Аԥсуаа еснагь рынхарҭаҭыԥ алхра даара иацклаԥшуан. Анхарҭаҭыԥ алхраҿы азҿлымҳара ду арҭон адгьыл иаҳа иахьыбарақьаҭыз, иахьчашәырҭаз, ахныҟәгаразы иманшәалаз. Нхарҭаҭыԥс иалырхуамызт адгьыл ахьыҳәазоз аҭыԥқәа, убри инаваргыланы аҭыԥ алԥшаараҿы акырӡа ихадаран аӡыхь, аӡыржәтә ааигәа аҟазаара.
Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik
Традициала, аԥсуаа ахьынхоз-иахьынҵуаз ақыҭақәа рҟны акәын. Уаҟа иахьанӡагьы еиқәханы иҟоуп хыхь еиқәаҳаԥхьаӡаз аҷыдарақәа зныԥшуа, анхара-бзазаразы иманшәалаз аҭыԥқәа рҿы зшьапы зҳаз хылҵшьҭрала, жәлала, абиԥарала еизааигәоу реиланхарҭақәа.
Аԥсуаа рынхара иамоуп ахатәы ҷыда ҟазшьақәа. Аҩны ҭагылазароуп ашьац зқәышьшьы саси ԥшәымеи рзы згәашә аарту иҭбаа-ҭыцәу ашҭа. Ашҭа иқәубаауа ахыбрақәа зегьы хадаратәла амҩаду ахь иԥшуеит. Аԥсуа иашҭа иқәгылоуп аԥхынра ашәшьыра ҟазҵо, аҭаацәа зегьы зҵатәоу ҩба-хԥа ҵла.
Аԥсуашҭа ҭзырҭәаауаз ахыбрақәа ирыман дара ирыдҳәалоу, иҷыдоу алексикагьы.
Аԥсуа бызшәаҿы иуԥылоит аҩны (ахыбра) аргылара иадҳәалоу ажәар ҷыда. Убри ажәар шьақәдыргылоит иахьа зхархәара ԥсыҽу ззуҳәар зылшо ажәақәа. Хшыҩзышьҭра раҳҭап ҿырԥштәқәак:
Аҟауар
Аԥсуаа рыҩныргылараҿы ахархәара ҭбаа рыман амҿлых маҭәахәқәа. Убарҭ иреиуан аҟауар. Аҟауар – ари аӷәы ршьшьаны иалырхуаз хыбга маҭәахәуп, аҟауар злыҵуаз аԥсатә, аџьтә ӷәқәа ракәын.
Алартҟа
Аҩныргылараҿы аҟауар здыркуа надаада аҩны ахыб иақәу амҿлых маҭәахәы иахьӡуп алартҟа.
Аварҩа
Ақәацә ихаргьежьны, ақә ылганы иҟарҵоз хыброуп, уи аӡын асы анақәҳалак еиламҳарц азы адәахьала иӷәӷәоу аҵәҩанқәа, мамзаргьы ашьаҟақәа адҵаны идырӷәӷәон. Убарҭ ашьаҟақәа ирыхьӡын аварҩа.
Аӡарҵәи
Ажәа аӡарҵәи иаанагоит "арасамахә аӡа". Ажәытәан аҭырас зқәырҵоз ахыбрақәа хаҳәҵәаҳәла еибаркны, иласкьаганы быцала ишышны, ӡарҵәила еидҿаҳәаланы иҟарҵон.
Аҳаҷашь
Иахьазы аҩнқәа ирымоу ауадақәа руак, азал ҳәа изышьҭоу – асас дахьдыртәо, дахьрыдыркыло асасааирҭа иазынархоуп. Аха ажәытә асасааирҭа иазкны хазы ахыбра дыргылон. Хазы идыргылоз асасааирҭа ахыбра иахьӡын аҳаҷашь.
