Нырцә дыгә-дыгә, аарцә дыгә-дыгә: агареи агарашәеи рҵаки

© Sputnik / Саида ЖибаАԥсуа гара
Аԥсуа гара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьагьы аԥсуа ҭаацәарақәа рҟны еиқәырханы ирымоуп абиԥарақәа зааӡахьо ажәытәтәи аԥсуа гарақәа. Аиқәырхара адагьы, асаби дгараҵаны дзааӡогьы макьана иуԥылоит. Агареи агарашәеи традициала рхархәашьеи урҭ ирыдҳәалоу ақьабзқәеи ртәы дазааҭгылоит афольклорист Есма Ҭодуа.

Есма Ҭодуа, Sputnik

Агараҵара

Ишаԥу ала аԥшқа данилак нахыс ҩышықәса ихыҵаанӡа агара дгарарҵоит. Аԥсуа гара аиҿартәышьа ахәыҷы игәабзиареи ицәа аҭынчреи азы иманшәалан иҟаҵан. Иахьагьы аԥсуа ҭаацәарақәа рҟны еиқәырханы ирымоуп абиԥарақәа зааӡахьо ажәытәтәи аԥсуа гарақәа.

Џьырхәа ақыҭан аекспедициаан ҳаҟазаараан Гәында Еныкь-Габниа иаҳлырбеит, иагьаҳзеиҭалҳәеит рыҩнаҭаҿы абиԥарақәа рацәаны изааӡахьо агара аҭоурых.

© Sputnik Гунда Еныкь-Габниа200 шықәса зхыҵуа Габниаа рабиԥарақәа акыр зааӡахьоу аԥсуа гара
Нырцә дыгә-дыгә, аарцә дыгә-дыгә: агареи агарашәеи рҵаки - Sputnik Аҧсны
200 шықәса зхыҵуа Габниаа рабиԥарақәа акыр зааӡахьоу аԥсуа гара

"Ари агара ҩышә шықәса рҟынӡа ахыҵуеит, сабхәагьы уи иабгьы абри агара иааӡахьан. Саргьы ахшара ансоу, абри агара ҳаҳәшьа ду лҿы иҟан, исзаалгеит, абри агара алоуп саргьы схәыҷқәа шысааӡаз. Исгәалашәоит, агара анааргаз аҽны ахәыҷы дырныҳәон, аиҳабы. Аныҳәаҩ, Арда Смыр-Габниа лакәын, лара лықәрахь днеихьан са схәыҷы данылныҳәоз, аха дныҳәаны, ахәыҷы дгараҵаны, абри агара лыманы, лхала ишьҭыхны аҩны ихәнылгеит, аӡәы длыцхрааргьы лмуӡеит, иныҳәо иоуп ихазгалаша ҳәа", – илгәалалыршәоит лара.

Џьырхәатәи ашкол аҟны ажәытә аԥсуа напкымҭақәа руада - Sputnik Аҧсны
Агара, напылақәҵара ампахьшьқәа, акыдыршәылақәа: џьырхәатәи ажәытәра аҭынха

Ахәыҷы данилак агареи агарамаҭәахәқәеи ҳамҭас иаазго анду (аӡӷаб лан) лоуп. Ажәытәан ашыц рҩаны иҟаҵаны агәабан хәыҷ иҭаҵаны иҟарҵон. Ахәыҷы ихы ахҵаршә аҵарҵон. Абырфын хыза хәыҷи абамбазиатә қәыршәи рыла идырхион.

"Уажәы ахәыҷқәа иаҳа ахақәиҭра рымоуп, ишааиз еиларҳәоит, еиларцоит. Усҟан, ахәыҷы диашахәҵәаӡа дҟаларазы, насгьы ицәа ҭынчзарц азы ишьапқәа, инапқәа риашаны, дырхханы дҿарҳәон. Агәабанҭаршә аҿы акылҵәара ҟарҵон, уа акалам арҭон. Наҟ-ааҟ алабақәа идҵаны иҿарҳәон", – ҳәа азгәалҭоит Гәында Еныкь–Габниа.

