Аҵла ихаломызт, амҿы ԥырҟомызт: ашәаԥыџьаԥ анцәахәқәа ирыдҳәалоу згәаҭарақәак

© Sputnik / Томас ТхайцукПалка на которую садятся ястребы
Палка на которую садятся ястребы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаҩытәыҩса иԥсҭазаареи ибзазареи рҿы аҵак ду змоу аҵлақәеи, урҭ ирхылаԥшхәу анцәахәқәеи ирызку згәаҭарақәак ртәы ҳадылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Аԥсуаа ртрадициатә культураҿы аҭыԥ ду ааннакылоит аҵлақәа ркульт. Ажәытәӡан ауаҩы идунеихәаԥшышьа злаҟаз ала иара дызлиааз, иааикәыршаны иҟаз, ибла ихгылаз аԥсабара ихы алхны ибомызт. Аԥсабарагьы иаргьы еилаҵәан, еизакын. Ауаҩы икәша-мыкәша иҟоу аҵиаақәа, ашәаԥыџьаԥ, ашьхақәа, аӡиасқәа уҳәа иԥсабаратәым амҽ ҷыда ргәылаҵәахуп, аԥсы рхоуп ҳәа агәра ргон. Иара убасгьы, ауаҩытәыҩса иԥсҭазаараҿы, есымшатәи ибзазараҿы жәынгьы-ҿангьы аҵла ароль ду нанагӡон. Аҵла иҿалон ауаҩы иифаша, ихырҳагоу еиуеиԥшым ашәыр хкқәа. Ауаҩы амца инапаҿы ианааига нахыс аҵлақәа мҿыс ихы иаирхәо далагеит, уи моу, аҵла иалихуан аҩны злаиргылаша амаҭәахәқәа.

c.Аацы - Sputnik Аҧсны
Аҵла мышьҭа бзиақәеи, амашәыр зқәу аҵлақәеи, урҭ рынцәахәқәеи

Аԥсуаа ҳҟны аҵлақәа шоит ҩ-гәыԥкны: зымшьҭа бзиоу (згәы разу аҵла жәлақәа) иара убас, зымшьҭа цәгьоу (иҵоурам, амашәыр зхылҿиаар алшо) ҳәа. Актәи агәыԥ ахь иаҵанакуа ҵлақәоуп: араса, ара, аҳа, алаҳа, аҵәа, аҵәасса, аӡахәа, ахьаца, ашә, ал, ахәажә, ааҵла, аҭәа, алакәымҳа. Иаагозар, зымшьҭа бзиоу аҵәассаҵла алаԥши аҩсҭаацәеи урцәызыхьчо, амч ду зманы аԥсабара ианылаз ҵлоуп. Аҵәасса иалоу амч ахәыҷқәа алаԥш иацәнахьчоит. Аҩнаҭаҿы ахәыҷы ԥшқа дызмаз алаԥш имкырц азы аҵәассаҵла амахә ԥҵәаны ацаха иҭаӡахны агараҿы ихчы иаҵарҵон, мамзаргьы агараҿы аԥшқа иҵаз ашыц гәабан амахәқәа наганы иаҵарҵон. Иаҳа ихбыџу ахәыҷқәа амахә зҭаӡаху ацаха рыхәда иахыршьуан, рцәа иадзарц, иахьыҟазаак иахьчаларц. Аҵәассаҵла аҩнатә ԥстәқәа алаԥш рацәыхьчараҿгьы ихәарҭан. Ҿыц ихьаз арахә амахә аӡа наганы ахәда, ма атәыҩа иахьыршьуан.

Атема сазыхынҳәуа, шьҭа еиқәысыԥхьаӡоит аҩбатәи агәыԥ. Зымшьҭа цәгьоу аҵлақәа рахь иаҵанакуа. Урҭ аԥслыш, аҷандар, аӷш, аца роуп.

Арҭ хыхь еиқәыԥхьаӡаз аҵлақәа зегьы ирхылаԥшуеит ҳәа аԥсуаа агәра ргон ҟазшьала еиԥшымыз аишьцәа-нцәахәқәа Хьыӡыри Алиашәи.

Хьыӡыр – ари анцәахәы ибзоурала аԥсабараҿы иҿиоит зымшьҭа бзиоуп (згәы разу аҵлақәа) урҭ реиҳарак ауаҩы иифаша ашәыр рҿалоит. Алиашә – уи зымшьҭа цәгьоу (иҵоурам, амашәыр зхылҿиаар алшо) аҵлақәа ирхылаԥшуа нцәахәуп. Илаԥш цәгьоуп. Аҵла иқәло ауаҩы дҩаиҵаԥшыр, далыҩрыр ҟалоит.

