Ҩыџьа еибаԥшаарц: анасыԥ иазку хәажәкыншьҭахьтәи ақьабзқәа

© Sputnik / Alexey Vitvitsky / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОтдыхающие на побережье Средиземного моря в Тель-Авиве
Отдыхающие на побережье Средиземного моря в Тель-Авиве - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.03.2021
Анапаҵаҩра
Традициала хәажәкыра аӡын анаскьагара, ааԥын аԥылара иазку ныҳәоуп. Уи аамҭазы анасыԥ аԥшаара иазкны аԥсуаа имҩаԥыргоз ақьабзқәа ртәы ҳадылгалоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Ааԥын, ишдыру еиԥш, аԥсабара аҿыхара, аԥсҭазаара аганқәа зегьы рыҿиара здырҳәало аамҭоуп. Убри аҟнытә хәажәкыншьҭахьтәи ақьабзқәа аҿиара, аизҳара, анасыԥ ирызкуп. Иаҳҳәозар, иара хәажәкыра аухазгьы аҿар имҩаԥырго ақьабз уи аныԥшуеит.

Дерево - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.03.2020
Аԥсҭазаара зеиԥшрахо аилкаара: Анмираҳ - абзиабара анцәахәы идҳәалоу аҵасқәа

Анасыԥ-ҵәы

Анмираҳ – ҩыџьа рынцәахәы ҳәа зыӡбахә ршьо ихьӡала, хәажәкыра аухазы "анасыԥ-ҵәы" иаԥшуеит уҳәар ауеит: аҭыԥҳацәа ахәажәақәа ҵааны иҟарҵоит досу рыцыԥхьаӡа хԥа-хԥа цыра. Ишырҳәо ала, ауха аҭыԥҳа ԥхыӡла аӡәы аӡы лиржәуа илбар, лынасыԥ лыԥшаауеит ҳәа иԥхьаӡан. Аҵарауаҩ Валентин Кәаӷәаниа ифольклор-етнографиатә нҵамҭақәа рҟны иааигоит Буца Аџьынџьал-Кәаӷәаниа илҳәамҭаны абас еиԥш:

"Ахәажәа хәыҷқәа ҟарҵон аӡӷабцәа, хәажәкыра ауха еизон, џьыкала иҳәахны хԥа-хԥа хәажәа ҟарҵон: акака рфон, ҩба-ҩба рхы иаҵаҵаны ишьҭалан ицәон. Хымҩакы ахьеихагалаз акәын акака ахьырфоз. Убра ицаны ирфон акака, егьи ҩба-ҩба рыманы иаауан, иахьышьҭалоз рыхчы иаҵарҵон уаха. Ашьжьымҭан иԥҽны ианагәылаԥшлак, аӡәы "хыцәхәыц ҟаԥшьык алан" лҳәон, ҽаӡәы "хыцәхәыц еиқәаҵәак алан" лҳәон. Аҷкәыни аӡӷаби ртәы иамааноуп убри", – ҳәа аҳәоит анҵамҭа.

"Зхәаша хнаҵаз"

Аԥсуа жәлар рҿаԥыц ҳәамҭақәеи ретнографиатә бзазара иадҳәалоу аматериалқәеи згәылоу Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы Баграт Шьынқәба ишәҟәы "Ахьырҵәаҵәа" аҟны иаҳԥылоит хәажәкыншьҭахьтәи ақьабзқәа ирхылҵыз аҭыԥҳацәа рыкәашара иазку анҵамҭа. Анҵамҭа ҟаҵан 1948 шықәсазы, 117 шықәса зхыҵуаз Ҭаркәыкә Мажьагәа-иԥа Адлеиба иҟынтәи. Абар уи иҳанаҳәогьы:

Ахәажә - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.03.2020
"Ахәажәҵәы", "Анасыԥҵәы", ма аԥсуаа Хәажәкыра ишаԥыло

"Хаҵацара знаало, аха макьана изымцац, маӡа игәыӷуеит, аха рынасыԥ зеиԥшрахо рыздыруам. Хәажәкын шьҭахь (март мза – Е. Ҭ.), ааԥын ԥымкрада ианаақәлашоз, агәылацәа аӡӷабцәа џьара рҽааизыргон. Иԥшӡаны рҽеиларҳәон, ашәҭ маҟақәа рымӷарҵон, ашәҭ рқьақьақәа рхарҵон. Аҷкәынцәа ирымбартә рыҽӡаны ӡыхьк иазцон. Досу еилаџьгәаны иркуп каканк-каканк иаҟароу ацәа. Аӡыхь иакәшан иаагылоит. Рнапқәа еибаркны ашәа аацәырыргоит, аӡыхь икәашо иакәшоит", – ҳәа еиҭаиҳәоит ажәабжьҳәаҩ.

Анаҩс анҵамҭа ишаҳәо ала, аҭыԥҳацәа ацәа ахәашақәа амырҷҷаны аӡыхь ихырыԥсалоит. Зхәаша ӡысо аӡышьҭра ихылаз, иаарласны хаҵа дцоит ҳәа иазгәаҭан. Ажәабжьҳәаҩ ари ақьабзтә кәашара аӡбахә еиҭаҳәо, иҳәоит зхәаша ханагалаз аӡӷаб егьырҭ дрыгәҭылакны ашәа лзырҳәоит, икәашоит ҳәа. Хазы ирызкылԥшуаз арԥарцәагьы нас иаацәырҵуеит, аҳәсахәыҷқәа рымҩа кны иааныркылоит, ишәаҳәоит, икәашоит.

Араҟа ишаҳбо ала, ари ақьабзгьы анасыԥ аԥшаара иазкуп, уи иахылҵыз акәашароуп ажәабжьҳәаҩ зыӡбахә имоу.

Уцәа сцәоуп, сцәа уцәоуп! - ааԥынтәи аиаҵәара иацу ақьабз - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.03.2023
"Уцәа сцәоуп, сцәа уцәоуп!" - ааԥынтәи аиаҵәара иацу ақьабз

Арҭ ақьабзқәа ирымоуп даҽа ганкгьы, урҭ аҽаҩра акульт ирыдҳәалоуп. Ааԥын анхацәа адгьылқәаарыхра напы анадыркуа аамҭоуп, рҽаҩра абеиахара иазку ақьабзқәа рымҩаԥгара зда ҟамлоз ритуалқәаны иҟан.

Зыӡбахә ааҳгаз аӡӷабцәа рыкәашара аиҿартәашьа акыр азҿлымҳара амоуп, акыр ихадароуп аритуал ахьымҩаԥысуа аҭыԥ – аӡыхь ахықәан, иара убас аӡӷабцәа реилаҳәашьа, ацәа аӡы ахҵара.

Ақьабзқәа иаци иахьеи

Аамҭа наскьацыԥхьаӡа арҭ ақьабзқәа рхықәкы ыӡуеит, дара рхаҭақәа нарыгӡо убаӡом. Макьанагьы иазгәарҭо иреиуоуп ахәажәа иагәылоу анасыԥ-ҵәы зықәшәо аилкаара, аха уи аритуал шымҩаԥысуагьы, акыр аҽыԥсахрақәа шрыхҭысыз рнубаалоит. Арҭ ақьабзқәа зышьақәыргылара алшо иреиуоуп иҿыцу, ҳаамҭа иашьашәалоу азнеишьақәа рыла ирҿыцзар, ауаа ирылаҵәартә иҟаҵазар. Ажәытәи аҿатәи реимадара ақалақьтә культураҿы аларҵәара ҳаамҭа иатәу знеишьоуп иахьатәи атәылаҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0