Ахәышҭаарамца аҵакы аԥсуаа ртрадициатә культураҿы

© Sputnik Томас ТхайцукАхәышҭаарамца
Ахәышҭаарамца  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амца адунеи злашьақәгылоу акқәа иреиуоуп. Аԥсуаа амца иахәаԥшуеит аԥсҭазаара зырҿио еиԥш, ақәӡаара аҵакы амангьы. Ахәышҭаара аԥсуа иԥсҭазаараҿы иааннакыло аҭыԥ НААР аҭҵаарадырратә усзуҩ, афольклорҭҵааҩ Есма Ҭодуа ланҵамҭаҿы.

Ахәышҭаара аԥхьа еиуеиԥшым ақьабзқәа шымҩаԥыргогьы, ишныҳәо еиԥш, иагьышәиуеит. Уимоу иара амца ахаҭа уашәиир ҟалоит, мамзаргьы бзиала иузыҟалар. 

Есма Ҭодуа, Sputnik

"Умцахә мыцәааит"

"Умцахә мыцәааит" – ари еиҳау ныҳәара ыҟамзар ҟалап аԥсуаа рныҳәаԥхьыӡқәа рҿы. Иуҳәар ауеит "уҵәҩаншьап мыӡааит" ҳәа ауаҩы иныҳәареи "умцахә мыцәааит" ҳәа иаҳәареи акоуп ҳәа. Ажәа "ахәышҭаара" аԥсуа изы ҵакыс иамоу аҭаацәароуп, еиҳа инарҭбааны уазхәыцуазар – "аԥсадгьыл" ("ихәышҭаара ихьчеит" – "иԥсадгьыл ихьчеит").

Приготовление абысты. - Sputnik Аҧсны
"Ахнышьыр аҵгара", мамзаргьы аԥсуа хәышҭааразы азгәаҭақәак

"Иузеиҟәыҭхаӡом ахәышҭаареи аҭаацәареи. Иара ахәышҭаара иахьа еиқәызҵо маҷзаргьы, иара ажәа ахаҭа "ахәышҭаара" аҭаацәара аанарԥшуеит. Аҭаацәараҿы алҩа ҩеиуанаҵы, иара аӡәы имацара дахызаргьы, абри дҭаацәароуп, дынхоит ҳәа дырҳасабуеит. Убри аныцәалак акәын аҭаацәара аныӡааит, иқьаԥҭажәхеит ҳәа ианырҳасабуаз. Ахәышҭаара иаҵанакуа рацәоуп", – лҳәоит аԥсуа ихәышҭаара иааӡаз, Џьырхәа ақыҭа ииз Валентина Габниа-Ҳалбад.

Амца аагара амотив аҭыԥ ду ааннакылоит аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа рҿы. Ажәытәан ацәымсеи аихымцеи ашьанҵа иқәкны аџыр иахьырсны амца адыркуан. Ирҳәоит, иара убас, ашьхараҿы амзаҵла ҳәа иҟоуп ҳәа. Убри афархьҵәқәа еихьшьуагьы амца адыркуан. Ашьха ицоз абри амзаҵла амаҵәқәа рџьыба иҭаҵаны ицон, ианаарҭаххалак амца алеиқәырҵарц азы. Ас еиԥш еиқәырҵоз амца амзамца ҳәа иашьҭан.

Амца еимырдон, иара убас амца ҿарҳәон. Амцаҿаҳәара ҳәа изышьҭаз уи ахәышҭаараҿы акәицқәа шьыжьынӡа имыцәаразы еидкыланы ахәа ақәрыԥсон, нас уи ала ашьыжь ҿыц амца алеиқәырҵон. Убри алагьы амцагьы еимырдон. Валентина Ҳалбад ишазгәалҭо ала, амцеимдара иаман апрактикатә ҵакеиԥш, ахатәы дыргақәагьы.

© Foto / Эсма ТодуаВалентина Ҳалбад
Ахәышҭаарамца аҵакы аԥсуаа ртрадициатә культураҿы - Sputnik Аҧсны
Валентина Ҳалбад

"Амца еимырдон, нас апрактикатә ҟазшьагьы ыҟан, нас асԥычкақәа абаҟаз, амца еимырдон. Убас ахәышҭаараҿы амца аныцәалак, агәылара ҳрышьҭуан, дара рҿынтәи иааҳгон, аха уи апрактикатә ганахьалоуп. Егьыс иаҵанакуаз, амца еимыздоз ҳәа, еизааигәаз, зыцәгьа, зыбзиа еилаз, цәгьаҳәара зыбжьамыз ракәын. Еичычаз, цәгьаҳәара зыбжьаз рымцахәгьы ааргаӡомызт, унеиргьы иуиҭаӡомызт.

