Абыргра арԥысрала иалагоит. Уанбыргхалак ҳаҭыр-пату уқәырҵар уҭахызар, уанарԥысу инаркны ууаҩра ҳаракны, утәашьа-угылашьа, уфашьа-ужәшьа, уцәажәашьа-ухәыцшьа аԥсуара ианаало зегь рыла ухы мҩаԥугалароуп. Убасҟан ауп уаҳаҭыр аныҟало. Убасҟан ауп уажәра ҳаҭыр анақәу.
Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik
Ауаҩы иԥсҭазаара аҩнуҵҟа еиуеиԥшым ақәратә аамҭақәа дырхысуеит, "ихәыҷымкәа идухахьада", уи зегьы еицаҳзеиԥшуп, зны дсабиуп ҳәа узхәаԥшуаз ԥхьаҟа ддухоит, деизҳауеит, нас мышкы зны иаԥхьаҟа абырграгьы ишәхымс иаалагылоит. Аамҭа аҽыҩ иаҩызоуп, улаԥш нахьымӡо иласуп аныҟәашәа. Ахәыҷра, аизҳара, аҿара, абыргра аӡәгьы дзацәцом, аӡәгьы изынкылом урҭ ақәратә аамҭақәа рҽеиҭныԥсахлара.
Аҿамԥыџь уааҳәра дыргом: иҵоурам ауаҩы ихымҩаԥгашьа аазырԥшуа ажәақәак
"Ауарцеи", "асақь", "аҟаса": аҵакырацәа зныԥшуа аԥсыуа ажәақәак
Ауаҩы қәрала иеизҳара ирыбжьанакыз аамҭақәа ирымоуп рхатәы хьӡқәа. Аԥсуа быргцәа рыҿцаа аҟнытә ақәратә аамҭақәа шоит жәаҩаџьара. Ҳәарада, уи аихшара авариантқәа амамкәа иҟам, аха хшыҩзышьҭра аҳҭап иаҳа ихадақәоу.
Ахацәеи аҳәсеи ирзеиԥшуп хы-қәрак: аӡҟы, асаби, аҵәрышкәа.
Анаҩс ахацәеи аҳәсеи рықәратә аамҭақәа рҽеихыршоит. Ахацәа рзы уи алагоит абас:
Аҳәса ирзынархоу ақәратә аамҭақәеи урҭ рыхьӡқәеи шьақәгылоуп анеиҩс иаагоу ажәақәа рыла:
Иҟоуп аҳәсеи ахацәеи еицырзеиԥшу, урҭ рықәра азырбо даҽа ажәақәакгьы:
Ахыркәшамҭазы исҳәарц сҭахуп, иарбан қәратә аамҭазаалак иузыннажьуеит угәаҵаҿы иҵәахызаауа аԥшӡара, ахаара, хнырҳәышьа змам агәалашәарақәа. Урҭ ацәаныррақәа уԥсы ахьынӡаҭоу иуцзаауеит. Убри аҟнытә, илашазааит шәыԥсҭазаара, ибеиазааит иссиру, игәыҟаҵагоу, хашҭра змам ахҭысқәа рыла.
Астатиа аиқәыршәараҿы ахархәара аман ашәҟәыҩҩы-ажурналист Шьаликәа Камкиа ишәҟәы "Ажәақәа рдунеи".
Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik
Ахаҵа ихаҵатәы асакралтә ҵакы шамоу еиԥш, аԥҳәыс лхаҵатәгьы ахатә символқәа амоуп. Урҭ ираԥхьагылоуп "ацқьара". Уи ацқьара аҿаԥхьа рхы ладырҟәуан. Ҿырԥштәыс иугозар, ҩыџьа ахацәа ахьеисуа аԥҳәыс лкасы аалхыхны илыбжьалыршәыр, иаразнак иҳашҳатәрахазшәа иаангылон, наҟ-ааҟ инеидыҵуан.
