Есма Ҭодуаԥҳа: "Иааизар аамҭа Аԥсуара ҩны ианааныжьтәу?!"

CC0 / / Девушка с книгой
Девушка с книгой  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуара аԥсуа иԥсҭазаараҿы аҵаки, иахьатәи аҭагылазаашьеи, насгьы уи аԥҟарақәа зегьы еидызкыло мҩақәҵагақәак аҭыжьра аҭаху иаҭахымуи ртәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

"Удин аныс, ишҳауҳәара, Ҭамшьыгә, ҳазусҭцәада ҳара – аԥсуаа, ҳаԥсылманцәоу, мамзар ҳқьырсианцәоу, иарбан ҳара ҳдин?" – ҳәа Лыхнашҭа еизара дук анцоз, идеизаланы изыӡырҩуаз ауаа рахьынтә хацәа бзиақәак иазҵааит Алы-иԥа Ҭамшьыгә.

Дуаҩуп, даамысҭашәоуп: аԥсуара азҵаарақәак ирызкны - Sputnik Аҧсны
"Дуаҩуп, даамысҭашәоуп": аԥсуара азҵаарақәак ирызкны

"Сахьыжәбо сааихьеит, "абаақәа, уқьырсианӡами, мамзаргьы уԥсылманӡами" ҳәа иакәым ҟазҵаз аԥсыуак абасала дырԥхашьаны, абзиарахь дхьадырԥшуа ҳаҩнуҵҟа иахьанӡагьы исмаҳац. Џьара гәымхарак зымпыҵҟьаз ҳабжьара аӡәы дҟаларгьы, ишахәҭаз еиԥш ирӷьеҩны, "уаԥсуара ухашҭма, уаԥсыуаӡами, абаақәа, ҳурԥхашьеит..?!" рҳәон. Сшәазҵаауеит, нас арҭ аҩ-динк инархыҳәҳәо, ҳахра ҿҟьарақәа ираҳу, Ерцахә еиԥш ирылҳәҳәо, иӷьазӷьазуагьы ирхагылазар акәу Аԥсуара акәӡами? Уи ауп здоуҳа еизаку жәларык шҳакәу, ҳаиҟәымҭхаӡакәа, ҳаӡәыкны ҳҟалартә еиԥш аԥсуаа зегьы ҳаидызкыло! Убас акәын, дад, ишыҟаз анкьа ҳабдуцәа рхаан Аԥсынра…" – ҳәа аҭак риҭеит Алы-иԥа Ҭамшьыгә".

Арҭ Смыр Чықь (Мысҭафа) игәалашәарақәа рыҟнытә иаагоу арҭ ацәаҳәақәа иахьагьы актуалра рымоуп.

Ажәларқәа зегьы динк-динк рымоуп. Иарбан ҳәынҭқарразаалакгьы гәыцәс иамоуп иара ахатә дин, уи иаԥнаҵо азакәанқәа рдин ауп шьаҭас иамоугьы. Ҵабыргуп, Аԥсны милаҭ рацәала еиларсуп, урҭ амилаҭқәа досу рдин ныҟәыргоит. Аха Аԥсны заҵәык акәым ас еиԥш иахьыҟоу, милаҭ рацәала еиларсу атәылақәа рхыԥхьаӡара маҷым. Адунеи аҿы хнызқь рҟынӡа аетносқәа ыҟоуп, аха ҳәынҭқаррақәас иҟоу ҩышә иреиҳам. Ҳара ҳәынҭқарраны ҳаҟазаара ҳаиқәхара иаҿҳәароуп. Ус анакәха, ҳҳәынҭқарра алшарақәа ахьынӡаҟоу ҳаԥсыуазароуп, аԥсуара азакәанқәа гәыцәс иҳамазароуп.

Архивтә фотосахьа. - Sputnik Аҧсны
Аԥсуара – идоуҳатә кодекс дуны аԥсуаа иҳамоуп

Аԥсуаа ҳаҩнуҵҟагьы (иҳаланхо амилаҭқәа ракәым) аӡәы дқьырсиануп ҳәа ихы ишьоит, даҽаӡәы дыԥсылмануп ҳәа, аха ақьырсиан ҳәа зхы зшьогьы есыҽны Ауасиаҭ даԥхьом, ауахәама дыҩнам, сыԥсылмануп ҳәа зҳәогьы Аҟәырҟан иаԥхьа иқәым, анамаз икуам.

Аԥсуара иҩым аԥсуаа ҳуасиаҭ ауп, ҿырҳәала абиԥарала еимдо иааҳго. Еилкаатәуп, ара зыӡбахә ҳамоу Анцәахаҵара акәым, досу иара иазхаҵара имоуп. Еиуеиԥшым аныҳәақәа раан, иаҳҳәап абыржәааны ачгара ианыҵоугьы, џьоукы анс иҟарҵоит, џьоукы - арс, аха шамахамзар ҳабдуцәа ишаҳдырбаз ҳәа ԥсыуала инарыгӡоит. Аха "иҟаҳҵо иашоума?", "ишԥаҟаҵатәу?" ҳәа иазҵаауа рхыԥхьаӡара есышықәса еизҳауеит.

Ҳзықәныҟәо ҳақә, ҳҵас анҳампыҵышша, ҳаргьы ҳаԥсыуаау ҳаԥсыуааму ҳзымдыруа ҳаанхоит...

Иааизар аамҭа Аԥсуара ҩны ианааныжьтәу?!

Ари азҵаара акәшамыкәша ацәажәарақәа цоит, аха "аҟәараан аҿы ахьынӡаарту ашә иаҿыҵакыз абгахәыҷы иама ицоит"…

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0