Хьарала умаџьанамхарц, абарақьаҭра мцарц: арахәааӡара иадҳәалоу ажәлар разгәаҭарақәак

© Sputnik / Виталий Аньков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСтадо коров. Архивное фото.
Стадо коров. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳмилаҭ рыҩныҵҟа еснагь игәцаракыз арахәааӡара иадҳәалоу жәлар разгәаҭарақәак дырзааҭгылоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Зԥашәқәа ҵаулоу традициоуп азуҳәар алшоит ҳмилаҭ рҟны арахәааӡара. Жәытә-натә аахыс аԥсуаа рнапы алакын ахш-харҵәы, акәац рыгзмырхаша ашьамаҟа, аԥсаса рааӡара. Адгьыл иқәаарыхуаз, иазааигәаз, иара убас арахә бзианы изааӡоз анхаҩы иҩны абарақьаҭра, афатә агхомызт.

Ашьа Дбарԥҳа - Жьиба  - Sputnik Аҧсны
Ирахәымшхарц азы ирӡатәуан: Ашьа Дбарԥҳа-Жьиба ажә шырныҳәоз еиҭалҳәеит

Ирацәоуп арахәааӡара иадҳәалаз аҵас-қьабзқәа, убарҭ инарылукаар алшоит "Зқьы ааӡаны – шәкы абна алаҵара" аҵас. Ари аҵас ишаҳәоз ала, зқьы хы зааӡаз арахәааӡаҩ, ирахә еибга-изҩыда, еилаҩҩы иҟаларц азы, шәкы нарылцаны иоуижьыр акәын.

"Ирахә ирылицоз иалшон агыгшәыгқәа ирфар, ма даҽа рахә гәарҭак ирылалар, иҟалон излицаз арахә иааны ирылаларгьы, аха аус злаз – шә-хык рхы иақәиҭны иахьырҭахыз ицон, аԥшәма аԥсабара инаҭаз абеиара аҟнытәи ахәҭак азирхынҳәуан, шамахаӡак акәымзар, зых ҳаҭыр ақәызҵоз арахәааӡаҩцәа рыбзарӡы неимда-ааимдо ирҳәон. Ари аҵас аԥсабареи ауаҩи ргармониа иасимволын" - зыӡбахә ҳәоу аҵас иазкны абас иҩуеит аҵарауаҩ Иура Аргәын ишәҟәы "Аԥсуаа ретнологиа" аҿы.

Иахьа хадаратәла арахә зааӡо ақыҭаҿы инхо анхаҩыжәлар роуп. Урҭ рнапы злаку аус рықәманшәалахарц изықәныҟәо аԥҟарақәа ыҟоуп, даҽакала иуҳәозар, ажәлар разгәаҭарақәа.

Жәабран ныҳәа - Sputnik Аҧсны
Жәабран - арахә реизҳаразы, ԥырхага рымамкәа рааӡаразы аԥсуаа иныҟәырго аныҳәара

Абра иаасгәалашәеит атема иақәшәаша саныхәыҷызтәи хҭыск. Сан шьҭрала Ҭхьына ақыҭа деиуоуп, убри аҟнытә аԥхынтәи аԥсшьара мшқәа рӷьырак анысхызгоз ыҟан саншьцәа Ашьхаруаа рҟны. Ҽнак, аҭаацәараҿы ажәқәа злархьоз аныгақәа руак мҵысԥаан, ахәыҷқәа зегь ишырҟазшьоу еиԥш ахаҳәқәа ҭасыԥсеит, аԥслымӡ иасыргеит, ажәакала хәмаргас иҟасҵеит. Досу зхатә ус иалашыҩкны иаҿыз аиҳабацәа аԥхьа сызҿыз рызгәамҭеит. Аха дук мырҵыкәа санду лылаԥш сныҵашәеит. Ԥсабарала аҟәыӷареи аҟәымшәышәреи злаз ԥҳәысын санду Нусиа Шьынқәырԥҳа, мыцхәы лыбжьы ҭымгакәа, жәа хаала исеиллыркааит ус аҟаҵара шхәарҭам. Уажәыгьы сгәы иқәыҩуеит нану ԥсаҭа шкәакәа лыбжьы хаала исалҳәаз лабжьгара: "Сусанна, ажәқәа злархьо аныга алакьысра ҵасым. Уи ахш ада акгьы иазкымзароуп, даҽакы иаурҟьашьыр ҵасым, нас хьарала ҳмаџьанахоит, абарақьаҭра цоит". Усҟан рацәак схыҵуамызт, аха наунагӡа сгәалашәараҿы иаанхеит уи абжьгара.

Уимоу, уи ахҭыс инаҿырԥшны абра иасырбарц сҭахуп арахәааӡара иадҳәалоу жәлар разгәаҭарак ртәы:

  •  Ажәхьа алаԥш ақәымшәарц азы ацаха ҟаԥшь ахарҵоит.
  • Ажә ныҳәамкәа ахш-харҵәы аҩны идәылыргом, абарақьаҭра цоит ҳәа.
  • Ажә ҿыц ихьаны иубар ҿумҭроуп рҳәоит, мамзар аҟаара ҵнагоит.
  • Ажә еимгәа аҵла ахы кыднашьылозар, аҵша ариуеит – ахәда кыднашьылозар, ацәҵыс ариуеит рҳәоит.
  • Ажә есышықәса ацә ахшозар, ианхьалак аԥаҭра иканажьуа угәыла ихкаара иҭаужьыр, аҵша ахшоит рҳәоит.
  • Ажә хьаны аныга хымҩакәа аҩныҟа иугозар, ахш ажәҩан аурбар ҟалаӡом, иҵасым.
  • Арахә ушавсуа ихәаар, ахәы алумхыр, иузгәакьоу аӡә дыԥсуеит рҳәоит.
  • Арахә рҵыхәа шьҭыхны ианыҩуа, амшцәгьа иазҳәоуп.
  • Арахә зҭиуа "умшра сзынхааит" ҳәа ииҭиуа ахәы алихроуп, инапы имгарц азы.
  • Арахә аазхәо ахә анаҩсангьы ҭаҭынзаргьы акы ииҭароуп, зҟны иааихәо "инапы имгарц" азы.
  • Арахә аԥсра-абзара рҿы нагатәыс иуоузар, уанаауа хымԥада ашаха ааугароуп, мамзар ҵасым, урахә рымшра цоит рҳәоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0