"Анана-Гәында лыцхеиԥш инҵәаӡом!": аԥсуа шьхыцқәа рныҳәара

© Sputnik / Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсуа шьхыцқәа рныҳәара
Аԥсуа шьхыцқәа рныҳәара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адунеи зегьы иалаҵәахьоу аԥсуа шьхыцқәа ауаҩы иԥсҭазаараҿы ҭыԥс иааныркылои урҭ рынцәахәы Анана-Гәында лыхьӡала аныҳәареи ртәы дырзааҭгылоит Есма Ҭодуаԥҳа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Аԥсуа шьхыцқәа (абхазиянка)

Аԥсуаа еснагь ашьхымӡа рацәаны ирааӡон. Аԥсны иаҭаахьоу аӡәырҩы аныҟәаҩцәа, амиссионерцәа ишазгәарҭахьоу ала, аԥсуа шьхақәа иҟарҵо ацха агьама ҷыда, агьама бзиа амоуп. Ирҳәоит ацха аҩы зжәыз иеиԥш уқьаф ҭанаҵаргьы ҟалоит ҳәа. Ус еиԥш иҟоу ацха злыҵуа абна шьхыцқәа роуп, избанзар урҭ абжьынҵи ахәажәи рышәҭқәа ианрылнацәцәаауа ыҟоуп.

Сбор меда в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Акәтаӷь шҭәу еиԥш ашьхымзаҭра цхала иҭәааит: Анана – Гәында илыдҳәалоу ақьабзқәа

Ацха ауаҩы инҵыра иацнаҵоит ҳәа иахьыԥхьаӡоу адагьы, акыр чымазарақәа рҟынтәигьы ихәшәуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Ацәагьы анхашәаҿы ицхыраагӡа дуун: ацәа иалырхуан ацәашьқәа, еиуеиԥшым аҩнымаҭәахәқәа аныԥҽлак, реидырҷабларазы рхы иадырхәон, арахәыци ашахеи арыӷәӷәарц ирхьыршьуан. Ацәа иалху ацәашьы рхы иамырхәакәа иарбанзаалак ныҳәарак, қьабзк мҩаԥыргомызт.

Ажәытәан аԥсуаа 600-800 рҟынӡа ашьхымӡаҭрақәа змаз ыҟан. Иаадрыхуаз ацха фатәыс рхы иахьадырхәоз анаҩсгьы, експорт ҳасабла акыр атәым тәылақәа рахьгьы ирҭиуан. Ҳаамҭазгьы изааӡо маҷым, атәым тәылақәа рахь аҭиразгьы амҩақәа раартра иаҿуп, аха уи аус иҵегь еизырҳалатәуп. Иҟоуп агәаанагара аԥсуа шьхыцқәа - адунеи аҿы иреиӷьу шьхыцқәоуп ҳәа. Уи аӡбахә лҳәахьан 1962 шықәсазы англыз журнал аредактор Ева Креин.

Аџьабаа ду зцу Славик Ԥимԥиа инхара>>

Ашьхыцқәа рныҳәара

Ҳәарада, аԥсабара ауаҩы инаҭаз ааглых аԥсабаратә нцәахәгьы дамоуп. Уи Анана-Гәында лыхьӡуп. Ари анцәахәы лгәы аҟаҵара иазкны, дырзылԥхаразы есышықәса ааԥыни аԥхыни аныҳәа ҷыда мҩаԥыргон. Аетнографцәа ишазгәарҭо ала, аҭаацәараҿы аԥҳәыс цқьа ахәыӡи кәтаӷьки лыманы ашьхымӡаҭраҿы днеины хынтә иакәлыршон, анцәахәы Анана-Гәында лыхьӡалагьы аҿаҭахьа лықәылҵон ианаамҭоу аӡатә шыбзаазго ҳәа. Дныҳәаны данаалгалак, илкыз ахәыӡи акәтаӷьи уа ашьхымӡаҭра иахакналҳауан.

Риҵатәи цхеизган>>

Нас аԥхын ашьха аԥшра ианалагоз аламҭалаз, ԥшьашак, ма сабшак аҽны ирықәырҵаз аҿаҭахьа нарыгӡоит. Ашә аӡа алаҵаны, амгьал ду рӡуан. Уи амгьал кәтаӷьк нақәҵаны, шьхымӡаҭрак иақәырҵон.

