Аибашьра шалагоз злардыруаз адыргақәеи ан лықәреи

© Foto / предоставлено Эсмой ТодуаРаиса Кәакәаа-Гәаланӡиа
Раиса Кәакәаа-Гәаланӡиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зыҷкәынцәа аибашьрахь ицоз анацәа рықәра еиҳаз қәра ыҟамзар ҟалап. Аԥсуа анацәа шықәуази аибашьра аламҭалаз еиуеиԥшым ацәырҵрақәеи адыргақәеи ртәы шәыдылгалоит Есма Ҭодуаԥҳа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik
Аԥсны аибашьра аӡәгьы дазыԥшӡамызт, зегьы рзы уи иаалырҟьан иҟалаз акы акәхеит. Аха иҟоуп еиҭазҳәо аибашьра шалагоз ҳәа адыргақәа, ма аԥхыӡқәа ҳбеит ҳәа. Аԥсабаратә цәырҵрақәа рҟынтәи – уи ажәҩан аҿы ицәырҵуаз еиуеиԥшымыз асахьақәа, иаалырҟьаны ижжаӡа илашоз. Џьоукы еиҭарҳәоит амза иаакәыршаны ихагьежьааны иҟаԥшьӡа амца акызшәа ирбон ҳәа.

Пчёлы на сотах - Sputnik Аҧсны
Анарцәԥхыӡ, мамзаргьы илабҿабахаз анашана

Убас, сара 2010 шықәсазы Ешыра ақыҭа инхо, усҟан 76 шықәса зхыҵуаз, Бебиа-Бганба Ӡабулиа исзеиҭалҳәеит абри аҩыза ажәабжь:

"Сара аргама избаз басҳәап… Аԥсцәа аӷада-ӷадаҳәа ицәажәо, аргама рышьҭыбжь саҳауеит, ирҳәо сзеилкааӡом. Ашьҭыбжь гоит, аха ишԥаго. Ала ду абра иҿаҳәаны исымоуп, сла агәашә ахь ашра иалагеит ашыԥ-шыԥ. Сацала, "баала алада Шыцкәараҟа" ҳәа ҿылҭуеит, аха "шәцала, шьоукы рыбжьы гоит, нан, – сҳәеит, - иааиуа збап". Агәашә аҿынӡа снеит иааиуа збап ҳәа, аха илыҵаба ицеит. Абарҭ аӷада-ӷадаҳәа ицәажәоз абри сгәарала иҩеизар ҟалап, уаҳа мҩа амаӡамызт. Сла ианаба, срышьклаԥалан саргьы сҿынасхеит. Ус абри анышәынҭрақәа рҟны снеит. Убас илашан убри анышәынҭра, амра ԥхон, аха иҟамлацт уи аҽны еиԥш… Ашьҭахь, ҳазлеиуаз асааҭ ҩба рзеиԥш, амҩаҿы, Ладариа Жора ҳәа дыҟан, дааҳԥылт, убри иҳаиҳәеит аибашьра иалагеит ҳәа", – ҳзеиҭалҳәон лара иԥсхьаз лашьцәа "рыԥсы иамаҿоуп" ҳәа дықәны.

Иазгәаҭатәуп, аибашьра ахлымӡаахра зегьы анацәа рхаҿсахьа ианыԥшуа ишыҟаз. Зыҷкәынцәа аибашьрахь ицаз анацәа рықәра еиҳаз қәра ыҟамзар ҟалап. Аӡәырҩы аҭаацәарақәа рҟны аҿаҭахьақәа зқәызҵоз ыҟан, ҳаҷкәынцәа еибганы иргьежь, аиааира ҳарга ҳәа, аха зегь раасҭа иӷәӷәаз қәраны Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иааԥшит –адгьыл анықәра.

Шамахамзар, атәылақәа зегьы рҟны Ан – Адгьыл дадыркылоит, ишьақәгылоуп ажәеицааира "Аԥсадгьыл анык леиԥш ирбоит" ҳәа. Машәырынгьы иҟамлазар акәхап, Ан, "сыҷкәын деибганы дҟалар, нышәнапык шысфара" ҳәа адгьыл дахьанықәуаз. Иҟоуп, уи шьақәзырӷәӷәо афактқәагьы.

Кәтол ақыҭан Жәабран ныҳәа иазкыз аматериал ананаҳҵоз, ҳаицәажәараан Ахра Гәаланӡиа иҳаиҳәеит иара дзықәгылоу адгьыл агәыбылра ду шизаҵоу. Аибашьра ианалага, иара аӡәырҩы Аԥсны афырхацәа реиԥш, аԥсадгьыл ахьчараз дгылт. Данцозгьы иан илеимҳәеит. Ашьҭахь ианлаҳа, дқәит "сыҷкәын деибганы дгьежьыр, абри адгьыл шысфара" ҳәа. Аибашьра анеилга ашьҭахь, Ахра иҩныҟа данааи, иан дахьқәыз аҭыԥ аҿы дналган диқәныҳәан, нышәнапык аашьҭыхны илфеит. Иара усҟан даалафны, "Мама, адгьыл зыбҳәоз, џьмак бҳәазҭгьы, ҳаргьы иҳамфарыз" иҳәеит, аха илақәа рыла иубарҭан уи иҟалҵаз иаргьы ишиныԥшыз. Аибашьра акыр агәаҟрақәа ззаанагаз ан, ҳара уи аганахьала лазҵаара ҳзымгәаӷьит.

Ахәажә - Sputnik Аҧсны
Анцәа иахь иуқәуҵаз ажәа: аҿаҭахьа аҵаки анагӡашьеи

Зыҷкәынцәа аибашьраҟны иҭахаз анацәа ирҳәоит иахьагьы урҭ рыԥсадгьыл џьара шәарҭарак ианҭагыло, џьара цәгьарак аныҟало ԥхыӡла ишырзааиуа, адырра шрырҭо.

Убас 2007 шықәсазы Дәрыԥшь ақыҭан ианысҵаз Барцыц Мери исзеиҭалҳәеит иҭахаз лыҷкәын изкны абас еиԥш:
"Ее, избаҟамло! Амни са сыҷкәын аиҳаб инҵәаз, абри ихаҟны икыду, аду иаԥхьа икыду (аҭӡы икыду апатреҭ ахь дыԥшны – Е.Ҭ.), амни данҭаха, убас еиԥш дааиуан. Уаха иҩызцәа, иԥызцәа рышҟа акы аныҟалалакь, дааиуан, адырра сиҭон. Усҟан аибашьра мцози, џьара иҩызцәа рышҟа акы анааҟалауа, дааиуан, "Мама, сабџьар!" ҳәа ҿиҭуан. Уи ашьҭахьгьы, џьара акы анааҟалауа, амашәырқәа аныҟоума-аҽакыума, "Сабџьар абаҟоу, мама?" ҳәа адырра сиҭоит", – ҳәа еиҭалҳәон лара.

Аӡәырҩы ишазгәарҭо ала, аибашьраҟны аиааира агараҿы ан лроль аҭыԥ ӷәӷәа ааннакылоит. Ирҳәоит Ан лышәи ахәыҷы иаахаӡом ҳәа, избанзар уи лыбзиабара еиҳауп, аха Ан лықәра, лыматанеира хымԥада Анцәа иҟынӡа инаӡоит!

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0