"Ашә тазыла, ахарҵәы мчы": акамбашьқәа рныҳәара Мқамгариа ихьӡала

акамбашь
акамбашь - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акамбашьқәа рынцәахәы Мқамгариа ихьӡала имҩаҧырго аныҳәара атәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Тҟәарчал ақыҭан инхо Гьаргь (Жора) Манаргиа иҩнаҭа ахш-харҵәы агны иҟамлац. Аҧсасеи ашьамаҟеи еснагь иныҟәаргон. Иахьагьы, уаанӡеиҧшҵәҟьа акәымзаргьы, урҭ рыгым. Егьырҭ аҩнатә ҧстәқәеи аҧсаатәқәеи инарываргыланы иара изануп иахьа уарла-шәарла ирааӡо акамбашьқәагьы. Акамбашь абара мариам, аха акамбашь харҵәи ажә харҵәи узеидкылом иҳәоит иара.

© Гьаргь (Жора) Манаргиа иархив аҟнытәГьаргь (Жора) Манаргиа
Ашә тазыла, ахарҵәы мчы: акамбашьқәа рныҳәара Мқамгариа ихьӡала - Sputnik Аҧсны
Гьаргь (Жора) Манаргиа

"Акамбашь аныҟәара адыруеит. "Сара саҟара иҩуа дыҟам, аха адгьыл сыҵабгар ҳәа сшәоит" аҳәоит рҳәеит акамбашь. Амхқәа ирҭалоит. "Акамбашь ахәыл абон, аанда абаӡомызт" зырҳәои, гәышҧыла иажәлоит азоуп. Нас аӡмахқәа ирҭалоит. Уи уӡәӡәалароуп иухьарцаз. Насгьы амч аҭахуп иара, аҧҳәыс уи лымч ақәхом, ахаҵа иоуп изхьо. Иара ахш иалухуа ахарҵәгьы мчуп, уи иашьцылам дакыр, изеицәахар ҟалоит, избанзар ижәпоуп цәгьала. Аха уи агьама ҽакы иузадкылом. Иҿоу акамбашь, абат ажьы ҵаангьы иҟарҵоит», - ҳәа акамбашь ааӡара иацу аџьабааи уи аалыҵқәеи ртәы даҳзалацәажәеит Гьаргь (Жора) Манаргиа.

Изготовление сыра - Sputnik Аҧсны
"Асар рымҩашәа шәыҿиааит": Џьабран – аԥсаса рныҳәара

Уи иҧшәмаҧҳәыс Мариа Қәҭелиа- Манаргиа рырахә ирнаҭо ахарҵәы аџьармыкьахь иныҟәылгалон аҭиразы. "Дара рхәы (арахә ирҿарҵо) дара иааргоит" рҳәоит аҧшәмацәа. Аҭәа, аҧҳә, аҧш рыла ирааӡоит. Акамбашь шьыжьи хәылбыҽхеи аҵырхаа (амхы иаҵоу аҳаскьын – аҳаскьын ҟата), арҭоит.

Аҧшәмацәа рыҩнаҭа абеиара ҳәарада урҭ рџьабаа иалҵшәоуп. Аха убри аан урҭ рынцәахәқәагьы рыхәҭаа рыҭара рхашҭӡом. Сас дызгым рыҩнаҭа акәзар, акы изымшькәа дырмышьҭыц. Акамбашьқәа егьырҭ арахә шаҳныҳәо еиҧш ауп ишаҳныҳәо ҳәа ҳаиҳәеит аҧшәма.

"Мқамгариа ҳәа акамбашь анхьалак, абат аҵаргыланы иаҳныҳәоит. Уи жәохәымш ахш уалакьысӡом. Иара иамҵыз, џьара идәылганы иугаргьы ҟалаӡом. Иара иамҵыз ахш еизганы, атазыла – ашә аӡа аџьыкхыш ақәырҳәҳәан иҟауҵо иаарҟаҧшьны, ирҩаны, ацәашьқәа ҩба ҟаҵаны иуныҳәоит "иахьарнахыс ухы уақәиҭуп" ҳәа", - иҳәеит иара.

Адгьыл аныҳәара: аҩны ҿыц аҟны анхара иалаго имҩаҧырго ақьабз

 Иазгәаҭатәуп, аҵарауаҩ Валентин Кәаӷәаниа ианиҵаз ифольклортә нҵамҭақәа рҟны акамбашьқәа рынцәахәы Мқамгариа ихьӡала имҩаҧырго аныҳәара ҳәа иуҧыло абас еиҧш иҟоу аныҳәара ауп.

Аха ари анцәахәы раҧхьаӡакәны аӡбахә аазго аетнограф Григории Чурсин ишиҩуала, уи аныҳәара мҩаҧыргон хышықәса рахь знык, ауасақәа андырҟәыдуаз аамҭа иақәыршәаны. Иара шьтәасгьы иазыркуаз ауаса акәын. Уи заанаҵы иалхны алымҳа ҵкәаны иҟарҵон. Хышықәса анҵлак уи ауаса ршьуан. Иара убас арахә абна илахар, Мқамгариа (Ақамгариа) имҵаныҳәон уасак шьны абна илахаз арахә еибга-еизҩыда игәарларц.

Аетнограф иааиго анҵамҭа излаҳәо ала, анкьа зны ауасақәа ачымазарак рылалан, иҧсуа иалагеит. Аҧсаса зтәыз иҟарҵара рыздырамызт, убысҟан аӡәы ирабжьигеит Ақамгариа ихьӡала аныҳәара мҩаҧыргарц, убри нахысгьы ачымазара рҟәыҧсааит.

Кәтол ақыҭа Жәабран аныҳәа азгәаҭара - Sputnik Аҧсны
Жәабран: Аиҭар инцәахә ду – арахә ирхылаԥшу изку аныҳәара

Ишырҳәо ала, егьырҭ арахә рынцәахәқәа рассҭагьы Ақамгариа (Мқамгариа) имч иаҳа идууп. Уи анцәахәы дыззыбзиахаз иусқәа зегь маншәалахоит ҳәа иҧхьаӡан, ирахәгьы ҧхасҭа роуам.

"Акырзуыз акрыифеит" аҳәоит аҧсуа жәаҧҟа. "Аџьабаа збаз бзабаан иҧылоит" аҳәоит даҽакгьы.

Ҳара ҳинформант, "зқьы ааӡаны, шәкы абна илазҵо"  ираҩзымго иџьабаа бзабаан ишиҧылогьы убоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0