Ананыра
Иахьа, зегьынџьара акәымзаргьы, аԥсуа нхаҩы иашҭа иқәубаауеит акыр имаҭәахәыз, ихы иаирхәо ауардын. Убри ауардын ахьыҵадыргылоз ахыбра ҷыда иахьӡын ананыра.
Ақаруаса
Ақаруа еилыԥхаауа иҟоу аҩеижьԥшшәы змоу хәызмоу хаҳә жәлоуп. Убри ахаҳә жәла ахархәарала ахацәа напҟазацәа идыргылаз аҩнеихагыла иазырҳәауеит "ақаруаса". Ақаруаса зыздыргылоз амалуаа ракәын.
Аҳацаҟьа
Ицыҩцыҩуа, иҵәырҵәыруа иҟоу ахаҳә ду иахьӡуп "аҳацаҟьа". Ажәытәӡатәи аамҭақәа рзы аҳацаҟьа аҩныргылараҿы ахархәара аман.
Абашҳа
Аргылараҿы ахархәара зырҭоз хаҳә жәлоуп. Ацәаакыра аднакыломызт, ацәра мариан, иласын. Абри ахаҳә жәла иаҿырԥшны ирҳәон: "Аҩны иргылеит ахаҳә "башҳакы ала", иара убас аӡы злам, иласу маҭәарк рбар ирҳәон: "Ари башҳакӡа иҟоуп".
Абжьында
Акәасқьақәеи амаҵурҭақәеи рыбжьара неигас-ааигас ирыбжьдоу "абжьындақәа" рыхьӡуп (урыс бызшәала "коридор, навес"). Урҭ цхыраагӡа бзиан, уарманшәалон адәахьы умцаӡакәа, ахыбра ушыҵоу аҩнусқәа рҭыԥ рықәҵаразы.
Азақәԥах
Ҿыц идыргылаз аҩны, џьара кылххарак амоурц, аҭӡамц ԥшӡахарацы иаҿыкәдыршо иашьҭоуп "азақәԥах" (урысшәала "плинтус").
Акыӷәра
Ажәытәан, анхаҩы изгылаз аԥацхақәа, аганҩнқәа, ананырақәа уҳәа рҿы, ашьҭахьшәа уаҩы ибла иахьыҵамшәашаз иаҿаԥыршьуан ашылаҭра, аишәақәа, ачуанқәа убас реиԥш иҟоу ауаҩы ихы иаирхәо амаҭәарқәа рыԥхьакырҭас ахархәара змаз ахыбра маҷ "акыӷәра" ҳәа изышьҭаз (урыс бызшәала иуҳәозар "чулан").
Ахыбрақәа рыргылара иадҳәалоу ажәар ҷыда ҭбаауп, урҭ рахьтә хәҭа хәыҷык ауп абраҟа иззааҭгылоу.
Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik
Ахаҵа ихаҵатәы асакралтә ҵакы шамоу еиԥш, аԥҳәыс лхаҵатәгьы ахатә символқәа амоуп. Урҭ ираԥхьагылоуп "ацқьара". Уи ацқьара аҿаԥхьа рхы ладырҟәуан. Ҿырԥштәыс иугозар, ҩыџьа ахацәа ахьеисуа аԥҳәыс лкасы аалхыхны илыбжьалыршәыр, иаразнак иҳашҳатәрахазшәа иаангылон, наҟ-ааҟ инеидыҵуан.
Аԥсуаа рҿы еиҳа инарҭбааны ахархәара змаз акасы ауқәа, ашьалқәа ракәын. Иара аҿаҳәашьақәа еиуеиԥшымкәа иҟан. Аԥҳәыс лкасы аныҟәгашьала еилукаауан лара дзеиуоу, лсоциалтә статус, иара убас аҭаацәара далалахьоу, даламлацу, дҳәаны дыҟоу, мамзаргьы дыԥҳәыс еибоу.
