Акаҷыҷ, Аҳардан, Амлахә: аӡахәа, ажь, аҩы аԥсуаа ркультураҿы

© SputnikСбор винограда в селе Хуап
Сбор винограда в селе Хуап - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажьи, аӡахәеи, аҩи аԥсуаа ркультураҿы иааныркыло аҭыԥ атәы дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Адунеи аҿы иҟоу амилаҭқәа аказы ҳнарыҵамхо аԥсуаа ҳхатәы хныҟәгашьа, ачеиџьыка ҳамоуп. Зыхьӡ хара инеиҩхьоу аԥсуа чеиџьыка "еиҭымуп" аишәа зырԥшӡо арыжәтә ада. Ҳәара аҭахым, аԥсуа еишәа саси ԥшәымеи анадтәало ҵәыцак-ҵәыцак иадамхаргьы аҩы кәеи-кәеи аанкыланы "Анцәа улԥха ҳаҭ" рҳәоит.

Аԥсны ҭагалан ажь иаамҭаны иԥхьаӡоуп. - Sputnik Аҧсны
Дәрыԥшьтәи ажьыргәыцқәа

Аԥсуа ихы идыруеижьҭеи аҩы ичеиџьыка, исасдкылара, ес-ҽнытәи иԥсҭазаара иахәҭакын. Аԥсуаа асас данырҭамызгьы, рыҩн усқәа ирылганы уаххьафаразы аҭаацәара анаатәалак, реиҳабы "Анцәа улԥха ҳамазааит" ҳәа даарықәныҳәаны ҵәыцак ижәуан. Асас дахь аҩнаҭа ашҟа данымҩахыҵуа, ма иаалырҟьаны цәгьак-бзиак уақәшәар, ус реиԥш иҟало аҭагылазаашьақәа рзы аҩнаҭаҿы арыжәтә ҟамлар шхьымӡӷ дууз дырны аԥшәма дызламкьысуаз арыжәтә хазы иԥхьаикуан. Аамҭа анааилак дарԥшӡаразы.

Ҳаамҭазы еилахарак уоуны аҩы узҭамҭәазар, аԥшаара уадаҩым, иааухәар алшоит аҩныҟаҵара еиԥшу азауад аҟны иҭрыжьуа - аҩы. Аха аџьбарареи аҽынкылареи аҩныҟаҵара иаҳа иахьаԥысуазы, аҭыԥантәи ауааԥсыра уи еиҳа иазҿлымҳауп. Азауад ҩқәа ахьаархәо еиҳараӡак аҳәаанырцә ауп.  

Аамҭахә, мамзаргьы "Сынтәа ҳазмадоу": зҽаҩра ҭазгалаз имҩаҧырго ақьабз

Ашәышықәсқәа раԥхьа аԥсҭазаара армариара ианашьҭамыз, анхацәа ацәгьеи абзиеи раан рыҩнаҭа зырԥшӡаша аҩы рнапала ирааӡаз аӡахәа иаҿалаз ажь иалырхыр еиӷьыршьон.

Аӡахәа аԥсуаа ҳҟны иԥшьоу аҵлақәа ирхыԥхьаӡалоуп, ԥсыуа ззырҳәо рбаҳчақәа рҿы иазҳауан жәытәаахыс. Арыжәтә алхра адагьы хәшәык аҳасабала иахәаԥшуан.

Ал - Sputnik Аҧсны
Згәы разу: аԥсуа баҳчаҿы зхатә ҭыԥ ылызххьоу алҵла

Иахьазы иҟарҵоны иуԥылашам, аха Аԥсны лассы-лассы иаҭаауаз аҵарауаҩ Евгени Шиллинг ианҵамҭақәа руак аҿы ишаирбаз ала ажәытәаны аца хьаа ауаҩы данаргәаҟуаз, иҷыдоу аныҳәара изыҟарҵон. Уи амҩаԥгараан рхы иадырхәон аӡахәа амахәқәа ирылхны иҟаҵаз агьажь, уи хынтә ачымазаҩ ихы иакәрыхшон, нас инаган аҩцараҿы ирҵәахуан.

Аӡахәа еизҳазыхьахарц, аԥсуа нхаҩцәа нап адкыланы ианеиҭарҳауа аамҭоуп ааԥыни ҭагалани. Абарҭ ашықәс аамҭақәа рзы аӡахәа урҿиар алшоит иҵәырҟацаны (азгә. отводками), ма ихыҵәҵәаны адгьыл аҵаҵаралеи (азгә. чубуками). Аилыхразы иманшәалоу аамҭоуп ҳәа азырыԥхьаӡоит хәажәкырамза анҵәамҭеи мшаԥымза алагамҭеи, аӡы аӷрало иалагаанӡа. Аха ԥыҭҩык иазгәарҭоит аԥхарра заа иҟалар, жәабранмзазгьы еилухыр ауеит ҳәа.

Аӡахәа ишахәҭо иазҳарц, ажь бзианы иаҿаларц, уи иалҵраны иҟоу аҩы аԥшшәи агьамеи бзиахарц азы жәытәаахыс аӡахәа зыҟәнырҵоз аҵлақәа иреиуан ал, амжәа, ахәырма.

