Аԥсуаа рытрадициа аҟнытә: аԥҳәыс лзинқәа ирызкны

© Фото : С. Ҷанба ихьӡ зху аԥсуа драматә театр актрисацәа. Афото: Еҭери Коӷониаԥҳа лҭаацәа рархив аҟнытә. Аԥсуа драматә театр актрисацәа.
Аԥсуа драматә театр актрисацәа.  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа рытрадициаҟны аԥҳәыс лзинқәа зеиԥшраз, лыхьӡи-лыхьымӡӷи здыз атәы инарҭбааны Аԥсуаҭҵааратә институт аетнологиеи антропологиеи рыҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ, ААУ адоцент Марина Барцыцԥҳа лматериал аҟны.

Марина Барцыцԥҳа, Sputnik

Аԥсуаа, рашьцәа кавказтәи ажәларқәа рҟнеиԥш, итрадициатәу ркультура шьаҭас иаман: аиҳабы пату иқәҵара, асасдкылара, аԥҳәыс лаҳаҭыр абара. Аԥсуаа ражәа ишалаз еиԥш, "ԥҳәыс илхымшаз дыҟаӡам" ҳәа, ахаҵа аԥҳәыс лынамыс иара инамыс аҵкыс ихагаланы пату шлықәиҵаша идыруан. Ишақәнагаз етикетла ихы мҩаԥигар акәын уи лааигәара.

Миаси Анқәабԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анқәабԥҳа: аԥсуа ԥҳәыс зегьы дрыхьӡон

Ииашоуп, традициала аԥсуа-кавказтә культура ахаҵаратә (маскулиннаиа), еибашьратә культуроуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Ара аԥыжәара имоуп ахаҵа, аҵеи дизар, насыԥс иршьон, рыжәла, рышьҭра рынхара-рмазара уи ила ииасуан, еиҭаҵуан, иазҳауан. Аԥҳа дыжәларӡгоуп, "абнахь дыԥшуеит" ҳәа рҳәозаргьы, ажәҩахыр лырҳауан – лыла ауа ҿыцқәа дырҳауан. Аԥҳәыс лзинқәа хьчан, лыхьӡ-лыхьымӡӷ рыхьчара рыдын дызланагалаз; убри инаваргылан, лыԥсы ахьынӡаҭаз лабраа, лашьцәа рыбӷа, рыдгылара, рыцхыраара лыман; изыхҟьазаалак, данеиқәымшәалак (ианамулак), лаб иҩныҟа ахынҳәра азин лыман.

Аԥсуаа ршьауӷатә зин инақәыршәаны, ахаҵеи аԥҳәыси еиԥшны ршьа руан. Ажәлар рҿы ишырҳәало еиԥш, аимак-аиҿак, шамахамзар, ҩ-уск ирхылҿиаауан – адгьыли аԥҳәыси рҵыхәала. Убри азыҳәан ларгьы иахьынӡауа лхы раӡаны имҩаԥылгар акәын, лашьцәа ма лабхәараа, лыҷкәынцәа аланамгаларц. Даҽа ганкахьала, ада ԥсыхәа аныҟамла, азин лыман ларгьы ашьоура.

© Sputnik / Эдишерашвили / Амедиаҵәахырҭахь аиасра137 шықәса зхыҵуаз Хьфаф Лашәриаԥҳа лыҷкәыни лареи.
Аԥсуаа рытрадициа аҟнытә: аԥҳәыс лзинқәа ирызкны - Sputnik Аҧсны
137 шықәса зхыҵуаз Хьфаф Лашәриаԥҳа лыҷкәыни лареи.

