"Ацхь уагааит", мамзаргьы аԥсуаа ацгәы ишазыҟоу

© Sputnik / Томас ТхайцукАцгәы
Ацгәы
 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ацгәы иадҳәалоу ацәгьеи абзиеи ртәы лматериал аҟны дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Аиашазы, ацгәы аԥхьаӡа иахьықәнагалаз иарбан ҭыԥу, иарбан тәылоу иахьа уажәраанӡагьы цкьа еилкаам, аха ҩнытә ԥстәык аҳасабала ауаҩы инапы иаиршьцылеижьҭеи акырӡа шыҵуа ҩашьахуам.

Адунеи аҿы ацгәы иҵоуроу ԥстәык аҳасабала иахәаԥшуа ажәларқәа ыҟоуп. Иҟоуп зынӡа ибаны иқәымгыло.

Жәабран ныҳәа - Sputnik Аҧсны
Жәабран - арахә реизҳаразы, ԥырхага рымамкәа рааӡаразы аԥсуаа иныҟәырго аныҳәара

Ажәытә мысраа рҿы ацгәы иҵоуроу, абзиара аазго, иԥшьоу ԥстәуп ҳәа иԥхьаӡан. Урҭ рынцәахәқәа дыруаӡәкын ацгәы ахы зхагылоу анцәахә-ԥҳәыс Бастет. Мысраа рҿы ацгәы ушьыр ҟаломызт, уи аԥҟарра еилазгаз ашьауӷа иқәырҵон. Иԥшьоу ԥстәын азы ианыԥслакгьы ҳаҭырқәҵара дула иржуан. Ажәытә римаа рҿы ацгәы ахақәиҭра иасимволны иҟан.

Афольклорист Сергеи Зыхәба ишәҟәы "Аԥсуа мифологиа" аҿы иҳәоит хылҵшьҭрала аԥсуаа иаҳзааигәоу адыгқәа рҿы ацгәы ахаҿсахьа аҩнаҭа аҭынч бзазара иадырҳәалон ҳәа. Урҭ ҵасны изларымаз ала, аԥшқа дызгарарҵоз агара аԥхьа минуҭқәак ацгәы наганы иандыриалон, нас акәын аԥшқа дангарарҵоз. Ари аҩыза аҵас ашьҭахь ахәыҷы дҳәи-ҵәиуа, аҵәуара хҭаикуа дҟалом, еиҳа ицәа ҭынчхоит.

Кельтаа ацгәы еиқәаҵәа аҩысҭаауп рҳәон. Иапониаа ракәзар, ацгәы аԥҳәыс илхаԥар, уи аԥсы лцәа-лжьы иалалар алшоит ҳәа ирыԥхьаӡон.

Хықәкыла аԥсуаа ҳтәы угозар, ацгәы ҳгәы азыҩбоуп. Ганкахьала ибзиоуп, аҳәынаԥқәа аҩны иаанашьҭуам, даҽа ганкахьала игызмалуп.

Ажәытәӡа зны ацгәы аҳаҭыр убас иҳаракын, излакьыстәым ԥстәуп ҳәа ирыԥхьаӡон. Хылҵшьҭрала ирзааигәоуп ҳәа изыԥхьаӡоз аижәлантәқәагьы ыҟан. Уи агәаанагара ирҵабыргуеит аетнограф Чурсин. Иара излаиҩуаз ала, ацгәы тотемс изыԥхьаӡоз ажәлантә иаиуаз ауаа ҷыдала ҳаҭыр ақәырҵон, идыргәыбзыӷуан, иршьуамызт. Уи моу, ацгәы еиԥшуп ҳәа ажьагьы ршьуамызт, ажьа ажьы рфомызт. Аԥаҵақәа ацгәы аԥаҵақәа иахьреиԥшыз азы.

