Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik
Ала ауаҩы гәык-ԥсык ала изыҟоу, дызмыԥсахуа, дзыхьчауа, ҩызара изызуа, ҳаҭыр-пату зқәырҵо ԥстәуп. Аԥсуаа ҳҟны "Ала ауаҩы ишьа алоуп" ҳәа рҳәо аҟынӡа ирзааигәаны ирыԥхьаӡоит.
Иааҭкааны иуҳәозар, ажәытәӡа аахыс ала абзазараҿы ахархәара ду аман, аҩны-агәара, арахә-ашәахә рыхьчараҿы, ашәарыцараан уҳәа ауаҩы ала ада дхәарҭамызт. Дарбан нхаҩызаалак акы, ҩба иреиҵамкәа алақәа изанын. Шамахамзар, иахьагьы ақыҭақәа рҿы алақәа рааӡара атрадициақәа ирыцырҵоит, уимоу "анхаҩ бзиа илақәа рыла дудыруеит" ҳәа азгәарҭоит.
Аԥсуаа ала ԥсабарала иҟәышуп, ауаҩы ԥхьаҟа агәаҟра-арыцҳара дақәшәараны даныҟоу заанаҵ ацәа ианыруеит, игәиҽаннаҵоит рҳәон. Ала иадҳәаланы жәлара ирылаҵәаны иҟаз азгәаҭарақәа иреиуан:
Ҵабыргуп, есымшатәи абзазараҿы ала ахаҿсахьа ҩбаны – зны иҵоураны, зны иҵоурамкәа ианыҟоугьы аабоит. Ҿырԥштәыс иаагозар, ала ахаҿсахьа ауаҩы идкыланы "длоуп", "длахшоуп", "лак иоуп", "лахшак иоуп" анырҳәо, иҵоуроугьы иҵоурамгьы хәшьарак аҳасабала ахархәара рымоуп. Аус злоу арҭ ажәақәа ухы ишаурхәо ауп.
Ажәаҳәаҩ аӡәы дирҽхәарц аниҭаху, "лак иоуп" ала аӷәӷәареи, агәымшәареи, аилҟьеилӷәыцәреи уҳәа реиԥш иҟоу аҟазшьа ҵоурақәа ирсимволны ҵакыс иаиуеит – "дыӷәӷәоуп", "деиҿамсуп", "дгәымшәоуп", "акы дацәшәом".
Даҽа контекст аҟны "лак иоуп", "лахшак иоуп" анырҳәо, арҭ ажәақәа ззынархоу ԥхамшьак иоуп, "дламысдоуп", "дыцәгьоуп" уҳәа реиԥш иҟоу иҵоурам аҟазшьақәа ирдыргоуп.
Иҳамҳәарц залшом ала иахҳәаау, аха зҵакы еиҭарсу жәаԥҟақәак ртәгьы. Арҭ ажәаԥҟақәа рҿы ала аӡбахә шҳәоугьы, хықәкыла иаадырԥшуа ауаа еиуеиԥшым рҟазшьақәа роуп:
Ала шуеит - аҽы ҳәуеит
Аӡәы изыӡырҩырц, иажәақәа рхахьы иааргарц анырҭахым абри ажәаԥҟа рхы иадырхәоит. Даҽакалагьы, "ала шуеит - аҽы ҳәуеит" ҳәа узырҳәоит умч зқәымхо, уззымиааиуа, уԥсы ҭоуп ҳәагьы иҟам уиқәмақаруа уалагар.
Ала аҵыхәа ткьацла иузыриашом
Иарбан усзаалак иара ишахәҭоу, ишаманшәалоу уазымныҟәар, акгьы алҵӡом. Убри ауп ажәаԥҟа ҵакыс иамоу.
Ала ажьы ала иафом
Еидҳәалоу, ацәгьа-абзиа ззеилоу ауаа еибаҭиӡом, еидгылоит.
Ала ҵыхәаршәшәоит ҳәа улаба каумыршәын
Ауаҩы хәымга иагьа дқьақьаргьы, иагьа иҽиргәыбзыӷыргьы, игәра умгароуп, убас ҳабжьнагоит зыӡбахә ҳәо ажәаԥҟа.
