Аԥсуаа реибашьратә, рхаҵаратә культура иазкны

© Foto / Ф.А.Рубо 1901 шықәсазтәи иҭыхымҭа "Кавказтәи аԥшыхәцәа"Ф.А.Рубо 1901 шықәсазтәи иҭыхымҭа "Кавказтәи аԥшыхәцәа"
Ф.А.Рубо 1901 шықәсазтәи иҭыхымҭа Кавказтәи аԥшыхәцәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адунеи иқәу ажәларқәа рҭоурых аибашьра аҭоурых акәгәышьоуп. Ирԥхьаӡахьеит - ауаатәыҩса 5500 шықәса рыла еибашьрада ирхыргаз 295 шықәса роуп ҳәа. Ишԥазыҟаз аԥсуа жәлар, иааидкыланы Кавказ ажәларқәа реиԥш, аибашьреи ахаҵареи, ишԥарааӡоз рҵеицәа, иара убас иахьатәи тенденциақәаки ртәы далацәажәоит Sputnik аколумнист Аԥсуаҭҵааратә институт аетнологиеи антропологиеи рыҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ, ААУ адоцент Марина Барцыцԥҳа.

Аԥсны ахаангьы идгьылкҿахамызт. Ажәытә цивилизациа дуқәа рымҩеихдарақәа - абырфын мҩа ҳәа изышьҭаз - ахьымҩасуаз, ацивилизациақәа рыԥшеиҿасырҭақәа, реиҿагыларҭақәа ракәын. Амшын иаԥныз адгьыл ссир аҿы имҩахымҵуадаз, ӡынгьы-ԥхынгьы шәаԥыџьаԥла, шәырбаҳчала иҩычаз ҳаԥсабара зыԥсы аламходаз?!

Ари аҭыԥ ссир – мызкы-ҩымз адгьыл уқәаарыхыр шықәсык уахьныҟәнагоз, егьарааны иҳамырххьазаарын, ҳхаҭақәагьы ҳандырҵәахьазаарын, ахыхьчашьа, аибашьратә культура ҳаламзар.

Аибашьратә культура аныԥшуеит аԥсуаа рыбзазашьа аганқәа зегьы: рынхашьа-рынҵышьа аума, рыҩныргылашьа аума, рцәамаҭәа, рашәақәа, ражәабжьқәа, иааидкылан ретика, ретикет зегь рҿы.

© Foto / предоставлено Мариной БарцыцГ. Гагарин. Азыхәцәа рырхәҭа қәылара ашьха илбаауеит. 1851 ш.
Аԥсуаа реибашьратә, рхаҵаратә культура иазкны - Sputnik Аҧсны
Г. Гагарин. Азыхәцәа рырхәҭа қәылара ашьха илбаауеит. 1851 ш.

Аԥсуаа ркультура, кавказжәларқәа реиԥш, иааидкыланы уахәаԥшуазар, еибашьратә культуроуп, хаҵаратә культуроуп (воинская, маскулинная культура). Аԥсуаа рҿы ахаҵа ила, абшьҭрала ауп ишцо: ашьа, ажәла, амал, адгьыл, анхара-анҵыра. Асаби дир – ашьаҭамырӡга аҵеи-арԥыс диит ҳәа ихысуеит.

Аԥсуаа, кавказаа иахьа итрадициатәу рымаҭәа ҳәа иаҳԥхьаӡо аҽыуаҩ еибашьҩы ицәамаҭәа ауп. Уи бџьарда ныҟәгашьа амаӡамызт. Абџьар ҿыц анцәырҵлак, иаргьы аҽаԥсахуан. Иаҳҳәап, иҭҟьоз ашәақь анцәырҵ, акәылӡы шьҭаҵаны, 18-тәи ашәышықәса инаркны акәымжәы аҳазырҭрақәа аиуа иалагеит ("аҳазыр" араб бызшәа аҟнытә – "ихиоу", зныктәи ахысразы ахи ахәшәи еиқәыршәаны). Ашьҭахь, "ахара зду" ажәлар ҳәа абџьар аныҟәгара азин анрымырх, актәи адунеизегьтәи аибашьра ашьҭахь аԥсуаа цәамаҭәас ишьҭырхызгьы еибашьыгатә форман – афренчи, агалифе, амагәи, ахылԥеи - уигьы аҽықәтәараз иманшәалан.

