Есма Ҭодуа, Sputnik
Аныҳәаҩ Анцәеи ауааи цҳаражәҳәаҩыс ирыбжьагылоу аӡә иакәны ихәаԥшуеит. Убри аҟнытә уи доуҳала Анцәагьы дизааигәаны дыҟазароуп, ауаа рҿгьы аҳаҭыр, апату змоу аӡә иакәзароуп.
Аӡатә, агәи-агәаҵәеи: абыжьбатәи аԥсуа ԥшьаҭыԥ Быҭҳа аныхаԥааҩ даҭоуп>>
Ҭаацәалатәи аныҳәарақәа рҿы идырныҳәо зықәрахь инеихьоу аҭаацәа реиҳабы иоуп. Ажәлантә ныҳәарақәа раан, ацәашьхәы икуеит ажәлантә рҟынтәи иалху еиҳабык. Ажәытәан, шамахамзар, жәлантәыцыԥхьаӡа дара рныҳәаҩ дрыман. Аха уажәтәи аамҭазы иҟалалоит иара ажәлантә иатәым даҽа ныҳәаҩык данаарго.
Ҳәарада, дара аныҳәарақәагьы зегьы ауеиԥшыхыу. Иаҳҳәап, Аԥсны ныҳәа дуны иазгәарҭо Ажьырныҳәа, иара иаҵанакуа ақьабзқәа нагӡаны иныҳәо ажьира змоу роуп. Урҭ "ажьира амаа зкыу" ҳәа рзырҳәоит. Аханатә ари аныҳәара мҩаԥызгоз, аетнографцәеи аҭоурыхҭҵааҩцәеи ишазгәарҭо ала, иара ажьиҩы ихаҭа иакәын. Анаҩс, ари аныҳәарагьы аҭаацәа рҟны иҟоу ахаҵа еиҳабы идыркит.
Иҟоуп аныҳәарақәа дара ажәлантә рхала рхы рныҳәар азин ахьрымам. Ус еиԥш иҟоу иреиуоуп Анцәарныҳәара. Ари аныҳәара Анцәа ҳәа ацәашьхәы зку иоуп имҩаԥызго. Шықәсқәак раԥхьа ҳзыҿцәажәахьаз Ҭхьына ақыҭа инхо Аполлон Думаа, усҟан ишаҳзеиҭаиҳәаз ала, иҟоуп абшьҭрала иаауа аныҳәара, аӡәы иҟынтәи ҽаӡә иахь ианиасуа, иҟоуп ныхак иаҵагылоу аныҳәаҩ данрымоу.
"Аныҳәагатәқәа, аныҳәарақәа рацәаны иҟоуп аԥсуаа рҿы, аҭаацәарақәа, ажәлантәқәа ирымоу. Зегь раԥхьа иургылар ауазар ҟалап Ажьырныҳәа. Нас, ҳара абжьыуаа ҳҿы иҟоуп Елыр-ныха, Анцәарныҳәара. Ҳа ҳаҩнаҭаҿы иҟоуп Аџьынџьныҳәа. Иҳамоуп еиҭа аныҳәара арахә ирызку – Мқамгариа аныҳәа ҳәа иҟоуп. Быжь-ҳаԥшьак ҳзыҵоуп, урҭ рызынтәыкгьы, џьара ашьтәа адаҳгалоит, џьара ацәашьыи ахәажәыи адаҳгалоит, ацәашьы иахьабалак иҟаҳҵоит, џьара – ачашә. Агьыс, аныҳәаҩ, абиԥарала иҟоуп уи. Сара саб икын аныҳәарақәа Анцәарныҳәара ада. Анцәарныҳәара – уи хазы, абас, шьҭрала иаауеит. Уи анцәа ишьапы икуеит абри аҩнаҭа ахьӡала. Ҳара кыршықәсаӡа, Расҭа ҳәа дыҟан, Шьынқәба, дныҳәаҩ дуӡӡан, убри ҳҭаацәа иныҳәон. Иара данԥсы ашьҭахь, уажәы иҷкәын икыуп, Џьамал ҳәа иҟоу, убри ҳаиныҳәоит. Уи убыс иҟоуп", – ҳәа ҳзеиҭаиҳәеит.
