Аҳ ду, Аҩны анцәахәы, Сынтәа ҳазмадоу: ажәытәра иагаз нцәахәқәак рыхҳәаа

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсуа иашҭа
Аԥсуа иашҭа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа рмырҭаҭратә пантеон анцәахәқәа рыла ибеиоуп, иҟоуп урҭ рахьтә ажәытәра иагақәазгьы. Иахьазы ажәлар ирхашҭуа иалагахьаз нцәахәқәак рыхҳәаа шәыдылгалоит Sputnik аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Идыру акоуп аԥсуаа рмырҭаҭратә пантеон анцәахәқәа рыла ишбеиоу. Иҟоуп зыӡбахә иахьа уажәраанӡа иааӡаз, иҟоуп дара ианрааз зкульт ҳаракыз, нас аамҭа иагәыланахалаз. Уажәазы исыӡбеит, еиуеиԥшым аҵарауаа ргәаанагарақәа схы иархәаны, аԥсуаа зназы ирымаз, аха иахьазы зыӡбахә уарла-шәарла ада џьара иумаҳауа анцәахәқәа рыӡбахә салацәажәарц.

Ажәҩан - Sputnik Аҧсны
Агәаҟрақәа раанкылара, ма аԥсраҿаҳәара ақьабз

Аҳ ду

Ас еиԥш иҟоу анцәахәы аԥсуаа дрыман ҳәа раԥхьаӡа изҩыз аҵарауаҩ Н.С. Џьанашьиа иоуп. Аҳ ду иӡбахә иаҳаит иан лҟнытә, лара қыҭала Аӡҩыбжьатәын. Аҳ ду дыӷәӷәан, илеишәагьы цәгьан, дыџьбаран. Уи изкны иҷыдоу аныҳәара ҟарҵон. Аҭаацәара дара рырахә ирылрыԥшаауан, ма тәымџьара иаархәон ацәҵыс хәыҷы, ацәҵыс дрыцқьар ҟаломызт. Уи хәба-фба шықәса нап адкыланы ирааӡон, аныҳәара аамҭа анааилак акәын ианыршьуаз. Ианныҳәоз, атәыҩақәа наҟ-ааҟ ацәашьқәа акака аркны ирыддырҷаблон. Иржәуаз акәакәарқәа хымԥада ачашыла иалхзар акәын. Ацә аныршьлак ашьҭахь ацәа аныҳәаҩ ирҭон. Аҳ ду изкыз аныҳәараан аҳәса неир ҟаломызт.

Ашәыраӷь

Ари анцәахәы акьыԥхь аҿы ихцәажәаз дырҩегь Н.С. Џьанашьиа иоуп. Ашәыраӷь - ауаҩы ицәа аилышәшәара анцәахәы иоуп. Уи дырхылаԥшырц иҳәо иалагон ауаҩы ицәа еилышәшәар, ак иқәнаԥсар. Ас ичмазаҩхаз "дауишьҭырц", "ахақәиҭра ииҭарц" азы акәакәарқәа ҟаҵаны анцәахәы имҵаныҳәон.  

Плющ - Sputnik Аҧсны
Ашәчбӷьы, аҵәымӷқәа, арацәа ҽыҭқәа, мамзар аԥсуаа алаԥш рыҽшацәырыхьчо

Аҩны анцәахәы

Ажәлар ирхашҭхьоу ажәытә нцәахәқәа дреиуоуп, раԥхьаӡа акәны акьыԥхь аҿы иӡбахә зҳәаз аетнограф И.А. Аџьынџьал иоуп. Ажәытәан аҭаацәареи ахәышҭаареи ирхылаԥшуаз ари анцәахәы егьырҭ анцәахәқәа раасҭагьы амчра иман, апату иман. Избан акәзар, ауаа, аҩнаҭа, ахәышҭаара инапаҵаҟа иҟан. Аҩны анцәахәы илԥха аҭаацәара ирыгымхаразы есышықәса ааԥын анааилак, мҽышак аҽны ихьӡала аныҳәара ҟарҵон. Иадыргалар алшон ацә, ауаса шьтәа, ма аџьма шьтәа. Аныҳәара мҩаԥыргон аҩны аҩнуҵҟа, ахәышҭаара азааигәара. Аҭаацәа иреиҳабыз абырг иакәын иныҳәозгьы.

