Аԥсра иадҳәалоу ақьабзқәа – ашәаџьҳәареи аҷаԥшьареи

CC0 / / Ацәашьы
Ацәашьы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсреи агәырӷьареи рҳәаақәа еиларсуп. Уи убоит шамахамзар џьара ныҳәагатәык анымҩаԥыргогьы, усҟан "аҿбаара иҵыҵхьома?" ҳәа иазҵаауеит, аҿбаара ишыҵоу ныҳәарак амҩаԥгара "иҵасым" ҳәа иԥхьаӡоуп. Аԥсра иадҳәалоу ақьабзқәа дырзааҭгылоит Есма Ҭодуа.

Есма Ҭодуа, Sputnik

Ашәаџьҳәара

Аԥсра шыҟалаз злардыруа аҳәҳәабжьы алоуп. Аҳабла аҳәҳәабжь анаалыҩлак, ауаа еизоит. Уигьы, аҩнаҭаҟны ахәыҷқәа ыҟазар, ргәы ҭымҟьаратәы, иаразнак иҳәҳәомызт. Аӡәы ахәыҷқәа ндәылганы агәылара, ма џьара игон, рыгәгьы рҽаниҵон ираҳауа абжьы иацәымшәаратәы. Уи лара лхаан ишыҟаз атәы ҳзеиҭалҳәеит Џьырхәа ақыҭаy ииз Валентина Габниа-Ҳалбад.

Аҽыуаҩ - Sputnik Аҧсны
Ашәаџьҳәареи адышшылареи

"Раԥхьа аԥсы деиҿыркаауан… Аԥҳа, аиаҳәшьа абарҵа даақәгыланы дыҳәҳәон, абри ақыҭа ирылаҩратәы. Сара быжьба-ааба шықәса схыҵуазар ҟаларын ҳабду иашьа даныԥсыз. Данеиҿыркаауаз-егьиуаз уаҩ дҵәыуаӡомызт, избанзар ани аԥсы данеиҿыркаауа, иԥсра зныкымкәа, ҩынтәымкәа даналҵуа ыҟоуп, абри шәиԥырхагамхан ҳәа рҳәон. Нас арҵәаа ааҭлыргар, далҵуеит иара, нас иԥсра цәгьахоит ҳәа, шәиԥырхагамхан ҳәа рҳәон... Исгәалашәоит, абарҵа дықәгылан дыҳәҳәарц ианаԥшьыргоз, ҳабду ҳара ҳахҩык ҳажәҩақәа ааникылан, аҩныҟа ҳнеиган, абыржәы, аҳәҳәабжь гоит иҳәеит, аха, шәымшәан, иҳәеит, акымзарак ҟамлаӡеит, уаҵәы ҳахәмаруа, ҳаччо ҳалагоит иҳәеит, аҳәҳәабжь шәацәымшәан ҳәа", – абас лхәыҷратә гәалашәарақәа ҳацеиҩылшеит Валентина Ҳалбад.

© SputnikВалентина Ҳалбад
Аԥсра иадҳәалоу ақьабзқәа – ашәаџьҳәареи аҷаԥшьареи - Sputnik Аҧсны
Валентина Ҳалбад

Аҳәҳәабжь заҳаз аҳабла анеизалак, аԥсра иақәшәаз ашәаџьҳәацәа рышьҭуан иахьцатәыз, изаҳәатәыз рахь. Усҟан ҽыла акәын ишцоз. Ҳаамҭазы ашәаџьҳәара аинтернет ала ауаа иҟарҵоит, иара убас ҭелла рҽеимардоит. Ажәытәан шәаџьҳәара ицоз иеибыҭашьагьы иахәаԥшуан. Иаҳҳәап, ашәаџьҳәаҩ ахылԥа ихамкәа дырбар, лахь ирҭар ауан "ахылԥа ухаӡамкәа шәаџьҳәара ушԥаҽыжәлеи" ҳәа.

Ашәаџьҳәаҩ дахьнеиз аԥшәма "бзиала уаабеит" ҳәа данааиԥылалак, иара ҿымҭкәа, деиқәышьшьы даагылон. Деиқәышьшьы данаагылалак, дышшәаџьҳәаҩыз рдыруан. Дшәаџьҳәаны данаахынҳәлак, ашәаџьҳәаҩ иҩны дымнеикәа, аԥсы дахьыкҿаз днеины диҵәыуон (уаанӡа дшиҵәыуахьазгьы), ауаагьы ирдыруан уи дышшәаџьҳәаҩыз, избанзар знык иҵәыуахьо ҩынтәны дықәломызт аҵәыуара ҳәа.

