Алаԥш цәгьа уацәызыхьчо аҵәассаҵла

CC0 / / Аҵәассаҵла
Аҵәассаҵла - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа баҳча иахәҭакыз аҵәасса аҭоурых дагәылаԥшны иаҳзеиҭалҳәеит Sputnik аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Аиаҵәара, ҷыдала иааугозар аҵлақәа, аԥсуаа рыԥсҭазаара иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп. Аныҳәарақәа жәпакы аҵлақәа ирыдырҳәалон, амч ҷыда змоу ҳәа ирыԥхьаӡоз ирымҵаныҳәон. Ирыман "Аҵла ныҳәара" захьӡызгьы. Аамҭала уи анымҩаԥыргоз нанҳәамзазы акәын.

c.Аацы - Sputnik Аҧсны
Аҵла мышьҭа бзиақәеи, амашәыр зқәу аҵлақәеи, урҭ рынцәахәқәеи

Иахьагьы ҵлак иаҵагыланы, ма урҭ рыжәпараҿоуп анцәаиҳәарақәа реиҳарак ахьымҩаԥырго. Ас еиԥш иҟоу аныҳәарақәа жәытәла ирацәаӡаны иҟан, ҳара ҳҟынӡа зегьы мааӡеит акәымзар.

Аԥсуа инхара-нҵыра уаназааҭгыло, абаҳча аӡбахә мҳәакәа узавсуам. Абаҳчаҿы хкы рацәала иуԥыло ашәырхкқәа иреиуан аҵәасса. Ҳаамҭазы иеиқәхаз аинформациа шырацәамгьы, аҵәассақәа абаҳчақәа рҿы реиҭаҳара зызкыз иҿалоз ашәыр инаваргыланы, иззеиҭаҳау рыҩнаҭа ахьчоит ҳәа ахьырыԥхьаӡоз аҟнытә акәын.

Аҵәасса – алаԥш бааԥси аҩсҭаацәеи урцәызыхьчо, амч ду зманы аԥсабара ианылаз ҵлоуп.

Аҵәассаҵла иалоу амч ахәыҷқәа алаԥш иацәнахьчоит. Аҩнаҭаҿы аԥшқа дызмаз алаԥш имкырц азы аҵәассаҵла амахә ԥҵәаны, ацаха иҭаӡахны, агараҿы ихчы иаҵарҵон, мамзаргьы агараҿы аԥшқа иҵаз ашыц гәабан амахәқәа аҵарҵон. Иаҳа ихбыџу ахәыҷқәа амахә зҭаӡаху ацаха рыхәда иахыршьуан, рцәа иадзарц, иахьыҟазаак иахьчаларц.

Аҵәассаҵла аҩнатә ԥстәқәа алаԥш рацәыхьчараҿгьы ихәарҭан. Ҿыц ихьаз арахә амахә аӡа наганы ахәда, ма атәыҩа иахьыршьуан.

Аетнолог: аԥсуаа ҷыдала ахылаԥшра арҭон - амшьҭацәгьа аҽацәыхьчара - Sputnik Аҧсны
Аетнолог: аԥсуаа ҷыдала ахылаԥшра арҭон - амшьҭацәгьа аҽацәыхьчара

Иҟоуп ари ашәыр хкы амчра атәы бзианы иҳазҳәо аҳәамҭақәа. Урҭ руак анылҵеит афольклорист Цира Габниаԥҳа. Уи аҳәамҭа иааркьаҿны излаҳәо ала, Анцәа иҭаххеит Аҩсҭаа илаԥш, имчра ԥишәарц. Еицны идәықәлеит.

Ишнеиуаз, ауардын иақәтәаз хаҵак даарԥылеит. "Абри иҿы иулшарызеи?" – дҵааит Анцәа. "Еҳ, исылшогьы маҷӡам, аха ари ахаҵа - дхаҵа бзиоуп, иӷьатама аҵәассамахә иалхуп. Уи аҿы сара мчы сымам", – иҳәеит Аҩсҭаа.

Иаагоу аҳәамҭа иаҳнарбоит аҵәассаҵла аҿаԥхьа Аҩсҭаа дшымчыдаз. Аха уи иалоу амч атәы здыруа маҷхахьеит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0