"Умцахә ыцәааит" анырҳәа, унҵәааит, ушьҭахь уаҩ дҟамлааит ҳәоуп иаанаго. Анкьа аӡы анақәтәалакгьы, уашәиуеит адагьы, наҟ иҿыцәаараны иҟоу дыргак унаҭоит ҳәа иԥхьаӡан, убри аҿынтәи ахьурӡы анхыҵуа, ачуан абрахь даахон, амца иақәымҭәарц азыҳәан. Амцеи аӡи еиқәиҭәеит, имцеи иӡи еиқәырҭәеит рҳәон, уи ахәышҭаара ҿыцәааит ауп иаанагоз", – ҳәа ҳзеиҭалҳәеит Валентина Ҳалбад.

Камин - Sputnik Аҧсны
"Амцеимдара", "амцаҿаҳәара": ахәышҭаарамца иадҳәалоу аҵасқәа

Амца амырцәара аиҳарак аҭаацәа иреиҵбыз иакәын издыз, мамзаргьы аҭаца. Ирҳәоит, ажәытә аибашьрақәа раан зхацәа еибашьра иҟаз аҳәса амца анеимырдоз, аԥҳәыс амца лыман дшаауаз, амҩан илцәыцәар, деибахоит ҳәа. Иара убас, ахш амца иақәҭәар ҵасым рҳәоит. Ус еиԥш аныҟалалакгьы рнацәа ахш инӡаашьны рылахь инахьыршьуан "ҳалахь абзиара анызааит" ҳәа.

Амца аҵакы аныҳәарақәа рҿы

Амца аҳауеи аӡи инарываргыланы адунеи злеиҿкаау ахәҭақәа ирыҵанакуеит. Адунеитә мифологиаҿы амца аҵакы ҩбаны иршоит: идгьылтәу, ижәҩантәу (акосмогониатә). Иара нырцәи аарцәи адунеиқәа еимаздо ҳәа иԥхьаӡоуп. Ганкахьала уи аҿиара, аизҳара иасимволзар, даҽа ганкахьала – аԥсра, адунеи ақәӡаара аҵакы аанарԥшуеит.

Амца аҵакы шыӷәӷәоу аԥсуаа рныҳәарақәагьы ирныԥшуеит. Уи ианыԥшуеит ауаҩи анцәахәи ирыбжьоу аимадара. Иаҳҳәап, аҭаца аҩны даныҩнаргалоз раԥхьа иргыланы ахәышҭаарамца ахьеиқәыз хынтә дакәдыршон. Ахшара данлоуаз акәзар, ахәышҭаара аԥхьа ддырион. Ахәыҷы алаԥш анихырцоз ахәышҭаара аԥхьа дыргыланы иҭәҳәон, ихы иакәдыршоз амарҭхәқәа ракәзар, амца иақәыԥсан аҷҷаҳәа ирбылуан.

Иазгәаҭатәуп, иара убас, ажәлантәқәа рныҳәараан ирӡуа амгьал аԥырӷқәа ақәыԥсан иахьырӡуа адунеи шьақәзыргыло ак еиԥш, иԥшьоу, иҿымцәаауа амца аҵакы шынанагӡо. Жәытәла ашықәс ҿыц аназгәарҭоз акәзар, амцақәа еиқәҵаны иҟарҵоз аԥсабара аҿыхар, амра аира иасимволны иԥхьаӡан.

Амца зыԥсы ҭоу акы акәны иахәаԥшуеит: уи иамоуп ахы ("ахчныза" – ахаҳәқәа рыла иҟаҵоу амца иақәырҵаша амҿы ахьықәырҵо), "ашьапқәа", ахаҿы икнаҳауп архнышьна. Иахьагьы ахәышҭаара аҵакы аԥсуа иԥсҭазаараҿы ихадароу аҭыԥ ааннакылоит. "Ухәышҭаарамца мыцәааит" анырҳәо аиҳарак аҷкәын иоуп иззынархоу, ахәышҭаарамца еиқәырханы иаазго, забиԥара иацызҵо ҳәа иԥхьаӡоу иара шиакәу ала.

Амца аҵакы уаналацәажәо, хымԥада аганқәа зегьы ртәы нҵамҭа хәыҷык ала иузаарԥшуам. Иара иазкны ирыҩхьоу шмаҷымгьы, актуалра амоуп еснагь.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0