Ари лакәым, лабҿабан: аԥсуа барақьаҭразы гәҭахәыцрақәак

Анапаҵаҩра
Аԥсуаа егьырҭ ҳрылазмырҩашьо цәаҩа ҷыдас иҳамоуп ҳасасдкылара. Асасдкылара иузаҟәымҭхо иацуп ибарақьаҭу анхара-анҵыра, иара убас, еиҳагьы ихымԥадатәиу, ауаҩы игәаартра иалҵшәоу ачеиџьыка. Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа лматериал аҟны дазааҭгылоит аԥсуа барақьаҭра уаанӡатәи ахаҿсахьеи иахьатәи аҭагылазаашьеи ртәы.
Абарақьаҭра

Ҳазҭагылоу аамҭазы алхрақәа тема хаданы иҟазаргьы, иахьатәи сыҩтәы абарақьаҭра иазыскырц сҭахуп. Абри ажәа, абри аилкаара, ҳтәыла иахагылазаалакгьы, аҵак ду змоу еилкаараны иаанхоит. Иҟалап, ииасхьоу аамҭа ауаҩы иидеалтәны дазхәыцуазаргьы, аха сара схәыҷреи, сыхбыџреи, уимоу аибашьра анцози, ианеилга раԥхьатәи амшқәеи санрызхәыцуа, аԥсуаа ирымаз абарақьаҭра аҵыкәкәаара иалагазшәа збоит. Сгәанала, абарақьаҭреи амали уамак еидҳәалам, абарақьаҭери акруреи еиҳа еизааигәоуп.

Праздник урожая в Лыхны - Sputnik Аҧсны
Аԥсуара: аҵас, ақьабз, алеишәа

Абарақьаҭра иазку санҵамҭа, санхәыҷыз аамҭазы еиҳа аҳра ауан уажәы сыла иабо аасҭа. Аабыкьа здунеи зыԥсахыз сан Мариа Ҷежьиаԥҳа лгәыла ҳәсақәеи лареи, иара убас сасра сахьныҟәалоз сыуацәа ирнызбаалоз абарақьаҭра иазыскуеит сколонка.

Ҳара ҳҭаацәара дуун, саб иҩны быжьҩык ахшара ирызҳауан, мал дук ҳамамызт, ҳара иҳашьашәалан ҳааигәа инхоз ҳгәылацәагьы. Иуҳәар ауеит социалтә категориак иаҵанакуан усҟан ҳазланхоз ауааԥсырагьы, аха абарақьаҭра зехьынџьара усҟангьы аҳра ауамызт, уажәаҵкыс ахы шыунардыруазгьы.

Иазгәасҭарц сҭахуп, абарақьаҭра анысҳәо, уи ачеиџьыка амазаара ишадысҳәало, аԥсуа нхаҩы егьа иаҩцаны дынхозаргьы, иуҭра марымажазаргьы, инапы кызар, уи адгьыл иқәаарыхны иҭеигало сара сзы абарақьаҭра ацӡам. Уи ауаҩы ихазы мацара даарыхуеит ауп иаанаго. Иахьа ақыҭахь ҳанцо ашә, ашьақар, акартош, акәац, акәты уҳәа, ҳгәакьацәа рахь иҳаман ҳцозар, сажәабжь фырԥҳәызба хадас иамоу сан лысакьаҳәымҭазгьы, лажәымҭазгьы, ҳаҩны инеиуаз зегь кәтык рзылымшьыр, бысҭа ԥхак рзылымуар ахьымӡӷ лгеит ҳәа илыԥхьаӡон.

Аԥсуа ԥацха - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа исасдкылара шьагәыҭс иамоу апатуеиқәҵаратә хымҩаԥгашьоуп

Ауҭраҭых усҟан аҩны иаадрыхуаз, иара убас иларҵоз амхқәа рҽаҩра араион зегь иазхап угәахәрын. Аҟәыд аҭагалара ҳахәомызт, убас аҽаҩра бзиақәа аадрыхуан. Ииашоуп, ҳарҭ ахәыҷқәагьы аџьабаа ҳдырбон. Арҭ сызлацәажәо ашықәсқәа анысгәалашәо, сани сандуи рџьабаа саназхәыцуа, ирылшоз зылшоз иахьа шамаха дуԥылом сҳәаратәы иҟоуп, уажәгьы аарыхра ду ҟазҵо ауаа шыҟоугьы.