Кавказ ажәларқәа рҿы аԥҳәыс лхаҵатәқәа рҟынтәи азҿлымҳара рымоуп акасы здыркуаз ахылԥа қәацәқәа. Уи аԥҳәыс лыхцәеиԥш лыхәдагьы аҵәахуан. Уи ахылԥа ахыхь даҽа касыкгьы ахарҵон (аиҳарак ахьҭақәа аныҟаз). Ари ахаҵатәы еиуеиԥшым аформақәеи аорнаментқәеи аманы иахьа иахьубо акәашаратә-ашәаҳәаратә ансамбльқәа рҿоуп.
Ачечен жәлар рҿы иара хьӡыс иамоуп "курхарс" – актәи ахәҭа еиҭаргоит "ашьабсҭа атәыҩақәа" ҳәа, аҩбатәи – ахцәы. Иара аформала аиашаз ашьабсҭа атәыҩақәа иреиԥшуп, наҟ-ааҟ аганқәа ирқәацәны ишьҭыхны иҟаҵоуп. Ахылԥақәа рхаҭақәа рҿы иануп еиуеиԥшым асахьақәа: амра асахьа, амза асахьа, аеҵәақәа, ашьабсҭа. Ас еиԥш иҟоу ахаҵатәы архаикатә ҵакы аныԥшуеит.
Адыга жәларқәа рҵас ала, аԥҳәыс раԥхьатәи лыхшара данлоулак ашьҭахь ари ахылԥа налхыхны акасы еицарса лхалҵон. Аҭаацәара аԥызҵаз лкасы аиқәаҵәа ԥшшәы аман. Идыруп аԥсуаа рҿгьы аҭаацәара иалалоз аԥҳәызба акасы еиқәаҵәа шакәыз илхадыршәуаз. Уи иахаану ыҟоуп уажәгьы.
Убас 86 шықәса зхыҵуа Ламара Жьиԥҳа лхаҭа лчараҿы акасы еиқәаҵәа шылхаз атәы ҳалҳәеит:
"Сара аҩнра санааи, жәаф шықәса ракәын исхыҵуаз. Аҭаца касы ҳәа акасы еиқәаҵәа схарҵеит, абас наҟ-ааҟ ужәҩа инықәсуа, еиқәаҵәаӡа, аҭаца лхы-лҿы умбо. Уажә аҭаца акасы шкәакәа лҿадыршәуеит, аха усҟан ус иҟамызт, аҭаца дырҵәахуан, алаԥш дацәырхьчон. Аԥҳәыс аҩны афатә ҟалҵома, аҽакума, акасы лхазароуп, лыхцәы аҵымԥшуа. Нас иқәыԥшуи зықәрахь инеихьои ркасы хаҵашьа еиԥшӡам, аӡӷабцәа иаҳа ирԥшӡаны иҟарҵоит, егьи аҭакәажәцәа ашьҭахьҟала иҿаҳҳәоит, нас аԥхьаҟа иааганы еиқәаҳҳәалоит, ҳарԥхаразы", – ҳәа азгәалҭоит лара.
Иахьагьы акасы ахархәара аманы иҟоуп, еиҳарак уи ныҟәыргоит ақыҭақәа рҟны инхо аиҳабыратә абиԥара, аҩнԥҳәысгьы фатәык аныҟалҵо лхахәыц наламшәаразы уи лхы иалырхәоит. Егьырахь еиҳа инарҭбааны ахархәара зманы уажәы иҟоу ашьалқәа роуп, урҭ рыжәҩа иқәдыршәуеит, еиуеиԥшымкәа иԥшӡаны иҿарҳәоит, ԥшшәы рацәала иҩычоуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аҟәыӷара, амч, ахьӡ, ахьымӡӷ: ахылԥарч аҵаки ахархәашьеи аԥсуаа рҿы
"Ашәҵатәқәа зегьы иреиӷьуп аламыс…" – аҳәса рымаҭәа азҵаатәқәа
Соура уоураны, сыҭбаара уҭбаараны: ахцәы иадҳәалоу аԥсуаа рыгәрагарақәа
Аԥсуаа ирҳәоит "аҩны гәашьамхс иаҵоу аԥҳәыс лоуп", мамазаргьы "аҩны зхагылоу аԥҳәыс лоуп". Ус акәын анкьа, ус ауп иахьагьы. Аҩнаҭа зхагылоу аԥҳәыс лоуп, аха, ианаҭахха, абџьаргьы лкыр лылшоит, аҽықәтәарагьы. Ажәакала, ахаҵа дарӷьажәҩаны дивагылоуп.
Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik
Аԥсуаа ркультураҿы аԥҳәыс еснагь пату лықәын. Иарбан еизаразаалакгьы аԥҳәыс данаарыхҭыгәла, хәыҷгьы-дугьы зегьы игыланы илхаҵгылоит, аҭыԥ лырҭоит. Аԥҳәыс амҩан аӡәы днаскьаигозар, лара дахьнагатәыз аҭыԥ аҟынӡа днамгакәа дгьежьуамызт, даныгьежьуазгьы, лашҭа дҭалаанӡа дылзыԥшуан, "аԥҳәыс сыбӷа шԥалеиасырхои" ҳәа. Џьара чарак аҿы итәазаргьы, ахаҵа аԥҳәыс ибӷа леиарханы дтәар, ԥхашьароуп.
Ахацәа аԥҳәыс дышрыцыз еисуамызт "аԥҳәыс ишылбо ԥхашьароуп" ҳәа. Ус акәымкәа, ҩыџьа ахьеисуа лкасы, ма лчабра рыбжьалыршәыр, аимак аанылкылон, убриаҟара аԥҳәыс лыпату ҳаракны ирбон. Аԥҳәыс аиӷацәа еинлынраалартә аҟынӡа амч лыманы дыҟан.
Ажәларқәа зегьы ркультураҿы аԥҳәыс лхаҿра аарԥшуп ҩ-ганкны: "илашоу", "илашьцоу". Аԥсуа жәлар рҳәамҭақәа уаныргәылаԥшуа, иубоит аԥҳәыс лхаҿала иаарԥшу анцәахәқәа рхыԥхьаӡара шырацәоу: Анана-Гәында, Анаԥа-Нага, Џаџа, Ерыш, Саунау уҳәа. Иара убри аангьы амифологиаҿы иуԥылоит аԥҳәыс лхаҿала иаарԥшу амч лашьцақәагьы: Ӡызлан, Цәаблаҟ, абнауаҩԥҳәыс, агызмал, ацгәы иақәтәоу реиԥш иҟоу.
Аԥсуа фольклор аҿы аԥҳәыс лхаҿы еиуеиԥшымкәа иаарԥшуп. Араҟа иуԥылоит здоуҳа ҟало, зымч ӷәӷәоу Саҭанеи Гәашьеи аԥшӡара иамазкуа Гәында-ԥшӡеи рхаҿсахьақәа инадыркны, аҳәса еибашьцәа, афырԥҳәыс ззырҳәо Баалоуԥҳа Мадина лҩызцәа, иара убас зыхшыҩ цҳафыру, иҟәыӷоу аԥҳәыс лхаҿсахьақәа алакәқәа рҿы иуԥыло, Ажәеиԥшьаа рҭыԥҳа леиԥш аԥсабара зырлашо уҳәа жәпакы. Уи лхаҿсахьа Анцәахша лҟынтәи аҩсҭаа, аҿаасҭа лҟынӡа аҽеиҭанакуеит, лцәаҩагьы убасҵәҟьа. Иаҳҳәап, Ӡызлан лыԥшӡара џьоукы архагоит, даҽа џьоукы ашьуеит, лхаҭа лҭеиҭыԥш акәзар, иагьыблахкыгоуп, иагьҿаасҭоуп. "Аԥҳәыс бжьы-ԥсык лхоуп" рҳәоит аԥсуаа, мамзаргьы "ацгәы-ԥсы лхоуп" ҳәа. Лара лхаҿра иадыркылоит иԥшьоу, ицқьоу еиԥш, аҩсҭаатә хаҿрагьы. Аха ихадароу уи лхаҿала иаарԥшу – аира асимволра ауп.
