"Зԥа дымԥсыц уԥа диумырҵәыуан" – ахаҵа агәырҩа ихгашьа

© Sputnik / Марианна Кубрава Возложение цветов в Парке Славы
Возложение цветов в Парке Славы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иааигәахоит аԥсуаа ҳзы иԥшьоу Аиааира амш. Ари аныҳәа агәырӷьара шацу еиԥш иҭахаз рызхьаара ду ацуп. Ҳажәлар рҟны ахацәа агәырҩа шырхыргози афырхаҵа иҭахара ишазнеиуази иазкуп афольклорист Есма Ҭодуаԥҳа иазлырхиаз аматериал.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Аԥсуаа рҿы еиԥшым ахацәеи аҳәсеи рҵәыуашьа. Аԥҳәыс лгәаҟра аалырԥшыр лылшозар лаӷырӡыла, амыткәма аҳәарала, ахаҵа иҩнуҵҟатәи гәҭахәыцрала, гәҭаҵәыуарала ауп ишихиго. Традицианы ишышьақәгылоу ала, агәырҩа иақәшәаз ахаҵа ауаа иахьырбо илаӷырӡ лаишьҭуам. Аԥа аб иҟны дҵәыуар ҟалозар, аб ихәыҷқәа иҵәыуаӡом.

Ажәҩан - Sputnik Аҧсны
Агәаҟрақәа раанкылара, ма аԥсраҿаҳәара ақьабз

Имаҷым аҿырԥштәқәа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ҭаацәарала еибашьра ианцоз. Игәаӷьыуацәоуп аҳәара, иарбан гәҭахәыцрақәоу аб изцәырҵуа иҷкәынгьы џьара ахы изыԥшызар шауа анидыруа. Аха "заниашьа зхаҵашьоу" иреиуоу афырхаҵа иԥа данҭахалакгьы "хаҵак дҭахеит ҳәа шәымҵәыуан, ахаҵа дзиуа ахаҵаразоуп" ҳәа иҳәон. Насгьы уи иԥа изын мацара адагьы, зеиԥшла, аӷа иҿагыланы еибашьуа, зыԥсадгьыл зыхьчо зегьы рыӡбахә иҳәон. Зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз ԥсит ҳәагьы иԥхьаӡам, урҭ ззеибашьуаз аус нагӡахеит.

Ахацәа агәакьацәа рнапқәа ргәыҵакны игылоит. Аџьабараҿы игылоу инеины ирыдышшылоит (усҟан рнапқәа нарыварыԥсоит), агәалсра ажәақәа рҳәоит. Аҵәыуарахь инеиуа ахацәа ракәзар, ргәы иҭасуеит (уажәы ари иаҳа имаҷны иуԥылоит, аха еиқәханы иахьыҟоу ыҟоуп). Ажәытәан ахацәа ҽламсла (ҟамчыла) рхы иасуан. Ус шакәугьы, ахацәа аҵәыуараан иаҳа аҽынкылара аадырԥшуан, аиҳаракгьы уи аԥсадгьыл ахьчаҩ аниакәу – афырхаҵа ԥсра иқәым ҳәа.

Ашьамаҟа – аԥсра иадҳәалоу ақьабзқәа>>

Зыԥсадгьыл ахьчаразы иҭахаз ауаҩи дарбанзаалак зыԥсҭазаара иалҵыз ауаҩи ирзынархоу аҵәыуарақәа еиԥшым. Жәлар рыхьчаҩцәа ирызку аҵәыуарақәа афырхаҵаратә ашәақәа анрылҵуагьы ыҟоуп. Аибашьраҿы иҭахаз ирызку аҵәыуарақәа ахамеигӡареи афырхаҵаратә мотивқәеи рыла ажәлар зҭагылаз атрагедиа аадырԥшуеит. Убас, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, афольклорист, аԥсреи аԥсыжратә қьабзқәеи ҭызҵаауа Адгәыр Какоба ианиҵаз амыткәма иаанарԥшуеит иҭахаз аибашьҩы ихигаз агәаҟрақәа:

"Уаан, Рамин, уаан, уаан!

Ԥшьба-хәба хы анулаз ахы уамгеит, уаан!

Уаан, уаан, иуцхраан, уаан!

Хәарҭа урҭеит, уаан!..

Уаан, тәым шьала уеибаркын, уаан!..

Ԥшьба-хәба хы улан, уаан!

Уаан, урыман ицон, уаан!.."

Аб игәырҩа хызҽуа акәны иҟоу иҷкәын ифырхаҵара аӡбахә анырҳәо ауп. Иазгәаҭатәуп, аб иҷкәын дҭахеит ҳәа аниаҳалак, раԥхьа дзызҵаауаз "Дышԥаҭахеи?" ҳәа акәын, ахқәа ахьиныз гәаиҭон, ахьӡи-ахьымӡӷи араҟагьы иааԥшуан – аӷа изқәа иеиарханы акәымкәа, гәышԥыла аҭахара. Изқәа рҟны ахы аламкәа анибалак акәын аҳәса аҵәыуара азин анриҭоз.

Ҳаибашьра ахҭысқәа иаадырԥшит аамҭа иара афырхацәа шцәырнаго. "Зԥа дымԥсыц уԥа диумырҵәыуан" ҳәа ззырҳәогьы аӡәы игәырҩа даҽаӡәы иахьизымдыруа азоуп. Имариоума аҳәара: "Ҷкәынак дҭахеит ҳәа кыр ҟалама, уи иԥсадгьыл азоуп дызҭахаз!". Уи арҭ ажәақәа аниҳәо иарбан мцоу дызбылуа иара ида даҽаӡәы издыруам. Аха ус шакәугьы, зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз рҭаацәа ргәы зҟажо акәны иҟоу урҭ рҵеицәа Аԥсны ахьыԥшымра ахьазааргаз ауп, убри нагӡахааит!

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0