Шәыла-бысҭала: Амшаԥы ааира аҽазыҟаҵара иазку аишәаргылара

© Sputnik Абыста
Абыста  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.03.2021
Анапаҵаҩра
Амшаԥы ааира аҽазыҟаҵара иазку аишәаргыларақәа руак - шәыла-бысҭала амҩаԥгашьа атәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аусзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Абар мчыбжьык аахыс амшаҧ ныҳәа аламҭалазтәи ақьабзқәа рымҩаҧгара иалагахьеит. Имҩаҧысит раҧхьатәи аишәаргылара – кәацла-бысҭала. Иааит аҩбатәи аишәаргылара – шәыла-бысҭала, уи аҧхьа асабшаҽны Ацқьашә иазкызгьы аныҳәара заа имҩаҧган. Ацқьашә уара агьама убаанӡа аишәа ақәҵара ҟалом ҳәа ҳарҳәахьан ҳинформантцәа. Иааит амш уи аишәахь анагарагьы.

Ашәцқьа - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.03.2019
Ацқьашә: аԥсабареи ауааи реидҳәалара аазырԥшуа аныҳәара

"Шәыла-бысҭала ҳәа иҟоу аишәаргылараҿы ашә-лыхс иааузыҟаҵо зегьы аишәа иқәуҵоит: аилаџь, акәакәарқәа, ашәырҟәаҷ, ачашә, ашә ахаҭагьы ҧҟаны. Измоу, асабшаҽны ацқьашә агьама збахьаз, ашәцқьоуп иқәырҵо. Уи зны уара агьама убароуп аишәаргылара аҧхьа, нас абжа аанужьуеит аишәахь ақәҵаразы. Ҳара ацқьашә ҟаҳамҵаӡеит, ус ашә аахәан иқәаҳҵоит", - ҳәа еиҭалҳәоит дара рыҩнаҭаҟны ари аишәаргылара шымҩаҧырго атәы Фатима (Хатуна) Шьершьелиа.

© Foto / предоставила Хатуна (Фатима) ШьершьелиаФатима (Хатуна) Шьершьелиа
Шәыла-бысҭала: Амшаԥы ааира аҽазыҟаҵара иазку аишәаргылара - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.03.2021
Фатима (Хатуна) Шьершьелиа

Аҧшәмаҧҳәыс лхаҭа лоуп аишәа иақәнагоу азырхианы, ақә-аҵас мҩаҧызго. Ацхыраара лыҭо длывагылоуп уи лҭаца, аҧхьаҟагьы ари атрадициа иацызҵаша.

Ашәлых инаваргыланы ари аишәазы идырхиеит лымкаала аишәаргылара иатәу ачысқәа: ақашь, ачаџьқәа, ачамчамыта, ахарҵәы-ӡҩа, ацха-ӡҩа. Нас егьырҭ ахышәҭ-мышәҭқәагьы, ахаа-мыхаа. Ацәашьы адыркуеит: иаҳа ииашан иуҳәозар, ацәашьы афҩы лаҳа-лаҳауала иҩналарц азы акәицқәа ирықәҵаны ацәа рбылуеит, акы инанҵаны аишәа аҧхьа иахьгылоу. Ихырҭәалоит.

"Арҭ аҵасқәа, нан, ҳара есқьынагь ҳаҟаӡам, шәара ижәбароуп, ишәҵароуп, нас шәа шәоуп иҟазҵало. Сара абас акы аныҟаҳҵо сҭацагьы бааи нан ҳәа днасывасыргылоит. Уи макьана илсыркӡом, сара соуп имҩаҧызго аха. Уигьы ақәра амоуп. Уқәра анааилак нас ахала иуццо иалагоит. Ҳаргьы ҳанхәыҷқәаз иҟаҳҵоз џьыбшьо, ҳанхәацәа ҳрывагылан ауп. Абри сара иҟасҵалома ҳәа сыгәгьы иаанагахьан сҭацан сҿаны санаанагаз, - лҳәеит лара аҿарацәа атрадициа ралааӡара зыбзоуроу аиҳабацәа шракәу азгәаҭаны.

Мгәыӡырхәа, Жьиаа рҭаацәараҿы Кәацла-бысҭала аишәа шдыргылаз - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.03.2019
Ачгара ду аҵалара: кәацла-бысҭала аишәа аргылара

Ихадароу аныҳәарақәа аишәаргылара иатәу анымҩаҧырго быӷьпытыни быӷькаҧсани азоуп: ааҧыни ҭагалани анааиуа ҳәа ҳзеиҭалҳәеит Фатима (Хатуна) Шьершьелиа. Лара диит Аацы, лыҩнаҭаҟны ари аишәа дыргыломызт ишҧсылманцәаз ала, дахьаанагаз аҩнаҭа қьырсианцәоуп, уаҟа ланхәа иллырбаз ауп иналыгӡо.

Ари аҩбатәи аишәаргылара адырҩаҽны инаркны амшаҧныҳәанӡа ачгара иҵалоит. Аха иара аныҳәа азгәарҭаанӡагьы имҩаҧыргоит даҽа еишәаргыларакгьы чачхадыл ҳәа изышьҭоу. Зынӡа аишәаргыларақәа хҧа ыҟоуп амшаҧы ааира аҽазыҟаҵара иазкқәоу.

"Џаџа – ҳуҭра рџаџа, ҳамхы рџаџа!"

Иазгәаҭатәуп ачгара раҧхьатәи амш злалаго хәажәкыра аныҳәара ала шакәу. Уаанӡа, ачгара иҵалаанӡа имҩаҧгатәуп даҽа ныҳәакгьы - Жәабран. Уи аҽазыҟаҵара иалагахьан раҧхьатәи аишәаргылара инаркны. Ари иазку анҵамҭа шәаҧхьарц ишәыдаҳгалоит анаҩстәи ҳматериал аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0