Ишаҳҳәаз еиԥш, аԥсуаа реибашьратә, рхаҵаратә культураҿ асаби диины данынкашәа инаркны, уҷкәыноуп, ухаҵоуп ҳәа драаӡон. Иахьа Европа ишмодахаз еиԥш акәымкәа, уи ацәажәашьа цқьа иҵаанӡа дзеиуоу идырҵон (половая идентичность): "уара уҷкәыноуп, аҷкәынцәа ҵәыуаӡом", мамзаргьы "аҭыԥҳацәа еисӡом" ҳәа астереотипқәа рыларааӡон. Уи иаҵанакӡомызт, аҭыԥҳа ахыхьчашьа лдырҵомызт ҳәа – даныҩеидаслак, ахысшьагьы, аҽықәтәашьагьы лдырҵон. Аҭыԥҳа ихәыҷыз аҳәызба ԥшӡак ныҟәылгон. Афольклор аҿы амыркатыл алагьы деибашьыр ҟалон. Аепос аҟны Саҭанеи Гәашьа лабала, уимоу шьхәала деибашьуан, рҳәеит.

Инга Барциц - Sputnik Аҧсны
Инга Барцыцԥҳа: Марттәи ажәылараан ашәаразы аамҭа ҳамаӡамызт

Сабду раԥхьатәи имаҭа - иԥа иԥа дании, иаразнак, агара дышгараз, ҳамҭас ихьӡала аҟама изыҟаиҵеит. Хәыҷы хәмаргас ирзыҟарҵон ахыци ахәымпали, хәыҷы хәмарран ачақы ма аҳәызба ҵарс, ахаҳә аршәреи аҵәы ахыԥареи. Идырҵон аҽыбӷаҟазара. Нас, даныҩеидаслак, ихатәы еибашьыга ҽы бжьаны дақәтәар акәын.

Аҵеи драаӡон дхаҵаны, имаха-ишьаха ӷәӷәаны, ибаҩ дацәымаашьо дласны, деилҟьаны, ацәҟьара иақәыршәаны икылкааны ахысшьа идыруа, ақәԥашьа идыруа, игәашьамх ӷәӷәаны. Абџьар акреи аныҟәгашьеи идырҵон убасгьы дшыхәыҷыз. Раԥхьаӡа ддырхысыр ҟалон 5-6 шықәса анихыҵуаз аныҳәақәа раан, нас аҵарақәа дреишәарыцон, ашьҭахь ашьхақәа, ахрақәа рҿы ашәарыцашьа идырҵон.

© Foto / предоставлено Мариной БарцыцАқыҭа Ҷлоу. 1995 ш.
Аԥсуаа реибашьратә, рхаҵаратә культура иазкны - Sputnik Аҧсны
Ақыҭа Ҷлоу. 1995 ш.

Дшыхәыҷыз иларааӡон агәымшәара, иаҳҳәап, уахынла џьара дцаны акы иаадыргон, иҟалон анышәынҭраҿы аиҳабы ихылԥа ааныжьны, "исхашҭит, исзаага" - ҳәа дишьҭыр уб.иҵ. Арԥыс ахачҳара, аҽынкылара, аханшьалара иманы драаӡон. Амч змоу, зхы ԥызшәахьоу, зхы иақәгәыӷуа ус имарианы аҵҟьарақәа издырӡом, иргәаара цәгьоуп (стрессоустойчивый). Иахьынӡазалшоз дымԥҟаӡакәа, дламырҟәӡакәа ихы аҳаҭыр ибо, ажәала драаӡар акәын. Иааҟәымҵӡакәа "аԥсра акәӡам ахьымӡӷ ауп изыцәшәатәу" ҳәа аԥсра дацәымшәо драаӡон.

Удырҩатә еиӷьхааит! Ашәарыцареи Ажәеиԥшьааи ирыдҳәалоу згәаҭақәак>>

Ахацәа ражәаҳәа, рлексика хазын, иахьа лассы-лассы ишырҳәо еиԥш "сааукәыхшоуп" ҳәа акәымкәа, "ухацкы сцеит" акәын ирҳәоз, "ауама ҟалеит, ҳанҵәеит-ҳаԥсит", "унан!" - ари аҳәса рлексика иатәын. Ахаҵа иажәа ажәазар акәын, аиаша дадгылозар акәын, ацәгьаҳәара ҟаломызт, иибаз ацәгьа аиҭаҳәара, ахаҵа иакәым, аԥҳәыс иланарыжьуамызт. Арԥыс аиҳабы-аиҵбы дидыруа, ихы пату ақәҵаны, ауаа раҳаҭыр ибозар акәын. "Ауаҩы ахьыӡи ахьымӡӷи рзы ауп адунеи дзықәу" рҳәоит аԥсуаа. Зегьы рҟама ахы кны игылан изацәажәоз дышьҭыхны, "ухацкы-уԥсацкы", "уажәа хьыла иԥысҟоит", "упату схы иқәууп" ҳәа акәын ацәажәаратә етикет ишрыднаҵоз. Ахаҵаратә культураҿы аҽхәара ԥхашьаран. Арԥыс дшыхәыҷыз идырҵон адипломатиеи ариторикеи, иларааӡон алафҳәара.