Аӡатә - Sputnik Аҧсны
Анана-шацәа-чаԥацәа рӡатә: аԥҳәызба аҭаацәара ҿыц даналалак илзынарышьҭуа

Аҿаҭахьа зқәызҵаз аныҳәара даналагоз, аҭаацәа зегьы уа ишьамхнышгыланы игылан, уи илҳәоз "Амин!" ацырҳәон. Нас амгьал ԥшьы-хәҭакны иааихсаны, дара урҭ аԥшьыхәҭак иҵегь имаҷыз асақәа рыла еихырсаны, уа илатәаны ирфон, агәылацәагьы ирзыршон. Афатә ирцәынхаз акаҵкәыр инҭаҵаны, иара уа ашьхымӡаҭраҿы икнарҳауан. Дарбанызаалак амҩасыюгьы уа ииасуаз иуалын дааҭгыланы, ашьхыцқәа ныҳәаны, напык аҟара ахәаӡ ԥсаҟьаны, амгьал сакгьы аақәхны афара.

Аетнограф Григори Чурсин ианиҵаз анҵамҭа ишаҳәо ала, ари аныҳәара ԥшьҩык аҳәса имҩаԥыргон, ԥшь-кәакьк змаз амгьал ӡны, аҩны аԥшькәакьк рҿы инеины, рҟәаҟәақәа еизырханы инагыланы иныҳәон ашьхыцқәа рааӡараҿы аманшәалара рылҭарц уи анцәахәы.

Ацәашьы, амгьал, ашьтәа: "Адгьыл-ҳкәажә" илыдҳәалоу аҵасқәа>>

Аетнограф Иван Аџьынџьал иҟаиҵаз анҵамҭа ала акәзар, ашьхымӡақәа рныҳәара ахьӡала аҳаԥшьа ззыҵазгьы ыҟан. Урҭ Ачгара Ду аламҭалаз уи аҳаԥшьаҿы инеины аныҳәара мҩаԥыргон, акәакәарқәа адгаланы. Акәакәарқәа ҭагәаҩаны иҟарҵоит ашьхыцқәа ацха ахьхырҵо аҭыԥ аҟнеиԥш. Иахьагьы иҟоуп ашьхымӡақәа реизырҳаразы аныҳәара мҩаԥызго, аха урҭ акыр аиҭакрақәа рныԥшуеит.

Анантәара

Ажәытәан аԥсуаа абна илаланы ашьхыц ркуан, еишәарыцон, ашәарыцаҩцәа ашәарах ишреишәарыцоз еиԥш. Уи азоуп Анана-Гәындеи Ажәеиԥшьааи рыхьӡ еидкыланы изырҳәо, ашәарыцара ианцо.

Ашьхааӡареи ацха аизгашьеи - Sputnik Аҧсны
Ицхаԥшшәылоу нанҳәа

Азҿлымҳара амоуп Анана-Гәында лтәарҭа ҳәа ана-ара ареалтә ҭыԥқәа алкааны рыӡбахә ахьырҳәо. Урҭ анеира ахьыуадаҩу аҭыԥқәа, ашьха ҳаракқәа рыҟноуп иахьыҟоу. Ҿырԥштәыс иаагозар, ус еиԥш иҟоу иреиуоу аӡиас Гәымсҭа ахахьы Анантәара захьӡу хра дук ахьыҟоу. Уи аҩхаақәа рҿы ашьхыц рацәаны иаман рҳәоит. Убас еиԥш ашьхыц рацәаны измоу аҭыԥқәа иреиуаны аӡбахә рҳәоит иара убас Ԥсҳәы иҟоу Доу ҳәа иахьашьҭоу ахраҿы.

Имаҷым ашьхымӡааӡара иадҳалоу ахаҵарақәагьы. Иаҳҳәап: абнараҿы аӡәы ҵлак ашьхыц шамаз ибар, уи аҵла иҿаҟәар, иара ида дарбанызаалак аӡәы далакьысыр, игар ауамызт. Ашьхымза ааӡара знапы алаку инхашәаҿы аимак-аиҿак ыҟазар ауӡом, аиқәгәамҵра аабуам ҳәа иԥхьаӡоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0