Ала анажә, имитаҟәуан
Ауаҩы данажәлак, иқәра ишаҵанамкуа, ишихәҭам ихы мҩаԥиго далагар абас рҳәоит.
Идыру акоуп, алақәа рынцәахәыс аԥсуаа ирымаз Алышькьынтыр шиакәыз. Убри аҟнытә, традициала иахьа уажәраанӡагьы аԥсуаа рыбзазараҿы "Алышькьынтыр уагааит", "Алышькьынтыр уазшахааит", "Алышькьынтыр уахәхааит" ҳәа ала иазкны ирҳәо ашәиратә формақәа акыр иҟазшьарбагоуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
"Уцара ззымдыруа уаара еигәырӷьааит": ашәарыцара иадҳәалоу ақьабзқәа
Аҽышьашьана: аҽқәа рааӡара иадҳәалоу ақьабзқәеи урҭ рныҳәареи
Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik
Ахаҵа ихаҵатәы асакралтә ҵакы шамоу еиԥш, аԥҳәыс лхаҵатәгьы ахатә символқәа амоуп. Урҭ ираԥхьагылоуп "ацқьара". Уи ацқьара аҿаԥхьа рхы ладырҟәуан. Ҿырԥштәыс иугозар, ҩыџьа ахацәа ахьеисуа аԥҳәыс лкасы аалхыхны илыбжьалыршәыр, иаразнак иҳашҳатәрахазшәа иаангылон, наҟ-ааҟ инеидыҵуан.
Аԥсуаа рҿы еиҳа инарҭбааны ахархәара змаз акасы ауқәа, ашьалқәа ракәын. Иара аҿаҳәашьақәа еиуеиԥшымкәа иҟан. Аԥҳәыс лкасы аныҟәгашьала еилукаауан лара дзеиуоу, лсоциалтә статус, иара убас аҭаацәара далалахьоу, даламлацу, дҳәаны дыҟоу, мамзаргьы дыԥҳәыс еибоу.
Кавказ ажәларқәа рҿы аԥҳәыс лхаҵатәқәа рҟынтәи азҿлымҳара рымоуп акасы здыркуаз ахылԥа қәацәқәа. Уи аԥҳәыс лыхцәеиԥш лыхәдагьы аҵәахуан. Уи ахылԥа ахыхь даҽа касыкгьы ахарҵон (аиҳарак ахьҭақәа аныҟаз). Ари ахаҵатәы еиуеиԥшым аформақәеи аорнаментқәеи аманы иахьа иахьубо акәашаратә-ашәаҳәаратә ансамбльқәа рҿоуп.
Ачечен жәлар рҿы иара хьӡыс иамоуп "курхарс" – актәи ахәҭа еиҭаргоит "ашьабсҭа атәыҩақәа" ҳәа, аҩбатәи – ахцәы. Иара аформала аиашаз ашьабсҭа атәыҩақәа иреиԥшуп, наҟ-ааҟ аганқәа ирқәацәны ишьҭыхны иҟаҵоуп. Ахылԥақәа рхаҭақәа рҿы иануп еиуеиԥшым асахьақәа: амра асахьа, амза асахьа, аеҵәақәа, ашьабсҭа. Ас еиԥш иҟоу ахаҵатәы архаикатә ҵакы аныԥшуеит.
Адыга жәларқәа рҵас ала, аԥҳәыс раԥхьатәи лыхшара данлоулак ашьҭахь ари ахылԥа налхыхны акасы еицарса лхалҵон. Аҭаацәара аԥызҵаз лкасы аиқәаҵәа ԥшшәы аман. Идыруп аԥсуаа рҿгьы аҭаацәара иалалоз аԥҳәызба акасы еиқәаҵәа шакәыз илхадыршәуаз. Уи иахаану ыҟоуп уажәгьы.