Абшьҭрала иаауа Маанаа рҭаацәаратә фырхаҵара - Sputnik Аҧсны
Абшьҭрала иаауа Маанаа рҭаацәаратә фырхаҵара

Аԥсуаа рхымҩаԥгашьатә етикетгьы аибашьцәа ртәашьа, ргылашьа ауп: ахаҵгылара аума, ауаҩы узқәа имеиархара аума, аиҳаби аиҵби реизыҟазаашьа, реиххәыцшьа реизыӡыҩршьа (иерархиа) аума, аимҩалаҩцәа/аиҩызцәа реицныҟәара аԥҟарақәа, абџьармаҭәа аныҟәгара аԥҟарақәа роума, ирацәаӡоуп аибашьратә етикет иатәу.(Уи хазы ҳазааҭгылап даҽазны).

Аҵарауаа еицҿакны иазгәарҭахьеит ақәыларақәа (институт набегов) ҭыԥс иааныркылоз аԥсуаа назлоу кавказжәларқәа ркультураҿ. Ақәыларақәа мҩаԥыргон амшын аҿгьы, адгьыл аҿгьы. Уи иахьа шьоукы ишеилыркаауа еиԥш "ӷьычраӡамызт", уа уҭахар ахьалшоз, арахә, ауахьад ԥҵәаны иахьаарцоз, хьыӡрацаран, хьӡы рҳаран; ус адагьы аԥҳәысҳәарагьы ицәыцәгьахон арԥыс – инициациак иаҩызан.

Ҽаҩраҭагалан ашьҭахь, ахацәа рымҩаныфа дара рҽеибыҭан ҭыԥк аҿы еизон. Аибашьра, ақәылара ицоз ирыман дара рхатәы ныҳәарақәа, уимоу аныхақәагьы (Аацных убас аӡбахә рҳәоит). Ирыман рхатәы амаӡабызшәа, даҽаӡәы изеилымкааратәы, ажәацыԥхьаӡа заа еибырҳәахьаз цырак аладыргылон. Аиҵбы аиҳабы иажәа дахымԥакәа, иҩбамтәкәа инаигӡар акәын, усымшәа аԥҟара еилазго дрылырцон. Ирыман аԥшыхәцәа, аҳәацәа уб.иҵегьы.

© Sputnik / Томас ТхайцукИахьатәи Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа
Аԥсуаа реибашьратә, рхаҵаратә культура иазкны - Sputnik Аҧсны
Иахьатәи Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа

Аԥсуа культура иаман убасгьы абрагьцәа ринститут. Ахацәа абжеиҳан рыҩны иахӡамызт, аӡынра бназара иҟан. Аԥхын ахәыҷы инаиркны аду иҟынӡа ахацәа мызла арахә рыманы ашьха иҟан (аҳәса ргомызт). Ашьха иҟаз агәыԥ - ари аибашьцәа ргәыԥ акәын, аиҳабы-аиҵбы рдыруа, еиххәыцуа, доусу иус идыруа, иаҭаххаргьы, рырахәгьы рыхгьы рыхьчаратәы иҟаз уаан. Ус иҟамзар, рырахә рыхцаны икарцар ҟалон. Уимоу, иара даргьы нарыдкыланы итҟәаны иргар рылшон. Абжьаратәи ашәышықәсақәа рзы ара атәцәа, ақәыларақәа рҟынтәи "ахашәала" ҳәа изышьҭаз ауаа рыҭира аҭыԥ ду ааннакылагәышьон.

Аибашьрагьы, ақәыларагьы, ашьаурагьы ирыман зеилагара ҟамлоз дара рхатәы ԥҟарақәа. Иаҳҳәап: иҭҟәоу, ихәу, ма иҭахаз ишизныҟәатәу даӷазаргьы; аибашьраан ацҳаражәҳәаҩ дкым, дшьым ҳәа ишырԥхьаӡоз; ашәаџьҳәаҩ, аԥсӡы зҳәашаз хымԥада дышныжьтәыз; аԥҳәыси, ахәыҷи, аҭаҳмадеи рышьра шыҟамлоз; ақәылара акәым, еибашьразаргьы аҩны, аца, амхы абылра шыҟамло – уи шьоураӡам ҳәа ишырыԥхьаӡоз, убас иҵегь ирацәаны. Аха арҭ аԥҟарақәа, ицәгьа ибзиа, аус руан кавказаа рыбжьара, уи нҵәеит а-19-тәи ашәышықәсазы, аурыс-кавказтәи аибашьра ианалага инаркны.