Сынтәа ҳазмадоу

Сынтәа ҳара знапаҿы ҳаҟоу, иаҳхылаԥшхәу ҳәа ажәытәан аԥсуаа нцәак иӡбахә рҳәон. Аха абри анцәагьы икульт ашьақәыргыларазы иаҭахыз адыррақәа хаҭәаам. Акызаҵәык, афольклорист С.Л. Зыхәба излазгәаиҭо ала, ақыҭаҿы данынхоз, амш цәгьақәа аныҟалалак (еиҳараӡакгьы аарҩареи аӡыс аамҭеи), ауаа гәамҵны, "Ҳаи, хыла длеиааит сынтәатәи аамҭа зтәу", – ҳәа изныкымкәа иаҳахьан. Мамзаргьы ианырҭахыз ақәа ауа, ианырҭахыз амра ԥхо иҟазҭгьы, "Сынтәа аамҭа бзиоуп, изтәу ҳикәхшоуп", – рҳәон.

Адгьыл аҳкәажә

Лыхьӡ ишаҳәо еиԥш, тәарҭас-гыларҭас илымаз адгьыл акәын. Иахьазы ирхашҭхьоу анцәахәқәа дреиуоуп. Адгьыл аҳкәажә нцәахәык лаҳасабала илымҵаныҳәон х-ҭагылазаашьак раан:

  • Ажәытәан аԥсуаа нхарҭас адгьыл ҭыԥ ҿыц анылырхлак, уи адгьыл ахьӡала аҭаацәара аҩнуҵҟа ауаса шьтәа шьны, амгьал ӡны Адгьыл аҳкәажә лыхьӡала аныҳәара мҩаԥыргон. Аныҳәара ҟазҵоз дыԥҳәысын, данныҳәалак ашьҭахь аныҳәаҩ ҳамҭас илырҭон абырфынлых ба, араӡын, ма абҩатә ԥара. Ари аныҳәара ҵакыс иаман анхара зҽазызкыз рыдгьыл иқәӷьацарц азы анцәахәы азин лымхра.
Ақәаб акныхра - ажьрацәара ныҳәара - Sputnik Аҧсны
Анцәаҳәа, Анцәарныҳәара, Хыхь иҟоу - абшьҭра иатәу аҩнаҭа рныҳәа
  • Адгьыл аҳкәажә дызхылаԥшхәу чымазароуп ҳәа ирыԥхьаӡон абабара. Абабара чымазара (желтуха) ауаҩы ианихьлак, ицәа-ижьы анчлак, ачымазаҩ иҭаацәа ичымазара далдыргарацы аныҳәара ҟарҵон. Ҩашак аҽны ашәаӡа алаҵаны ахәышҭаараҿы амгьал рӡуан, уи амгьал аԥшь-кәакьк рҿы ацәашьқәа аркны иаладыркьакьон. Ачымазаҩ уи амгьал аԥхьа дшьамхнышгылон, убри аамҭазы быжьҩык аҳәса цқьақәа (аҳәса быргцәа) аӡәи-аӡәи еишьҭагыланы Адгьыл аҳкәажә илыҳәон ачымазаҩ дрыцҳалшьарц, лыԥхала ачымазара даллыргарц.
  • Анкьа агәра зларгоз ала, Адгьыл аҳкәажә зцәа зтәымкәа иҟоу аҳәсагьы дырхылаԥшхәын. Убри азы лыхьӡала иҷыдоу ақьабз мҩаԥыргон аԥҳәыс ахшара данлоуазгьы. Аԥҳәыс леилыргараҿы ацхыраара ҟазҵоз аԥҳәыс цқьа ахшара дзауз лиара аҵаҟа хә-кәтәаӷьк адгьыл аҿы ишьҭаҵаны илыркәымпылуан, нас урҭ акакала инаганы аҩны аԥшь-кәакьк рҿы иҵауланы илжуан, ахәбатәи акәтаӷь лҵәахуан ԥыҭраамҭак. Ари аритуал азкын ҿыц ииз иани иареи адгьыл радныҳәалара.
  • Иаҳзымдыркәа ҳаздырыз

    Ажәытәан абас нцәахәык иӡбахә рҳәон аԥсуаа. Уи ҳара дҳаздырӡом, даҳбаӡом, аха иара ҳаилкааны ҳимоуп ҳәа рыԥхьаӡон. Аҵарауаҩ Н.С. Џьанашьиа излаиҩуаз ала, ари анцахәы икульт ашьақәыргыларазы даара иҽишәеит, аха илҵшәадахеит.

    Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

    Ажәабжьқәа зегьы
    0