Адоуҳара зцу Амшаԥы

© Sputnik / Илона ХварцкияПасхальное богослужение в Сухумском кафедральном соборе Благовещения Пресвятой Богородицы
Пасхальное богослужение в Сухумском кафедральном соборе Благовещения Пресвятой Богородицы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа жәлар ишазгәарҭо ала, амшаԥы аламҭалазы адгьыл иқәлоит иԥсхьоу рыԥсқәа, иубоит амч лашьцақәа ныҟәызго ацәырҵрақәа, еиуеиԥшым алаԥшҵашәарақәа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Амшаԥныҳәа азгәаҭаранӡа Ачгара Ду ахьынӡацо аԥсуаа рҵасқәа рыла имҩаԥыргоит ааԥын аҿыхара, аԥсабара аҿиара, адгьылқәаарыхра, арахәааӡара ирызку ақьабзқәа жәпакы. Аҵыхәтәантәи хы-мчыбжьа рзы акәзар аишәаргыларақәа ҟарҵоит. Иазгәаҭатәуп, "аԥсы акриҿаҵара" - аҩнаҭа иахылаԥшу иаҳасабала, ихадароу аритуалқәа ишреиуоу еиуеиԥшым аныҳәарақәа раан. Ус иҟоуп адунеи ажәларқәа егьырҭ рҟынгьы.

аҟаб - Sputnik Аҧсны
Ахәылчаԥа, амгьал, аҟаб: Ицқьоу аԥшьаша - Чачхадыл аԥсуаа рытрадициаҟны

Аԥсуа жәлар ишазгәарҭо ала, амшаԥы аламҭалазы адгьыл иқәлоит иԥсхьоу рыԥсқәа, иубоит амч лашьцақәа ныҟәызго ацәырҵрақәа, еиуеиԥшым алаԥшҵашәарақәа. Амшаԥы аламҭалазтәи аҵыхәтәантәи амчыбжь азы ауаҩы амч лашьцақәа рҟынтәи иҽирыцқьарц иҽазишәоит: еилдыргоит аҩны, агәара, иӡәӡәоит-иҳәҳәоит, быбыцк ықәмыршәкәа зегь дырцырцыруеит. Аетнограф Николаи Џьанашьиа ишиҩуаз ала, амшаԥ аухазы анышәынҭрақәа рҟны ацәашьқәа адыркуан, акәтаӷьқәа шәны иқәырҵон. Хәык унықәгыларгьы алашарақәа жжаӡа иакны иубон, ари "амшаԥы-мца" иаҿурԥшыр ауеит.

Амшаԥы иацгыло амчыбжь азы акәзар, ауаҩы дзықәшәо ахҭысқәа ашықәс зегь азы анырра инаҭоит ҳәа рыԥхьаӡоит. Еиҭарҳәоит ари аамҭазы ауаҩы жәҩангәашәԥхьара изаатыр шауа, мамзаргьы аӡы шыцәоу, аԥсабара шыцәоу дақәшәар ауеит ҳәа, иара убасҟан Анцәа дызиҳәогьы нагӡахоит.

Амшаԥы аҽныи адырҩаҽныи аиҭанеиааира, ахәыҷқәа рыхәмарра ритуалк аҳасабала имҩаԥысуеит. Ихадароу ныҳәагатәыс иҟоу хәыц еиқәаҵәа злам ашьтәеи аҳаԥшьа-ҩыи роуп. Аныҳәара мҩаԥигоит аҭаацәара аԥшәма еиҳабы. Ҭаацәарақәак рҟны аныҳәара иаҵагылоит зегьы: аҳәсагьы ахацәагьы, даҽа ҭаацәарақәак рҟны аныҳәагатә иаҵагыло ахацәа заҵәык роуп. Аишәачыс хаа-мыхаала идырхиоит акы агмыжькәа заҟа барақьаҭрыла уаԥыло убриаҟарагьы аманшәалара узаанагоит ҳәа иԥхьаӡаны. Хыхь иаҳҳәаз рнаҩс ихадароу чысқәаны араҟа иҟоуп аилаџь, ачаҳаржәқәа, ачашә, ачаԥақәа. Амшаԥчыс иахьа иузаҟәымҭхо иадҳәалоу апаскақәа (куличи) ракәзар, аԥсуаа рҟны уи зыԥсахуаз аҵәырса-мгьал акәын, иара аҟаҵарагьы ритуалк аҳасабал имҩаԥысуан ахатәы мшы азалхны.

