Џьаҳашьқьар – Амшаҧныҳәа аҽны имҩаҧырго Џьапуаа рныҳәара

© Foto / Эсма ТодуаИура Џьапуа
Иура Џьапуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Џьапуаа рыжәла аҭоурыхи, урҭ Амшаԥаҽны иазгәарҭо аижәлантәқәа рныҳәара Џьаҳашьқьар амҩаԥгашьеи инарҵауланы реилкааразы Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ, Sputnik аколумнист Есма Ҭодуаԥҳа диҿцәажәеит Џьапуа Иура.

Џьапуаа рыжәла аҭоурых

Ҧшьҩык аишьцәа Џьапуаа ашьоура иахырҟьаны Ҵабалынтәи иқәҵны иааит ҳәа еиҭарҳәоит. Иахьаауазгьы, досу рныхахә ааргеит. Аиҳабы дынхеит Ҷлоу ақыҭан, Аимара аҳаблаҿы. Даҽаӡәы дцеит Аӡҩыбжьа уи ижәла Допуа ҳәа еиҭакын. Арҭ аижәлантәқәа аӡә шракәыз иаанхеит уҳәар ауеит, избанзар иахьагьы Допуакгьы Џьапуаҧҳак ҧҳәысс дигар шамуа идыруеит, мамзаргьы Џьапуак Допуаԥҳа диҳәом – жәлак ауп. Иара убри аан, Допуаа – хазы жәланы ишьақәгылаз ракәны рхы рыҧхьаӡоит. Убасҵәҟьа хазы жәлақәаны ишьақәгылеит иахьа Гагра араион, Ҳашҧсы иқәынхои Ҟабарда-Балҟариа инхо Джапуевааи.

Арахәааӡаҩцәа шьхацан. Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Ашьакаҭәара аҵакы аԥсуа традицаҟны, мамзаргьы шьала иҿыхыу

"Џьапуаа ыҟоуп ана-ара, аха Џьапуаа цқьақәа ҳәа иҟоуп – убарҭ роуп измоу ари аныҳәара. Ажәытәан иаанагеит абшьтәа. Аб аанагеит. Аб ахьаанагаз деихсит ауаҩы, аха аҧсы ҭаны иаанхеит, аҩныҟагьы аҧсы шҭаз илбааигеит. Иааимгар акәын. Аныха иаанагеит иара ныхахәны. Есышықәса иаанагон иара. Аныҳәаҩ даарган, иныҳәеит, ҧырхагас иаҳмоуааит изымдыркәа дахьеихсыз. Аха уинахыс аҵыхәа ҧҵәеит, аанагара иаҟәыҵит. Алԥха Анцәа иҳаҭ, уи аныха ахьӡ аҳәарагьы ҟалом, алацәажәарагьы бзиа иабом. …Ҟәылашьқьар ҳәа иҟоуп аныха, убри иатәуп Џьаҳашьқьар. Аԥсуаа Ҟәылашьқьар иҟаз, абрахь иҭыҵны ианаауаз, рныхахә аҿыган иааргеит", - ҳәа ҳзеиҭеиҳәеит Ҷлоу ақыҭан инхо, 83 шықәса зхыҵуа Иура Џьапуа.

Абасала, Џьаҳашьқьар ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥ аҟны иҟалеит Џьапуаа рныха Џьаҳашьқьар. Есышықәсагьы Амшаԥныҳәа амш азы Џьапуаа аижәлантәқәа рныҳәара мҩаҧыргоит.

Амԥараа рныҳәара Аг-ныха ахыркәшаратә ритуал - Sputnik Аҧсны
Амҧараа рныҳәара – Аг-ных ажәытәи аҿатәи реиҿырҧшра амҩала

Џьаҳашьқьар

Аԥсны атопонимика иазку иусумҭаҟны Валери Кәарҷиа ишаирбо ала, Џьаҳашьқьар ахьӡ аауеит антропонимтә шьаҭа "Џьаа" ("Џьаҳа") , нас "шьқьар" - "шьаҟьар" - "ашьаҟьара" – иаанагоит "Џьаа ашьаҟьара" . Иара Џьаҳашьқьар аҭыԥгьы дәҳәыԥшраны, шьаҟьарсҭаны иҟоуп.

Ишырҳәо ала, Џьаҳашьқьар аныха Адагәа ҳәа хьӡыс измоу ашьхантәи иааган. Иара ахьыҟарҵаз аҭыԥгьы хәы ҳаракны, Адагәа ашьха угәаланаршәо иҟоуп рҳәоит. Аиҳабацәа ишеиҭарҳәо ала, уи иԥшьоу ҭыԥуп.