Уимоу, ажәлар рҿы еиҭарҳәоит ахәажәҵәы шцәырҵыз аԥҳәыс лымшала ауп ҳәа. Зхаҵа дыршьхьаз аԥҳәысеиба хҩык лԥацәа аныҩеидас, раб ишьа рур лҭаххеит. Егьа инықәҳәа-аақәҳәаны илҳәазаргьы, раб ишьа мукәа иԥсы шҭынчым, ирмаҳауашәа ҟарҵон. Уаҳа ианаму, ахәажәақәа рзыҟалҵеит, руакы аҵәы агәылаҵаны – изықәшәо ашьоура идуп ҳәа. Аха лара лхаҭа илықәшәеит. Иҟалҵахуази, лыԥшәма ихаҵамаҭәа аалышәҵаны, иабџьар аашьҭыхны, амҩа дықәлеит, ишьагьы луит.

Владимир Авидзба - Sputnik Аҧсны
Аҩӡба: аԥсуа ԥҳәызба зегь раԥхьаӡа иргыланы милаҭла дшаԥсыуоу лдыруазароуп

Егьа ус иҟазаргьы, аԥҳәыс лакәзар, абырги ахәыҷи реиԥш, лыла (лымшала) ауаҩы дҭахахьазаргьы, лара лхаҭа ашьоура даҵанакуамызт.

Иаҳҳәап, убасгьы аԥсуажәлар рзинхьчаҩы 2004 шықәсазы Ҭамара Шьаҟрылԥҳа аполитикатә еиҿыхараҿы данрыбжьыԥсаа, ажәлар рхы иақәырҵеит "Ҳаи, абааԥс, иҟалазеи, аԥҳәыс аибашьраҿ дыршьуамызт!" ҳәа.

© Foto / предоставила семья Шакрыл Абызшәадырыҩ Ҭамара Шьаҟрылԥҳа. Афото: Марина Барцыцԥҳа.
Аԥсуаа рытрадициа аҟнытә: аԥҳәыс лзинқәа ирызкны - Sputnik Аҧсны
Абызшәадырыҩ Ҭамара Шьаҟрылԥҳа. Афото: Марина Барцыцԥҳа.

Иналукааша усын, аԥсуа ԥҳәыс азин ахьлымаз аусӡбараҿ лхала лхы ахьчара ахьлылшоз (илҭахызар лыхьӡала аӡәы дықәлыргылон, илҭахызар - лара лхала).

Аҵарауаа азааҭгылеит абызшәадырыҩ Ҭамара Шьаҟрылԥҳа ллага аԥсуа бызшәа аҿиараҿы

Иҳаҩсхьоу аамҭақәа рзы уи шамахамзар адунеи аҿы ус иҟамызт, иара кавказжәларқәа рыбжьарагьы. Убасҵәҟагьы дыгәраган, лаҳаҭыр убасҟак иҳаракын лыԥшәма дыҟамкәа сасык дааиргьы длыдылкыло. Уи харантәи дсас дахьзар, хымԥада агәылацәагьы идеизылон, пату иқәырҵон, ишаԥу еиԥш.

Аԥсуа ԥҳәыс иахәҭаны илԥхьаӡозар, илылшон аныхаҿгьы ақәра, абӷара. Аха убри аан ахрыцқьара ақәра лыдырҵомызт, ус лара илҭахымкәа аныха дамҵадыргыломызт. Избанзар, аԥҳәыс аԥсҭазаара иацызҵоз лакәын, лыла аизҳара ҟалар акәын.

Ахаҵашьҭрала акәын ишиасуаз абхәҭаа - адгьыл, амал. Аԥҳәыс еиҳабы алацәажәараҿы далахәзаргьы, иақәиҭны арахә-амал аҭиира зылшоз ахаҵа иакәын. Аԥҳәыс илтәын лабраа илыцырҵаз (дызлеихрарҵаз, ачма, лӡатә иахылҵыз арахә). Ма еилыҵны иҟалозар - лааԥсара ҳәа лабхәараа илзыршон. Аилыҵрагьы ус имариамызт - уи ҩ-жәлантәык, жәларык ирусын. Ганкахьала лара сныҟәнамгеит ҳәа дилҵыр ҟалон. Аха ахаҵагьы ус иаармарианы дкаижьыр ҟаломызт. Ма ахшаара дылмоуит, ма акалҭ, анапхы мыцқьара ракәымзар, уи лашьцәа рхы иақәырҵон, ашьауӷа ус алҵыр ҟалон. Хыхь ишазгәаҳҭахьоу еиԥш, ҳетнограф ду Шьалуа Иналиԥа иажәақәа рыла, лыԥсы ахьынӡаҭоу лабраа рыдгылара лыман. Убри азы хаҵа имцази, хшаара дызмамкәа забраа рахь ихынҳәыз аԥҳәысеибеи рбара рашьцәа ирыдын.

