"Асар рымҩашәа шәыҿиааит": Џьабран – аԥсаса рныҳәара

© Sputnik / Анжелика БенияИзготовление сыра
Изготовление сыра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Џьабран аныҳәа амҩаҧгашьа згәалашәо аиҳабацәа макьанагьы иҟоуп, аха иара мҩаҧырымгоижьҭеи акрааҵуеит. Аԥсаса зааӡоз апсуаа ражәа иалан "зқьы ааӡаны, шәкы абна иауҭароуп" ҳәа. Аныҳәа аҭоурых дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Ажәа Џьабран аҵарауаа аетимологиа шазыруа ала, еилоу ажәоуп: "џь" - ажәа "аџьма" ашьагәыҭ аҟынтәи иаауеит, "б" - "аб", "р" - ахҧатәи ахаҿы ҳзырбо хьыӡцынхәроуп, "н" - "ан", еидкыланы иуҳәозар "аџьмақәа, абқәа ран".

Кәтол ақыҭа Жәабран аныҳәа азгәаҭара - Sputnik Аҧсны
Жәабран: Аиҭар инцәахә ду – арахә ирхылаԥшу изку аныҳәара

Џьабран аныҳәа амҩаҧгашьа згәалашәо аиҳабацәа макьанагьы иҟоуп, аха иара мҩаҧырымгоижьҭеи акрааҵуеит. Аҧсаса зааӡоз аҧсуаа ражәа иалан "зқьы ааӡаны, шәкы абна иауҭароуп" ҳәа. Зқьы моу, иара ашәкгьы шьҭа иззаным дубап. Уи ашәк аҟынтәи абна ахәы аҭара аӡәгьы изымгәаӷьуазар ҟалап. Аха анс акәу, арс акәу, изыхҟьазаалакгьы – абна ахала иаратәы анаго еиҳахеит – аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы анхацәа абгақәа аҧхасҭа ӷәӷәа рырҭо ишалагаз атәы лассы-ласс иазгәарҭоит: рырахә, рыҧсаса ирыцрасуеит, иафоит, уимоу дара ауаагьы ианрыцрасуа ҟалахьеит. Аҧсабара амацәазеихдаҿы акы шацыршәаз гәауҭоит.

Аетнографцәа ишырыҩуа ала, Аиҭар-Бжьеиҭар иныҳәарақәа злалагоз Џьабран ала акәын, уи иашьҭанеиуан Жәабран. Араҟагьы Жәабран-ныҳәазы еиҧш амгьал ду рӡуан. Афольклорист Сергеи Зыхәба ари аныҳәа иара иҩнаҭаҿы ишазгәарҭоз игәаларшәо иҩуан уи иақәырҵоз абыӷьқәа акәара ахықәқәа рҟны изызҳауаз аҵиаа ажәӡыбӷьы ҳәа изышьҭаз шакәыз. Иҟан аныҳәа амгьал иазкыз ацуфарагьы: "Ҭаацәа ргәырӷьага, мца рцәага".

Аҩнатә ҧстәқәа рынцәахәы имҵаныҳәара: кәтолаа Жәабран шазгәарҭаз>>

Ари аныҳәараҿы иныҳәоз ахаҵа еиҳабы иакәын.

Изготовление сыра - Sputnik Аҧсны
"Шьхацани шьхалбаани" – арахәааӡареи уи Анцәахәқәеи

Ашәҟәыҩҩы, ажурналист, ажәабжьҳәаҩ ҟаза, збызшәа архаикатә ҟазшьа змаз Шьаликәа Камкьиа ари аныҳәара шазгәарҭоз ҳәа иҩуеит абас: "Аҧш шкәакәеи, ахәыӡи, ашырӡи еилаҧсаны, икәаҳаны ирӡуаз џьабран-мгьал иманы днеиуан, аџьмақәа хьаны, рыӡарақәеи дареи еибарҭынчны, аџьмақәа аҧхьа ианааилатәоз. Рыгәҭаны аишәахьча наргыланы ирзырӡыз амгьали хшырцала иҭәыз ачаҟәеи нықәиҵон. Иҿи инапи ааӡәӡәаны, асагәреи иарма напы инаркны, амрагыларахь иҿы рханы дныҳәон: "Асар рымҩашәа шәыҿиааит. Шьхацан машәырда, шьхалбаан шәеиқәқатәа. Гаҿан цәыбзыда асарақәа тәҩасла шәгәарлалааит. Аҵх шәзылҧхаз, амш шәзыбылдачаз!..."

Аныҳәаҩ дныҳәан данаалгалак, дзыхныҳәаз аҩныҟа иганы зегьы агьама дирбон ирызшаны. Зегь раҧхьаӡагьы аҩнаҭаҿы аҧшқа дыҟазар, ахшырца цәымҳала агьама идырбон, дмаалықьуп, дыцқьоуп ҳәа дшьаны.

Ари аныҳәара ҩажәатәи ашәышықәса аҩбатәи азыбжанӡагьы имҩаҧызгоз ыҟан. Аҧсаса зааӡо ахьмаҷхаз азы акәу, иара аныҳәара аҽазыҟаҵара иацу аџьабаа азын акәу, уи азгәаҭара иаҟәыҵит. Иазгәаҭатәуп, аџьмашьтәа еиуеиҧшым аныҳәарақәа рҟны ахархәара шамоу, аиҳаракгьы хәыц еиқәаҵәа злам.

Ажәабжьқәа зегьы
0