Аԥсуаа рҿы еиҳа инарҭбааны ахархәара змаз акасы ауқәа, ашьалқәа ракәын. Иара аҿаҳәашьақәа еиуеиԥшымкәа иҟан. Аԥҳәыс лкасы аныҟәгашьала еилукаауан лара дзеиуоу, лсоциалтә статус, иара убас аҭаацәара далалахьоу, даламлацу, дҳәаны дыҟоу, мамзаргьы дыԥҳәыс еибоу.
Кавказ ажәларқәа рҿы аԥҳәыс лхаҵатәқәа рҟынтәи азҿлымҳара рымоуп акасы здыркуаз ахылԥа қәацәқәа. Уи аԥҳәыс лыхцәеиԥш лыхәдагьы аҵәахуан. Уи ахылԥа ахыхь даҽа касыкгьы ахарҵон (аиҳарак ахьҭақәа аныҟаз). Ари ахаҵатәы еиуеиԥшым аформақәеи аорнаментқәеи аманы иахьа иахьубо акәашаратә-ашәаҳәаратә ансамбльқәа рҿоуп.
Ачечен жәлар рҿы иара хьӡыс иамоуп "курхарс" – актәи ахәҭа еиҭаргоит "ашьабсҭа атәыҩақәа" ҳәа, аҩбатәи – ахцәы. Иара аформала аиашаз ашьабсҭа атәыҩақәа иреиԥшуп, наҟ-ааҟ аганқәа ирқәацәны ишьҭыхны иҟаҵоуп. Ахылԥақәа рхаҭақәа рҿы иануп еиуеиԥшым асахьақәа: амра асахьа, амза асахьа, аеҵәақәа, ашьабсҭа. Ас еиԥш иҟоу ахаҵатәы архаикатә ҵакы аныԥшуеит.
Адыга жәларқәа рҵас ала, аԥҳәыс раԥхьатәи лыхшара данлоулак ашьҭахь ари ахылԥа налхыхны акасы еицарса лхалҵон. Аҭаацәара аԥызҵаз лкасы аиқәаҵәа ԥшшәы аман. Идыруп аԥсуаа рҿгьы аҭаацәара иалалоз аԥҳәызба акасы еиқәаҵәа шакәыз илхадыршәуаз. Уи иахаану ыҟоуп уажәгьы.
Убас 86 шықәса зхыҵуа Ламара Жьиԥҳа лхаҭа лчараҿы акасы еиқәаҵәа шылхаз атәы ҳалҳәеит:
"Сара аҩнра санааи, жәаф шықәса ракәын исхыҵуаз. Аҭаца касы ҳәа акасы еиқәаҵәа схарҵеит, абас наҟ-ааҟ ужәҩа инықәсуа, еиқәаҵәаӡа, аҭаца лхы-лҿы умбо. Уажә аҭаца акасы шкәакәа лҿадыршәуеит, аха усҟан ус иҟамызт, аҭаца дырҵәахуан, алаԥш дацәырхьчон. Аԥҳәыс аҩны афатә ҟалҵома, аҽакума, акасы лхазароуп, лыхцәы аҵымԥшуа. Нас иқәыԥшуи зықәрахь инеихьои ркасы хаҵашьа еиԥшӡам, аӡӷабцәа иаҳа ирԥшӡаны иҟарҵоит, егьи аҭакәажәцәа ашьҭахьҟала иҿаҳҳәоит, нас аԥхьаҟа иааганы еиқәаҳҳәалоит, ҳарԥхаразы", – ҳәа азгәалҭоит лара.
