Ахысганацәа, агәыбжьынацәа, аӡыгнацәа: ԥсышәала анацәкьарақәа рыхьӡқәа

CC0 / / Рука ребенка
Рука ребенка - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.03.2021
Анапаҵаҩра
Ауаҩы ицәа-ижьы ахәҭақәа иреиуоу анацәкьарақәеи урҭ рыхьӡқәеи ирызкны аматериал ҳазлырхиеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Ауаҩы ицәа-ижьы ахәҭақәа иреиуоуп анапқәа. Арӷьа напи арма напи рахьтә ауаҩы еиҳараӡак изыманшәалоу ҳәа иԥхьаӡоу арӷьа напоуп. Ауаҩы иарӷьа напала акрифоит, дыҩуеит, аус иуеит, аԥсшәа иҳәарц инапы уиҭоит. Амала иазгәаумҭарц залшом иарымақәоу ауаагьы шмаҷым.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Ауаҩы ицәеижь хәҭа еиуоу анапы уаназхәыцуа, иаразнак ухаҿы иааиуеит Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ иану арӷьа напы (амаҿа). Абираҟ аҿы иаабо иаарту анапы (даҽакала "амаҿа" ҳәа изышьҭоу) – аҭынчреи, агәаартреи, асасдкылареи ирсимволуп.

Праздник Ацуныҳәа провели в селе Ачандара - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.03.2021
"Аԥылса", "ашԥылса", "аԥылгыды": акәац жьыхәҭақәеи урҭ рыхьӡқәеи

Анапы иахәҭакуп анацәкьарақәа. Урҭ рхархәалара иабзоураны ауаҩы ииҭаху есҽнытәи иусқәа наигӡоит. Анацәкьарақәа рыда ауаҩы дыбжахоит.

Аԥсуа иԥсҭазаашьа инаҿырԥшны ауаҩы инацәкьарақәа армагьы арӷьагьы ирзеиԥшны ирымоуп хазы-хазы игоу ахатәы хьыӡқәа. Ҳарзааҭгылап урҭ.

Анацәа ду

Анацәа ду (большой палец) анацәкьарақәа зегьы иреиҳауп, аха икьаҿуп. Уи анрылахәымхо егьырҭ анацәкьарақәа цәгьала ирныԥшуеит, аиҳарак аҩраҿы, убас аусураҿгьы. Иара ауаҩы ицәажәараан ажест-амимика иахәҭакны "гәынхәҵысҭала еилукааша" ахшыҩҵакқәа маҷымкәа ианарбоит. Нацәаркьакьала "ианцәажәақәо", анацәа ду иҳанаҳәо иреиуоуп: "Абас сыҟоуп", "Емпит умаз!", "Ҳампал умоуп", "Меҳ, умоуп!" уҳәа убас ирацәоуп анацәа ду ала иааурԥшыша "агәынхәҵысҭа" жәақәа. Иаагозар, "Меҳ!", "Меҳ, умоуп!" – агәынамӡарақәеи, амҽыӷрақәеи, агәрамгарақәеи ирышьашәалоуп. Ауаҩы тәамбашақә дыԥхьаӡаны, ҩысҭаарыла акы имхны изго, аха иигаз змыргьежьуа изхатәымкуа изтәызтәуа иаҽԥнырҳәоит: "Даҽазных уааир – меҳ умоуп" ҳәа.

Ахысганацәа

Анацәа дуи агәыбжьынацәеи рыбжьара иҟоу анацәа ахысганацәа ахьӡуп. Ахысганацәа даҽакала "арбаганацәа" ҳәагьы иашьҭоуп (урысшәала "указательный палец"). Ахысганацәа иара ахьӡ ишҳанаҳәо еиԥш, ахысразы иманшәалоуп. Афырхаҵаратә ҭоурых змоу ҳмилаҭ рҿы уи анацәа иадуҳәалар алшоит абри еиԥш иҟоу ажәаԥҟа "Афырхаҵа инацәкьысгьы ҭҟьоит".

