Аҽықәыргылара, аҭарчеи аныҟәгара: аԥсра иадҳәалоу ақьабзқәа

© Sputnik / Меликян / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАнсамбль "Нарҭаа" алахәыла, 105 шықәса зхыҵуа Лыхны ақыҭа иеиуоу Ҭемыр Уанаҿа
Ансамбль Нарҭаа алахәыла, 105 шықәса зхыҵуа Лыхны ақыҭа иеиуоу Ҭемыр Уанаҿа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсра ақьабзқәа рҟны иалкаау аҭыԥ амоуп аҽыуаҩ даныԥслак имҩаԥырго ақьабзқәа – аҽықәыргылареи аҭарчеи аныҟәгареи. Урҭ рҷыдарақәа дырзааҭгылоит НААР аҭҵаарадырратә усзуҩы, Аԥсуаҭҵааратә институт афольклор аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҵбы Есма Ҭодуа.

Есма Ҭодуа, Sputnik

Аԥсра ақьабзқәа рҟны иалкаау аҭыԥ амоуп аҽыуаҩ даныԥслак имҩаԥырго ақьабз - аҽықәыргылара. Аԥсыжра аҽны зыдунеи зыԥсахыз ауаҩы иҽы ықәдыргылон акәадыр нақәҵаны. Аҽы аӷәра аанкыланы дадгылон иааигәаз ауа – аиашьа, ма аиашьа иԥа, аиаҳәшьаԥа. Уи ишьҭагылан егьырҭ изааигәаз ахацәа. Абас аҽы раԥхьа иргыланы "Ауоу" ҳәо хынтә ашҭа иакәшон. "Ауоу" зҳәоз аҳәса ракәын. Аҵыхәтәан, аԥсы изы ажәа ҳәаны ижырҭа аҭыԥ ахь даныргоз иҽгьы уахь инаргон.

Џьара-џьара имҩаԥыргон абас еиԥш иҟаз ақьабзгьы: аԥсы анышә дарҭаанӡа иқәыргылаз иҽы арбаӷь ахы инакәыхшаны иоурышьҭуан. Аҽы акәадыр акәзар, уахык анышәынҭра ахаҿы иахшьны иаанрыжьуан. Мышқәак рышьҭахь уи арбаӷь ашьа карҭәон. Иазгәаҭатәуп, ари ақьабз акыр ижәытәу ашьаҭақәа шамоу. Уи аауеит аҽыуаҩ анышә данарҭоз иара иҽгьы аницыржуаз аамҭаҟынтәи. Уи атәы зырҵабыргуа археологиатә ԥшаахқәа маҷым.

Шықәсык ҵаанӡа иқәыргылаз аҽы аӡәгьы дақәтәаны дныҟәар ҟалом. Ашықәсаз аԥсхәы аныруаз аҭарчеи мҩаԥыргон аԥшәма иҽгьы алархәны.

Аҭарчеи

Ажәа "аҭарчеи" ҳәа иршьо аԥстәы иақәдыршәуаз ақәыршә ауп. Аҭарчеи зықәдыршәуаз ԥсаҭатәыс иҟарҵоз аԥстәы акәын. Убас агәыцхәцәа ацә зманы иааиуазгьы аҭарчеи ақәыршәны иааргон. Иара убасҟангьы уи аԥстәы аԥхьа иргыланы ашҭа хынтә иакәдыршон "Азар" ашәа ҳәо. "Азар" ашәа аҭарчеи аныҟәгараан адагьы уаҳа даҽаџьарагьы ирҳәомызт. Аамҭаказы уи рҳәо иалагеит аҽырыҩрақәа рыҟны.

Аҽқәа - Sputnik Аҧсны
Аҽышьашьана: аҽқәа рааӡара иадҳәалоу ақьабзқәеи урҭ рныҳәареи

Ԥсаҭатәыс иҟарҵоз ацә ҳәа иаҳа ибзиаз алырхуан, идырԥшӡон. Дырмит Гәлиа ишәҟәы "Аԥсны аҭоурых" аҟны ишааиго ала, уи аџьаз ала ирҩычон, атәыҩақәа рҟны наҟ-ааҟ ацәашьқәа адыркуан, абӷаҿы аҟаԥшь, мамзаргьы жәҩангәыԥштәы змаз ақәыршә ақәдыршәуан, ахыхь ахьа-еимхәыц нақәырҵон (ахьа еимхәыцҵас инеихаԥсаны). Аԥсхәра уаҵәы ируаны еиԥш, уаха абасала еибыҭаз аԥсаҭатә-цәқәа рыманы агәакьацәа ашҭа иааҭалон, наҟ-ааҟ ашьамаҟақәагьы аркны инаваргыланы.

Аԥсхәраҿы акрыфара ҳәа итәаанӡа "Азар" ашәа ҳәо, аҽқәа ирықәтәаны аԥсы инышәынҭра хынтә иакәшон, нас акәын аҽырхәмаррахь ианиасуаз. Иаиааиуаз аҽыбӷаҟаза изы аҳамҭа аԥсра ахьыҟоу аԥшәмацәа роуп иҟазҵо.

аҽқәа - Sputnik Аҧсны
Аҽы дызлақәтәо иарма шьапы алоуп: асас иҽыжәҵаразы азгәаҭақәа

Аҭарчеи аныҟәгара

Даҽакалагьы аҭарчеи ныҟәыргон абас еиԥш: аԥсы иҽы ақәыршә нақәыршәны, икәадыргьы нақәҵаны ҽыбӷаҟазак днақәтәон, егьырҭ аҽыбӷаҟазацәа дрылагыланы, аԥсы инышәынҭрахь ицаны хынтә инакәшон. Аамышьҭахь егьырҭ дынрылҟьаны хакәыла дасуан. Егьырҭгьы наишьҭалон ҽырххыла, ихьӡаны аҽқәыршә иҵырхырц рҽазыршәон. Абасеиԥш аҽырыҩраан аԥсы иҽы каҳан иԥсыр, иԥсаԥоуп ҳәа азырыԥхьаӡон.

Ирҳәоит амҳаџьырра аныҟалаз, аԥсуаа рыҩнқәеи рнышәынҭрақәеи рҟны ԥсхәрак аҟнеиԥш акрыфареи аҽырыҩреи мҩаԥыргон ҳәа, нас зыҽқәа рыҭира ззымгәаӷьуазгьы урҭ инреихсны иршьуан ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0