"Угәарҭыԥ азҳааит!": арахәааӡара, асасдкылара, ашәарыцара ирыдҳәалоу аԥсшәаҳәашьа

© Sputnik / Томас ТхайцукЛыхнашҭа
Лыхнашҭа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҿы аԥсуаа ирымоу аԥсшәаҳәашьа иазкны Sputnik аматериал азлырхиеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Аԥсуаа рҟны жәытәнатә аахыс ирацәан аԥсшәеибыҳәаратә ажәақәеи ажәеицааирақәеи. Урҭ рыхкы рацәоуп иахьа уажәраанӡагьы.

Долгожители из абхазского села Джерда (слева направо): Теба Шармат (115 лет), Нестор Ашуба(95 лет), Шларба Астана (110 лет) - Sputnik Аҧсны
"Уа, аура уқәуп!", "Нар улбааит!": аԥсуаа раԥсшәаҳәашьазы згәаҭарақәак

Аԥсшәеибыҳәаратә ажәақәеи ажәеицааирақәеи анырҳәо, ишырҳәо узҭагылоу аҭагылазаашьа инақәыршәан ауп. Иацаҳҵоит ҭагылазаашьацыԥхьаӡа ахархәара змоу аԥсшәеибыҳәаратә формулақәа шәыдгалара.

Арахәааӡареи ахьчареи ирыдҳәалоу аԥсшәеибыҳәашьа

Аԥсуа бызшәаҿы арахәааӡаратә терминологиа маҷуп узҳәом, иара убас имаҷым арахәааӡара, ахьчара, абзазара иадҳәалоу аԥсшәеибыҳәашьа. Иаагозар:

  • Арахә адәы иқәзырҳәуа: "Уа убзаҳәит!" - ҳәа иарҳәоит. Аҭак: "Бзиара убааит!"
  • Аџьма, ажә, акамбашь зхьо: "Еиҳа ухьааит!" - ҳәа иарҳәоит. Аҭак: "Бзиара убааит!"
  • Ауаса, ма ауасақәа зырҟәыдуа иарҳәоит: "Еиҳа урҟәыдит!" Аҭак: "Хаир уақәшәааит!"
  • Арахә ашьхаҟа иказцо изы ирҳәоит: "Бза хоуцалт!" Ҭакс: "Бзиара убааит!"
  • Арахә ашьхаҟа иказцо жәпаҩык ауаа анеицу: "Ашьха алԥха шәоуааит!" ҳәа рарҳәоит. Аҭак: "Бзиара убааит!"
  • Ашьха ианыҟоу аҭыԥаҿ ианеиқәшәо: "Угәарҭыԥ азҳааит!" Аҭак: "Бзиала уаабеит!"
  • Арахә зцәыԥсыз иарҳәоит: "Ацкы ухаҳааит!" Аҭак: "Абзиара узыҟалааит!"
  • Арахә ҿыц иахьиз: "Хырҳагас ишәоуааит!" - ҳәа рарҳәоит. Аҭак: "Абзиара узыҟалааит!"

Акрыфара, асасдкылара иадҳәалоу аԥсшәеибыҳәашьа

Аишәа иахатәаны акрыфара иаҿу ауаа ирыхҭыгәлаз ауаҩы иреиҳәо аԥсшәа вариант рацәала иаҳԥылоит:

  • "Гәаԥхачара шәоуааит!", "Чыс хаала шәчааит!", "Шәхәи шәҿи еигымхааит!", "Хаала ишәфааит!", "Шәчамҩа духааит!"
  • Ас еиԥш иҟоу аԥсшәаҳәаратә формақәа ҭакс ирымоу акоуп: "Уаҳҩызаха, унапы ӡык нақәҭәа!"
  • Асас акрыфаны дангыло иҳәараны иахәҭоуп: "Шәчеиџьыка иазҳааит!", ма "Абарақьаҭра шәымазааит (шәҭазааит)!" Ҭакс ирҳәоит: "Ҳалалс иуоуааит!", мамзаргьы "Иуфаз узыҳалалхааит!"
  • Асас ашҭа дҭыҵны, ма аҩны ддәылҵны данцо, "Бзиала уаҩ дааилааит, шәҭазаара бзиазааит!" иҳәоит. Ҭакс: "Абзиара узыҟалааит!"
  • Раԥхьаӡа акәны ашҭа иҭалаз ауаҩы ҿыц данааиуа: "Шьапымшла уааиааит!" рҳәоит. Аҭакс иҳәатәуп: "Абзиара уқәзааит!"

Абри аҩыза аԥсшәаҳәаратә форма рхы иадырхәоит аҭаца ҿыц аҩны даныҩнаргалогьы: "Шьапымшла бааиааит! Бызланагалаз рзы бымшхааит!" ҳәа.

зшьапы мшу ауаҩы - Sputnik Аҧсны
Шьапымшыла: амшра зцу ауаҩы иныҳәара

Ашәарыцара иадҳәалоу аԥсшәеибыҳәашьа

Аԥсуаа жәытә аахыс ашәарыцара бзиа избоз, ашәарыцара зыцааиуаз милаҭын. Ашәарыцара иаҭахыз аҟазшьақәа аласра, агәымшәара, ачҳара рылан. Ашәарыцаҩцәа нагацәа ирзырҳәон "аҵыс мҩас абла ҭызхуа" ҳәа. Аԥсуа бызшәаҿы иҟоуп хықәкыла ашәарыцара иазку "абна бызшәа", иара убас аԥсшәеибыҳәашьа.

  • Шәарыцара еиццо ауаа еибырҳәоит: "Зыԥсра аахьоу узыԥшуп!" - ҳәа.  Аҭак: "Еицаҳзыԥшуп!", ма "Изуҭац иҭ!"
  • Шәарыцара ицо ауаҩы изы: "Ԥыхьашәа бзиа уоуааит!", ма "Ажәеиԥшьаа уирманшәалааит!" - ҳәа иарҳәоит. Аҭак: "Абзиабара уақәшәааит!"
  • Ашәарах, ма аԥсаатә еихсны изшьыз дануԥыло: "Удырҩатә еиӷьхааит!" - ҳәа иарҳәоит. Аҭак: "Еиӷьу ала ҳдырчааит!"
  • Ашәарах еиқәырццак изшьыз: "Ухымҭала аҿа еимаадааит!" - ҳәа иарҳәоит. Аҭак: "Ҿала ҳирчааит!"
  • Аишәаҿы ашәарахжьы аныршо, изшо: "Ажәеиԥшьаа удырчеит!" - ҳәа иарҳәоит. Аҭак: "Ҿала ҳдырчеит!"
  • Ахысыбжь ангалак, ихысыз: "Ажәеиԥшьаа иуиҭааит!" - ҳәа иарҳәоит.  Аҭак: "Бзиара убааит!"

Жәаҳәарада, аԥсуаа иҳамоу аԥсшәеибыҳәашьатә формақәа иҵегьы ирацәоуп. Урҭ рахьтә ара ҿырԥштәыс иаагоу рызхәҭак ауп. Ҳаԥхьаҟагьы ҳҽазаҳшәоит егьырҭ аформақәагьы шәызцәыргара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0