Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik
Иарбанзаалак аныҳәа - ари ауаҩы икультура аазырԥшуа азеиԥш ҵакы змоу уаажәларратә актуп. Аныҳәақәа зегьы ирыцуп урҭ иузырҟәымҭхо рхатәы ҟазшьақәа. Аныҳәақәа рҟны аԥхьа игылоуп аишәа архиара, аидтәалара. Убас, ааԥын аԥсабара аҿыхара аума, ҭагалантәи аҽаҩра ақәныҳәара аума, аԥхынтәи амш алыԥха аума традициатә қьабзла имҩаԥыргоит. Аӡынтәи аныҳәарақәагьы урҭ ирылхәдаам.
Аӡын Ашықәс ҿыц аныҳәа амҩаԥгара ааҩс Қьырса ныҳәа азгәаҭаранӡа ауа-агәыцхәы, агәыла-азла еиҭанеиааиуеит. Аиҭанеиааира - ари аныҳәа иахәҭаку қьабзуп. Қьырса ныҳәа аҽназы ари аиҭанеиааира аҵакы еиҳагьы аҽарӷәӷәоит. Араҟа еилалоит амифологиатәи адинхаҵаратәи дунеихәаԥшрақәа. Амифологиатә ҵакыла Қьырса ныҳәазы ихадароуп амра агылара – амра аира аҵакы, уи иадҳәалоу ақьабзқәагьы мҩаԥыргоит Амра анцәахәы ихьӡала.
Адинхәаԥшратә знеишьала акәзаргьы, Иаса Қьырса иира амра ахаҭа аира иадыркылоит: "адоуҳатә лашара адунеи ақәлара". Ари аҽны ауаа еиҭанеиааиуеит, Қьырса иира еигәырӷьоит, ажәабжь бзиа аҩнаҭақәа рахь иаазго ахәыҷқәа аҳамҭақәа рзыршоит, игәырӷьоит. Ари аҩыза аиҭанеиааира ахәыҷқәеи аиҳабацәеи реизыҟазаашьа аанарԥшуеит, иара убас ахәыҷқәа абзазаратә ус ралархәра. Уи ианыԥшуеит абзазаратә культура.
Аиҳабацәа уанразҵаауа аиҭанеиааира ҵакыс иамои ҳәа, аҭак ҟарҵоит абас: "Ишԥабзиаз аамҭақәа, ақыҭа зегьы ҳалсуан ҳаибархәмаруа, ҳаччо, алаф ҳҳәон, ҩнаҭацыԥхьаӡа ҳнеиуан, ирыдаҳныҳәалон, нас дара аҳамҭақәа ҳарҭон: ахаа, ашәыр, аконфеҭ. Уажәы ҳаилахоуп, аха ҳамам, ҳаашьоит".
Аиҭанеиааира аҵакы аидныҳәалара, ауа-аҭахы реибабара адагьы иаҵоуп ахатәы магиатә ҵакы. Уи иаанарԥшуеит зыбзазара аку ауаа реилахәыра. Иара убри адагьы, ишдыру еиԥш, Қьырса аныҳәа аҽны инаркны амш ацлара иалагоит (уаанӡа, ԥхынҷкәын 25 инаркны ари аҽнынӡа амши аҵхи еиҟаран), убри азын ауаа амш лашара гәырӷьарыла, еиҭанеиааирыла иаԥылоит.
Қьырса ныҳәа ашьҭахь ажьырныҳәа азгәаҭара аҽазыҟаҵара иалагоит, аиҳаракгьы ажьира амаа зку аныҳәаҩ доуҳалатәи аҽрыцқьара аетап дахысуеит.
Аиҭанеиааира иаанарԥшуеит агәыла-азла реизыҟазаашьа. Арҭ амшқәа рзы досу дара ргәы зызҭоу иҿоуп иахьнеиуа-иахьааиуа, ҽааныбзиала ҳәа еидныҳәало аҳамҭақәа еимырдоит. Ас еиԥш ала аиҭанеиааира аҭаацәара-бзазаратә культура акқәа шьақәзыргыло иреиуоуп.