Сан лынхаҩратә философиа тәамҩахә лнаҭомызт, инамыцхәны аџьа лбон, аха уи зегь ҳара лыхшара рааӡара мацара иазкымызт. Сан дхәыцуан асас дааир ҳаҭыр шԥаиқәысҵари ҳәа, уимоу абри еиҳагьы ихадаразар ҟаларын лара лзы. Уажәы ақыҭақәа рҿы инырҵо арахә рхыԥхьаӡара рацәамзар, усҟан ҳара иҳаман акамбашьқәа, ажәқәа, ацәқәа уҳәа, ҭаацәак ныҟәызго аҵкыс инеиҳаны.

"Аԥсабара уныҟәнагоит"

Сшыхәыҷӡаз исҵеит акамбашь хьашьа, уи аус снапаҿы ианаазга нахыс, сныга шьҭԥаа сцон ажәгәарахь, разҟ дуӡӡак зцу аус насыгӡозшәа. Акамбашьхьара сшеилаҳауаз еиԥш, бзиа избон акамбашьхарҵә. Уи анҵәлак, ҳәызбала иԥумҟозар, иузеилмырхуа ахәшара џьбаран, ахәыҷӡақәагьы ирҿарҵомызт, ирԥырхагахоит ҳәа.

Абхазский долгожитель - Sputnik Аҧсны
Абырг Илиа Ашәба: аԥсуа ицәа иҭаигӡо рацәоуп, ичҳара ӷәӷәоуп

Ҳаҩны ду авараҿы игылан маҵурҭак, убраҟа иҩнагылан аиаҳәа ду, уи аиаҳәа иҭагылан адыргьлақәа, урҭ адыргьлақәа ирҭан хкы-хкыла ашәқәа: џьара - ашә тазыла, џьара - ашәеилаҵа, ашәырҩа, ашәаӡа уҳәа, сандуи сани аклассификациа рзуны иҟарҵоз ахшлыхқәа. Ҳгәылацәа Какалиаагьы абасҵәҟьа аџьа зцыз абарақьаҭра аазгоз анхамҩақәа рыман. Ауҭрақәа ракәзар, зылаԥш цәгьоу ибла аахартә имарымажаха иҟан.

Арахә рааӡара адагьы, аҩнатә ԥсаатә ранҵара хымԥадатәин усҟан. Ҳара аӡы ҳазлахықәынхоз ала, саб акәатақәа ранҵара ҵганы иман, иара акәата ажьы ҳара ишаҳамфозгьы. "Аӡы дрыцқьоит", - иҳәон саб. Иахьагьы сыбла ихгылоуп урҭ злеишәа цәгьамыз, аҩежь ԥштәы зхаз, зԥынҵа ҟьаҟьаӡа иҟаз аԥсаатәқәа еишьҭагыланы ахәылбыҽха Бзана аӡиаси ҳаҩни еимаздо амҩахәасҭа хәыҷ ианыланы ианааиуаз.

Акәатақәа рнаҩсан, ҳара иаҳзанын ҵҩа змамыз акәытқәеи ашәишәиқәеи. Ҳшәишәи рбаӷьқәа рлеишәа цәгьан, иҟаԥшьыз ак сшәысҵар руамызт, иҩны исышьҭалон, акырынтә ҳмардуангьы скыдырцалахьан. Ажәакала, УСҞАНТӘИ ААМҬАҚӘА РЗЫ, иахьа илакәушьаша аџьабаа ду зцыз, абарақьаҭра аазгоз анхамҩа ыҟан сара иахьсызҳауаз.

Аџьықәреи аца иҭаԥсаны - Sputnik Аҧсны
"Анхаҩ бзиа ҩ-цак изгылазароуп"

Саныхәыҷыз ашықәс ҿыц аламҭалазы хымԥада ашьтәа ршьуан, ауаџьаҟ аҿы аӡын ажьҵаа кнаҳазар акәын. Сасык данааилак, абырсааҭк ала акәац ӡын, абысҭа ун, асыӡбал усгьы ичаԥаны еснагь адулаԥ иҭагылан. Иҟан асыс дахь дааит ҳәа саб ашьтәа анишьуазгьы.

Исгәалашәоит уахык дынхеит лассы дмаакәа, нас ҵхыбжьон агәашә дааҭалеит акыр шықәса абаҳҭа иҭакыз санду лашьцәа иреиуаз Омахь Габлиа дицны. Сан ахьышәҭҳәа дгылеит, ҳара ахәыҷқәагьы ҳшьапы ҳақәгылар акәын. Ауха агәылацәа еизеит, ацә ршьын, санду лашьа игьежьра азгәарҭон.

