Адоуҳара: ашьха, аҳаракыра аԥсуаа рдунеихәаԥшраҿы

Анапаҵаҩра
Аԥсуаа ртрадициатә культураҿы ашьха ианнакыло аҭыԥи, уахь ихало рхымҩаԥгашьа зеиԥшроуи ртәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа.

Аԥсуаа ртрадициатә культураҿы ашьха анцәахәқәа ахьтәоу ҭыԥны иԥхьаӡоуп, убри аҟнытә ашьхара ацқьара, адоуҳара иадыркылоит. Уи рнубаалоит аныҳәарҭа ҭыԥқәагьы. Аныҳәарақәа еснагь иахьымҩаԥырго аҳаракыра ҭыԥқәа рҟноуп, ашьха ашьапаҟны, дәы ԥшӡак аҟны. Иара убас, аԥсуаа иршьо аныхақәа тәарҭас иахьрымоу ашьхараҿы ауп, урҭ аҭыԥкәа убас иагьырзырҳәоит "аныхатәарҭа" ҳәа. Реиҳа иӷәӷәоу аныхақәа ҳәа иԥхьаӡоуп Дыдрыԥшьныха, Лӡааныха, Лыхныха, Лапрныха, Елырныха, Инал-Ҟәыба, Лашькьындар. Шамахамзар дара аныхақәа ахьыҟоу рҭыԥ аҿынӡа узнеиӡом.

Ашьхацамҩа - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.06.2020
"Мҩахәасҭала ахрақәа рахь" – Аԥсҭа ианҭало имҩаԥырго аныҳәара

Аетнограф Николаи Џьанашьиа ианиааз изныкымкәа иҽԥишәахьан арҭ аныхатәарҭақәа рҿынӡа днеирц, урҭ рыҭҵааразы, аха иара иусумҭаҿы ишиҩуала, уи залыршамхеит, иара димоуит уаанӡа дымҩаԥызгарыз ауаҩы, изаиҳәоз зегьы уахь ахалара мап ацәыркуан "аныха ҳаргәаауеит" ҳәа.

Ашьхара ахалара адоуҳатә ҽрыцқьара иадыркылоит, избанзар иара иԥшьоу ҭыԥны иԥхьаӡоуп. Ашьха ихало ауаҩы атрадициатә культуратә нормақәа дрықәныҟәоит: абжьы амырдуцәара, аҽхымтра, жәа-цқьала ацәажәара уҳәа. Арҭ аҭыԥқәа иахылаԥшхәу дрымоуп, убри аҟнытә ашәарыцаҩцәа аҭыԥ аналырхуа аҭыԥ иахылаԥшхә имҵаныҳәоит, ирманшәаларц иҳәоит. Ҭыԥк аҟынтәи даҽа ҭыԥк ахь ианиасуагьы уи иахылаԥшхәу иҭабуп ҳәа иарҳәоит дахьырхылаԥшуаз азы. Даҽакала иуҳәозар, нцәахәык хылаԥшра зиҭоз аҭыԥ аҟынтәи даҽа нцәахәык дызхылаԥшхәу аҭыԥ ахь ианиасуа уигьы ихәҭоу ҟарҵароуп дыдмыргәааразы, мамзар аиакәым иақәшәар ҟалоит.

Ашьха ҭыԥ апату ақәҵара, уи ацқьара аанарԥшуеит ашьха иныҟәо рхы иадырхәо хазы иалкаау "абна бызшәа". Ари иунарбоит ауаҩы адоуҳара зцу даҽа дунеик дшагәылахалоу. Аԥсуаа иаарыкәаршан иҟоу аԥсабара еснагь лымкаала иазыҟан. Аԥсуа мифологиаҿы иуԥылоит Ашьха инцәахә, Абна инцәахә ҳәа иҟоу анцәахәқәа. Урҭ егьырҭ анцәахәқәа реиԥш, дара зхылаԥшхәу аҭыԥқәа рыхьӡала аныҳәара мҩаԥыргоит. Арҭ аныҳәарақәа мҩаԥызго ахацәа роуп, ашьха аԥсҭазаара иадҳәалоу дара шракәу ала.

Изготовление сыра - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.10.2018
"Шьхацани шьхалбаани" – арахәааӡареи уи Анцәахәқәеи

Ашьха ихало Анцәа дизааигәоуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Аԥсуаа рдунеихәаԥшраҿы, аӡәырҩы ажәларқәа рҿын еиԥш ашьха адунеи агәы иадыркылоит: уи аҳаракыра, акьышәкьышәра – анцәахәқәа иртәарҭазар, ашьапы адгьыл иахьықәгылоу – ауаа ахьынхо, аҵа – адгьыл аҵатәи аԥсҭазаара аазырԥшуа.

Ашьха ажәҩани адгьыли еимаздо акәны иаарԥшуп, акосмос иадыркылоит. Уамашәа ибатәӡам ашьхараҿы иҟоу инашаноу аџьашьахәқәа дахьрынио, анцәахәқәа ибар (ԥхыӡ, ма лабҿаба) ахьалшо, дыррак иоур ахьыҟало.

Ашьха ихало хымԥада дазыҟаҵазароуп, доуҳала еиԥш, маха-шьахалагьы дыӷәӷәазароуп. Аҭыԥантәи ауаа реиԥш ашьхара ихалоит аԥсшьацәагьы.

Ашьхарахь аныҟәарақәа ӡынгьы ԥхынгьы имҩаԥугалаша ԥсшьарҭатә хырхарҭаны иҟазар ауеит, убри аан ауаа ршәарҭадареи аҵасқәеи ақьабзқәеи азгәаҭаны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0