Иазгәаҭатәуп, аиҭанеиааира аритуал егьырҭ ақьабз хкқәа рҿгьы ишуԥыло. Уи еиуеиԥшым аныҳәарақәа ирыхәҭаку елементуп. Иара шьақәгылоуп адныҳәалара ҟазҵои аҭак изҭои рныҳәаныԥхьатә диалог ала. Ҿырԥштәыс иааҳгап ашықәс ҿыцазтәи адныҳәалара:
"Ҽааныбзиала! – Ҽаангьы, цахәгьы Анцәа унаишьҭааит!"
"Ҽааны рҳәонаҵы шәагымзааит! – Ҽааныбзиала, мышьҭабзиала ҳҭалааит!"
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Х-дунеик еимаздо: аԥсаӡ аҵаки уи архиашьеи аԥсуаа рдунеихәаԥшышьала
Амзартә рыцхә иадҳәалам – еиҭаҵуа аныҳәақәа
"Счеиџьыка уаӷрамгылан": аишәаҿы ахымҩаԥгашьа аетикет
Аҳамҭа – ари ауаа рыҩнуҵҟатәи реизыҟазаашьа аазырԥшуа актуп. "Аҳамҭа" ақьабзтә ҵакыла уахәаԥшуазар, уи ауаҩы аԥсабара иаиҭо аҳамҭа аҵанакуеит, ахаҭабура аҳасабала – иаҳҳәап: "зқьы ааӡаны шәкы абна алаҵара". Ҳамҭас, ҭабурас иаанрыжьуеит иара убас, иԥшьоу ҭыԥк аҿы амаҭәарқәа (иаҳҳәап: ашәарыцацәа ашьха ианхыҵуа уи ашьапаҿы иаанрыжьуа ахҿа, аҳәа, ма даҽа бџьармаҭәак). Мамзаргьы аныҳәаҩ дандырныҳәо ихымԥадатәны аҳамҭа ирҭоит.
Аҳамҭа (маҭәарк) аӡәы даҽаӡәы иҭара аритуалтә ҵакы ныҟәнагоит, убри азын ихадароуп ҳамҭас иҟауҵо закәу, иуҭо амаҭәар ахаҭа аҵакы.
Аҳамҭақәа зегь раԥхьа игылоуп ачеиџьыка. "Ичеиџьыка инапы иқәыргылан диԥылеит" рҳәоит аԥсуаа, уи еиҳау аҳамҭа ыҟаӡам ауаҩы изы.
Ауаҩы идкылашьа зегьы иреиҳау малуп, убри аан ихадароу аишәа заҟа беиала ирхиоу акәым, аԥшәма ихаҭа ари акт иазыҟазаашьа ауп, уи иаанарԥшуеит иззынархоу ушизыҟоугьы.
Иалкаатәуп, ачеиџьыка шхадароу шааԥшуа аԥсуаа рныҳәаратә қьабзқәа рҿы. Иарбанзаалак аныҳәара акрыфара аритуал ацымкәа имҩаԥысуам, еснагь иныҳәо ауаҩы дзыхныҳәаз зегьы агьама дирбоит. Ари мацарагьы иунарбоит ачеиџьыка аҵакы аҳаракра, пату ақәҵара, амчра злоу адоуҳаратә функциа аҵаҵара.
Аҷкәын игәаԥхо аҭыԥҳа лзы, ма харантә иааз асас изы, иара убас "ухы аасҭа бзиа иубо ауаҩы изы" ҳәа шырҳәо еиԥш, аԥсуаа иалкааз ҳамҭаны иҟарҵон ашьабсҭа аԥсы шҭаз икны, аҽы, мамзаргьы иԥшӡаӡа иҟоу, хәыц еиқәаҵәа злам аџьма, зтәыҩақәа ыршаны иҟоу. Ашықәс ҿыц адырҩаҽны акәзар, "гәныҳәа" ҳәа изышьҭаз ақьабз амҩаԥгараан аиҵбацәа аиҳабацәа ҳамҭас ирырҭон ардәына, убри алагьы аҷқәынцәа реиҳабацәа рҿаԥхьа ирылоу рышәарыцаратә ҟазара аадырԥшуан, насгьы аиҳабы пату иқәҵара иасимволын.