Коса - Sputnik Аҧсны
Соура уоураны, сыҭбаара уҭбаараны: ахцәы иадҳәалоу аԥсуаа рыгәрагарақәа

Хыхь зыӡбахә ҳәоу аҵарауаҩ иусумҭаҟны дырҩеигь иазгәеиҭоит, даҽа ганкахьала аԥсуаа ржәытә дунеихәаԥшышьа злаҟаз ала, ацгәы ауаҩы иаӷоуп. Ауаҩы даныԥслак, иԥсы ахәыц аҟара ипоу ацҳа иқәсны нарцәыҟа ицоит. Ацгәы неины уи ацҳа ахәша ахьнашьуеит, ауаҩы данықәсуа дықәҵәырны џьаҳаным дҭаҳарц. Убри аамҭазы аласба неины ацҳа арбзоит, ацгәы аҽыԥныҳәа анаҭоит: "Бзиара ашьҭахь бзиара ыҟам акәымзар, сара ашҭа сҭаҵаны санрымаз, уара аҩны аҩнуҵҟа аишәа аҵаҟа уртәаны акруҿарҵон. Абас аума ауаҩы абзиара иузиуз аҭак шыҟауҵо?" – аҳәоит.

Ирҳәоит иара убас ацгәы акранафо аблақәа хнаҩоит ҳәа. Аԥсуаа ргәаанагарала уи акранафо аблақәа зыхнаҩо, иафо амбаӡошәа зыҟанаҵо убри азоуп, ауаҩы даныԥслак, иԥсы нарцәыҟа ианцо ацгәы неины ацҳа ахәша шахьнашьуа анцәа ианибалак "Ауаҩы акрышуҿеиҵоз умбаӡоз, нас уара ас иҽеимкәа узизныҟәазеи?" – ҳәа аҽыԥныҳәа аимҭарц.

Итрадициатәу аԥсуаа рынцәахәқәа - Sputnik Аҧсны
Итрадициатәу аԥсуаа рынцәахәқәа

Аԥсуаа жәытә аахыс еиуеиԥшым аԥстәқәа рынцәахәқәа шрымаз идыру акоуп. Ирацәамзаргьы, аԥсуаа ҳҿы ацгәы нцәахәык аҳасабала иҟан – Ацхь ахьӡын ҳәа ҳазҳәо хыҵхырҭақәак ыҟоуп. Зегь реиҳа уи агәра унаргоит иахьагьы ҳажәлар рҟны еиқәхаз ашәиратә ҵакы змоу ажәақәа "Ацхь уагааит!". Еиҳаракгьы иахьатәи ҳаԥсҭазаараҿы ари еиԥш иҟоу ашәира ауаҩы ихы ианаирхәо даара игәы анкыдгылаӡо ауп. Зыхьӡ ҳамоу аԥстәы цәгьак анаулак, аишәа иқәлар, афатә канажьыр, ицҳазар, ма ишьапы иаҵаԥалазар.

Ацгәи ауаҩи рҟазшьақәа еиҿырԥшраҵас иазырбо ажәақәа иахьагьы ҳажәаҳәаҿы аҭыԥ рымоуп, иаагозар: "ацгәы еиқәаҵәа рыбжьысит" (еимакык змоу, еибаргәааз рзы ирҳәоит); "ацгәы аҵыхәа ԥандур алҵраҳа, акгьы илҵуам" (аашьара ҵызгаз, ԥхьаҟа имхәыцуа изы ирҳәоит); "ацгәы аԥсы ихоуп (лхоуп)" (уадаҩрак, ма чмазара бааԥсык зхызгаз, аха имԥсыкәа еиқәхаз ауаҩы изкны ирҳәоит).

Иара убасгьы ажәа ацгәы шьаҭас изауз ахьӡқәеи ажәлақәеи шьақәгылахьан уҳәар алшоит, аха ҳара ҳҟынӡа иааӡаз ахьӡ Цыгәи, ажәла Цыгәбеи роуп.

Ахыркәшамҭазы иаҳҳәар алшоит, ацгәы аԥсуаа рдунеихәаԥшышьаҿы ианҵоуроу аасҭа ианҵоурам шеиҳаугьы, иаагоу аматериалқәа агәра удыргоит ажәытәӡа зны уи иҷыдоу ԥстәык аҳасаб ала ишахәаԥшуаз.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0