Уамашәа азҿлымҳара амоуп амшаԥы аҽны ажәлантәқәак имҩаԥырго аныҳәара (Џьапыуаа, Салаҟаиаа). Урҭ рныҳәарагьы ирнубаалоит аӡын анаскьагареи ааԥын ааиреи ирыдҳәалоу амотивқәа. Џьапыуаа рныҳәараҿы акәзар, ааигәанӡагьы еиқәханы иҟан "Гьаргьаласа" ҳәа ашәа ҳәо ахәмарра-ақьабзтә кәашара анагӡара. Иара убас ари амш азы Елыр-ныхеи Инал-ҟәыбеи рҟны аныҳәарақәа мҩаԥыргон. Аҳаԥшьа аартреи ашьтәа ашьреи акәзар, жәлантәыцыԥхьаӡа имҩаԥызымго дыҟам.

Аԥсуа жәлар рҳәамҭақәа рҟны иуԥылоит акәтаӷь зыҟаԥшьу, амшаԥы зыхҟьаз иазку анҵамҭақәа. Еиҭарҳәоит, ӷбала, амшын ихыланы ада даҽакала ианзымеиҭанеиааиуаз аамҭақәа рзы Аԥсны амаа зкыз ԥҳа заҵәык диман. Лара доуҳала лцәалтәымкәа дҟалеит. "Мшаԥуп убри илыхьыз" рҳәеит. Ашьҭахь лара аҷкәын длыхшеит. Убри инаркны Амшаԥ азгәаҭара иалагеит ҳәа азгәаҭоуп Цира Габниа еиқәлыршәаз "Аԥсуа жәлар рҿаԥыц рҿиамҭақәа" 7 атом аҟны иагәылоу аҳәамҭақәа руак аҟны. Ари аҳәамҭа ианыԥшуеит абиблиатә мотив.

Иазгәаҭатәуп, амшаԥныҳәа иашьҭааиуа амчыбжьқәа руак азы аԥсуаа ишымҩаԥыргоз аҵла-ныҳәагьы. Иара убас Леиаа рыжәлантә рныҳәарагьы анымҩаԥырго амшаԥ аҟынтәи иԥхьаӡаны иҟарҵоит, уи ақәшәоит амшаԥ аамышьҭахь инеиуа абыжьбатәи амчыбжь (аныҳәара мҩаԥыргоит хашала).

Леиаа рныҳәара: быжьҩык аҳәса цқьақәеи аныхаԥааҩи цҳаражҳәаҩцәас измоу - Sputnik Аҧсны
Леиаа рныҳәара: быжьҩык аҳәса цқьақәеи аныхаԥааҩи цҳаражәҳәаҩцәас измоу

Амшаԥныҳәа иакыу рыцхәк аманы иҟам, уи жәамш-жәохәымш рыҩныҵҟа шьҭахьҟа, ма ԥхьаҟа еиҭаԥалоит. Иара иԥшьоу аныҳәақәа ируакуп. Иџьашьатәым асҟак аритуалқәа зцу ари амзартә ныҳәа ажәытәан ашықәс ҿыц иахьадыркылоз. Избанзар анхаҩы изы ихадараз аусмҩаԥгатәқәа зегьы абри аамҭа инаркны напы рылаикуан, уи иқәманшәалахарц азы иахылаԥшхәу дрымҵаныҳәон.

Ҳаамҭазы амшаԥныҳәа амҩаԥгара аиҭакрақәа шанубаалогьы, ауаа рсоциал-бзазаратә ҭагылазаашьа аҽшаԥсахыз ала, иара агәыцә еиқәханы иҟоуп уажәгьы. Аныҳәа жәлар ртрадициа шьаҭас ишамоу иаанхоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0