Агәы зҩыда – хаҿычча: ацәеижьхәҭақәа ирыхҳәаау ажәаԥҟақәеи урҭ рҵакқәеи - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.07.2020
Агәы зҩыда – хаҿычча: ацәеижьхәҭақәа ирыхҳәаау ажәаԥҟақәеи урҭ рҵакқәеи

Агәыбжьынацәа

Урыла анацәкьарақәа зегьы иреиҳау, ахысганацәеи аӡыгнацәеи рыбжьара иҟоу нацәоуп – агәыбжьынацәа (урысшәала иуҳәозар, "средний палец"). Жәлар рфырхаҵа Наԥҳа Кьагәа изку жәлар рашәақәа руак аҟны ицәырҵуеит игәымшәара, илшара азырбо абри аҩыза ацәаҳәа:

Знаргәыҵа ҟьаҟьа зыхәшәызагаз,

Згәыбжьынацәагьы зыхҭацалагаз.

Аӡыгнацәа

Аӡыгнацәа анацәкьыси агәыбжьынацәеи ирыбжьагылоу нацәоуп (урыс бызшәала "безымянный"). Уи анацәа арма напаҿы аԥҳәызба хаҵа дцаанӡа амацәаз ахалҵоит. Аҭаацәара даналалак, дышҭаацәароу зырҵабыргуа ларӷьа ӡыгнацәа амацәаз амӷаҵара далагоит. Аԥҳәыс лхаҵа дышқәыԥшу дыԥсыр, игәалашәара ҳасабла ларӷьа гәыбжьынацәа даҽа мацәазк ахалҵоит. Избо ирдыруеит деибаны дшынхаз. Дышқәыԥшу еибахаз аԥҳәыс лзы аԥсуаа ирымоуп жәаԥҟак: "Аԥҳәыс бзиа данеибоугьы дыԥшӡоуп".

Аӡыгнацәа даҽакала "нацәаӡ", "амацәазнацәа" ҳәа иашьҭоуп.

Анацәкьыс

Аӡыгнацәа иавагылоу анацәақәа зегь раасҭа ихәыҷу иахьӡуп анацәкьыс. Иахьыхәыҷу аҟнытә аусураҿы ахала имчыдоуп, аха егьырҭ анацәақәа ианрыцу ихеибарҭәаауеит.

Ажәцәеимаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.02.2023
Ажәцәеимаа, асахҭанеимаа, аҟаԥҟаԥ: аԥсуаа ршьаҵатәазы згәаҭақәак

Ҳәарада, иазгәаҭатәуп, ахаҵа изы имаҿа анацәкьарақәа уахь иналаҵан – амч, агәымшәара, афырхаҵара иасимволзар, аҭыԥҳа лзы анацәкьарақәа - уи аԥшӡара иадыргоуп. Иԥшӡоуп ҳәа азырыԥхьаӡон аԥҳәызба лнацәкьарақәа хәхәаӡа ианыҟаз. Цәгьа иблахкыган урҭ амузыкатә рҳәагақәа рҿы даныхәмаруаз, мамзаргьы аԥсуа кәашарақәа ишырҷыдароу еиԥш хьычԥаԥырҵас аҳауа ианалоу лнацәкьар хәхәақәа.

Аԥҳәызба лнацәкьарақәа рыԥшӡара иазкны ажәа хыркыла ицәажәахьеит апоетцәа аӡәырҩы. Ахыркәшамҭазы иаазгоит акык-ҩбак апоезиатә цәаҳәақәа:

Сыбзиабара шәаԥшьла ирыԥхны,

Аӷаз иаҵәара иху бнацәкьар

Бымаалықь ԥшқара иагәылхуа

Икаҩуа башәа агәқәа ирыхьӡарц.

/Илиа Лашәриа/

Ашьыжь шараз ашәҭқәа дрылан дыԥшаауа,

Лнацәкьарақәа иркылԥхон амрахәага.

Исҿахәмаруан игәыбзыӷуа, еилыԥхаауа,

Ла лхаҿсахьа гәыҟаҵага.

/Алхас Чхамалиа/

Бнацәкьарақәа, бнацәкьарақәа,

Ихәмаруеит са сгәаҿы,

Бнацәкьарақәа, бнацәкьарақәа,

Ирылашәкәеит сыԥсы…

/Анатоли Аџьынџьал/

Ажәабжьқәа зегьы
0