Иахьагьы акасы ахархәара аманы иҟоуп, еиҳарак уи ныҟәыргоит ақыҭақәа рҟны инхо аиҳабыратә абиԥара, аҩнԥҳәысгьы фатәык аныҟалҵо лхахәыц наламшәаразы уи лхы иалырхәоит. Егьырахь еиҳа инарҭбааны ахархәара зманы уажәы иҟоу ашьалқәа роуп, урҭ рыжәҩа иқәдыршәуеит, еиуеиԥшымкәа иԥшӡаны иҿарҳәоит, ԥшшәы рацәала иҩычоуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аҟәыӷара, амч, ахьӡ, ахьымӡӷ: ахылԥарч аҵаки ахархәашьеи аԥсуаа рҿы
"Ашәҵатәқәа зегьы иреиӷьуп аламыс…" – аҳәса рымаҭәа азҵаатәқәа
Соура уоураны, сыҭбаара уҭбаараны: ахцәы иадҳәалоу аԥсуаа рыгәрагарақәа
Аԥсуаа ирҳәоит "аҩны гәашьамхс иаҵоу аԥҳәыс лоуп", мамазаргьы "аҩны зхагылоу аԥҳәыс лоуп". Ус акәын анкьа, ус ауп иахьагьы. Аҩнаҭа зхагылоу аԥҳәыс лоуп, аха, ианаҭахха, абџьаргьы лкыр лылшоит, аҽықәтәарагьы. Ажәакала, ахаҵа дарӷьажәҩаны дивагылоуп.
Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik
Аԥсуаа ркультураҿы аԥҳәыс еснагь пату лықәын. Иарбан еизаразаалакгьы аԥҳәыс данаарыхҭыгәла, хәыҷгьы-дугьы зегьы игыланы илхаҵгылоит, аҭыԥ лырҭоит. Аԥҳәыс амҩан аӡәы днаскьаигозар, лара дахьнагатәыз аҭыԥ аҟынӡа днамгакәа дгьежьуамызт, даныгьежьуазгьы, лашҭа дҭалаанӡа дылзыԥшуан, "аԥҳәыс сыбӷа шԥалеиасырхои" ҳәа. Џьара чарак аҿы итәазаргьы, ахаҵа аԥҳәыс ибӷа леиарханы дтәар, ԥхашьароуп.
Ахацәа аԥҳәыс дышрыцыз еисуамызт "аԥҳәыс ишылбо ԥхашьароуп" ҳәа. Ус акәымкәа, ҩыџьа ахьеисуа лкасы, ма лчабра рыбжьалыршәыр, аимак аанылкылон, убриаҟара аԥҳәыс лыпату ҳаракны ирбон. Аԥҳәыс аиӷацәа еинлынраалартә аҟынӡа амч лыманы дыҟан.
Ажәларқәа зегьы ркультураҿы аԥҳәыс лхаҿра аарԥшуп ҩ-ганкны: "илашоу", "илашьцоу". Аԥсуа жәлар рҳәамҭақәа уаныргәылаԥшуа, иубоит аԥҳәыс лхаҿала иаарԥшу анцәахәқәа рхыԥхьаӡара шырацәоу: Анана-Гәында, Анаԥа-Нага, Џаџа, Ерыш, Саунау уҳәа. Иара убри аангьы амифологиаҿы иуԥылоит аԥҳәыс лхаҿала иаарԥшу амч лашьцақәагьы: Ӡызлан, Цәаблаҟ, абнауаҩԥҳәыс, агызмал, ацгәы иақәтәоу реиԥш иҟоу.
Аԥсуа фольклор аҿы аԥҳәыс лхаҿы еиуеиԥшымкәа иаарԥшуп. Араҟа иуԥылоит здоуҳа ҟало, зымч ӷәӷәоу Саҭанеи Гәашьеи аԥшӡара иамазкуа Гәында-ԥшӡеи рхаҿсахьақәа инадыркны, аҳәса еибашьцәа, афырԥҳәыс ззырҳәо Баалоуԥҳа Мадина лҩызцәа, иара убас зыхшыҩ цҳафыру, иҟәыӷоу аԥҳәыс лхаҿсахьақәа алакәқәа рҿы иуԥыло, Ажәеиԥшьаа рҭыԥҳа леиԥш аԥсабара зырлашо уҳәа жәпакы. Уи лхаҿсахьа Анцәахша лҟынтәи аҩсҭаа, аҿаасҭа лҟынӡа аҽеиҭанакуеит, лцәаҩагьы убасҵәҟьа. Иаҳҳәап, Ӡызлан лыԥшӡара џьоукы архагоит, даҽа џьоукы ашьуеит, лхаҭа лҭеиҭыԥш акәзар, иагьыблахкыгоуп, иагьҿаасҭоуп. "Аԥҳәыс бжьы-ԥсык лхоуп" рҳәоит аԥсуаа, мамзаргьы "ацгәы-ԥсы лхоуп" ҳәа. Лара лхаҿра иадыркылоит иԥшьоу, ицқьоу еиԥш, аҩсҭаатә хаҿрагьы. Аха ихадароу уи лхаҿала иаарԥшу – аира асимволра ауп.
