Ақәа анауша - ақәа аруы, амра аныԥхаша - амра рԥха: ацуҭа рныҳәа Ацуныҳәа

© Sputnik / Томас ТхайцукӶәада ақыҭан ацуныҳәа азгәарҭеит
Ӷәада ақыҭан ацуныҳәа азгәарҭеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо шамахамзар цуҭацыԥхьаӡа аԥхын аламҭала инаркны ԥхынгәымза абжаранӡа имҩаԥыргоит Ацуныҳәа. Иҟалалоит ианахыҳәҳәогьы нанҳәамзанӡа. Егьырҭ ақыҭақәа рҟнеиԥш, Очамчыра араион Ӷәада ақыҭангьы рашәара 16, амҽышаҽны имҩаԥыргеит Ацуныҳәа. Уи шазгәарҭаз атәы дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Есма Ҭодуаԥҳа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Ацуныҳәа адыди амацәыси рынцәахәы Афы икульт иазку ныҳәароуп. Аханатә ари аныҳәара анымҩаԥыргоз аарҩара ӷәӷәақәа аныҟалоз аамҭақәа рзы акәызҭгьы, ашьҭахь, аарҩара ӷәӷәак ыҟамзаргьы, уи аҽацәыхьчаразы есышықәса зынагӡара аҭаху, ихымԥадатәиу қьабзны ишьақәгылеит.

Празднование одного из старейших праздников абхазов Ацуныҳәа в селе Дурипш - Sputnik Аҧсны
Ацуныҳәа: иацы, иахьа

Аԥсны егьырҭ ақыҭақәа рҟнеиԥш Очамчыра араион Ӷәада ақыҭангьы рашәара 16, амҽышаҽны имҩаԥыргеит Ацуныҳәа. Акыр шықәса раахыс ари аныҳәара мҩаԥигон, ныҳәаҩыс дыҟан Ӷәада ақыҭа иеиуоу Геннади Амҷба. Ҳазну ашықәс азы уи иҭаацәараҿы аԥсра шыҟалаз ала, ари аныҳәара имидеит Роман Ԥсардиа. Аныҳәаҩ Анцәеи ауааи рыбжьара дыцҳаражәҳәаҩуп рҳәоит, убри аҟынтәи уи дыцқьазароуп ҳәа иԥхьаӡоуп.

Аныҳәарахь досу имарҭхә (иқьҭамхә) неигоит. Аныҳәара иалагаанӡа, аҷкәынцәа шарԥазы аҭыԥ рыцқьаны иҟарҵоит, ашәымкьаҭ дыргылоит. Ашьтәа аԥхьа аԥсы шҭоу аныҳәаҩ дахныҳәоит, нас ауп ашьа адгьыл ианадырбо.

© Foto / Алиса АмичбаӶәада ақыҭан Ацуныҳәа мҩаԥыргеит
Ақәа анауша - ақәа аруы, амра аныԥхаша - амра рԥха: ацуҭа рныҳәа Ацуныҳәа - Sputnik Аҧсны
Ӷәада ақыҭан Ацуныҳәа мҩаԥыргеит

Акәац жәны ианааҟалалак, ашәымкьаҭ ашьапаҿы идыргылоит, ахаҿы иржәыз акәакәарқәа ықәырҵоит. Уи аамҭазы аныҳәаҩы ацәашьгьы рхианы иҟаиҵоит. Амра ҵлак ашәара ианҩеилак, аныҳәаҩ иарӷьа напаҿы ацәашьы кны, иармарахь арасатәы лаба агәи агәаҵәеи ахаҵаны дныҳәоит.

Ажәытә ҵасқәа иреиуоу ацуныҳәа иахьагьы еиқәырхоуп>>

"Анцәа Ду! Улԥха, угәыԥха ҳаҭ! Иахьа, сааҭқәак раԥхьа, аԥсы шҭаз абзара урбаны, жәытәнатә аахыс ҳабацәа икамыжьӡакәа иааргоз, аҳабла еизаны, Ацуныҳәара ҳәа изҵаныҳәоз, иахьа рысабицәа раԥхьа иргыланы аҳәара дуӡӡа урҭоит, анхара-анҵыра, аарыхра иатәу, аҽаҩра иатәу рхәымш иазҳауа, машәыр рықәымкәа, аизҳара рыман, убас иҟауҵаразы. Убри анаҩсан, иахьа абра змарҭхә алоу, зцәашьхәы алоу, иақәшәаз дыҟоуп, иақәымшәаз дыҟоуп, иахьыҟазаалакгьы, алԥха рыман, агәыԥха рыман, машәыр рықәымкәа, убас Анцәа иҟауҵаразы ҳуҳәоит!" - ҳәа дныҳәоит аныҳәаҩ Роман Ԥсардиа.

Бигәаа ацуныҳәара иазкны: ауаа еибанарбоит, аԥсуара ргәаланаршәоит>>

Аныҳәаҩ дныҳәаны даналгалак, зегьы "Амин!" ҳәаны арыӷьарахь ала хынтә игьежьуеит. Нас агәи агәаҵәеи агьама рбоит, досу ркәакәарқәа рфоит. Аныҳәараҿы дасу ражәа иацклаԥшуазароуп, иакәым уҳәар ҟалом, мыцхә арыжәтәгьы аҽадцалара бзиам. Амш зегьы лахҿыхрала, ныҳәаԥхьыӡла ирхыргоит. Аҭыԥ ахь изымнеиз аӡә дҟалазар, уи ихәы џьара аӡә ила изынарҭиуеит акәымзар, зегьы аҭыԥ аҟноуп иахьырфо, илбааугар ҟалаӡом.

Ажәабжьқәа зегьы
0