Убас 86 шықәса зхыҵуа Ламара Жьиԥҳа лхаҭа лчараҿы акасы еиқәаҵәа шылхаз атәы ҳалҳәеит:
"Сара аҩнра санааи, жәаф шықәса ракәын исхыҵуаз. Аҭаца касы ҳәа акасы еиқәаҵәа схарҵеит, абас наҟ-ааҟ ужәҩа инықәсуа, еиқәаҵәаӡа, аҭаца лхы-лҿы умбо. Уажә аҭаца акасы шкәакәа лҿадыршәуеит, аха усҟан ус иҟамызт, аҭаца дырҵәахуан, алаԥш дацәырхьчон. Аԥҳәыс аҩны афатә ҟалҵома, аҽакума, акасы лхазароуп, лыхцәы аҵымԥшуа. Нас иқәыԥшуи зықәрахь инеихьои ркасы хаҵашьа еиԥшӡам, аӡӷабцәа иаҳа ирԥшӡаны иҟарҵоит, егьи аҭакәажәцәа ашьҭахьҟала иҿаҳҳәоит, нас аԥхьаҟа иааганы еиқәаҳҳәалоит, ҳарԥхаразы", – ҳәа азгәалҭоит лара.
Иахьагьы акасы ахархәара аманы иҟоуп, еиҳарак уи ныҟәыргоит ақыҭақәа рҟны инхо аиҳабыратә абиԥара, аҩнԥҳәысгьы фатәык аныҟалҵо лхахәыц наламшәаразы уи лхы иалырхәоит. Егьырахь еиҳа инарҭбааны ахархәара зманы уажәы иҟоу ашьалқәа роуп, урҭ рыжәҩа иқәдыршәуеит, еиуеиԥшымкәа иԥшӡаны иҿарҳәоит, ԥшшәы рацәала иҩычоуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аҟәыӷара, амч, ахьӡ, ахьымӡӷ: ахылԥарч аҵаки ахархәашьеи аԥсуаа рҿы
"Ашәҵатәқәа зегьы иреиӷьуп аламыс…" – аҳәса рымаҭәа азҵаатәқәа
Соура уоураны, сыҭбаара уҭбаараны: ахцәы иадҳәалоу аԥсуаа рыгәрагарақәа
Аԥсуаа ирҳәоит "аҩны гәашьамхс иаҵоу аԥҳәыс лоуп", мамазаргьы "аҩны зхагылоу аԥҳәыс лоуп". Ус акәын анкьа, ус ауп иахьагьы. Аҩнаҭа зхагылоу аԥҳәыс лоуп, аха, ианаҭахха, абџьаргьы лкыр лылшоит, аҽықәтәарагьы. Ажәакала, ахаҵа дарӷьажәҩаны дивагылоуп.
Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik
Аԥсуаа ркультураҿы аԥҳәыс еснагь пату лықәын. Иарбан еизаразаалакгьы аԥҳәыс данаарыхҭыгәла, хәыҷгьы-дугьы зегьы игыланы илхаҵгылоит, аҭыԥ лырҭоит. Аԥҳәыс амҩан аӡәы днаскьаигозар, лара дахьнагатәыз аҭыԥ аҟынӡа днамгакәа дгьежьуамызт, даныгьежьуазгьы, лашҭа дҭалаанӡа дылзыԥшуан, "аԥҳәыс сыбӷа шԥалеиасырхои" ҳәа. Џьара чарак аҿы итәазаргьы, ахаҵа аԥҳәыс ибӷа леиарханы дтәар, ԥхашьароуп.
Ахацәа аԥҳәыс дышрыцыз еисуамызт "аԥҳәыс ишылбо ԥхашьароуп" ҳәа. Ус акәымкәа, ҩыџьа ахьеисуа лкасы, ма лчабра рыбжьалыршәыр, аимак аанылкылон, убриаҟара аԥҳәыс лыпату ҳаракны ирбон. Аԥҳәыс аиӷацәа еинлынраалартә аҟынӡа амч лыманы дыҟан.