Аԥҳәыс аира дахыҵхырҭоуп, лара адгьыл – ан машәыршақә дадыркылом, аԥсҭазаара зырҿио лакәны даарԥшуп. Аԥҳәыс лхаҿала иаарԥшу анцәахәқәагьы аҿиара, аизҳара, аҽаҩра зырбеио, изыхьчо роуп.
Ажәытәтәи аамҭақәа инадыркны иахьанӡа уахәаԥшуазар, иубоит аԥҳәыс лхаҿы акыр аиҭакрақәа шаныԥшуа. Аханатә уи аматриархат аамҭазы аԥҳәыс ахаҵа иаасҭагьы амч лыманы даарԥшызҭгьы (уи ибзианы иаанарԥшуеит Саҭанеи Гәашьа лхаҿсахьа Нарҭаа репос аҿы), анаҩс ахацәа даарываҟәыло дубоит (афырхаҵаратә ҳәамҭақәа рҿы, алакәқәа рҿы), зны-зынлагьы цәгьарас иҟоу зегьы аԥҳәыс илхылҿиаауа убоит (амиф-ҵабырг иаҵанакуа аперсонажцәа).
Ҳаамҭазы аԥҳәыс ахаҵа иаҟара амч лыманы дубоит, уи ихадароу лроль лыҩнԥҳәысра шакәугьы, лара далахәуп ауаажәларратә ԥсҭазаарагьы, имаҷым лажәа акырԥхылнадо ианыҟоугьы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
АҞӘА, жәабран 28 – Sputnik. Ашьапылампыл азы Аԥсны аҿар еизгоу ркоманда Ростовтәи Аолимпиатә резерв аучилишье акоманда иаҵахеит амҽыша жәабран 28 рзы. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аспорт азы аҳәынҭеилакы.
Ҭамаз Бжьаниа иааӡамҭацәа Аԥсни Урыстәылеи зҽаԥсазтәыз разыҟаҵаҩ Александр Тумасиан иазыҟаиҵо акоманда иацыхәмаруан Шәача Аолимпиатә парк аҟны, иагьхыркәшахеит 2:1 ҳәа ростоваа риааирала.
Ахәмарра даҭааит Аԥсны Аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Џьамал Гәбаз, иара Александр Тумасиан идиныҳәалеит "Ахьӡ-аԥша" аорден III аорден ахьианаршьаз, уи азы Аԥсны ахада аусԥҟа инапы аҵаиҩхьан жәабран 9 рзы.
"Сара сазыҟаҵаҩ Александр Тумасиан аорден ахьианаршьаз идсныҳәалоит. Ари ауаҩ еснагь аԥснытәи аспортсменцәа илаԥш рхуп, ҳтәылаҿы аспорт арҿиара, аларҵәара дацхраауеит. Сынтәа иара ибзоураны аԥснытәи ашьапылампыласцәа қәыԥшқәа ааҩык Ростовтәи аолимпиатә резерв иаҵанакуа атәылаҿацәтә училишье иҭалеит. Иара гәыла-ԥсыла аспорт даласоуп, ианаауҭаххалак зегь рыла дувагылоит", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Ашьапылампыл азы Аԥсны аҿар ркоманда аҵара-ҽазыҟаҵаратә еизгарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны уаанӡа иацыхәмаруан шәачатәи акоманда "Медик", урҭ ирыҵахеит 4:0 ҳәа. Анаҩс ирыцыхәмарит аклуб "Шәача", аԥснытәи акоманда ари ахәмарраан иаиааит 4:2 ҳәа. Анаҩс, ҳкоманда астрахантәи "Волгарь" адубль иацыхәмарит, ара "Волгарь" аиааит 4:1 ҳәа.