Шьашәы абжьныха ирхылаԥшу аҵалара: Ажьира аҵеи дшаҵарныҳәо

© Sputnik / Томас ТхайцукПразднование Ажьырныхуа в селе Тхина
Празднование Ажьырныхуа в селе Тхина - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵеи ажьира иаҵаныҳәара ақьабз шымҩаԥырго атәы ҳадылгалоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Аҵеи иира аҩнаҭаҿы агәырӷьара шацу еиԥш, аҭакԥхықәрагьы ацуп. Аҵеи абиԥара ашьҭра назыгӡо ҳәа ихәаԥшуеит. Убри аҟынтә уи дшыхәыҷу инаркны аҩнаҭа ақьабзқәа дрыладырхәуеит. Урҭ иреиуоуп аҩны ажьира змоу аҵеи абри ажьира иаҵаргылара аритуал. Ажьира аҵеи даҵарныҳәар ҟалоит шықәсык анихыҵлак нахыс. Иҟоуп изҳәо, ажьира амч шыӷәӷәоу ала, ахәыҷы хышықәса ихыҵаанӡа уахь инагара аҭахӡам ҳәа.

Праздник Ажьырныхуа - Sputnik Аҧсны
"Азҩа-ԥхӡы Анцәа иаҳзааумган": аԥсуаа Ажьырныҳәа шымҩаԥырго

Ари ақьабз мҩаԥыргоит ажьырныҳәа 13 азы аныҳәа анымҩаԥыргалак ашьҭахь ҽнак алхны (амшшьара анрықәым) жәабранмзанӡа иҭагӡаны. Уи азы ахәыҷы иҭаацәа ақыжә, шықәсык зхыҵуа, ишкәакәоу, гра змам ааргоит. Ажьырныҳәа аилашәшәымҭаз акәзар ианымҩаԥырго, ажьира ахәыҷы даҵарныҳәоит ҽынла. Аҵаныҳәара анымҩаԥырго ажьира иаҵагыло егьырҭ аҭаацәа алахәылацәагьы ыҟоуп, амала иаҵарныҳәо ахәыҷы иҭаацәа рыда егьырҭ уахь рмарҭхәқәа наргаӡом. Ажьира иаҵарныҳәо ахәыҷы иҭаацәа ашьтәа анеҩс, иҟарҵо амарҭхәқәа иреиуоуп: ашыла, ачашыла, ашәаӡа, аџьыкхыш, ацәа (ацәашьы).

Аныҳәаҩ, ма аҭаацәа реиҳабы, ишыҟаиҵалац еиԥш, иҿы ӡык нақәҭәаны, ашьтәагьы ахаҿы, ашьапқәа ӡәӡәаны, иара убас абӷагь ӡык нақәҭәаны мрагыларахь ихы нарханы аныҳәара дналагоит:

"Шьашәы Ахьаҳ Ду, абжьныха ирхылаԥшу! Улаԥш хаа игумыжьын абри асаби, иахьа ажьира даҵасныҳәоит, уара унапы данысҵоит, улԥха-угәыԥха иуҭарц! Агәабзиареи, агәамчи, аԥсынҵра дуи иаҭәоушьарц суҳәоит!" ҳәа аимпровизациала дныҳәоит абарҭ ихадароу иажәақәа рнаҩс. Ахәыҷы араҟа иан лоуп дызку. Аныҳәаҩ дныҳәаны даналгалак, зегьы арыӷьарахьала игьежьуеит хынтә. Аныҳәаҩ ашьтәагьы атәыҩа ианкны убас хынтә иргьежьуеит. Нас ашьтәа шьны, еиҿыхны иржәуеит.

Ашьтәа анымазеихалак, ахәыҷы дрыманы ажьирахь инеиуеит. Уажәшьҭа агәи-агәаҵәеи аҳаԥшьа-ҩи рыла дырҩегь аныҳәаҩ ахәыҷы диныҳәоит, ацәашьы ихигоит "иахьарнахыс ажьира аҵагылара азин умоуп" ҳәа агәи-агәаҵәеи агьама иирбоит. Ари аҵаныҳәара иалахәу зегьы ахәыҷы дырныҳәоит, нас аҩны иааины аишәа-чара ҟарҵоит.

Руслан Берзек  - Sputnik Аҧсны
Анцәа ииныҳәаз, ауаа ирныҳәаз: аныҳәаҩ ихаҿра

Аҭаацәараҿы хҩы-ԥшьҩы аҷкәынцәа ыҟазар, ирызҳаны, хаз-хазы аҭаацәарақәа аԥҵаны анхара ианалагалак, руаӡәы иара иҩнаҭаҿгьы ари аныҳәара (ажьырныҳәа) амҩаԥгара иҭахызар, уи иаҿыганы игар ҟалоит.

Уи азгьы абас еиԥш, Ажьырныҳәа ааҩс ҽнак налхны аныҳәаҩ иаҿызгар зҭаху диныҳәоит Шьашәы-рбаӷь ала (араҟа аџьма-шьтәа аҭахым), инапгьы ибӷа инықәшьны, "иахьарнахыс аныҳәара азин умоуп" иҳәоит ажьира иахьаҿырго аҭыԥ аҿы. Убасҵәҟьа иара дахьынхо, иҩнаҭаҿгьы инеины арбаӷь шьны диныҳәоит. Иааиуа ашықәс инаркны иара иҩнаҭаҿы аныҳәара амҩаԥгара азин иоуеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0