Аполлон Думаа иҩнаҭаҿы иазгәарҭо аныҳәарақәа зегьы рҿы (Анцәарныҳәара ада) иныҳәо иара иоуп. Иара иҳәоит иныҳәо ауаҩы зегь рыла дыцқьазароуп, игәы разызароуп ҳәа. Уи абжьааԥны данцәажәогьы иажәа раӡазароуп, шәирак аламзароуп, избанзар аныҳәаҩ ииҳәо наӡоит ҳәа иԥхьаӡоит иара. Иара убас иаҳзеиҭаиҳәеит аныҳәаҩ иахь ацәшьхәы шиасуа атәы.
"Ҳа ҳаҩнаҭаҿы, уажәы ус бҵаауазар, ҳәараҭахыума саб икын, саб данԥсы ашьҭахь, ҳара ихшаз жәаҩык ҳаҟагәышьан, саб дыԥсижьҭеи са искыуп ацәашьхәы. Уигь шыҟарҵо убысоуп: ацәашьы зку данԥслак ашьҭахь, сара соума, егьырҭ сашьцәа аӡәы икраны дыҟазаргьы, абри ацәашьхәы зку аҽаӡәы дааныҳәаны, ашьтәақәа шьны уныҳәаны, ацәашьы укыртә азин уиҭоит. Насоуп аныҳәара уара ашьапы анауркуа. Убыс саргьы синыҳәеит саб иаҳәшьеиҵыб лыҷқәын, ды-Ԥлиоуп. Иахьа уажәраанӡагьы абас искыуп", – ҳәа ҳаиҳәеит Аполлон Думаа.
Изныкымкәа ишазгәаҳтахьоу еиԥш, аныҳәаҩ, дыԥҳәысума, дхаҵоума, "дыцқьазароуп", насгьы агра имамзароуп. Убас, Амԥараа рныҳәара ананаҳҵоз ҳзыҿцәажәоз Зосим Амԥар иҳаиҳәеит иара ари аныҳәара амҩаԥгара зышьҭаиҵаз атәы.
"Ауаҩы иныҳәо дуаҩ цқьазароуп зегьы рганахьала: инапхы, иуаҩра, итәашьа, игылашьа аҽаӡәы еиԥшымзароуп, уамакала дыцқьазароуп, агра имамзароуп – убри хадароуп. Уара жәларык уныҳәоит, аныҳәара амаа укуп, уи агра умазар, изакәызаалак, иҟалаӡом. Анцәа иҿаԥхьагьы иҵасым, ауаа иуныҳәо рзгьы иԥырхагоуп. Сара сыла сыхьра иалагеит, сызлак цеит, ахәышәтәра саҿын, ус агра умазар иҟалаӡом азы, аныҳәара ҽаӡәы исҭеит. Уи ихьӡ сҳәан, абри ацәашьы наисыркит", – ҳәа ҳзеиҭаиҳәеит акыр шықәса Амԥараа рныҳәараҿы ныҳәаҩс иҟаз Зосим Амԥар.
Аныҳәаҩ дахьыҟоу аҩнаҭаҿы ҳаҭыр иқәырҵоит. Уи дааԥхьаны дандырныҳәо, игәшәымшә ҳәо иԥылоит, излауала игәыҟаҵара иашьҭоуп. Аныҳәара далагаанӡагьы абысҭа ԥха изуны акриҿарҵоит дҭәы-дыԥха, игәы алаҟа, ихы алаҟа дҟаларатәы. Дныҳәан даналгалак ашьҭахьгьы ҳамҭак имҭакәа доурыжьӡом, иҵасым рҳәоит.
Ҳаамҭазы, шамахамзар, қыҭацыԥхьаӡа аӡәаӡәа ирыдымхаргьы аныҳәаҩцәа ыҟоуп, ахәыҷы даниуа аума, аҭаца лныҳәаразы аума, еиуеиԥшым аҭаацәаратә ныҳәарақәа раан изыдҵаало. Ақалақь аҿы инхогьы аныҳәаҩцәа ааганы рыҩнаҭақәа рҿы идырныҳәоит. Иахьагьы урҭ инарыгӡо ароль аҵак ду аманы иҟоуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ашьапхтра, ахы ахтра, ахәымџьар аԥыртлара – аныҳәара иацу ашьақәырӷәӷәаратә кодқәа
Ацәа – ауаҩы зда ԥсыхәа имам, игәабзиареи иԥсҭазаареи иахәҭаку акы акәны иҟоуп. Аԥсуа жәлар рмифологиаҿы ацәа ианцәахәны ирыԥхьаӡон Напкылҵәеи Цәаблаҟи. Ашьыжь агылара зцәыуадаҩу, инамыцхәны ацәара бзиа избо изы иахьа уажәраанӡагьы ирҳәоит "Дцәарҭанхалеит" ма "Цәаблаҟы дылкит" ҳәа.
Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik
Ацәа ауаҩы изы иԥсыршьагоуп, убасгьы ацәа иузаанартуеит ҵҩа змаӡам аҵыхәтәанынӡа иҭҵаам аԥхыӡқәа рдунеи.
Схәыҷра ашықәсқәа раан сыцәа арҭынчразы Ҭхьына ақыҭа иалиааз санду Нусиа Шьынқәба-Ашхаруа лҟнытә лассы-лассы исаҳалон абарҭ ажәақәа: "Нанду бара дбыкәыхшааит, барӷьажәҩа Ҳазшаз итәарҭоуп, бармажәҩа - аҩсҭаа. Банышьҭало аԥхыӡ бзиақәа ббаларц, Ҳазшаз дыбхылаԥшларц, барӷьажәҩа ааныжьны бармажәҩа бақәиа, нас аԥхыӡ бзиақәа ббалоит. Аҩсҭаа бымԥан дзааиӡом!" ҳәа.
Аԥхыӡ бзиа убар, жәаҳәарада угәы азнарҳауеит. Аԥхыӡқәа ирызку аилкаарақәа рҿы хшыҩзышьҭра арҭон аӡы, избан акәзар иара аԥсҭазаара, абзиара иасимволуп, аха уи инамадангьы еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа ирҟазшьарбагоуп:
Аԥхыӡқәа ирыдҳәалоу агәаанагарақәа, жәлар разгәаҭарақәа еиуеиԥшым амаӡақәа узаадыртуеит, иаагозар:
"Аԥхыӡ бааԥс убар аҵкыс, ушааԥшуа иухугар еиҳа еиӷьуп" аҳәоит жәлар ражәаԥҟақәа руак. Ҳәарада, ауаҩы иибо аԥхыӡқәа еснагь еиԥшым, аԥхыӡ бааԥс убазар, иубаз ацәгьара лабҿаба иҟамларазы урықәныҟәар ауп иҷыдоу азгәаҭарақәа:
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Анарцәԥхыӡ, мамзаргьы илабҿабахаз анашана
Асымпыли аҽҵыхәеи, мамзаргьы аԥхыӡ агәра шызгаз
Аҳамҭа – ари ауаа рыҩнуҵҟатәи реизыҟазаашьа аазырԥшуа актуп. "Аҳамҭа" ақьабзтә ҵакыла уахәаԥшуазар, уи ауаҩы аԥсабара иаиҭо аҳамҭа аҵанакуеит, ахаҭабура аҳасабала – иаҳҳәап: "зқьы ааӡаны шәкы абна алаҵара". Ҳамҭас, ҭабурас иаанрыжьуеит иара убас, иԥшьоу ҭыԥк аҿы амаҭәарқәа (иаҳҳәап: ашәарыцацәа ашьха ианхыҵуа уи ашьапаҿы иаанрыжьуа ахҿа, аҳәа, ма даҽа бџьармаҭәак). Мамзаргьы аныҳәаҩ дандырныҳәо ихымԥадатәны аҳамҭа ирҭоит.
Аҳамҭа (маҭәарк) аӡәы даҽаӡәы иҭара аритуалтә ҵакы ныҟәнагоит, убри азын ихадароуп ҳамҭас иҟауҵо закәу, иуҭо амаҭәар ахаҭа аҵакы.
Аҳамҭақәа зегь раԥхьа игылоуп ачеиџьыка. "Ичеиџьыка инапы иқәыргылан диԥылеит" рҳәоит аԥсуаа, уи еиҳау аҳамҭа ыҟаӡам ауаҩы изы.
Ауаҩы идкылашьа зегьы иреиҳау малуп, убри аан ихадароу аишәа заҟа беиала ирхиоу акәым, аԥшәма ихаҭа ари акт иазыҟазаашьа ауп, уи иаанарԥшуеит иззынархоу ушизыҟоугьы.
Иалкаатәуп, ачеиџьыка шхадароу шааԥшуа аԥсуаа рныҳәаратә қьабзқәа рҿы. Иарбанзаалак аныҳәара акрыфара аритуал ацымкәа имҩаԥысуам, еснагь иныҳәо ауаҩы дзыхныҳәаз зегьы агьама дирбоит. Ари мацарагьы иунарбоит ачеиџьыка аҵакы аҳаракра, пату ақәҵара, амчра злоу адоуҳаратә функциа аҵаҵара.
