Имҩасхьои иҟалараны иҟоуи цҳас ирыбжьоу, ма аԥсуаа асаркьа ишазыҟоу

© Fotolia / SvetaБелый столик и зеркало
Белый столик и зеркало - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шьыжьы ҳгыланы досу ҳусқәа рышҟа ҳандәықәло, асаркьа ҳнаныԥшылоит, иҳагу-иҳабзоу гәаҳҭарц. Уи традициак иаҩызахахьеит. Уимоу, аҭыԥҳацәа ҽырбаҩцәа ршәыра иҭамзарц ҟалом изныԥшылаша саркьа ԥшӡа хәыҷык. Асаркьа иадҳәалоу аԥсуаа разхаҵарақәак Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҟны.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Ҳаамҭазы асаркьа зда ԥсыхәа ыҟам маҭәаруп, зҭоурых ажәытәра иалоу. Аҵарауаа аӡәырҩы изларҳәо ала, асаркьа цәырҵит ҳера ҟалаанӡа III азқьышықәсазы. Аха иахьатәи асаркьа аҭеиҭыԥш иазааигәоу зхәыцыз италиатәи абер Џьон Ԥекам иоуп, 1279 шықәсазы.

Адгьыл ахьынӡанаӡааӡо иқәынхо ажәларқәа жәпакы рҿы ирацәоуп асаркьа иадҳәалоу агәрагарақәа, урҭ акыр еиуеиԥшым.

Иара убасгьы иҟоуп есышықәса аныҳәатә хәмаргақәа аҿазҵогьы, рхәыҷқәа рсахьақәа ҭасаны. Аԥсаӡ хәмаргақәа рыхәԥса иара иадҵоу аџьабааи адура-ахәыҷреи ирҿырԥшуп. - Sputnik Аҧсны
Асаркьа, амца, нас ахәмарга

Иаагозар, Китаиаа рҿы асаркьа аҩысҭаа иҟәырҷахоуп. Аҩсҭаа иоуп ауаҩы изҭаз, ауааи аԥсабареи раамҷыдарахаз, уи ианубаалоит иҳаҩсхьоу аамҭақәа рҟынтә ахаҿсахьақәа, ахҭысқәа, мамзаргьы ԥхьаҟа узыниараны уҟоу унарбар алшоит ҳәа азгәарҭоит Китаиаа.

Иапониа аԥсразы иҟоу ауаҩы асаркьа дандырԥшылаӡом, имчқәа агоит, данԥслакгьы иԥсы асаркьа иалалоит, нас аҭаацәа ирԥырхагахар алшоит, рҳәоит. Убасгьы асаркьа аӡәы ҳамҭас иҭара абзиара иазҳәам, изуҭази уареи ацҭәа шәыбжьалоит ҳәа рыԥхьаӡоит.

Аха ахшара дзоураны иҟоу аԥҳәыс асаркьа лцәа иадылҵон лыхшараиура маншәалахарц азы.

Адунеи аҿы еицырдыруа гәрагарақәоуп: аҩны аҩнуҵҟа асаркьақәа рацәаны рыкнаҳара иаԥсам, асаркьа иалоу аенергиа ӷәӷәа уқәыӷәӷәалар иахылҿиаауеит амч каԥсареи ахыхь бааԥси; асаркьа аныԥшылара ахәҭоуп угәалаҟазаара анбзиоу, усҟан иара иаланагалоит ианыԥшыло изы ихырҳагоу аенергиа; иҟоуп даҽа версиакгьы — ауаҩԥсы дахьышьҭоу иазымариашаны асаркьа кнаҳазар, ицәа ҭынчхом, избан акәзар асаркьа иалалар алшо аџьнышқәа ддыргәаҟлоит.

Аԥсуаа ҳкультураҿы асаркьа иааннакыло аҭыԥ маҷӡам. Иара ахархәара амоуп еиуеиԥшым аритуалқәа рымҩаԥгараан, нарцәытәи адунеи ахь цҳас иҟоуп.

Иалыскаарц сҭахуп ҳажәлар зықәныҟо, ихымԥадатәу ԥҟарак ирзаҩызахахьоу згәаҭарақәак:

Асаркьа алаԥш цәгьа уҟәнаблаауеит, аԥшәма дахьчоит, убри аҟнытә аԥсуаа рышәхымс азааигәара асаркьа кыдырҵоит, згәы ацәгьара ҭакны рыҩныҟа имҩахыҵыз ицәгьара зегь асаркьа иагарц;

Иԥҽу асаркьа, ма асаркьалых аҩны ианыҩноу ҵасым аԥшәмацәа ашәиуеит рҳәоит; Ажәытәан аҭаацәара иаламлац аҭыԥҳа, ианааилахәлалак нахыс асаркьа данԥшыломызт, аразҟы лмоур, ма илыԥшәмахараны иҟоу дыԥсыр ҳәа дшәаны.

Новорожденный ребенок с матерью - Sputnik Аҧсны
Раԥхьатәи анапхыц, раԥхьатәи ахаԥыц: ахәыҷы шықәсык ихыҵаанӡа имҩаԥырго ақьабзқәа

Икнаҳау, ма иқәгылоу асаркьа иаалырҟьан ахала икаҳаны иԥҽыр, аҩнаҭаҿы алԥсаа дҟалоит рҳәоит.

Аԥсуааи ҳашьцәа абазақәеи ҳареи еицаҳзеиԥшны шықәсык зхымҵыц асаби асаркьа ианырԥшылара ҵасым ҳәа азгәаҳҭоит, избан акәзар, ахәыҷы исахьа дацәшәар алшоит, ма имшра агоит рҳәоит. Иара убас аԥсы дахьыкҿоу аҩнаҭаҿы асаркьақәа зегьы шкәакәала ихырҩоит. Избанзар, асаркьаҿы исахьа ибар иԥсы шәаны иԥсыбаҩ аанажьыр алшоит. Убасгьы аԥсы даныржуа иварҵо акәны иҟоуп асаркьа. Аха ишеибгоу акәымкәа, иԥырҽуеит (инарцәымҩа арлашап ҳәа).

Угәы иамыхәарц залшом, ашәышықәсақәа иргәылгоу, асаркьа иадҳәалоу агәрагарақәа ахьеиқәхаз. Иахьатәи ҳаамҭазгьы асаркьа хыхьчагас зхы иазырхәо, амч, ацқьара зцу маҭәаруп ҳәа изшьо маҷҩым. Аха мыцхәы асаркьа ахҭакра, иааҟәымҵӡакәа аныԥшылара аҭахны ирыԥхьаӡом, уигь ҳәаак амазароуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0