Еилыҵыз, ма еибахаз аԥҳәыс даҽазнык аҩнрахьы лхы лырхазар, лыхәҷқәа рабраа рҿы инлыжьыр акәын (исабиҵәҟоу аамҭала дылгаргьы, ижәла мԥсахкәа, нас дгьежьуан иабраа рахь). Ахшара рабраа, рыжәлантә, рыиашьара ирылааӡазар акәын, ианахәҭазгьы, дара рныҳәарақәа, рныхахәқәа ирымҵагылазар акәын. Ус акәымкәа, аԥҳәысеиба џьаргьы лхы лмырхар, лыхәҷқәеи лареи рныҟәгара лабхәындацәа ирыдын.

Англиа еиҿкаау аԥсуа-дыга жәлар ркультуратә центр ахаҭарнакҵәа - Sputnik Аҧсны
Аҭрышԥҳа: аԥсуа ԥҳәыс адунеи аҿы зегь реиҳа иӷәӷәоу ԥҳәысуп

Аҵарауаа ишазгәарҭо ала, ахаҵеиба аҩбатәи иԥҳәысаагара еиҳа изымариан аԥҳәысеиба лхаҵацара аҵкыс. Амала, аԥсуаа рдунеидкылашьа ала, дара еибагар иашан ҳәа изырыԥхьаӡоз убри акәын – анарцә анаӡараҿы лара хаҵас илоуаз раԥхьа дзыццаз иакәын, иаргьы уа иоуаз раԥхьатәи иԥҳәыс лакәын. Убри азыҳәан, арԥыс ԥҳәыс даазымгацыз аԥҳәысеиба диаадыргомызт.

Аԥсуаа рҿы азеижәтәи ашәышықәсазы 100 шықәса ицоз аибашьрагьы, нас ахҵәара ишақәшәазгьы, 1897 шықәсазы имҩаԥгаз раԥхьатәи ашәҟәҭаҩра ала ахацәа еиҳан аҳәса раҵкыс – зықьҩык рҟынтә 568-ҩык ахацәеи 437-ҩык аҳәсеи ыҟан. 1926 шықәсазы ауп (усҟантәи ашәҟәҭаҩра иашаҳнарбо ала) ианеиҟараха аҳәсеи ахацәеи. Уаанӡа аҭыԥҳацәа аныҩеидасуаз еиҳа иԥсуан, рҳәоит.

Убраантәи ауп убасгьы иахьатәи стереотипқәак ахьынтәаауа: ахацәа атәым милаҭ дааргар ҟалоит (нас уи даԥсыуартәуеит ҳәа иԥхьаӡаны), аха рҭыԥҳа даҽа милаҭк диццар ҟалом ҳәа. Ус аныҟала, "уи лыбаҩ ҳцәыӡит", лыԥсы ҳцәыӡит ҳәа ирԥхьаӡон. Уи инаркны аҵыхәтәантәи ашәышықәса иахьанӡа, егьырҭ аҩбатәи адунеижәлартә еибашьра зхьысыз ажәларқәа зегьы рҟнеиԥш аԥсуажәлар рҟынгьы аҳәса еиҳан ахацәа раҵкыс. Аха традициала иааиуеит – арԥыс атәым милаҭ дааигар усҟак ибыргәымшәа. Аҭыԥҳа лакәзар – уи хьырхәрак илзаҩызан. Атәым милаҭ, ма абырг, ирҭоз уи хьҳәак змаз, вбак змаз лакәын.