Аҷкәын игәаԥхо аҭыԥҳа лзы, ма харантә иааз асас изы, иара убас "ухы аасҭа бзиа иубо ауаҩы изы" ҳәа шырҳәо еиԥш, аԥсуаа иалкааз ҳамҭаны иҟарҵон ашьабсҭа аԥсы шҭаз икны, аҽы, мамзаргьы иԥшӡаӡа иҟоу, хәыц еиқәаҵәа злам аџьма, зтәыҩақәа ыршаны иҟоу. Ашықәс ҿыц адырҩаҽны акәзар, "гәныҳәа" ҳәа изышьҭаз ақьабз амҩаԥгараан аиҵбацәа аиҳабацәа ҳамҭас ирырҭон ардәына, убри алагьы аҷқәынцәа реиҳабацәа рҿаԥхьа ирылоу рышәарыцаратә ҟазара аадырԥшуан, насгьы аиҳабы пату иқәҵара иасимволын.
Иҳәатәуп, ардәына ҳамҭас арԥыс игәаԥхаз аҭыԥҳа ишылзынаиҭиуаз. Амала аҭыԥҳа лзы уи дырԥшӡон: абаз аҿыҵакны, арасамахә иқәыртәашәа, аҵиаақәа ирылартәаны.
Иазгәаҭатәуп, иара убас асас аҩны дахьааиз игәаԥхаз, илаԥш зықәшәаз иарбан маҭәарзаалак иара ишитәхо, ҳамҭас иширҭо.
Иахьатәи ҳаамҭазгьы иуԥылоит зыԥсы ҭоу ашьтәа ҳамҭас аҟаҵара. Аиҳарак уи зыдҳәалоу ахәыҷы иира ауп. Ахәыҷы данилак, аӡӷаб лҭаацәа аҳамҭақәа иаарго раԥхьа игылоуп зыԥсы ҭоу аџьма шкәакәа, атәыҩақәа ырԥшӡаны иҟаҵаны.
Аҭыԥҳа аҳамҭа аҭакс иҟалҵон лнапала иқәҵаны иҟалҵаз ачабра, ампахьшьы. Напылаҟаҵара ақәҵараҿы уи иаалырԥшуан еиуеиԥшымыз асахьақәа, уи алагьы аӡӷаб лара лҟазарагьы цәырылгон. Ус еиԥш иҟаз аҭыԥҳацәа "аҵыс мҩас асахьа ҭылхуеит" ҳәа лзырҳәон.
Иахьатәи ҳаамҭазы аҳамҭа аҟаҵара ақьабзқәа инарҟәыҭханы зыда ҟалашьа амам акакәны иубарҭоуп. Аха убри аан аҳамҭа ззыҟауҵо игьама ақәшәара ауп иаҳа изышьклаԥшуа. Егьа ус шакәугьы, иахьагьы ҳамҭас иҟарҵо амаҭәар аҵакгьы азгәарҭоит.
Иаҳҳәап, аӡәы имшира ыҟазар, ачабра, ма ачхьарԥ ҳамҭас изыҟарҵом – ачабра алаӷырӡ иатәуп, ачхьарԥ - нарцәытәи адунеи ахь уиазго маҭәаруп ҳәа. Мамзаргьы аҷкәын ахьы ҳамҭас аӡӷаб илиҭозар, уи аҵакы шдуу, аҷкәын ихықәкы лнардыруеит аӡӷаб.
Аха ишыҟазаалакгьы, аҳамҭақәа иреиҳау ауаҩы иччаԥшь ауп, аамҭақәа зегьы раан уи ԥсахрада иаанхоит.
АҞӘА, ажьырныҳәа 22 – Sputnik. COVID-19 зцәа иалаз ҩыџьа апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟны ажьырныҳәа 20 рзы ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Акоронавирустә инфекциа ззышьақәырӷәӷәаз 1938 шықәса рзы ииз ахаҵеи 1953 шықәсазы ииз аԥҳәыси рыԥсҭазаара иалҵит. Адиагноз хада - "акоронавирустә инфекциа ҿыц".
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 127-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 35-ҩык, ибжьаратәуп - 45-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 37-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 22-а, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 15-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 20-ҩык, Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 62-а апациентцәа.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 10984-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 8898-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 156-ҩык.