Ахьаца - Sputnik Аҧсны
"Аҵла цқьа" ҳәа изышьҭоу ахьаца

Хьыӡыри Алиашәи ахьеиԥшым, рҳәатәы ахьеиқәымшәо аҟынтә хазы-хазы, рҽеиҟәыҭханы адгьыл ахи-аҵыхәеи рҿы инхоит. Хьыӡыр амрагыларахь дынхоит, Алиашә амраҭашәарахь. Шықәсык ахьтә знык дара еиқәшәоит. Усҟан урҭ аҵлақәа рԥеиԥш иалацәажәоит, рлахьынҵа рыӡбоит.

Афольклорист Цира Габниа лыстатиа "Аԥсуа ҵасқәеи ақьабзқәеи изызкуи ирымҩаԥгашьоуи рзы згәаҭарақәак" аҟны абас лыҩуеит: "Хьыӡыри Алиашәи еиқәшәоит ааԥынра иатәу апрель мза амшқәа руак азы. Уи амш "Хьдырлаз" ҳәа ахьӡ амоуп, насгьы ажәлар иԥшьоу мшны иахәаԥшуан, мышшьарангьы ирыман. Ианақәшәоз амш азы ашәа рҳәомызт, рыбжьы ныҵакны ицәажәон, аус руӡомызт, ажәқәа рхьомызт, имҟаарц азы аҳәарақәеи дареи еиурыжьуан. Абыжьқәа духар, ма ирацәахар Хьыӡыри Алиашәи реицәажәара иаԥырхагоуп рҳәон. Иара аԥсабарагьы уи аҽны аԥсы ашьоит, ицәоит ҳәа иԥхьаӡан. Аҵла ихаломызт, амҿы ԥырҟомызт, џьара махә хәыҷык хуҵәаргьы "гәнаҳароуп" ҳәа иахәаԥшуан".

Иарбан ҵлазаалакгьы, - зымшьҭа цәгьоу ҳәа иԥхьаӡоу акәзааит, зымшьҭа бзиоу ҳәа иԥхьаӡоу акәзааит аҵла ианықәлоз "Хьыӡыри Алиашәи шәнапы сануп!" - ҳәаны уқәлар, машәыр уақәшәом ҳәа иԥхьаӡан.

Уасил Арухаа - Sputnik Аҧсны
Анапҟаза Уасил Арухаа: ҳаԥсуа милаҭтә музыкатә арҳәагақәа дмырӡыр сҭахуп

Хьыӡыр ауаа дырхылаԥшуан, аҵла иқәлоз лыԥхала, машәыр имыхькәа дылбаар иҭахын. Алиашә иакәзар, уи аҵла уқәлар, уишәиуан, ибааԥсу узеиӷьаишьон, укаҳар, амашәыр уақәшәар иҭахын. Ауаа рныҳәараан урҭ анцәахәқәа аҩыџьагьы ргәы ҟарҵон. Хьыӡыр ҭабуп ҳәа иарҳәон, Алиашә "ухәы уаҳҭеит, уаҳԥырхагамхан" - рҳәон. Уи ишәиԥхьыӡ чеиџьыкала ирхырхуан, чеиџьыкала рхы ҿырхуан, ачеиџьыка иалымшо еигьыҟам, иӷәӷәоуп, уи аҵкыс иӷәӷәоу, иаиааиуа, акыр зылшо даҽа мчык, даҽа доуҳак ыҟаӡам ҳәа иҩуан афольклорист Сергеи Зыхәба ишәҟәы "Аԥсуа мифологиа" аҟны.

Аҵлақәа, аиаҵәара, амҿы еснагь хәарҭара рылан, иагьрымазаауеит есқьынгьы. Ҳмилаҭ рыҩнуҵҟа имаҷым анапҟазацәа, гәцаракрыла амҿы иалхны амузыкатә рҳәагақәа, ачысмаҭахәқәа, аҩныргыларатә, аусугатә маҭәахәқәа, уҳәа еиуеиԥшым ауаҩы иԥсҭазаара зырманшәалаша амаҭәарқәа ҟазҵо. Мҩашьарада иаҳҳәар алшоит, ашәаԥыџьаԥ ада ԥсҭазаара шыҟам. Убри азоуп ҳмилаҭ рыҩнуҵҟа наџьнатә аахыс ашәаԥыџьаԥ, абна, аҵлақәа реиҷаҳара ашлақәа аиҵабацәа ирыларааӡоз аҟазшьақәа хадақәа изыруакыз.

Ажәабжьқәа зегьы
0