"Ацәгьа еснагь агәара икылыԥшуеит": ауаҩы дшьақәызҟьо иҵоурам мифтә хаҿсахьақәак

CC0 / / Луна
Луна  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаҩы ацәгьара изырҟаҵо, дшьақәызҟьо иҵоурам амифтә хаҿсахьақәа ирызкны згәаҭарақәак ҳадылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ, Sputnik аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Аԥсуаа ибеиоу рдунеихәаԥшраҿы, реилкаараҿы еснагь иҟан ацәгьа-абзиа, урҭ реиҿагылара, реибарххара. "Ацәгьа еснагь агәара икылыԥшуеит" рҳәон. Убри ахырхарҭала жәлар рфилософиа зныԥшуа ажәаԥҟақәа иреиуоуп: "Ацәгьа аҽаҵәахуам, аха абзиарагь азаҵарӡуам", "Ацәгьа уаԥызазар аҵкыс абзиа аҵыхәан угыл", "Ацәгьеи абзиеи – амцеи аҵааи", "Ацәгьеи абзиеи ззеиԥшу дыбзамыҟәуп", "Ацәгьара уаҩы ихамышҭуазҭгьы, бзиара ҟаломызт".

Священная роща Мгудзырхуа - Sputnik Аҧсны
Иҵасым ҳәа ззырҳәо: амифи аҵабырги рҳәаақәа ахьеиларсу

Даҽакала иаҳҳәозар, аԥсуаа рмифтә дунеихәаԥшышьа злаҟоу ала, ауаҩы абзиарақәа изырҟаҵо, ахәыцра бзиақәа ихы иҭазгало, дзырманшәало, дҵоураны дҟазҵо инцәахәы иоуп. Ацәгьара изырҟаҵо, ацәгьа хәыцрақәа ихы иҭазыршәо, дшьақәызҟьо иаҩсҭаахә иоуп. Дарбанзаалак ауаҩы имоуп инцәахәи иаҩсҭаахәи. Дара реиҿагылара, реибарххара, ҵыхәаԥҵәара рымаӡам наџьнатә аахысгьы.

Ҳрызхьаԥшыр ахәҭоуп аҩсҭаа иааидҩыло ацәгьарақәа ирылашоу даҽа мифтә хаҿсахьақәак: аџьныш, агызмал, ақаҷаа, ахәырҭлаӷь.

Аџьныш

Ажәлар рмифтә гәаанагараҿы аџьныш цәгьамзар бзиа змыӡбо демонологиатә хаҿсахьоуп. Аҩсҭаа, агызмал, ақаҷаа рдунеи датәуп, дыџьбароуп.

Аџьныш зыԥсы ҭаны адгьыл иқәу дшырԥырхагоу еиԥш, адгьыл аҵангьы – аԥсцәа рдунеи аҟынгьы дыҟоуп, џьаҳаным аԥшәымас дамоуп, рыԥсы анҭаз агәнаҳа ҟазҵаз ауаа рыԥсқәа уа изыргәаҟуа дырхадоуп ҳәа дыԥхьаӡоуп.

Погода  - Sputnik Аҧсны
Аҿамԥыџь уааҳәра дыргом: иҵоурам ауаҩы ихымҩаԥгашьа аазырԥшуа ажәақәак

Ақаҷаа

Уарлашәарла ада иаҩысҭаау ари ахаҿсахьа изкны адыррақәа уԥылом. Абар аҵарауаҩ Сергеи Зыхәба ақаҷаа изкны иусумҭақәа руак аҟны иҩуаз:

"Ақаҷаа мифтә хаҿуп, ҩысҭаа мусхәуп. Иара изкны ҷыдала асиужет змоу жәабжьык, ҳәамҭак хазы ажәлар рҿы иаҳԥымлац. Еиҳараӡак иаҩысҭаа мусхәу амифтә персонажқәа (аҩсҭаа, агызмал, аџьныш) анеиқәырыԥхьаӡо иаргьы иӡбахә рҳәоит цәгьаршҩык иаҳасабала".

Ахәырҭлаӷь

Ахәырҭлаӷь ҳәа амифқәа рҟны ицәыргоу аҭакәажә илзырҳәалоит, аха ари аперсонаж хазгьы дыҟоуп, иаагоу ахаҿсахьа ахатәы ҷыдарақәа амоуп. Бжеиҳан уи дыԥҳәысуп, аха ахәырҭлаӷь ҳәа акыр зықәра зфахьоу, иҵлаҳәысҭахахьоу ахаҵа ианизырҳәогьы ыҟоуп.

Ахәырҭлаӷь аамҭак азы уаҩҵас иҟаз, изҩыдаз, аха нас изыхҟьа-зынԥазаалак ихәырҭлаӷьхаз аиакәымқәа ҟаиҵо, ауааи арахәи аԥхасҭа риҭо дҟалеит.

Очаг - Sputnik Аҧсны
Цәгьамзар бзиа ҟазымҵоз: ажәытәра иагаз ахәышҭаара анцәахәы - Ҿаԥ изкны

Агызмал

Агызмалцәа рацәаҩны иҟоуп ҳәа ирыԥхьаӡон. Мифтә хаҿқәоуп, ҩысҭаа цырҟьоуп. Ианагь алашьцарақәа, ацәыҵарақәа ҭыԥс иалхны ирымоуп.

Агызмал цәгьамзар бзиа ҟазымҵо иоуп, ианигәаԥхо зныхгьы ацгәы, ақәыџьма, ма арбаӷь дақәтәаны уахынла алашьцара иҽалакны дныҟәоит. Иара ауааи арахәи ацәгьара рзиуеит, рхы ҭиҟьоит, иеилеигоит, аиакәым дирҳәоит, аиакәым дирҟаҵоит. Агызмал, изларҳәо ала, дхаҵазаргьы ҟалоит, дыԥҳәысзаргьы ҟалоит. Шамахамзар қыҭацыԥхьаӡа абри дгызмалуп ҳәа аӡәи ҩыџьеи алкааны ирыман. Уи илаԥш, имшьҭа цәгьоуп ҳәа рҽицәырыхьчон.

Агызмал ажәытәтәи аҵакы ацәыӡны, иахьа иеиҭакны ауаҩы изын "дуаҩы гызмалуп", "дгызмалуп", рҳәоит уи иҟазшьа ҷыда азгәаҭаны.

/Астатиа шьаҭас иазышьҭоуп аҵарауаҩ, афольклорист С.Л. Зыхәба ишәҟәы "Аԥсуа мифологиа"/

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0