Ацқьашә: аԥсабареи ауааи реидҳәалара аазырԥшуа аныҳәара

© Sputnik / Томас ТхайцукАшәцқьа
Ашәцқьа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ааҧын ааира, аҧсабара аҿыхара, аира, аҿиара иадҳәалоу аныҳәара атәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аусзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik 

Ашьыжь шаанӡа аҧшәмаҧҳәыс днагылан, лыкҿаҩра дныкҿалеит. Раҧхьа днеин, лхәышҭаара ныҧхьаҧссан, амца еиқәылҵеит. Нас лныга нышьҭылхын, ажәбоурахь лхы нарханы дындәықәлеит. Уа днеиаанӡа, лнапы иныҵашәаз иаҵәара бӷьыкгьы нышьҭылхит. Лыжә ахш намылхын, уи аиаҵәара ахш инӡаашьуа, ажә абӷа инықәшьуа, аныҳәара дналагеит:

© Sputnik Анжелика БенияАхш
Ацқьашә: аԥсабареи ауааи реидҳәалара аазырԥшуа аныҳәара - Sputnik Аҧсны
Ахш

"Арахә-ашәахә, ауааҧсыра ҳаибааӡаратәы иузҳауа, ҳаизҳауа, иҵегь арахә рацәаны иҳадло, ахш иҳауҭо еиҳахо, ҳаибааӡо", - ҳәа дныҳәа-ныҧхьо лырахә дынрылсуеит. Ажә ахш иамылхызгьы лыманы аҩны данааҩналалак, лхәышҭаараҿы инаганы, дырҩегьых илку аиаҵәа бӷьы нӡаашьны, ахәышҭаара аҧшькәакь инықәшьуа, хынтә лнапы нахылгоит. Егьырҭ аҭаацәа иалахәу анаалҧылалак, "бмарымажахо, ажә иақәу хәыжәи уаци быгымкәа, ҳаибааӡо" ҳәа иналықәныҳәо, ргәалаҟазаара бзианы, иҿаҧхаҿаччо иналҧылоит.

Ари имҩаҧысуа аибаныҳәара иаҵоу ахаара, аҧшӡара, агьама бла иамбо маӡак агәылоуп. Ааҧын ааира, аҧсабара зегь аҿыхара, аира, аҿиара иазҳәоуп. Амра ҿыц агылара, аҧхара, убри алагьы аҧсабара аҧсы ахалара иақәныҳәоит, арахә-ашәахә, ауааҧсыра реизҳара абри аамҭа иадыркылоит.

Жәабран ныҳәа - Sputnik Аҧсны
Жәабран - арахә реизҳаразы, ԥырхага рымамкәа рааӡаразы аԥсуаа иныҟәырго аныҳәара

Аҧсабареи ауааи реидҳәалара аанарҧшуеит. Зыҧсҭазаара акырӡа аҧсабара иазааигәаз аҧсуаа идырҿиеит ааҧынра ааира иадҳәалоу аныҳәарақәа рцикл.

Амшаҧы аламҭалазтәи ачгара иҵалаанӡа шәыла-бысҭала ҳәа иҟарҵо аҩбатәи аишәаргылара аҧхьа, асабшаҽны ацқьашә ҳәа аныҳәа мҩаҧыргоит. Ацқьашә ҳәа иҟарҵо амра иаҳа ианшу, ишәҭышха аҵиаақәа зегьы анышәҭлак, арахәгьы реиҳа иҧсыланы, ирызҳаны ианыҟоу, аҧхын иеидыркыло ашә ауп. Уи ирҩаны иҟарҵоит.

© Sputnik / Илона ХварцкияАжәхьара
Ацқьашә: аԥсабареи ауааи реидҳәалара аазырԥшуа аныҳәара - Sputnik Аҧсны
Ажәхьара

"Аҧхын ашә анҳарҩо, арахә-ашәахә иаҳнаҭаз ахәыҷы ала ацқьашә ҟаҵаны иаҳҵәахуеит. Нас абри аамҭа анааилак, ацқьашә исымоу аишәа иқәысҵоит. Еишәаргылароуп изтәу. Аха аишәа иқәуҵаанӡа, агьама убароуп. Ҭаацәашәала ҳаидтәалан иаҳфоит. Идуны иҟауҵозароуп, аха сара исымоу ала иҟасҵоит. Сақәныҳәоит: алҧха ҳамаз, ҳгәы бзиаз, ҳхы бзиаз, иахьа ацқьашә амшныҳәоуп, иҵегь еиҳаны ҳаҧхьа уажәааны иҟаҳҵаратәы, ҳарахәи ауааҧсыреи ҳаибааӡо ҳәа ҳныҳәоит", - лҳәеит Оҭҳара ақыҭа иеиуоу Лиуда Ажьиба-Аиба.

© Foto / Эсма ТодуаЛиуда Ажьиба-Аиба
Ацқьашә: аԥсабареи ауааи реидҳәалара аазырԥшуа аныҳәара - Sputnik Аҧсны
Лиуда Ажьиба-Аиба

Лара еиҭалҳәеит аиҳабацәа аныҟаз арахә рацәаны ишрымаз, ашьха ишыргоз, усҟан ашәцқьа ҳәа иҟарҵозгьы акыр ишдууз, унапы закәымшо. Уажәы ас еиҧш аныҳәара ҟазҵо маҷуп, иара арахәгьы рацәаны ианҵаны измоугьы рхыҧхьаӡара иаҳа-иаҳа ишмаҷхо еиҧш.

Арахә-ашәахә зыҩнаҭа иагым Гәыҧ ақыҭан инхо Асида Салаҟаиа-Қапба иаҳзеиҭалҳәеит лара арахә шылныҳәо атәы:

Цветущий миндаль в мадридском парке Quinta de los Molinos - Sputnik Аҧсны
Аҿиареи, аизҳареи рынцәахәы Ҭаргьалас: аԥсуаа разхаҵарақәа

"Еиҳарак ажә ҿыц ианхьалак, аҿбаара иҵалаанӡа, ахш, ашә, ахарҵәы зҳәаз еиҧш, аилаџь уны, ацәашьы аркны сныҳәоит. Санныҳәо, аџьыка, аҵәыҵәыра иасырҟьашьуеит, иахьарнахыс ухы уақәиҭуп ҳәа ҳәаны. Аххылақәагь ықәуҵоит уанныҳәо, ахәысхәа, араҳана уҳәа, аиаҵәара иумоу", - лҳәоит лара.

Иазгәаҭатәуп, ҿыц ихьаз ажә абас аџьыка иадырҟьашьаанӡа, дара аҭаацәагьы аџьыка шырымфо.

Ацқьашә ҳәа иҟарҵо уажәы иаахәангьы иҟазҵо ыҟоуп ҳәа рҳәоит, аха иаахәаны узыхныҳәо аасҭа, имаҷзаргьы, ухатәы шеиӷьу атәы аҳәара аҭахума…

Ажәабжьқәа зегьы
0