137 шықәса зхыҵуа Хьфаф Лашәриаԥҳа аҿар ирымалдоит ҵҩа змам лыԥсҭазааратә ԥышәа - Sputnik Аҧсны
Аамҭа иагаз ақьабзқәа рызхьаара

Ишыҟазаалакгьы, уаанӡа абжеиҳан аԥсуаа аҭаацәара ианалалоз ахацәа 30-40 шықәса инахысны, аҳәса 26-28 инҭысны акәын. Ауаҩықәрагьы ҳәа усҟан ирԥхьаӡоз 100 шықәса акәын.

Иаҳҳәап, аԥсуааи аҟарачқәеи егьырҭ ргәылацәа раҵкыс ихьшәаны аҭаацәара иахьалалоз, кавказҭҵааҩцәақәак ражәақәа рыла, "причиной этому послужили более позднее половое созревание и стремление ограничить рождаемость в условиях осложненной природной среды".

Аныҟәаҩцәа ирыҩуан аԥсуа, ачеркес ҭыԥҳацәа рыԥшӡара атәы. Абжьаратәи ашәышықәсқәа рзы Мрагыларатәи ауаа рыҭирҭақәа рҿы ачеркес ҭыԥҳа ззырҳәоз лыхә акырӡа иҳаракын.

Дыԥшӡоуп ҳәа ирԥхьаӡоз: дкьаҿцәамкәа, лоура лыҭбаара бзианы – "дауны дгьаргьалашьымкәа", дҵаӷаны, лӡара паны, лыхцәы шьқьыруа" (лыхцәы дашьаҳауа), лыц-лышә ԥшӡаны, лцәатәхәы - "ашьеи ахши еилаҭәо". Аҭыԥҳа лааӡашьа, лхымҩаԥгашьа, лтәашьа-лгылашьа иацклаԥшуан. Аҭаацәара ианалалоз, иахәаԥшуан лыжәла (икьаҿымкәа, иҿиауа), лышьҭра - урҭ рыуаҩышьа (иҵҟьо-еисуа иҟамкәа), ашьҭрала ицо ачымазарақәа рымамкәа, убас иҵегь.

Арԥарцәа аԥҳәызба илеиҽырбо, лбаразы ианымҩахыҵуаз, раԥхьаӡа иргыланы лыхшыҩ аҵарра (аинтеллект) иашьклаԥшуан. Уи алафҳәарала еилыркаауан - дақәшәан алаф аҭак шыҟалҵоз ала.

Уи лыбаҩ дацәымаашьо, анхара аҟны аԥҳәысмусхә лдыруа, дчеиџьыкауаҩны, дласызар рҭахын, ҭаацәак еиламырсӡакәа илбо. Дышнеиуа, лан длеиԥшхоит ҳәа, лангьы илышьклаԥшуан. Зегь раԥхьа игылан - ааӡара бзиа, анамыс.

Ԥсуаҵасла аҭацара аныҟәгара: Емма Кәыҵниа-Ашәба лҭоурых

Шьалуа Иналиԥа иажәақәа рыла, лыԥшреи лсахьеи рыдагьы, аилҟьара, агәаӷьра лыманы, дзықәшәозаалакгьы, акгьы дацәымшәо дыҟазар акәын. Убри инаваргыланы, аԥсуа ҭыԥҳа дҟәышны, акры лдыруа, адипломатиа лылааӡаны дыҟазар акәын: аханшьалара, ахачҳара лыманы, ауаҩы дизааигәаны, дрыцҳалшьо, аиҳабы-аиҵбы дылдыруа, дыԥхашьаԥхаҵо, лых ҳаҭыр-пату ақәҵан. Аҩны ацҭәы маҷны, аилибакаара, аҳәоуеиқәшәара, аизыразра – абри зегьы зыбзоурахаша нас лара лакәын.

Ажәабжьқәа зегьы
0