Абас иҟан аамҭа, ари лакәым, лабҿабан...

© Sputnik / Юрий Сомов / Амедиаҵәахырҭахь аиасра100 шықәса зхыҵуа абыргцәа аишәа барақьаҭ иахатәоуп
Ари лакәым, лабҿабан: аԥсуа барақьаҭразы гәҭахәыцрақәак - Sputnik Аҧсны
100 шықәса зхыҵуа абыргцәа аишәа барақьаҭ иахатәоуп

Иахьагьы инхоит ҳааигәара абри аҩыза атрадициақәа ныҟәызго, аха исҳәарц сылшоит еиҳа имаҷхеит ҳәа, имаҷхеит моу, шамахамзар иуԥылом ҳҳәаргьы ауеит. Усҟан еиқәсыԥхьаӡахьаӡаз рыдагьы, акарпыжәи ашьынкеи аадрыхуан, ашәыр рацәа еиҭарҳауан. Ҳбаҳчаҿы ирызҳауан "Наполеон" захьӡыз аҵәа ҟәазқәа. Уи иеиуоу иахьа шамаха иуԥылом. Иара убас ирацәан атамақәа, ашампанҵәақәа, аҳақәа.

Ашәыр ҿыхны ақыҭаҿы иҟаз адкыларҭаҿы иалоуҵар ауан, уи ахашәалахәгьы унаҭон. Сан лгәылацәеи лареи аџьармыкьахь иныҟәон, ирҭиуан иаадрыхуаз ахәҭак, ача, ашьақар уҳәа злаархәашаз, нас ҳаргьы ҳазлеиларҳәашаз. Саб "ахаҵа аџьармыкьа ақәгылара иқәнагам" ҳәа ишьаны, душьыхаҭозаргьы, дцомызт, уи сан лакәын иазкыз. Абарҭ зегь ирыҭныҵуаз ала жәларык ахәыҷқәа ҳрааӡон, зегь реиҳа ихадаз, асас дызгымыз ҳаҩнаҿы, аишәархиара ҳзышьцылахьаз усын.

Феқрие Папба: адгьыл сшьапы анықәгылоу, санаарыхуа бзиа избоит>>

Избан абри аамҭа зхьаазго, иидеалтәызма? Мап, иидеалтәымыз системан иҟаз, усҟангьы уажәеиԥш анхаҩы уалафахә дук иоуа, уи ала ихы ныҟәиго дыҟамызт, хныҟәгагас иҟаз адгьыл ақәаарыхра акәын. Сызлацәажәо аамҭазы анхаҩы ихазы мацара даарыхуамызт, аколхоз азгьы дхандеилар акәын. Ҳанхәыҷқәаз аԥхын зегь аколхоз казармаҿы аҭаҭын ҳрыԥхыр акәын, иҟан чаиҿыхра ицоз, аҟанҷ зааӡоз.

Славик Ԥимԥиа - Sputnik Аҧсны
Славик Ԥимԥиа: уажәтәи аҿар џьабаала иааӡаӡам

Сан абриаҟара дшынхаҩызгьы, аколхоз илыднаҵоз аҟанҷааӡара дақәшаҳаҭмызт, илцәымӷын урҭ ахәаҷақәа аныҩеидаслак, кәымпыл шкәакәа асахьа аазхәоз. Аколхоз иуднаҵоз ҟаумҵар ауазма, аха абри аус аҿы ихарацәамкәа инхоз саншьа Акакь Ҷежьиа иҭаацәа ацхыраара лырҭон. Сан лыхәҭаа аҟанҷ дара ирааӡон.

Ҳаҩны аҵкысгьы саншьа ибарақьаҭра адунеи ианӡаломызт, урҭ рыҩны асас дагны исгәалашәом. Рыҩнаԥхьа акарпыжәи ашьынкеи аадрыхуан. Саншьа згәы ҭбааз уаҩын, иқьиара уԥылон иара дубаанӡа. Дара рыҩнада џьаргьы исымбацызт аԥлақь ча. Ибабаӡа, афҩы лаҳалаҳауа уԥышә иааҭасуан сан лан лӡымҭа, дара рашҭа уҭалаанӡа.