Ажәларқәа зегьы ркультураҿы аԥҳәыс лхаҿра аарԥшуп ҩ-ганкны: "илашоу", "илашьцоу". Аԥсуа жәлар рҳәамҭақәа уаныргәылаԥшуа, иубоит аԥҳәыс лхаҿала иаарԥшу анцәахәқәа рхыԥхьаӡара шырацәоу: Анана-Гәында, Анаԥа-Нага, Џаџа, Ерыш, Саунау уҳәа. Иара убри аангьы амифологиаҿы иуԥылоит аԥҳәыс лхаҿала иаарԥшу амч лашьцақәагьы: Ӡызлан, Цәаблаҟ, абнауаҩԥҳәыс, агызмал, ацгәы иақәтәоу реиԥш иҟоу.
Аԥсуа фольклор аҿы аԥҳәыс лхаҿы еиуеиԥшымкәа иаарԥшуп. Араҟа иуԥылоит здоуҳа ҟало, зымч ӷәӷәоу Саҭанеи Гәашьеи аԥшӡара иамазкуа Гәында-ԥшӡеи рхаҿсахьақәа инадыркны, аҳәса еибашьцәа, афырԥҳәыс ззырҳәо Баалоуԥҳа Мадина лҩызцәа, иара убас зыхшыҩ цҳафыру, иҟәыӷоу аԥҳәыс лхаҿсахьақәа алакәқәа рҿы иуԥыло, Ажәеиԥшьаа рҭыԥҳа леиԥш аԥсабара зырлашо уҳәа жәпакы. Уи лхаҿсахьа Анцәахша лҟынтәи аҩсҭаа, аҿаасҭа лҟынӡа аҽеиҭанакуеит, лцәаҩагьы убасҵәҟьа. Иаҳҳәап, Ӡызлан лыԥшӡара џьоукы архагоит, даҽа џьоукы ашьуеит, лхаҭа лҭеиҭыԥш акәзар, иагьыблахкыгоуп, иагьҿаасҭоуп. "Аԥҳәыс бжьы-ԥсык лхоуп" рҳәоит аԥсуаа, мамзаргьы "ацгәы-ԥсы лхоуп" ҳәа. Лара лхаҿра иадыркылоит иԥшьоу, ицқьоу еиԥш, аҩсҭаатә хаҿрагьы. Аха ихадароу уи лхаҿала иаарԥшу – аира асимволра ауп.
Аԥҳәыс аира дахыҵхырҭоуп, лара адгьыл – ан машәыршақә дадыркылом, аԥсҭазаара зырҿио лакәны даарԥшуп. Аԥҳәыс лхаҿала иаарԥшу анцәахәқәагьы аҿиара, аизҳара, аҽаҩра зырбеио, изыхьчо роуп.
Ажәытәтәи аамҭақәа инадыркны иахьанӡа уахәаԥшуазар, иубоит аԥҳәыс лхаҿы акыр аиҭакрақәа шаныԥшуа. Аханатә уи аматриархат аамҭазы аԥҳәыс ахаҵа иаасҭагьы амч лыманы даарԥшызҭгьы (уи ибзианы иаанарԥшуеит Саҭанеи Гәашьа лхаҿсахьа Нарҭаа репос аҿы), анаҩс ахацәа даарываҟәыло дубоит (афырхаҵаратә ҳәамҭақәа рҿы, алакәқәа рҿы), зны-зынлагьы цәгьарас иҟоу зегьы аԥҳәыс илхылҿиаауа убоит (амиф-ҵабырг иаҵанакуа аперсонажцәа).
Ҳаамҭазы аԥҳәыс ахаҵа иаҟара амч лыманы дубоит, уи ихадароу лроль лыҩнԥҳәысра шакәугьы, лара далахәуп ауаажәларратә ԥсҭазаарагьы, имаҷым лажәа акырԥхылнадо ианыҟоугьы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
АҞӘА, хәажәкыра 2– Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 208-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 19-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 34-ҩык, урҭ рахьтә 28-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 7-ҩык, ибжьаратәуп -19-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу жәаҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит ԥшьҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - хҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 11-ҩык.
Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>