Иҳәатәуп, ардәына ҳамҭас арԥыс игәаԥхаз аҭыԥҳа ишылзынаиҭиуаз. Амала аҭыԥҳа лзы уи дырԥшӡон: абаз аҿыҵакны, арасамахә иқәыртәашәа, аҵиаақәа ирылартәаны.
Иазгәаҭатәуп, иара убас асас аҩны дахьааиз игәаԥхаз, илаԥш зықәшәаз иарбан маҭәарзаалак иара ишитәхо, ҳамҭас иширҭо.
Иахьатәи ҳаамҭазгьы иуԥылоит зыԥсы ҭоу ашьтәа ҳамҭас аҟаҵара. Аиҳарак уи зыдҳәалоу ахәыҷы иира ауп. Ахәыҷы данилак, аӡӷаб лҭаацәа аҳамҭақәа иаарго раԥхьа игылоуп зыԥсы ҭоу аџьма шкәакәа, атәыҩақәа ырԥшӡаны иҟаҵаны.
Аҭыԥҳа аҳамҭа аҭакс иҟалҵон лнапала иқәҵаны иҟалҵаз ачабра, ампахьшьы. Напылаҟаҵара ақәҵараҿы уи иаалырԥшуан еиуеиԥшымыз асахьақәа, уи алагьы аӡӷаб лара лҟазарагьы цәырылгон. Ус еиԥш иҟаз аҭыԥҳацәа "аҵыс мҩас асахьа ҭылхуеит" ҳәа лзырҳәон.
Иахьатәи ҳаамҭазы аҳамҭа аҟаҵара ақьабзқәа инарҟәыҭханы зыда ҟалашьа амам акакәны иубарҭоуп. Аха убри аан аҳамҭа ззыҟауҵо игьама ақәшәара ауп иаҳа изышьклаԥшуа. Егьа ус шакәугьы, иахьагьы ҳамҭас иҟарҵо амаҭәар аҵакгьы азгәарҭоит.
Иаҳҳәап, аӡәы имшира ыҟазар, ачабра, ма ачхьарԥ ҳамҭас изыҟарҵом – ачабра алаӷырӡ иатәуп, ачхьарԥ - нарцәытәи адунеи ахь уиазго маҭәаруп ҳәа. Мамзаргьы аҷкәын ахьы ҳамҭас аӡӷаб илиҭозар, уи аҵакы шдуу, аҷкәын ихықәкы лнардыруеит аӡӷаб.
Аха ишыҟазаалакгьы, аҳамҭақәа иреиҳау ауаҩы иччаԥшь ауп, аамҭақәа зегьы раан уи ԥсахрада иаанхоит.
Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik
Арҭ амшқәа рзы Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо аҧсуа ҭаацәарақәа Ажьырныҳәа мҩаԥыргоит. Традициала ишаԥу еиԥш, џьоукы аныҳәа анақәшәо амза 13 аухазы иныҳәо дыҟоуп, иҟоуп ажьира шәахьеи ԥшьашалеи иаҵагыло. Ҳара зыӡбахә ҳамоу Џьырхәа инхо Ажьиаа рҭаацәараҿы (Ажьиба Золотинск-иԥа Иури иҩнаҭа) аныҳәара мҩаԥыргоит иара анақәшәо аухазы иарбан мшызаалакгьы.
Дара рыҩнаҭаҿы абиԥарала ахьи аихеи аус адызулоз ыҟан, урҭ иахьагьы Ажьиреи Ахьиреи ирымҵаныҳәоит, аҩбагьы рымоуп. Ахьира амаа зку аиашьа еиҳабы Анатоли Ажьиба иоуп. Иури иакәзар, хазы анхара даналага, иаҿигаз Ажьира заҵәык ауп, уи ауп дзымҵаныҳәогьы. Ажьырныҳәа ахаҭа амш ааиаанӡагьы уи аҽазыҟаҵарақәа далагоит.