Аԥсуаа ҳҟны аӡахәеи, ажьи, аҩи рыҩаӡара ҳаракы зныԥшуа аҳәамҭақәагьы маҷӡам. Урҭ инарылукаауеит Абрыскьыл изку аҳәамҭеи Нарҭаа репоси.

Еиуеиԥшым ашәыр хкқәа реихаҳара знапы алаку Геннади Арчелиа. - Sputnik Аҧсны
Арчелиа: аихаҳара санаҿу сыԥсы сшьоит

Ажәытәӡатәи аамҭақәа идырҿиаз Абрыскьыл изку аҳәамҭа даҽазныкгьы ишьақәнарӷәӷәоит ҳадгьыл наџьнатә аӡахәа шанаалоз. Избанзар, Абрыскьыл ихаан аӡахәа бжьындаҳақәа убысҟак ирацәан иаҳәа ҭкәыцәаа ихиҵәон. Санаҵысуа схы ласырҟәыр, сызбо анцәа сеихырхәо џьыршьоит, насгьы аҽуаҩ-хаҵа дыҩны данцо, ихәда иаҿашәар ҟалоит ҳәа.

Нарҭаа репос ҳазхьаԥшуазар, уа еилыхха иубоит Нарҭаа аӡахәа иахӡыӡаауа ишырааӡоз атәы. Нарҭаа ирызку атекстқәа иуеилдыркаауеит Нарҭаа рбаҳча шырацәаз, аҩгьы меигӡарахда ишҭарҭәоз. Аҩыҟаҵара дазҟазан Нарҭ Хнышь. Ҩымаҭәас Нарҭаа иныҟәыргоз ҳаԥшьан (аԥсуаа иахьагьы аҳаԥшьада ихәарҭам, уа аҩы ҭарҭәоит ибжьымсырц, аҿынкылара бзиахарц). Нарҭаа рҳаԥшьақәа рацәан, аҩгьы рҭабзиахон. Урҭ ҩыда акрырфомызт. Рымацара ианыҟоугьы, акрыфаразы иантәалак, еиҳабы-еиҵабыла зегьы еибамныҳәакәа игылаӡомызт.

Изларҳәо ала Нарҭаа рҳаԥшьақәа ирыман рхатәы хьыӡқәа: Ҩаӡамакьат, Хьамхәа, Аҩаӡакьат, Агӡакьат уҳәа егьырҭгьы. Арҭ аҳаԥшьақәа зегьы иреиҳан Ҩаӡамакьат. Иара Нарҭаа рӡаагага ԥҳалқәа фышә акуан. Ҩаӡамакьат инахагыланы иқәыз ииҳәаз неигӡар акәын.

Аха Нарҭаа убас ҟазшьас ирыман еимабзиаханы ишааиуаз акәымкәа, утәы-стәы аарыбжьалон. Убас ҽнак аҳаԥшьа рзеимакырахеит. Аимак-аиҿак згәы кыднахыз Нарҭ Сасрыҟәа "ҳаимак зхароу уара уоуп, уҟамзар еимактә ҳауамызт" – иҳәан, Ҩаӡамакьат анышә иҩыҵхны ианиршә, ашьхақәа ирхыууаан Аԥсны агәаны икаҳаит. Ҩаӡамакьат ахьынкаҳаз иԥыххаа ицеит. Аҳаԥшьа агәаӷьқәа ҭан. Аҳаԥшьа анԥҽы, ажьгәаӷьқәа бӷьыжәаан Аԥсны иахьабалак иқәԥсеит. Агәаӷьқәа ахькаԥсаз аӡахәа рхылҵт. Урҭ ирҿалаз ажь Нарҭ рыжь ҳәа иашьҭан, уи иалҵуаз аҩы аиԥш ҩы ыҟамызт, аха Нарҭаа репос аҿы ишаҳәо ала уи ажәла ыӡт, ианыӡааит.

Аӡынба аԥсуа ажь хкқәа ирызкны: иаҳцәыӡыз рацәоуп, еиқәырхатәугьы ыҟоуп

Ҳара иҳаздыруам Нарҭ рыжь ыҟаҵәҟьазу, мамзаргьы жәлар рфантазиа иацырҟьоу, аха ҳара иаҳтәу ажь жәлақәоуп ҳәа ҳауаажәлар иазгәарҭоит: Акаҷыҷ, Аҳардан, Амлахә, Ауасырхәа, Аҽыкажь уҳәа.

Ишаабоу еиԥш, ажь ааӡареи аҩыҟаҵареи аԥсуа иԥсҭазаара иахәҭакуижьҭеи акрааҵуеит. Уимоу, ачеиџьыка иузаҟәыҭхом арыжәтә. Аԥсуаа ҳныҳәарақәа, ачара, аԥсра, аԥсхәра ухаҿы иузаагом иара ада. Аԥсуа изы аҩы ус баша ақьафҟаҵара иатәымызт, уи жәаҳәарада, ахатәы культура аман.

Ҩышә шықәса зхыҵуа аӡахәашьапы: аԥсуа ажь хкқәа еиҭашьақәдыргылеит

 

Ажәабжьқәа зегьы
0