Иазгәаҭатәуп, ахәыҷы алаԥш имкырц азы агара ишарҭоз икылҟьаны иҟаз ахаҳә шкәакәа, амыдаӷьцәа. Иара убас аҳәымсаг хәыҷ иҵаҵан иҟарҵон.

© Foto / Предоставлено Абхазским государственным музеемАԥсуа гара. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҭыхымҭа
Нырцә дыгә-дыгә, аарцә дыгә-дыгә: агареи агарашәеи рҵаки - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа гара. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҭыхымҭа

Ахәыҷы "адәныҟа" ҳәа иныҳәара анаҩсгьы имҩаԥыргон аныҳәара "Анцәа" ҳәа. Уи мҩаԥыргон ахәыҷы гәамбзиарак анышьҭикаалак, иԥырхагахо даныҟалалак. Усҟан, дыӡӷабзар, ахәажәқәа ҟаҵаны дырныҳәон, дыҷкәынзар – ақыжә ала дырныҳәон, ацәашьы ԥшӡа ҟаҵаны.

Аԥсуа Агара - Sputnik Аҧсны
Нырцә дыгә-дыгә, аарцә дыгә-дыгә: Зарина Коӷониа агаразы лгәаанагара

Агарашәақәа рыҽшырԥсахуаз

Аԥсуа фольклор аҿы иахьанӡа еиқәхаз агарашәақәа хыԥхьаӡарала ирацәам. Ажәытәӡатәи агарашәақәа амифологиатә дунеихәаԥшра ргәылубаауа иҟоуп. Агарашәа ахәыҷы иааӡара иузаҟәымҭхо акоуп. Агарашәала ахәыҷы дзакәхаша, дызусҭхаша ргәазыҳәара рҳәон.

Агарашәа аԥсуаа рҭоурыхтә мҩа аныԥшуеит. Ганкахьала, агарашәа аҵакы аилкаара уадаҩны, џьара-џьара аҭәҳәа аформа иазааигәаны иҟазҭгьы, даҽа ганкахьала уи ианыԥшуеит ажәлар рсоциал-економикатә ԥсҭазаараҿы иарбан хырхарҭоу иаҳа хадара ззыруа атәы. Иаҳҳәап, аԥсуаа хныҟәгага хадас ашәарыцара анрымаз ахәыҷы иԥеиԥшгьы уи акәын издырҳәалоз, агарашәагьы уи аанарԥшуан: "Рабнацәа игәуп, рабнацәа ицәоуп, раӡыкәты ԥсары-ԥсары, рабынкәты бзары-бзары".

Иаҳа ихьшәаны иҿиаз агарашәақәа рҿы ан лхәыҷы лхы иқәкноуп ишылҳәо, аиҳаркгьы уи идылкылоз афырхаҵара акәын, дыхьчаҩны дҟаларц: "Нарҭаа ршьамхы ушьамххап, Нарҭаа ргәаҵәа угәаҵәахап…" уҳәа реиԥш иҟоу ацәаҳәақәа злаз агарашәақәа аԥырҵон, аҭоурыхтә фырхацәа рыхьӡқәа злаз, убарҭ дреиԥшханы дҟаларц азы. Амҳаџьырра ашықәсқәа рзы уи алахьеиқәра аныԥшуан ("Амҳаџьыраа ргарашәа"). Ааскьатәиқәа рҿы ирыларҵо иалагеит алахтра, аҵара иазку ажәақәа.

Агарашәақәа рҟны иуԥылоит аиумор злоугьы, ажьжьагақәагьы, иара убас ажәамаанала иаԥҵоугьы. Ахәыҷы шаҟа иаҳауа аҟара ихшыҩ ҵархоит, дгәеилгахоит, идырра бзиахоит ҳәа иԥхьаӡоуп. Убри аҟнытә агарашәа ахәыҷы раԥхьатәи ишықәсқәа рҿы аҵакы ҳаракуп. Аамҭахҵәахацыԥхьаӡа аԥсҭазаара иара иақәшәоз агарашәақәа аԥырҵозар, иарбан гарашәоу ирзаҳҳәаша уаҵәы ииуа аҭоурых ишьақәнаргылоит…

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0