Кәыдры - Sputnik Аҧсны
Аԥсыҭгага: аӡы иашьыз иԥсы аагара аритуал

Аԥсымра

Иагьшьыбжьымкәа, иагьыхәламкәа "аԥсымра" гылоит – уи ашәаԥшь ҟаԥшьӡа ашьха ианхыҵуа, амра амшын аӡааларахь ианеихо аамҭазы ауп. Аԥсы, амра ҭашәаанӡа, амра аԥсы шҭоу анышә дауҭароуп рҳәоит. Абри аԥсымра цәырҵаанӡа иржыз анышә дҭадыргылароуп мрагыларахь ихы рханы. Аԥсы данышьҭырхуагьы, хынтә акәыба шьҭадыркьысуеит. Шамахамзар, аҩашеи, аԥшьашеи, асабшеи акәын аԥсы даныржуаз, уажәы амш еилых ҟарҵом, аха уи азгәазҭо макьана иуԥылоит.

Ҳара ҳинформант дахаануп "ауау" анырҳәоз, рыӡӷқәа анцәырԥуаз аамҭагьы. Уи ишылҳәо ала, абри иҵәыуоз заҟа лыҽцәылԥыз ала, заҟа гәыкала дҵәыуаз, заҟа хьаа лнаҭаз алаалырԥшуан.

"Ауау ахьырҳәоз уи уаҩ дызҭнымхаз, зыҩны ашә акыз рҟны акәын. Аҳәса рыӡӷқәа цәырԥуан, рхы аԥхьа цәдырԥԥон, рӡамҩақәа ацәа ахырхуан, ашьа аарго аҟынӡа, рыхцәы шьыҵәрак кыдырхуан. Зыҩны ашә акыз аԥҳәыс лхы лсон, "бхы аабсааит" ҳәа ирҳәо шәиироуп", – ҳәа ҳалҳәеит Валентина Ҳалбад.

Ажәҩан - Sputnik Аҧсны
Агәаҟрақәа раанкылара, ма аԥсраҿаҳәара ақьабз

Аҷаԥшьара

"Ирымҷаԥшьо аԥсы ҳаӷоу димоуп" рҳәоит. Ажәлар рҟны ишазгәарҭо ала, аԥсы ичычақәо аԥстәқәа ыҟоуп, урҭ ацгәы, аҳәынаԥ, амаҭ роуп. Убарҭ иԥырхагамхаразы дырҷаԥшьоит. Аҷаԥшьараҿ ажәеи ажәеи шеихырҳәаалоз, ажәабжьқәа шеиҭарҳәоз идыршон, алафгьы рҳәон.

Афольклорист Валентин Кәаӷәаниа ифольклортә нҵамҭақәа рҟны ишаҳбо ала, аҷаԥшьараан ахәмаррақәагьы ҟарҵон. Урҭ иреиуоу "Ақьынсҭаҵәахра" ҳәа иҟаз ахәмарра. Аҷаԥшьацәа руаӡәк ақьынсҭа иҵәахуан. Аӡәы ачамгәыр арҳәара далагон, егьи – дыԥшаауан. Иԥшаауаз ақьынсҭа ахьыҵәахыз дазааигәацыԥхьаӡа, ачамгәыр азырҳәоз ирццакны арҳәара далагон, убас ачамгәыр абжьы иҵанаҳәоз ала ақьынсҭа рыԥшаауан.

Аԥсуаа рҟны аныҳәақәа зегьы аҿбаара рымоуп, аурычра иҵоуп. Ари мацара алагьы аԥсреи агәырӷьареи рҳәаақәа шеиларсу убоит. Шамахамзар, џьара ныҳәагатәык анымҩаԥыргогьы "аҿбаара иҵыҵхьома?" ҳәа иазҵаауеит, аҿбаара ишыҵоу ныҳәарак амҩаԥгара "иҵасым" ҳәа иԥхьаӡоуп.

Аԥсуаа аԥсы иқә-иҵас ишахәҭоу анагӡара даара иацклаԥшуеит, уажә зыӡбахә ҳҳәаз уи ахәҭа заҵәык ауп. Аԥхьаҟагьы урҭ рзааҭгылара ҳҽазаҳшәоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0