаз, лыӡбахә зҳәаз аҵарауаҩ Н. С. Џьанашьиа иоуп, Аӡҩыбжьа ақыҭан иҟаиҵаз анҵамҭақәа рыбзоурала. Афольклорист С. Л. Зыхәба иакәзар, агәра ганы дыҟан ари анцәахәы дахьыԥҳәысу машәыршақә ишыҟамлаз, уи ишазгәаиҭоз ала, аӡәырҩы ажәларқәа ржәытәӡатәи амифтә дунеихәаԥшышьа шыҟоу еиԥш, аԥсуаа рҿгьы ажәҩан (ажәҩан анцәахәы) дхаҵоуп, адгьыл анцәахәы дыԥҳәысуп.

Адгьыл-ҳкәажә нцәахәык лаҳасабала илымҵаныҳәон абас еиԥш иҟаз аҭагылазаашьақәа раан:

Ажәытәан аԥсуаа нхарҭас адгьыл ҭыԥ ҿыц анылырхлак уи адгьыл ахьӡала аҭаацәара аҩнуҵҟа ауаса шьны, амгьал ӡны Адгьыл-ҳкәажә лыхьӡала аныҳәара мҩаԥыргон. Аныҳәара ҟазҵоз дыԥҳәысын, данныҳәалак ашьҭахь, аныҳәаҩ ҳамҭас илырҭон абырфынлых абеи араӡны, ма абҩатә ԥареи. Ари аныҳәара ҵакыс иамаз адгьыл аҿы анхаразы иӷьацарц азы анцәахәы азин лымхра акәын.

Асаби - Sputnik Аҧсны
Анра анасыԥ: ахшара дызмауа аԥҳәыс лыцхраара иадҳәалоу ақьабзқәа

Убасгьы абабара "желтуха" ҳәа изышьҭоу ачымазара ауаҩы ианихьлак, ицәа-ижьы анчлак, уи Адгьыл-ҳкәажә дызхылаԥшхәу чымазараны иахәаԥшуан азы мчы змаз анцәахәы ичмазаҩхаз дихәарц илызкны абабара зыхьыз ачымазаҩ иҭынхацәа ҩашак аҽны абас еиԥш аныҳәара мҩаԥыргон: ашәаӡа алаҵаны ахәшҭаараҿы амгьал рӡуан, уи амгьал аԥшь-кәакьк рҿы ацәашьқәа аркны иаладыркьакьон. Ачымазаҩ уи амгьал аԥхьа дшьамхнышгылон, убри аамҭазы быжьҩык аҳәса цқьацәа (аҳәса быргцәа) аӡәи-аӡәи еишьҭагыланы Адгьыл-ҳкәажә илыҳәон ачымазаҩ дрыцҳалшьарц, лыԥхала ачымазара даллыргарц.

Анкьа агәра зларгоз ала, Адгьыл-ҳкәажә зцәа зтәымкәа иҟоу аҳәса дырхылаԥшхәын, убри азы лара лыхьӡала иҷыдоу ақьабз мҩаԥыргон аԥҳәыс ахшара данлоуазгьы. Аԥҳәыс леилыргараҿы ацхыраара ҟазҵоз аԥҳәыс цқьа ахшара дзауз лиара аҵаҟа хә-кәтәаӷьк адгьыл аҿы ишьҭаҵаны илыркәымпылуан, нас акакала инаганы аҩны аԥшь-кәакьк рҿы иҵауланы илжуан, ахәбатәи акәтаӷь ԥыҭраамҭак илҵәахуан. Ари аритуал азкын ҿыц ииз иани иареи адгьыл радныҳәалара.

Уажәы ҳаззаҭгылаз анцәахәы, хыхь ишысҳәаз еиԥш, жәлар ргәалашәараҿы деиқәханы дыҟам. Ҳҵарауаа русумҭақәа рҿгьы уарла шәарлоуп дшуԥыло, ианырҵаз аматериалқәа рацәак ихаҭәаам. Абас ауаа рзы кыр ахәарҭара злаз, цәгьара зҵамыз анцәахәы ланыӡаара зыхҟьаз амзызқәа еилкаашьа амамкәа аамҭақәа ирыгәҭыларкыз маӡахеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0