Ахьыӡи - ахьӡыи: ахәыҷы ахьыӡ иҭара иадҳәалоу ақьабзқәа

© Sputnik / Сария КварацхелияПразднование одного из старейших праздников абхазов Ацуныҳәа в селе Дурипш
Празднование одного из старейших праздников абхазов Ацуныҳәа в селе Дурипш - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахәыҷы ахьыӡ иҭара иадҳәалоу ақьабзқәеи, "ихьыӡ даԥсахааит" ҳәа аԥсуаа ражәа иалоу ҵакыс иамоуи ртәы дырзааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

"… Уажәы егьырҭ алафқәа ирҟәаҵын, ахәыҷы ииз ихьӡаҳҵарызеи ҳәа аилацәажәара иалагеит. Алиас ииҳәац еиҭеиҳәеит: зны шәаанҿас ахьӡҭара дҧоу, дыҧҳаугьы цқьа иҳаздырам ҳәа. Уазамаҭ дахьтәаз:

- Ус анакәха, дҧазаргьы дыҧҳазаргьы, иазыбзиахаша хьӡык иаҳҭап, сара сгәаныла, - шәааи, Камаҷыҷ ихьӡаҳҵап. Камаҷыҷ захьӡу ахаҵагьы дыҟоуп, аҧҳәысгьы иҳәеит. … Аҧсуа ҩы џьбара "Каҷыҷ" еиҧш иҿацаӡоуп ишыҟоу ари ахьӡ" (Д. Гәлиа "Камаҷыҷ).

Мама с ребенком - Sputnik Аҧсны
"Аглахьа", ма "агылхьа": ани ахәыҷи ирыдҳәалоу аныҳәарақәа рзы азгәаҭақәа

Абас ахәыҷы дшааилак уи иқәнагахаша ахьыӡ иашьҭалон ауа-аҭынха, агәылацәа, нас аиҳараҩык иргәаҧхаз алхны аҭаацәа ирыдыргалон. Аҵыхәтәантәи ажәа зыӡбоз абду (аб иаб) иакәын. Ан зынӡаск иагьлазҵаауамызт, урҭ иалырхыз лыдылкылар акәын. Аха иара ахьыӡ алхраан иҟан изхымҧоз аҧҟарақәа. Реиҳа ихадаразгьы, ахәыҷы ирҭоз ахьыӡ аҭаца илзымҳәоз, илҳәар иҟамлоз ахьыӡқәа иреиуазар ҟаломызт. Даҽакала иуҳәозар, аҭаца зыхьӡ лшьоз ауаа, уи аб иҭаацәа еиҳабацәа рыхьӡқәа ирҭомызт, избанзар уи ахьӡ лара илҳәар ҟаломызт дара ианырмаҳауазгьы. Иара ахәыҷы иан лганахьалагьы иҟоу аиҳабацәа рыхьӡ ихарҵомызт, избанзар усҟан аб уи ахьӡ изымҳәо дҟалон, иаргьы ахьӡшьара аҵас дшықәныҟәоз ала.

Ахәыҷы ахьыӡ иҭара аус здылоз даара хьӡы змаз усны иҧхьаӡон. Хымҧада ахәыҷы ахьыӡ изҭоз уи џьара ҳамҭакгьы изыҟаиҵар акәын. Ахәыҷы ихьӡ аниҳәозгьы уи залырхыз ҳәа, дзеиҧшхаша, дзакәхаша ҳәа днахцәажәон. Аҿырҧштәы бзиа ааҳгар ҳалшоит Дырмит Гәлиа ироман "Камаҷыҷ" аҟынтәи:

Ажьаҳара аныҳәара ажәытә амҩаҧгашьеи иахьа ишыҟарҵои - Sputnik Аҧсны
"Дҧариуа, дыҧҳариуа": Ажьаҳара аныҳәара амҩаԥгара иазкны

"Ҳазараҭ илабашьа ниҵаиргылан: Есма илыхшаз дҧазар, абас длыдышәныҳәала: Наҧҳа Кьагәа иеиҧш дхаҵа ӷәӷәаны, Кәаӷәаниа Абас иеиҧш дыҽҟазаны, Чаҵә Чагә иеиҧш длафҳәаҩны, Барганџьиа Гәдиа иеиҧш дуаҩдырны дҟалааит ҳәа.

… Есма илыхшаз дыҧҳазар, ҳара аҳәсақәа абра иааиднагалаз ҳахьӡ ала илыдышәныҳәала: Ануаҧҳа Ҳауидеи Аӡынҧҳа Ҟаимыҭхани, Ӷьыџьыџьҧҳа Ҭакәынеи реиҧш ахьӡи-аҧшеи лыманы, убарҭ реиҧш дыҧшӡаны, дара убырҭ реиҧш лашәа рҳәо даҧсаны дҟалааит ҳәа" (Д. Гәлиа "Камаҷыҷ").