Анхаҩы усҟантәи аамҭазы, иара убас ихәҭан, иааирыхуаз аџьықәреи ахәҭак аколхоз иеиҭарц, аус ииуаз азы изахырыԥхьаӡалоз маҷын аха. Абас џьахаџьафарыла инханы идыргылон аҩнқәа, ирыдыркылон асасцәа, излагылаз аколхоз системагьы амаҵ азыруан аибашьра ҟалаанӡатәи аԥсуа нхаҩцәа рӷьырак.

Илиа Ашәба: жәытәрада аҿатә агьама ацәыӡуеит>>

Зегь реиҳа аромантика зцыз акәын сара сзы, саб Асҭамыр аҽааӡара бзиа иахьибоз. Аҽқәа ҳаман, урҭ хәылбыҽхала ҳгәашә иаалагылон аԥшӡара иахаҿраны. Иҟам даҽа ԥстәык ус сара сызлеиҳауа. Схәыҷаахыс аҽқәа рықәтәара бзиа избон, саб ианшьцәа Габлиаа рахь Тамшьҟа сцалон икәаруаз сҽы ҽырба-ҽырбо сақәтәаны. Ҳаҽкәар уи ацәгьеи абзиеи рахь ацаразы мацара иныҟәигон саб, лымкаалагьы бзиа ибон. Ичмазыҩханы ианԥсы, акыр ихьааҳгеит ҭаацәаныла. Саб иман иара убас, иҵеикуаз аҽқәагьы, аха аҳаиуан рыцҳауп ҳәа аԥсы аиршьон, ахәылбыҽха акәабаразы Дӷамшь иаҳгар акәын, ишакәым азныҟәарагьы ҟаломызт.

Абас ҳашнеиуаз, санду лдунеи лыԥсахт, нас сабгьы. Аԥсыҭбарақәа рацәан ҳаҩнаҭаҿы, аха аҩны иаԥшәманы иазынхаз сан лбарақьаҭратә традициақәа лырӡуамызт. Аԥсҭазаара акыр дкыднаҟьахьан, ҩыџьа лыҷқәынцәа лыԥхеит, аха агәырҩа лҽамҭақәа иныҟәылгон ахандеира афилософиа иахылҵуаз абарақьаҭра. Аибашьра анцозгьы, луҭра марымажан, кәты гәарҭак лгәара иҭан. Лгәыла ҳәсақәеи лареи аибашьцәа рхәы рхианы афронт ахь ирышьҭуан.

Апырпыл рыԥхра - Sputnik Аҧсны
Апырпыл џьыка: ажәытә аҳаҟьаҿы ирхуази уажәтәии ргьама узеидкылома?

Ҳџьынџьтәылатәи еибашьра анеилга, Кәтол ҳашҭа санҭала, саршанхеит сан луҭреи лышҭа иҭаз аҩнатә ԥсаатәқәеи сыла ианаба. Аӷа ихысбыжьқәеи аԥсыҭбарақәеи лгәы шҭыршьаауазгьы, лара дынхон уаҵәтәи амш азы, инхаз лмаҭацәа рзы, зегь ирыцкыз - асасцәа рзы. Аибашьра ашьҭахь аҩнра ҳәа санца, сыхшара аныҟала иаамҭа уадаҩын, аха сан лбарақьаҭра сыцхраауан, егьырҭ сгәакьацәагьы ирыхьӡон.

Иахьа сан лдунеи лыԥсаххьеит, аха уи илыцыз абарақьаҭра ацәаароуп инхаз… Жәларык ааӡеит иара, жәларык ирхьысуан азы.

Абри зегьы лакәым, лабҿабоуп, аџьабаабара шьаҭас измоу барақьаҭроуп. Иахьа иара ҳацәмаҷхагәышьеит…

R S: Ақыҭанхаматә ԥсҭазаара инаҷыданы, сан лашҭаҿы ирызҳауан ашәҭқәа: агәилқәа, амаиорқәа, уҳәа зыхьӡ сгәаламшәо ашәҭ ссирқәа. Ашкол аҿы аныҳәақәа аныҟаз, сан лгәилқәа изҭахыз зегьы иҿыхны ирылҭон. Анхашәа-чашәаҿы сан слеиԥшуп сызҳәом, аха ашәҭааӡара лара илтәны исылалеит, сара стәала уи аус сацәхьаҵуам, схәыҷра иацу агәалашәарақәа ирхаҿраны.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0