Аԥҳәыс аира дахыҵхырҭоуп, лара адгьыл – ан машәыршақә дадыркылом, аԥсҭазаара зырҿио лакәны даарԥшуп. Аԥҳәыс лхаҿала иаарԥшу анцәахәқәагьы аҿиара, аизҳара, аҽаҩра зырбеио, изыхьчо роуп.
Ажәытәтәи аамҭақәа инадыркны иахьанӡа уахәаԥшуазар, иубоит аԥҳәыс лхаҿы акыр аиҭакрақәа шаныԥшуа. Аханатә уи аматриархат аамҭазы аԥҳәыс ахаҵа иаасҭагьы амч лыманы даарԥшызҭгьы (уи ибзианы иаанарԥшуеит Саҭанеи Гәашьа лхаҿсахьа Нарҭаа репос аҿы), анаҩс ахацәа даарываҟәыло дубоит (афырхаҵаратә ҳәамҭақәа рҿы, алакәқәа рҿы), зны-зынлагьы цәгьарас иҟоу зегьы аԥҳәыс илхылҿиаауа убоит (амиф-ҵабырг иаҵанакуа аперсонажцәа).
Ҳаамҭазы аԥҳәыс ахаҵа иаҟара амч лыманы дубоит, уи ихадароу лроль лыҩнԥҳәысра шакәугьы, лара далахәуп ауаажәларратә ԥсҭазаарагьы, имаҷым лажәа акырԥхылнадо ианыҟоугьы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
АҞӘА, хәажәкыра 1 - Sputnik. Аԥсны абиуџьет азы еиҳагьы ихәарҭахоит ашықәс зегьы иалагӡаны апутиовкақәа рҭилар ҳәа иҳәеит атуризм азы Урыстәыла Ауаажәларратә хеилак асанатор-курорттә ҿиаразы акомиссиа ахантәаҩы Дмитри Богданов ҳәа аанацҳауеит апортал Country Scanner.
Иара иазгәеиҭеит иааиуа ҩымз рзы шәачатәи апансионатқәеи асанаториқәеи реиҳарак рахь иҭиу аҭыԥқәа рхыԥхьаӡара 80% инаӡоит ҳәа. Иҟоуп жьҭаарамзазтәи аҭирақәагьы аанызкылахьоу.
Богданов игәаанагарала, Аԥсны иалшон Шәача иҟоу апансионатқәа разымхара ахарҭәаара.
"Аԥхын мацара акәымкәа ашықәс зегьы иалагӡаны апутиовкақәа ҭилатәуп. Аԥсны абиуџьет уи азеиӷьымхозар иазеицәахом", - ҳәа иҳәеит Богданов.
Ареспублика аԥхьанатә 500 000-ҩык рҟынӡа аныҟәаҩцәа аднакылар, краснодартәи асанаториқәа акыр рхы иақәиҭхон.
Убри аан иара игәаанагарала ахәԥсақәа рыцҵара аҭахым, амаҵзура аиӷьтәреи аматериалтәии атехникатәии база рырҭбаареи роуп иаҭаху.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Урыстәылатәи аҵараиурҭа азыхиоуп атуризм аганахьала аԥснытәи абитуриентцәа рыдкылара
Делба Ростуризм аделегациеи иареи атуристтә усхкы арҿиара азҵаарақәа ирылацәажәеит
Урыстәылаа еиҳа иргәаԥханы иалырхуа аҳәаанырцәтәылақәа Аԥсны рыҵаркит