Адоуҳатә ҽрыцқьара изныкымкәа аӡбахә ҳҳәахьеит. Ажьырныҳәа аԥыларагьы адоуҳатә ҽрыцқьарала иалагоит. Аԥхьа игылоуп ҳәарада аныҳәаҩ ихаҿы – Ажьира, ма Ахьира амаа зкыу, аҭаацәа, ажәлантә зныҳәо. Аныҳәара мҩаԥызго аҩнаҭа ахаҵа аиҳабы Иури Ажьиба иоуп. Уи Ажьырныҳәа аламҭалаз ӡык наиқәиҭәоит, иҽирыцқьоит, иажәа раӡаны дцәажәоит, арыжәтә аҿы иҽникылоит. Иара ихаҭа иазгәеиҭоит абас: "Абри аныҳәара сагьналагоит, абас акы сакуашәа, сда еилыԥсаауа сааҟалоит, сагьналгоит – иаргьы насхыҵуеит. Ари Ҳаиҳа зымчу иҟынтә иаауа акоуп, дад, уи аныҳәара зегьы ирыхәҭам, иақәнагоу ҳәа иҟоуп", - иҳәоит Иури (Тыка) Ажьиба.
Уаҵәуха ныҳәаны еиԥш, иахьагьы рҽыдрыцқьоит, ӡык нарықәырҭәоит Ажьира иаҵагыло аҭаацәа зегьы. Ари аныҳәара иаԥхьанеиуа ихымԥадатәу ритуалуп.
Ишдыру еиԥш, аныҳәа ихадароу ашьтәа – аџьма-шьтәа ауп (аханатә шьтәас иҟаз ауаса акәын ҳәа зҳәо аҵарауаа ыҟоуп) – Шьашәы Ахьаҳ Ду ихьӡала, аха иҟоуп ацә, ма аӷаац зшьуагьы. Убас, Жьиаа рҭаацәараҿы аныҳәа аухазы шьтәас иршьуа ацә ауп, иара убас арбаӷьқәа аҭаацәа алахәылацәа рыцыԥхьаӡа – Шьашәы-рбаӷь ҳәа ззырҳәо. Абарҭ изыхныҳәаран иҟоу ашьтәақәагьы аҽрыцқьара иахысуеит.
Ажьырныҳәа ааигәахара хымш-ԥшьымш шагу зшьа карҭәаран иҟоу ашьтәа аҩны иҵадырԥхьоит. Аҵарԥхьара анаҳҳәо, уи иаанаго ашьтәа хазы иҭакны (аҩызцәа ирылаҵаны акәымкәа) ирбоит, акраҿарҵоит. Убасҵәҟьа иҵадырԥхьоит изыхныҳәараны иҟоу арбаӷьқәагьы. Убри алагьы изыхныҳәаран иҟоу ашьтәақәагьы аҽрыцқьара аетап иахысуеит уҳәар ауеит. Ашьтәа ианахныҳәо аламҭалазгьы аҿы ӡык нақәҭәаны ирыӡәӡәоит. "Уажәы абзара уҳарбоит, нас агәи-агәаҵәеи уҳарбоит" ҳәа ражәа иалаҵаны ирҳәоит, аныҳәа ашарԥазы ианныҳәо.
Ажьира иаҵагыло зегьы еицны иара аҭыԥ ахь инеиуеит. Аныҳәаҩ ишахәҭоу еиԥш ала дрықәныҳәаны (аныҳәара аимпровизациатә ҟазшьа амоуп, зҽызымԥсахуа ажәақәа шалоугьы) ашьтәа ишьуеит. Нас аҷкәынцәа наицырхырааны ашьтәа ацәа ахырхуеит, ахәҭақәа еиҿыхны ачуан иҭаҵаны иржәуеит.
Убасҵәҟьа хазы арбаӷьқәагьы ҟарҵоит. Егьырҭ аҩнрақәа рҟынтәи аҩн ду ахь иаауа аҭаацәарақәа (Иури иҷкәынцәа, иҭацацәа, имаҭацәа) досу рмарҭхәқәагьы ааргоит: рыцыҧхьаӡа арбаӷьқәеи, ашылеи, аџьыкхыши, ацәеи. Аныҳәаҩ иара убас ирхиоит ацәашьқәа досу иааргаз рцәашьхәқәа рыла.
Изыхныҳәо зегьы анымазеихалак, ахәылԥаз, ажьира иаҵагыло зегьы еицны ажьирахь инеиуеит. Аныҳәаҩ аԥхьа ашьтәа агәи-агәаҵәеи зхоу ажьраҳаратә-ҵәы изнапык аҿы икны, егьи инапала ацәашьы кны дныҳәоит. Иара абраҟа ихдыртлоит аҭыԥ аҿы иҵоу аҳаԥшьа-ҩы, иара уи аҩы алагьы иныҳәоит.