Аетнограф Сима Дбар лусумҭаҿ ишазгәалҭо ала, аҧсуаа рҿы ахьыӡ ҳаҭыр ақәын, рыхьыӡ дмырҧхашьартә еиҧш иныҟәон. Иара аилкаара "ахьыӡи" (ауаҩы иыхьӡ) "ахьыӡ" (честь, слава) еихшалоуп, жәакны иаарҧшуп. "Ахьыӡ-ахьымӡӷ" ҳәагьы рҳәоит: "хьӡы игеит" (ибзиоу ак ҟаиҵазар), ма "ахьымӡӷ игеит" рҳәон (иҽеим ак ҟаиҵазар). Ахьыӡи ахьымӡӷи рҵакы аҧсуаа рҟны уажәыгьы ишыӷәӷәац иаанхоит. Ихьымӡӷ дуны ажәытәан еиҧш, иахьагьы иҧхьаӡоуп ауаҩы ихьыӡ ихыхра, мамзаргьы ижәла ихыхра. Ас еиҧш ауаҩы изыруан бааҧсрак ҟаиҵазар, иахьырхәра аҳасабала.

Ахәыҷы ахьӡ ииҭар ҟалон, ахшара даниы ашьҭахь аҩны раҧхьатәи сасыс иҩналаз. Аиҳарак ахьыӡ алхра зқәашьыз аншьа (ан лашьа) иакәын. Зны-зынла иҟалалон аншьа заа ианынаицҳауазгьы ахәыҷы иыхьӡ иара ииҭар шиҭаху ала, егьырҭ ашьҭалара иаламгаразы. Уи аӡәгьы мап ицәикуамызт.

Ахәыҷы ахьыӡ иҭара мчыбжьык еиҳаны иурххар ауам рҳәоит "ахәыҷ иира уамеигәырӷьазшәа Анцәа дузгәаауеит" ҳәа. Иҟалалон ахәыҷы ахьыӡ иҭара уи "ишьҭыхра", агара игараҵара амш ианақәшәоз. Усҟан уи ихьыӡ раҧхьаӡакәны изҳәоз агара дгаразҵоз аҧҳәыс еиҳабы лакәын.

Ҳаамҭазы аҧсуа хьыӡқәа ахархәара бзианы ирымоуп. Иҟан аамҭақәак аурыс хьыӡқәеи мамзаргьы аҳәаанырцәтәи ахьыӡқәа иаҳа лассы иануҧылоз, имодан ианыҟалаз (ус уҳәар ауазар).

Адәныҟа ҳәа ахәыҷы иныҳәара - Sputnik Аҧсны
"Адәныҟа" ҳәа ахәыҷы иныҳәара аҵаки амҩаԥгашьеи

Иахьа иубоит "амода" аҧсуа хьыӡқәа рахь ихьаҳәны ишыҟоу. Иаҳҳәап, ицәырҵит уаанӡа хархәара змамыз ахьыӡ Нарҭ, Салыбеи, Сабыд, Ҳаниа, Нара уҳәа аҧсуа хьӡы ҧшӡақәа жәпакы. Дҧоу, дыҧҳау рдыраанӡагьы аӡәырҩы урҭ ахьыӡқәа рышьҭалара иалагоит иахьагьы. Аха уажәы ахьыӡ алызхуа аиҳарак ани аби роуп. Иҳазҳәом урҭ ахьыӡ аналырхуа ахьыӡшьара иазхәыцуеит ҳәа, аха уеизгьы-уеизгьы зынӡа ирзааигәоу рҭынхацәа рыхьӡ ирҭом ахәыҷы.

Иҟалалоит ани аби рыдагьы, анду, абду, мамзаргьы ирзааигәоу даҽаӡәы иалихуа ахьыӡ анрыдыркыло. Ан лҭаацәа, аншьа иахьагьы инарыгӡо ароль шыҳаракугьы, аншьа ахәыҷ ахьыӡ изалихуа ҳәа аҿырҧштәқәа маҷны иубоит. Аҵыхәтәантәи ажәа здызкыло ани аби роуп. Иахьа иуҧылалоит ахәыҷы ауахәамаҿы данырнаҭуа ахьыӡ анирҭогьы.

Сима Дбар ишылыҩуала, ареволиуциа ҟалаанӡатәи аамҭақәа рзгьы ахәыҷы ахьыӡ изҭоз апап иакәын дызнаҭуаз ани аби шыҟаз. Аха аамҭақәа зегьы рзын еиҧш,уи ахьыӡ иҭара хымҧада аҳамҭақәеи ачыс хааи ацуп. Раҧхьаӡа иыхьӡ анырҳәогьы: "Ихьыӡ даҧсахааит! Иыхьӡ имырҧхашьааит!" рҳәоит – уи алагьы ауаҩы иыхьӡ иҳаракны ишныҟәигалар акәу наҵшьны.

Ажәабжьқәа зегьы
0