Згәы разу: аԥсуа баҳчаҿы зхатә ҭыԥ ылызххьоу алҵла

CC0 / / Ал
Ал - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа баҳчаҿы зхатә ҭыԥ ылызххьоу алҵла аҭоурых дагәылаԥшны иаҳзеиҭалҳәеит Sputnik аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Ҳмилаҭ рыҩнуҵҟа наџьнатә аахыс ашәаԥыџьаԥ, абна, аҵлақәа реиҷаҳара ашлақәа аиҵбацәа ирыларааӡоз аҟазшьақәа ируакын. Избан акәзар, иааукәыршан иҟоу аиаҵәара пату ақәҵара аҟазшьа ажәытә аамҭақәа рҟынтә иаауеит ҳҳәар ҳалшоит. Уи зҷыдаҟазшьоугьы ажәытә культура иаҟәырҷахоу ажәларқәа роуп, ашәаԥыџьаԥ аԥсы зхоу, зыԥсы ҭоу маҭәарны иахьырыԥхьаӡоз аҟнытә.

c.Аацы - Sputnik Аҧсны
Аҵла мышьҭа бзиақәеи, амашәыр зқәу аҵлақәеи, урҭ рынцәахәқәеи

Иара убас аҵлақәа, аиаҵәара еснагь хәарҭара рылан, ирылырхуан аусугатә маҭәахәқәа, амузыка рҳәагақәа, абџьархкқәа, ачысмаҭахәқәа, уҳәа еиуеиԥшым ауаҩы иԥсҭазаара зырманшәалаша амаҭәарқәа.

Ирацәоуп иԥшьоу, зымшьҭа бзиоу ҳәа иршьоз аҵлақәагьы. Урҭ иреиуоуп алҵла (ольха - аред.). Ал згәы разу ҵлоуп, иумыхәозар, иуԥырхагам. Аԥсуаа рбаҳчақәа рҟны ашьаҭа аҳахьан, иахьагьы ақыҭа баҳчақәа рҟны иуԥылоит. Анхаҩцәа аӡәырҩы ажь бзиа рҭааларц, уи ажь иалҵуа аԥшшәи агьамеи бзиахарц азы ал аӡахәа ақәырҵон. Убасгьы, ал иҿало ажәлақәа еиҵадырԥхьон, ахәдеи аҩныҵҟа хьаақәеи ирыхәшәуп ҳәа. Уимоу, ал амахәгьы, араса амахә еиԥш, аныҳәарақәа раан агәи агәаҵәеи ахарҵон.

Алҵла иазку адыррақәа рацәаӡаны иаҳзынлыжьит аҵарауаҩ Лили Хәыршьыҭ-иԥҳа Ҳагба. Аҵарауаҩ излалыҩуаз ала, х-цык змоу алмахә агәи агәаҵәеи ахаҵаны шьхацан зырахә ашьхаҟа ихазгалоз аҭаацәарақәа ныҳәон. Изыхныҳәоз асыс, ма аӡыс агәи агәаҵәеи ракәын. Дныҳәон аԥшәма, аҭаацәара реиҳабы. Изнапык аҿы икын агәи агәаҵәеи зхаз аҵәы, егьи инапаҿы - ҵәыцак аҩы. Иныҳәон амҽышазы аҩны. Аҳәса уи аныҳәарахь анеира азин рыман.

Аҭаацәара иатәу аӡәы ихароу мҩакы данықәлоз, кыраамҭа иҩныҟа дымгьежьуазар, иан диқәныҳәон. Амгьал ӡны, амҩа иқәгылоу лыҷкәын рыҩны ашҭаҿы изызҳауа ал днаҵаргылан, лызшьапык ал агәыцә инкыдыргыла "деибга-деизҩыда дысзаага" ҳәа дамҵаныҳәон. Уаҟа аҿаҭахьа ҟалҵон, "деибганы дысзааушьҭыр, хәыц еиқәаҵәа злам ауаса шкәакәа шысшьуа" ҳәа.

Абхазское село  - Sputnik Аҧсны
Адгьыл аныҳәара: аҩны ҿыц аҟны анхара иалаго имҩаԥырго ақьабз

Аҵарауаҩ Ҳагба иазгәалҭон Абжьыуаа рҿы Акаба зыжәлоу аижәлантәқәа рныҳәара ал иадырҳәалон ҳәа. Лматериалқәа рҟны ишарбоу ала, уи еиԥш иҟаз аныҳәара хышықәса рахь знык имҩаԥыргон. Аныҳәа амҩаԥгаразы зегьы иреиҳабыз иҩнаҭаҿы еизон, иагьныҳәон ал амҵан. Аҳәса, ахацәа, неилых рымамкәа, зегьы алахәуп, ал аҿаԥхьа ишьамхнышгылоит. Дныҳәоит аԥшәма ихаҭа, х-цык змоу арасаҵәы икуеит. Ҩ-цык рҿы акәакәари чаӷәазалки рхоуп, ахԥатәи ац аҿы иршьыз ашьтәа агәи агәаҵәеи. Шьтәас иҟарҵоз хышықәса ирҭысхьоу ауасоуп. Арасаҵәы иахаҵаны аныҳәаҩ дзыхныҳәаз агәи агәаҵәеи ииныҳәаз зегьы ирссаны агьама дирбон. Ал амҵан аишәа ду дыргылон, акәац уа ирфон. Акәац аанхазар, аҩныҟа иргон, ал амҵан иаанрыжьуамызт. Ари аныҳәара аҩы адыргаломызт.

Иршьыз ауаса атәыҩақәа алҵла амахә аҿы икнарҳауан. Ацәа аныҳәаҩ ирҭон. Ашьтәа заанаҵы ирааӡон, ма иаархәон. Ианыршьлак ашьҭахь, иаразнак ацкы анырҵон.

Аныҳәара ахԥатәи ашықәс азы ирзымҩаԥымгакәа иахыԥар, аԥшьбатәи ашықәс азы иҟарҵар ауан, аха усҟан иршьуаз ауаса ԥшьышықәса ахыҵуазар акәын.

Ал амҵан имҩаԥыргон жәлар реизарақәагьы. Убас, абжьыуаа реизарҭа ҭыԥқәа иреиуаз ақыҭа Кәтол ахьӡ шьақәгылеит ақыҭа агәаны инхоз Кәыта ихьӡ иахаршаланы (Кәыта инхараҿы игылаз ал амҵан ауаа еизарҭас иахьрымаз). "Кәыта ил" аҟнытә ақыҭа ахьӡ Кәтол шьақәгылеит ҳәа зҳәоз алегенда аниҵахьан аҵарауаҩ Шьалуа Иналиԥа.

Аԥсны адгьылҵакыраҿы ал ашьаҭас измоу аҭыԥхьыӡқәа маҷым: Аалӡга, Алгыҭ, Алӡыхь, Алрхәы. Ирҳәоит ал ахьӡ шьаҭас иамоуп аԥсуа жәла Алшәындба.

Иҟоуп убасгьы ажәарццак: Арланаа ран лылтарра аарла илыртаруеит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0