Иазгәаҭатәуп аҭыԥ ахь ишаарго ашьтәа ацәагьы. Иара дзыхныҳәаз ашьтәа агәи-агәаҵәеи маҷк-маҷк намхны, аҩы нақәҭәаны, аџьыкхыш лақәырҳәҳәы "Ачбеи Чачбеи" ирызку аритуал мҩаԥигоит, нас егьырҭгьы агьама дирбоит. Ацәашьы наганы асаҟәа ашьапаҿы икыдиҵоит.
Анаҩс арбаӷьқәагьы ргәи-ргәаҵәеи араса-ҵәқәа инархаҵаны досу хаҭа-хаҭала изтәу ихьӡ наҳәаны дрықәныҳәоит, досу ицәашьгьы наихигоит, урҭгьы уаҟа ибылуеит. Изыхныҳәо арбаӷьқәагьы рыхқәеи ршьаԥқәеи еиламырҩашьакәа иара уа инаргоит.
Аныҳәаҩ зегьы данрықәныҳәалак ашьҭахь, досу иарбаӷь агәи-агәаҵәеи агьама дирбоит. Уи ашьҭахь ажьира иаҵагылоу зегьы аҳаԥшьа-ҩы рызҭаҭәаны инадиркуеит, урҭгьы "Алԥха-агәыԥха" ҳамаз ҳәа рхы иақәныҳәоит.
Ажьираҿы иныҳәаны ианалгалак, ркәац, рыкәтыжь рыманы аҩныҟа иааиуеит, аҳаԥшьаҩгьы заҟа рҭаху нҭыганы иааргоит. Аҩны ианыныҩнало, аҩнаҭа аҭацацәа (ари Ажьира иаҵагылам) рԥылоит "Алԥха-агәыԥха шәымазааит!" ҳәа иныҳәаныԥхьо. Наҟ-ааҟ еиқәгәырӷьо еибаныҳәоит.
Аҩнаҭа аҭацацәа дара рыҩнраҿгьы ажьира рыманы иҟазар, хазы аҩны аган аҿы, ҵлак амҵан рарбаӷь рыманы инеины рхы иақәныҳәоит. Убас ҟалҵоит Иури иаҳәшьа Лиуда Ажьиба Уаҭҳара аҩнра ҳәа дахьыҟоу. Лара ҵлак ашьапаҿы днеины, ларбаӷь, лчашә, лцәашьы, лҩы наганы лныхахә ахьӡала дныҳәоит. Уи дахьыҟоу аҩны уажәы иныҳәо лыҷкәын аиҳабы шиакәу ала, "бныхахә алԥха бымазааит" ҳәа длықәныҳәоит.
Абарҭ ақьабзқәа рышьҭахь зегьы аишәачарахь иниасуеит. Араҟа ихымԥадатәуп иара убас, изыхныҳәаз ашьтәеи арбаӷьқәеи рыбаҩқәа еизганы акы иахьамҟьашьыша ҭыԥк аҿы ижны анышә аҭара. Ари аныҳәара аухашаанӡагьы агәылацәа еиҭанеиааиуеит, еибаныҳәоит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Шьашәы абжьныха ирхылаԥшу аҵалара: Ажьира аҵеи дшаҵарныҳәо
Ашәба еиҭеиҳәеит ажьира шьҭрала измамыз ишышьҭихуаз атәы
Ашәба еиҭеиҳәеит ажьира шьҭызхыр зҭахыз рзы иаԥҵаз аԥҟарақәа ртәы
АҞӘА, ажьырныҳәа 16 – Sputnik. Акоронавирус зцәа иалаз, ҩ-ганктәи аполисегментартә гәыҵәкра змаз ахаҵа иԥсҭазаара далҵит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы, ажьырныҳәа 14 рзы.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 102-а, урҭ рахьтә 90-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 27-ҩык, ибжьаратәуп - 40-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 36-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 26-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 15-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 26-ҩык, амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 57-ҩык апациентцәа.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 10486-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 8190-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 152-ҩык.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>