"Угәы бзиа, ухы бзиа": аԥсуа хәшәқәак рыхҳәаа

CC0 / / "Угәы бзиа, ухы бзиа": аԥсуа хәшәқәак рыхҳәаа
Угәы бзиа, ухы бзиа: аԥсуа хәшәқәак рыхҳәаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәлар рмедицинаҟны ахархәара змоу аҵиаахәшәқәа ртәы дазааҭгылеит Sputnik аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Иҳаҩсыз ашәышықәсақәа рзы ҳтәыла зықәра нҵыра рацәоу ауаа ахьықәынхо атәылақәа ирхыԥхьаӡалан. Ара иҟан зыхьӡ хара инаҩхьаз, зхы бзиа, згәы бзиа ашықәс рацәа нызҵыз ҳәа аҭоурых иазынхаз ауаа: Маадан Сақаниа, Ашьҳангьери Бжьаниа, Маҳҭы Ҭаркьыл, Хьфаф Лашәриаԥҳа, уҳәа убас аӡәырҩы.

Женщина-долгожитель Хьфаф Ласурия, прожившая 137 лет, гуляет со своим сыном. - Sputnik Аҧсны
Гәдоуҭа, Очамчыра, мамзар реиҳа ашықәс рацәа нызҵуада Аԥсны

Аԥсуаа рықәранҵыра иазҿлымҳаз аҵарауаа рхыԥхьаӡара рацәан, урҭ дыруаӡәкын америкатәи аҵарауаҩ-антрополог Сула Бенет. Лара хаҭала Аԥсны акырынтә даҭаахьан, дрылсхьан ақыҭақәа: Дәрыԥшь, Лыхны, Џьгьарда, Ӷәада. Дрызҿлымҳан аԥсуа быргцәа рыԥсҭазаашьа, рдунеихәаԥшышьа, жәлар рытрадициақәа.

Сара сантропологым, аха сгәанала ажәытәуаа ргәабзиара зырҵәуаз компонентқәоуп ҳәа рзуҳәар ауеит - аҳауатә ҭагылазаашьа бзиа, ԥсабарала ицқьаз афатә-ажәтә, иара убас рыкәша-мыкәша иҟоу ашәаԥыџьаԥ, аҵиаақәа рхархәашьа ахьырдыруаз.

Усҟан уажәеиԥш ахәышәтәырҭақәа абаҟахыз, жәлар рмедицина аҳра иасакьаҳәымҭан. Хкы рацәала изызҳауа аҵиаақәа ахәшәқәа рылхны ачымазарақәа рхәышәтәуан. Уи ус шакәу агәра ҳдыргоит дара аҵиаақәа рыхьӡқәа чымазарак, ма хәышәтәрак иадҳәаланы иахьыҟоу, иаагап: ахәырбӷьыц, ашьхардац, абабара ахәшә убас иҵегьы.

Ԥақәашь ақыҭаҿтәи ашкол аҟны ҩынҩажәи жәаба шықәса инарзынаԥшуа рҵаҩыс аус зухьаз, аԥсуа ԥҳәыс Елена Коӷониа – Ҭаниа аԥсуа хәшәқәа ирызкны исымалдеит хәызмаӡам лдыррақәа.

Аԥсны изызҳауа аҵиаақәа ааба - Sputnik Аҧсны
Аԥсны изызҳауа аҵиаахәшәқәа ааба

Ацәафара ахәшә

Ацәафара чымазара уцәаҿы ҭыԥк аҿы иахьуеит: унапы, ушьапы, ма ухы-уҿы. Уафоит, аҵалӡ алҵуа иалагоит, амала уеибанаркӡом. Абас игьежьӡа, игьагьаӡа џьарак иҭатәоит. Уи ацәафара чымазара урысшәала "екзема" ахьӡуп. Ацәафара ахәшә ҟауҵарц азы  жәеиза цыра аԥшхәынҵә акы инанҵаны иубылуеит, иннажьыз ахәа хәны, ашьаб хыхны асақә еиԥш иҟаҵаны иухәыз ахәа иалауԥсоит, нас абарҭ еилауршьышьуеит аԥшқа ичхәрала. Аԥсуаа ашьаб ҳәа изышьҭоу ахаԥыц ӷәӷәахоит ҳәангьы рҿы иҭаҵаны идырӡыҭуеит. Ацәафара ахьцәырҵыз аҭыԥ ҿыӡәӡәааны иҟаҳҵаз ахәшә хынтә инахьушьыр, ацәафара захьӡу ыҟамкәа ицоит. Иахьа иахьушьыр, уаха ус иҟоуп. Уаҵәы ашьыжь иҿыӡәӡәааны дырҩегьых ахәшә ахьушьуеит, уаха ус иҟоуп. Ахымш рыҽны еиҭа иааҿыӡәӡәааны убри нахьушьит, уи нахыс ацәафара цоит.

