Ачгара ду аҵалара: кәацла-бысҭала аишәа аргылара

© Foto / предоставлено Сабиной Лакоба Мгәыӡырхәа, Жьиаа рҭаацәараҿы "Кәацла-бысҭала" аишәа шдыргылаз
Мгәыӡырхәа, Жьиаа рҭаацәараҿы Кәацла-бысҭала аишәа шдыргылаз - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 11 инаркны ақьырсиан динхаҵаҩцәа зегьы рзы иалагоит ачгара ду. Аҧсуаа рытрадициаҟны ишаҧу ала, ачгара ианалаго инаркны ихацыркхоит Аиҭар-Бжьеиҭар иаҵанакуа аныҳәарақәагьы. Кәацла-бысҭала ҳәа иҟарҵо раҧхьатәи аишәаргылара атәы Есма Ҭодуа лматериал аҟны.

Есма Ҭодуа, Sputnik

Ақьырсиан динхаҵара мҩаԥызго зегьы Амшаҧныҳәа ааира ҩынҩажәа мшы шагу ачгара ду иҵалоит. Рыцхәла иара есышықәса аҽаҧсахуеит, ианақәшәо еиҧшым, уи амза агыларала ирыҧхьаӡоит: зны изааны жәабран мза инаркны иалагоит, зны - ихьшәаны (сынтәеиҧш). Аҧсуаа ари даҽакала "аҿбаара аҵалара" ҳәагьы азырҳәоит.

Празднование одного из старейших праздников абхазов Ацуныҳәа в селе Дурипш - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа жәлар рамзар

Абри амш инаркны есымҽыша аишәақәа дыргылоит. Раҧхьатәи аишәа кәацла-бысҭала идырхиоит.

"Кәацла-бысҭала ҳәа анырҳәо, аишәа андыргыло кәтык ршьуеит, бысҭак ууоит,асыӡбал ҟауҵоит. Иумоу зегьы, аҧсыӡ инаркны, аҳалуа, ақашь, ачамчамыта (аишәаргыларатә чысқәа. – Е. Ҭ.), ахаа-мыхаақәа адугалоит, аҧсуа уатка, аҩы – зегь ықәургылоит", - ҳәа ҳзеиҭалҳәеит Марина Асланӡиа-Кәакәасқьыр. Уи Кәакәасқьыраа рыҩнаҭа аҟны даннанага нахыс, лара ланхәа ишыллырбаз еиҧш абас аишәа лыргылоит.

Шамахамзар, аишәаргыларақәа зегьы (Нанҳәа азоума, Амшаҧы аума) рымҩаҧгашьа аҵас еиҧшуп. Араҟагьы иқәырҵо агьама аҧшәмацәа ирбаанӡа аҩнаҭа иахылаҧшу зыдунеи зыҧсаххьоу рыҧсқәа аарыҧхьоит. (Ари аритуал амҩаҧгашьа инеиҵыхны ҳазааҭгылахьеит Нанҳәа аныҳәа иазкыз аматериал аҟны.) Аишәа-чыс ахылҩа-ҧсылҩа цонаҵы ус ирхианы игылазаауеит. Аҭаацәа иаҵанакуа зегьы еиҳабы-еиҵбыла аҩы, ауатка хырҭәалоит, ацәашьы хырҵоит.

Жәабран ныҳәа - Sputnik Аҧсны
Жәабран - арахә реизҳаразы, ԥырхага рымамкәа рааӡаразы аԥсуаа иныҟәырго аныҳәара

"Аишәа гыланаҵы, ианхыуҭәало ацәа хыхны иумазароуп ахҵаразы. Ацәа аахҵаны, арыжәтә агьама аабаны, абри афатә иқәуҵаз зегьы ргьамақәа убароуп. Уара иуфаз, иужәыз, згьама убаз ауп иаргьы (аҧсы. – Е. Ҭ.) иифаз рҳәоит. Аишәа анышьҭухуа аламҭалаз абри зегь агьама рбазшәа ҟаҵаны, аҳәызбала унаркьысуеит рызегь аишәаҿ иқәгылоу ачыс. Иара аҳәызба аишәа иқәҵан иаанрыжьӡом аҧсы даршәоит ҳәа", - лҳәоит Марина Асланӡиа-Кәакәасқьыр. Лара, иара убас ишазгәалҭо ала, аҧсуаа еснагь асас идкылара ишазыхиоу еиҧш, абысҭа ҿахрақәа анҭырго асас ихәгьы хазы иҟаҵаны, убасҵәҟьа аишәа андыргылогьы аҧсы аӡә дицны дааир, аҩнаҭа иатәым, иахьыҧшыз изы "ахьыҧш ихәы" ҳәагьы аишәа анаӡарахьы, аҵыхәахьшәа даҽа ҿахракгьы ықәдыргылоит.

"Аҧсы ихьыҧшы ҳәа аӡә дицны дааир, "схәы абаҟоу?" ҳәа иҳәоит", - ҳалҳәеит лара.

Аҧсуаа ҳатрадициаҟны ишаҧу ала, ачгара ианалаго нахыс Аиҭар иаҵанакуа аныҳәақәагьы разгәаҭара иалагоит. Урҭ зегьы арахә-ашәахә рныҳәара иазкуп. Абыжьныҳәак хацыркхоит Жәабран ныҳәа ала. Ачгара раҧхьатәи амш, ма адырҩаҽны Жәабран мгьал кәаҳаны иаанрыжьуеит, иҵәдырҧсуеит. Уи иацааиуа амчыбжь азы иара иахныҳәаразы.

Пасхальный кулич - Sputnik Аҧсны
Аҿиара, аизҳара иатәуп: аԥсуаа имҩаԥырго Амшаԥы аҷыдарақәеи атрадициақәеи

Аишәаргыларақәа хықәкыс ирымоу аҩнаҭа иахылаҧшу аҧсқәа (духи предков) аҳалал рыҭара, акрырҿаҵара аритуал ала ргәы аҟаҵара рыҩнаҭа лыҧхала иахылаҧшразы,рынхара-нҵыра, рырахә-рышәахә аҿиара, аизҳара рыманы аҟаларазы рымчқәа рыцхраарц азоуп. Аҧсуаа ирҳәоит: "лыҧсаа дызмам ҳәа аӡәгьы дыҟам, урҭ аамҭа-аамҭала рхәы рыҭалатәуп" ҳәа.

Иазгәаҭатәуп, арҭ аныҳәақәа ақьырсианцәа реиҧш, амсылманцәагьы ишазгәарҭо. Џьоукы амсылманцәа аишәа дыргылаӡом, аха џьоукы иҟазҵогьы убап. Ихадароу ҧҟараны аҧсуа мсылманцәеи ақьырсианцәеи зықәныҟо "ҳабацәа ишаҳдырбаз иҟаҳҵоит" ауп. Арҭ аныҳәақәа ақьырсианра иатәу, ма амсылманра иатәу ҳәа еилымхкәа, аҧсуара иатәу ҳәа ауп ишымҩаҧыргогьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0