Аҭамадара амҩаԥгашьа ачараҿы: ҳаамҭазтәи аԥсахрақәеи уи ахҟьаԥҟьақәеи

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАбхазский фестиваль "Апсны"
Абхазский фестиваль Апсны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа еишәачараҿы аҭамада инаигӡо ароль аҷыдарақәа дырзааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.

Зегьы ирдыруеит иарбанзаалак еишәачарак зымҩаԥысуам аҭамада ида. Дызусҭада аҭамада? Ҳаамҭазтәи ахәыцрала уи "аныҳәатә аниматорк" диҩызоуп – "ахәмарра шьақәзыргыло", амҩаԥгаҩ иус назыгӡо. Аха аԥсуаа ртрадициатә культураҿы аҭамада инаигӡо ароли иара ихаҭа истатуси акырӡа иҳаракны иршьон амҩаԥгара мацара адагьы.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Аҭамада иалырхуа ауаҩы ари даараӡа пату зқәу аӡә иакәзароуп ижәлантәи дызланхо агәыла-азлеи рыҩнуҵҟа. Ҟарачы-Балҟартәи абызшәақәа рҟынтәи еиҭаугозар, ажәа "ҭамада" – "аиҳабы", "ахада" аанагоит. Убри аан ҭамадас иалырхуа хымԥада зықәра ыҟоу иакәны дыҟазар акәӡам, уи дҿаӡаргь ауеит, ихадароу – иара дызланхо рҟны имоу апату анаҩсгьы иажәаҳәатә ҟазара ауп.

Шәеидымшылахааит, ма аԥсуа чараҿы аныҳәаҿақәа реишьҭагылашьа - Sputnik Аҧсны
"Шәеидымшылахааит", ма аԥсуа чараҿы аныҳәаҿақәа реишьҭагылашьа

Ачараҿы аҭамада далырхуеит актәи аныҳәаҿа "Анцәа улԥха ҳаҭ!" анааныркылалак ашьҭахь. Убри нахысгьы аишәачара амҩаԥгара иара идуп. Иара ачара иацу ақьабзқәагьы иара изин алоуп ишымҩаԥысуа, иара иазылихуа аамҭа инақәыршәаны. Аҭамада имазҵаакәа ацәажәарагьы аишәа ахыҵрагьы ҟалом. Аҭамада аныҳәаҿа анааникыло иажәа аҿаԥҽра патудароуп ҳәа иԥхьаӡоуп, зегьы ршьапы иқәгылан иӡырыҩуазароуп. (Иахьатәи ҳаамҭазы амикрофон дышҭацәажәогьы ибжьы аӡәгьы иаҳауам.) Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы уаанӡеиԥш ажәлар зегьы ырӡырҩны аныҳәаҿа аанкылара иаҟәыҵит.

Аҭамадеи уи иҩызцәеи рҿаԥхьаҵәҟьа асасцәа надыртәоит дара-дара пату еиқәҵаны аныҳәаҿақәа ныркыларц азы. Егьырҭ ауаа еидтәалоу дара-дара аныҳәаҿақәа еибырҳәоит. Џьоукы, аныҳәаҿақәа реишьҭагылара иашьҭам, аҭаца дахьгылоу инеины аҵәцақәа ныркылоит. Иаахҵәаны иуҳәозар, зегьы хаз-хазы ирҭаху ҟарҵоит. Иҟалап уи азы акәзаргьы аԥсуа чарақәа ргьама зырцәыӡызгьы. Аԥшәмацәеи асасцәеи раԥсшәеибыҳәашьа, рыпатуеиқәҵашьа аӡәгьы дашьҭамызар, аҭамада иныҳәаҿақәа рҳәашьа иазымӡырҩуазар, нас иарбан ԥшӡароу, иарбан ҵасу ачара иазынхо.

Абхазский фестиваль Апсны - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа чарахь абилеҭ: ажәытәи аҿатәи реиҿырԥшра амҩала

Аҭамада ицәажәарала иааирԥшуеит ҭаацәарак, жәлантәык рҭоурых. Иааникыло ныҳәаҿацыԥхьаӡа ҭоурых маҷуп азуҳәар ауеит. Убасҵәҟьа асасцәа рганахьалагьы ицәажәо аиҳабы. Урҭ рыпатуеиқәҵара еиндаҭларак иаҩызан. Араҟа ихадараз заҟа ҵәыца ржәыз акәӡамызт, заҟа иԥшӡаны иахцәажәаз ауп. Итәаз ауаагьы урҭ раҵәцеимдашьа зҿлымҳарыла иазыӡырҩуан, ражәақәа гәныркылон. Ачараҿы иалху аҭамада ифункциа хадақәа иреиуоуп асасцәа (амаҟарацәа) ишақәнагоу рԥылашьа, пату рықәҵашьа, рымҩаԥгашьа.

Иахьа аҭамадаратә ҟазара аӡра ишаҿу убоит, уи инаигӡоз функциақәак иԥсахит иааԥхьоу амҩаԥгаҩ. Аишәачара амҩаԥгара аҟазара алаҟәхара ачара зегьы амҩаԥысшьа ашьхыцқәа реилалара еиԥшнатәуа иҟалеит, хаоск еиԥшхеит, аҵәца арҭәреи аҭыркәкәареи ада акы азнымхакәа. Иҟалалоит ачараҿ имтәакәа аԥара ҭаҩны ианцогьы, мамзаргьы инеиуагьы изызнеиз аныҳәа иазҿлымҳаны акәымкәа, баша акрыфараз инеиуа дубап.

Аԥсуа чара - Sputnik Аҧсны
Амреи Амзеи реиԥш еидажәлааит, ма ачара шчароу злаудыруа

Иҟаҵатәузеи ачара ахаҿра аргьежьразы? Ари азҵаара аҭак аҟаҵаразы уи ахаҿра еилазго арбану еилкаатәуп. Аԥхьа игылазар ҟалап ачарахь иааԥхьоу ауаа рхыԥхьаӡара арацәара, армыцхәра.

Анаҩс, аҭамада ироль уаанӡа ишыҟаз еиԥш ашьҭыхра, иара убас асасцәеи аԥшәмацәеи ирыбжьоу аԥҟарақәа разгәаҭара. Акәымзар баша қьафурҭак иаҭаан крыфа-крыжә ицаз уакәны уаанхоит, уахьыҟаз чаразу, даҽа усмҩаԥгатәк акәзу узымдыруа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0