Ахәда хьаа ахәшә

Ахәда ахьҭа аналауҵалак ичуеит, аҭәа ҟанаҵоит, ишәуеит. Ахәда хьаа уаргәамҵуеит, амца шоура унаҭоит. Уи бзиазтәуа ҳаскьынуп. Иара хәхәаӡа ицоит, абӷьы гьежьӡа иҟоуп. Аракәа ашьҭуеит азы аракәа ҳаскьын ахьӡуп. Абри аракәа ҳаскьын ашьапгьы иаргьы шеимоу иҵухуеит, иааҟәаҟәан аӡыршы аҵауҭәар, иалоу зегь алнацәцәаауеит. Аӡы анаахьшәашәалак, ԥыҭрак иаанкыланы хынтә ухәда иааҭуршеит, уаҳа ахәда хьаа убараны иҟаӡам. Ажәабжьҳәаҩ излалҳәо ала, данқәыԥшыз ахәда хьаа даргәамҵуан, аха абри ахәшә аныҟалҵа ашьҭахь лчымазара наскьеит.

Крещение в Богородицком Житенном женском монастыре в Осташкове - Sputnik Аҧсны
"Ҷфу", "ҷфу", "ҷфу": аҭәҳәақәа рыгәра шызгаз

Аканҵыҵыра ахәшә

Аканҵыҵыра уцәаҿы заҟа улнахыз рхыԥхьаӡара аҟара аџьыкахыш шьҭухуеит, уамеигӡакәа унапы налшьны. Акы акәзар иалнахыз, аџьыка знык ишьҭыхны, унапы иануԥсалоит. Ҩба ыҟазар, ҩынтә иануԥсалоит, ма инеиҳаны, рхыԥхьаӡара зеиԥшроу еиԥш. Нас изыхьуа ихьӡ, ижәла ҳәо унапы ианыԥсалоу аџьыка хәыҭ-хәыҭла уақәцәажәаны "аканҵыҵыра наҟ ицааит" ҳәа ҳәаны, уҩны ааҵраҿы анышә маҷк иаартытны абри аҵаара убра иауҭоит, анышәгьы нақәурҳәҳәуеит. Абри ӡыҭны ианцалак ашьҭахь аканҵыҵыра иуқәгылаз ахала икашәоит.

Абылра ахәшә

Абылразы зегьы иреиӷьу ахәшә ҳәа иԥхьаӡоуп аԥсуа цәа цқьа ахәша аҟны ирӡыҭны. Аха ахәша мыцхәхар иҵаӷахоит, иҵаӷахар ибзиахом азы, иҵаӷахошәа убар, еиҭах ацәа алаԥсатәуп. Ацәа ахәша ианалаурӡыҭлак, такәы аамҭа иқәургылар ижәпахоит. Нас убри абылра аҭыԥқәа ирхьушьуеит. Абас хымш иҟаҵатәуп. Мышкы ахь знык уамеигӡакәа иахьушьуеит, уаҳа аҭахым. Хымш рышьҭахь ахәра аӷьара иалагоит.

Инал Лазба: почему апсуара. - Sputnik Аҧсны
Ахьаа зыртәо ԥшьнашанатә цәаҳәак

Аҵыхәтәажәа

Ишаабаз еиԥш аҳаскьынқәеи, аҵиаақәеи, еиуеиԥшым амарҭхәқәеи еилаҵаны иҟауҵаша ахәшәқәа маҷӡам. Аԥсуаа рзы ас еиԥш иҟаз ахәшәқәа гәраган, ихәарҭан, уи азуоп ауаа изырхадмыршҭуагьы.

Иахьатәи аамҭазгьы ҳмилаҭ рыҩныҵҟа аклассикатә медицина еиԥш жәлар рмедицина агәра ганы аԥсуа хәшәқәа рыла зҽызхәышәтәуа уԥылоит, ҳәарада, рчымазара зеиԥшроу ҳасаб азуны.

Ари аҩыза аҽыхәышәтәра аҿагылаҩцәагьы адгылаҩцәагьы амоуп. Уи аус аҿы досу иара ихы данажьтәуп, агәра иго, ма имго иара иусуп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0