Усҟан аҭоурых ишаҳәо ала, аԥсуаа-кавказаа ҽынлатәи аибашьра аҵкыс уахынлатәи - рыхәцәа-рыԥсцәа ргаразы аибашьраҿы реиҳараӡак ҭахон. Уи ҿыцын дара рзы – уаанӡа "шәжьыӡ жәга!" рҳәон, аамҭа рырҭон аӷа иԥсцәа рҽеины игаразы. Иааидкыланы иуҳәозар, ҳинформант Маази Хәарцкиа иажәақәа рыла "хәаа-заа (ашәақь) анцәырҵ, ахаҵара-ауаҩра маҷхеит" (Аҩ.Ешыра 1996ш.) (букв. - "С появлением огнестрельного оружия рыцарства стало меньше").

Рамин Қаџьаиа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Қаџьаиа: еибашьуаз арԥарцәа гәымшәақәа реиԥш аҵеицәа иилар, ҳҭахом

Иахьагьы жәларбжьаратәи Женеватәи аконвенциа аҳәынҭқарра дуқәа рнапы шаҵаҩугьы, аибашьратә ԥҟарақәа рықәныҟәарагьы шпроблемац ипроблемоуп, имеибашьуа - ар рымаҭәа зшәым (икомбатантым) иҭархара шыҟамлогьы рхашҭуеит, ажәакала ауаҩрагьы маҷуп.

Анкьа, дара қәылара ишцоз еиԥш, рхаҭақәагьы ирықәлар ҟалон еибашьрылагьы.

"Иахәалак-иахәалакь!" ҳәа аҳҳәацәа ақыҭа ианалалак, зшьамхы инанагоз зегьы дҭаҳмадазаргьы, абџьар кны иҩагылон. Аԥсуаа ражәаԥҟа иалоу: "Ар еибашьуан, Аабыџь дцәаӷәон" иаҵанакуаз, ианеибашьтәыз даҽа уск иаҿыз иакәын. Ҳлитераторцәа иреиуоу аӡәы Аабыџь инароуны ессек изикит, уи дышҵуоуроу аус бзиа дшаҿыз атәы. Аха аҭоурых аҿы ус акәымхеит, абжьыуаа рҿы излеиҭарҳәо ала, уи Аабыџь зыӡбахә рҳәо дыҟаҵәҟьан, ақырҭуа меньшевикцәа анқәылаз акәын. Ижәлар ахеиқәырхараз рабџьар ахь ианыҩ, иара хьаас имкыкәа дцәаӷәалап ҳәа акәын, аха иқәымҿиеит - ахымҩас дагеит…

"Хьӡы алаугааит!" - аҷкәын ахаҵара иазкра аҧсуа традициатә ааӡарала>>

Монтескье иажәақәа рыла, иарбан милаҭзаалак зегь реиҳа ирықәҿио рнапы алакызароуп. Зеижәтәи ашәышықәсазы мчыла ихырҵәаз ҳажәлар ахьнеиз арратә кариереи аспорти рҿы хьӡы ргеит. Ара иҟазгьы ахара здыз ҳәа ззинқәа маҷыз, дара ишыруалымзгьы, актәи жәларбжьаратәи аибашьрахь ицеит, Кавказтәи адивизиа иаланы.

Аԥсуаа рдунеидкылашьатә модель рфольклор аҿы иҟоуп. Иааидкылан, ҳфольклор раԥхьаӡа иргыланы ахаҵаратә, героикатә фольклоруп, алирика зынӡа имаҷын. Ашәақәа, аҭоурыхтә фырхаҵаратә ҳәамҭақәа зызку агәымшәареи ауаҩреи роуп, ианамухгьы – хаҵарыла аҭахара.

Аԥсуаа рышәҩы - Sputnik Аҧсны
Реиҳараҩык хынҳәит: аԥсуаа Актәи адунеизегьтәи аибашьраҟны рлагала

Иахьа акәзар, аестрада аҟнынтәи арԥарцәа ззышәаҳәо абзиабара ада темак ыҟамшәа иҟалеит. Аҭоурых аҿы иаанхеит ҳера ҟалаанӡа аџьамцәа римпериа ашьаҭаркҩы Кир иажәақәа: "Ажәлар уриааир уҭахызар, акрыҭиреи алираҿы ахәмарреи дырҵа" ("Хочешь победить народ – научи его торговать и играть на лире").

Аҵыхәтәантәи ҳзықәшәаз аибашьраҿ итрадициатәыз ҳастратегиеи ҳтактикеи ҳхы иаҳархәон, иаҳҳәап, ҳақалақьқәа нҳажьуан, аха нас ҭаха рымҭакәа шьҭахьҟа иаҳгон, ахьаҵрақәеи ажәыларақәеи ирласны рҽеиҭнырԥсахлон, убасҵәҟьа ҟарҵон ачеченцәагьы. Шықәсык ала аибашьышьа ҿыц иузҵаӡом, аха иулшоит уабацәа уабдуцәа рҟынтә ушьа иалоу агәаларшәара.

Ажәабжьқәа зегьы
0