"Уи ауаҩы илаԥш иҵашәо иҟаӡам, хәы ҳаракуп. Шьаҟьарсҭаны иҟоуп. Абри еиԥш аҭыԥ рыԥшааит, иабаҟаҳҵари ҳәа ианҵаа. Иахьагьы убра иҟоуп. Саб 104 шықәса днеит, убри ақәасаб шаанагаз збахьан иҳәон. Уи аҭыԥ ахьгьы инеиуа дыцқьазар акәын, иахьа изҭаху зегь неиуеит. Анкьа, ацәгьа ҟазҵахьаз аӡәы дыҟазҭгьы, уахь днарышьҭӡомызт, иаргьы днеир шыҟамло дырны днеиӡомызт", - ҳәа ҳаиҳәеит ҳара ҳзыҿцәажәаз абырг.

Аҭыԥ аҟны аныҳәара ааиаанӡа заанаҵы инеины еиқәдыршәоит, идрыцқьоит. Нас Амшаԥныҳәа аҽназы ҭаацәацыԥхьаӡа рмарҭхә рыманы инеиуеит. Уи ачашәи ацәашьи роуп. Аҩы цқьа анагара аӡәы идуп. Уи аныҳәара иалагаанӡа ҵәыцак нышьҭыхны ҽаӡәы инииҭоит – иааиуа ашықәс азгьы ҩыла еиқәзыршәаша изиҭаз иакәхоит.

архивтә  фото - Sputnik Аҧсны
Ашәаа рныҳәара: фы-жәлантәык реицныҳәара Адуахә ахьӡала

Аныҳәара амҩаԥгашьа

Аныҳәарахь инаргаз ачашәқәа еиқәҵаны иқәырҵоит, уи ашәагаагьы акыр иҳаракхоит. Аныҳәаҩ ҭаацәацыҧхьаӡа иааргаз рцәашьқәа неидкыланы, Анцәа диҳәоит рыжәла азирҳаратәы, дырхылаԥшратәы.

Иазгәаҭатәуп, араҟа ашьтәа зынӡаск ишадрымгало. Ҳинформант Иура Џьапуа ишҳаиҳәаз ала, ажәытәан аныҳәаҩ дныҳәонаҵы егьырҭ шьамхнышгылан, аха иахьа ус еиԥш иҟам. Насгьы уи игәалаиршәеит ачашәқәа ахьеиқәыз ахәыҷқәа иҩуа инеины акака ақәхны ишыргоз, адәҳәыԥш иакәшо, иҩуа ирыман иқәлон. Ус иахьыргаз азынгьы аӡәгьы акгьы реиҳәомызт, лахь риҭомызт, ус еиԥш ахәмарра аныҳәа иацын иара.

Ҭаниаа рыжәла ахьынтәаауа>>

"Ачашәи ацәашьи – абри ауп аныҳәара иатәу. Аҩгьы ус инаргоит ауп акәымзар, аҩы ала дныҳәаӡом. Ацәашьы кноуп дышныҳәо. Нас, ианныҳәалак ашьҭахь, шәаҳәароуп, кәашароуп. Ачашәқәа ааганы иахьеиқәырҵоз, ирацәаны иҟалон. Хәыҷык днеины абри абас иахьеиқәыз акы нақәхны, ичашә иман дыҩит, имгаргьы ҟалаӡомызт ус. Уи иара итәын - гьаргьаласала абас дакәшо, дакәшо, нас дылбааны дцон, ахәыҷқәа зегьы ишьҭалон. Уи шаҟа аҵакы амааз..." - ҳәа ихаҭа дызхааныз аныҳәара амҩаԥгашьа атәы ҳзеиҭеиҳәеит Иура Џьопуа.

Народные обряды - Sputnik Аҧсны
Акәакәарқәа, ацәашьы: аԥсуаа имҩаԥырго аныҳәарақәа ирызку згәаҭақәак

Аныҳәара хыркәшахон кәашарала, еишьҭагыланы, аԥхьа ицо ижәҩахыр инапы ықәкны аелементқәа ацны, "Гьаргьаласа, оо-ҳо-ҳоо" ҳәа ашәа ацҳәо аишәа иахагьежьуан. Аҽырхәмаррақәа, ашәаҳәара, акәашара ацны ари аныҳәара мҩаҧыргоит иахьагьы. Дшыхәыҷызгьы, 60-70 шықәса раҧхьа иалахәхахьаз Иура Џьопуа игәалашәоит аимҵакьачеи, ахаҳә ырҧареи, бӷарҵахьы аиқәҧареи уҳәа реиҧш иҟаз ахәмаррақәа анымҩаҧыргоз.

Ари аныҳәара Амшаҧаҽны ишымҩаҧысуагьы, ишәу акәтаӷьқәа уахь инаргом. Аныҳәара ашьҭахь досу рыҩны ианнеилак ауп Амшаҧныҳәагь аназгәарҭо.

Иазгәаҭатәуп, Џьапуаа рныҳәара егьырҭ ажәлантәқәа рныҳәареиҧш, ахатәы ҭоурыхи ахатәы ҟазшьеи аҵаны ишымҩаҧысуа. Уи амҩаҧгашьагьы акы иаламҩашьо ишыҟоу убоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0